Ансамбль «Аԥхьарца» алахәцәа реиҳараҩык ҩышықәсаҟа раԥхьа иарбанзаалак амузикатә арҳәагак рнапаҿы ирымкӡацызт, анотақәагьы рыздыруам – аха ус шакәугьы, ааигәа иаԥҵаз ари аколлектив аханатә инаркны афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа аго иалагеит. АААК акорреспондент еилылкааит арҿиарауаа абас ахаарԥшра зларылшо.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Абаза муниципалтә раион акультуреи алахҿыхреи рцентр иатәу Жәлар рарҳәагақәа рансамбль «Аԥхьарца» аԥҵан 2017 шықәса, абҵарамзазы. Аколлектив иалалеит араионтә культура аҟәша аусзуҩцәеи Инџьықь-Ҷкәын ақыҭа ауааԥсыреи. Ансамбль алахәцәа ҩыџьа роуп амузикатә ҵара змоу, егьырҭ аиҳараҩӡак анотақәаҵәҟьа рыздырӡом. Иҷыдоу амузикатә ҵара макьаназы имаӡам ансамбль анапхгаҩгьы. Аха абри зегь ԥынгылас иҟамлеит аколлектив анаԥҵаз нахыс иаарласны ареспубликатәи, жәларбжьаратәи афестивальқәа рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа раанкылараҿы.
Амузика иадҳәалоу агәазыҳәара
Инџьықь-Ҷкәын ақыҭа – Абаза раион административтә центрс иҟоуп, еснагьгьы хьӡи-ԥшеи аман амузикеи атеатри рганахьала иныҟәнагоз атрадициақәа рыла. Ара иаԥҵоуп абыргцәа ретнографиатә хор, акьанџьатә театр, ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль. Уажәшьҭарнахыс, ауаажәларратә еиҿкаара «Алашара» иҟанаҵаз адгылареи афинанстә цхыраареи ирыбзоураны, ара иҟоуп жәлар рарҳәагақәа роркестргьы.
Абаза жәлар рмузикатә традициақәа еиқәырхатәуп, иагьырҿиалатәуп ҳәа агәра ганы иҟоуп Инџьықь-Ҷкәын ақыҭа ауааԥсыра реиԥш Ҟарачы-Черқьестәыла иқәынхо ауаажәлар зегьы. Абаза раион ахадара аҵареи акультуреи русбарҭа аиҳабы Земфира Марҭаза еиҭалҳәеит, жәлар рарҳәагақәа рансмабль аԥҵара – Ҟарачы-Черқьестәыла инхо ашәуаа зегьы даара акыраамҭа ргәы ззыҳәоз акакәын ҳәа. Амуниципалитет аҟны абри иазку апроект рыҩит, нас уи ианақәшаҳаҭха ашьҭахь «Алашара» аҟынтә агрантгьы аиоуит. Ари ахарџь ала амузикатә арҳәагақәа аахәан.
«Ҳара зегьы еилаҳкаауеит ҳажәлар рмелодиақәа еиқәырханы ҿыц игыло абиԥарақәа ишрымадалатәу. Уажәы абри аус нап аҳмыркыр, лассы иаҳцәыӡуеит, нас аамҭақәак рышьҭахь аӡәгьы издырлаӡом, иагьигәалашәом ҳажәлар ашәақәас, мелодиақәас ирымаз. Ашәуаа ҳмузикатә культура даара ибеиоуп, убас ахьыр ирыцҳами», – ҳәа азгәалҭеит Марҭаза.
Аоркестр аҽазыҟаҵарақәа мчыбжьык ахь хынтә имҩаԥысуеит, Абаза раион ахадараҿы иҟоу аконцерттә зал аҟны. Аколлектив ррепертуар иалоуп ажәытә абаза, аԥсуа, адыга мелодиақәа.
Анапхгаҩы д-Нарҭуп
Нарҭ Шәеуажь 30 шықәса ихыҵуеит. Аколлектив аҟны иара қәрала зегьы дреиҵбуп, аха иара убри аамҭазы дагьреиҳабуп: Нарҭ иоуп ансамбль «Аԥхьарца» сахьаркыратә напхгаҩыс иамоу. Уи моу, аоркестр алахәцәа ирку арҳәагақәагьы зегьы иара инапала иҟаиҵаз роуп.
Нарҭ диит, иагьизҳаит акыраамҭа аибашьра ахьымеихсыӷьуаз шьамтәылатәи ақалақь Алеппо аҟны. Хәышықәса раԥхьа арԥыс иабдуцәа рыԥсадгьыл ахь – Адыгатәылаҟа дааит. Аха аибашьра мца иҽацәигарц азы акәӡам дзааз иара, ари репатриациан – еснагь игәы ззыҳәоз иԥсадгьыл азыхынҳәран.
«Сара 12 шықәса анысхыҵуаз инаркны аусура салагеит, еиуеиԥшым азанааҭқәа сыԥсахит. Зны аҩнымаҭәа ҟасҵон, нас афотосахьақәа ҭысхуан, ҽазны афымцеидырҭәалаҩс сыҟан, зынгьы аӡыргаратә наплакаҿы аус зуан. Схы ааздыруа сҟалеижьҭеи сҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аԥара аизгара саҿын. Аҵыхәтәан, иахәҭаз аԥара анысзеидкыла раԥхьаӡа акәны Маиҟәаԥ сааит», – ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Нарҭ.
Иара дшыхәыҷызнатә амузикатә ҟыбаҩ иланы изҳауан. Абри атәы рдыруан иҩызцәа-идырцәа зегьы, ҳамҭасгьы изааргалон еиуеиԥшым амузикатә арҳәагақәа. Нарҭ урҭ рарҳәашьа ихала мацара иахьиҵоз адагьы, дара реиҿартәышьагьы ҭиҵаауан. Ашкол аҿы
иҵатәхәқәа данрылгалак ашьҭахь дыҩуа аҩныҟа даауан еицырдыруа амелодиакәа аирҳәарц азы. Усҟан игәылацәа доусы руаҭахқәа рҿы еизон, асасцәагьы ааԥхьара рырҭон «шәааи, уажәы ҳгәыла ахәмарра далагоит, ҳаизыӡырҩып» ҳәа. Ари даара иџьашьатәуп, еиҳаракгьы Нарҭ иани иаби амузика акала ишадҳәалам анудырлак: аҭаацәараҿы аӡәгьы амузикатә арҳәагақәа икӡомызт.
«Шьамтәыла уеизгьы-уеизгьы амузикатә культура рацәак иҿианы иҟаӡам. Амузикатә школ ахь ахаангьы сныҟәаӡомызт. Иҷыдоу аҵара абра Урыстәалоуп иахьсоуз», - ҳәа азгәеиҭеит Нарҭ.
Нарҭ Адыгатәыла данааи ара дгәеиҭеит Кавказ еицырдыруа асахьаҭыхҩы, адыга жәлар рарҳәагакәа ҟазҵо аҟаза Замудин Гәыҷа. Иара арԥыс иҩныҟа ааԥхьара иҭеит, ихаҭа иидыруаз зегь иирҵеит. Уи шыҟалазгьы абасоуп: Нарҭ инапкымҭақәа Феисбук аҟны ибан, иааигәаны диабадырырц иҭаххеит. Абри ауаҩ амузикант қәыԥш иԥсҭазаараҿы зегьы иреиҳау рҵаҩыс дҟалеит.
«Ҳара иаразнакала ҳаинаалеит, - ҳәа игәалаиршәоит Нарҭ, - избан акәзар иара дшеиҳабу зынӡагьы иуирдыруамызт, сықәлак иакәызшәа, имырхьаацәакәа, мариала ихы мҩаԥигон. Абри саргьы ҩнуҵҟала соунашьҭит».
Замудин абас иҳәалан Нарҭ иахь ихы нарханы: «Аинструмент – иагьуҩызоуп, иагьуашьоуп, иагьуануп, зегь рыла иуцхырааҩуп – агәырӷьараангьы агәаҟраангьы».
«Усҟан иаанкыланы амца иақәсыжьуеит»
Хара имгакәа аҵаҩы иҟазара аҳаракыранӡа иҩаӡеит. Адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтә Нарҭ арҳәагақәа изҿарҵо иалагеит. Иара арҳәагақәа ҟаиҵон адыга, аԥсуа-абаза диаспорақәа рхаҭарнакцәа рзы, жәлар рарҳәагақәа еидызкыло аколлекционерцәа рзы, еиуеиԥшым афольклортә коллективқәа рзы. Инапкымтақәа есымшааира реиӷьтәра даҿуп, уи аус мызла данагогьы ыҟоуп.
«Иҟалалоит убас – аинструмент аформа зегь рыла ихазынаны, еицакрак ақәымкәа, иԥшӡаӡа, аха абжьы ҽеим. Усҟан сара рацәак сымхәыцкәа, иаанкыланы амца иақәсыжьуеит. Уи аҟаҵара хымз садхалазаргьы ҟалоит, аха аинструмент арҳәараан абжьы ҽеимхазар – уи акрагьы иаԥсам. Ҳара ҳус иаҵоу акәамаҵама рацәоуп, урҭқәа зегьы сара сырҵаҩы иҿысҵааит, иаргьы рҵаҩыс имаз иҟынтә ауп арҭ адыррақәа шиоуз. Абас еиԥш иҟоу жәлар рҟазацәа рымаӡақәа шәышықәсала иаауеит. Иаҳҳәап, абри апаԥшьына (абалалаика еиԥшу адыга рахәыцтә рҳәага – аред.) иаҵдоу аҽхәыц ауп. Ажәытә ҟазацәа рзыҳәан даара акраҵанакуан убри ахәыц зымху аҽы шаҟа ахыҵуа, изжәлоу, иахьызҳауаз, акрыфашьа шыҟаз – абри зегь аҵак ду аман. Арҳәага бжьыс иахало, раԥхьаӡа иргыланы, ахәыц зымхыз аҽы ақәра иадҳәалоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит амузикант.
Нарҭ Маиҟәаԥынтә Черқьесскҟа диасит, уаҟа амузикатә ҵараиурҭа дҭалеит. Аҭаларатә ԥышәараан амелодиақәа анаирҳәа аамышьҭахь, акомиссиа алахәцәа ирҳәо рзымдыруа иаақәхеит, иагьиазҵааит – аҵараиурҭа аҭаларазы даау, аусуразы даау ҳәа. Хара имгакәа Нарҭ аԥҳәыс дааигеит, ихатә студиа ааиртит, уаҟа абаза, адыга амузикатә арҳәагақәа рыҟаҵара иациҵоит. Абри арԥыс ифеноменалреи иааџьоушьаратәы илымҳа аҵарреи зыршаҳтуа фактуп убасгьы ибызшәатә гәынкылашьа. Шьамтәылантәи данаауаз иара аурыс бызшәа зынӡагьы издыруамызт, ихала мацара иҵеит… аџьырмыкьаҿы дгыланы.
«Есышьыжь аџьырмыкьахь сцон, нас убра реиҳа ауаа рынеиааи ахьырацәоу џьара снагыланы аӡырыҩра салагон. Ауаа еицәажәон, ажәабжьқәа еиҭарҳәон, ма акы еимаркуан. Абызшәа азыӡырҩра адагьы, урҭ анцәажәоз срыхәаԥшуан, рмимика, рнапырхахарақәа гәныскылон. Убас мацара аурысшәа сҵеит», – ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Нарҭ.
Аҟазацәа бзиақәа иахьа имаҷӡаны иуԥылоит. Убри аҟнытә иџьашьатәым Абаза раион ахадара Нарҭ иахьидыргалаз амилаҭтә арҳәагақәа ҟаҵаны, ансамбль ҿыц дахагыларц. Иаргьы гәыҩбарада дақәшаҳаҭхеит.
«Схәыҷаахыс зегьы иреиҳаз гәҭакыс исымаз убри акәын. Шьамтәыла саныҟаз ԥхыӡырла асцена сықәушәа збон», – ҳәа гәаартыла иҳаиҳәеит Нарҭ.
Амузика хәшәуп
Инџьықь-Ҷкәынтәи ансамбль ажәытәтәи аԥсуа-абаза музикатә арҳәага ахьӡ ахылеит. Аԥхьарца – ахыцтә арҳәагоуп, уи иацырӷызны инарыгӡон аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа. Ажәытәан ар еснагь аԥхьарцарҳәаҩы дрыцын. Уи ар раԥхьа дгыланы дцон. Ажәа аҵакы ҳахәаԥшыр, иахьынтәаауа ахаҭа иаҳәоит: «аԥхьарца» – ԥхьаҟа ацара угәазырԥхо. Аԥсуааи абазақәеи ҳазхылҵыз ҳабдуцәа агәра ргон аԥхьарца абжьы хәшәуп ҳәа, уи арӷызрала ахәцәа рхәышәтәуан. Иахьатәи ҳаамҭазы атехнологиақәа кырӡа иҿианы ианыҟоу ԥхьарцала аӡәгьы дырхәышәтәуам, ҳәарада. Аха амузика азҩыдаратә мчы шамоу аӡәгьы мап ацәикуам.
Абаза музикатә арҳәагақәа рбеиара атәы азгәаҭан XIX-тәи ашәышықәсазтәи аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы. Ажәытәтәи абаза музикатә арҳәагақәа рахь раԥхьаӡа иргыланы иаҵанакуеит «мышҟәабыз» – абалалаика иеиԥшу арахәыцтә арҳәага, «аԥхьарца» – ҩ-рахәыцк змоу аскрипка, «анду» – арфа иаҩызоу аинструмент, «ҟыжҟыж» – ашәақьгәыцә иалху, узҭаҭәҳәо инструментуп, «аԥхьарчақь» – амҿтәы арҳәагоуп. Абазақәа рҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу арҳәагақәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп азурнеи аҿарпыни.
Инџьықь-Ҷкәынтәи ансамбль аҟны иадырҳәоит иара убас адыга жәлар рарҳәагақәагьы: арахәыцқәа зыҵдоу «апаԥшьына», уи аурыс балалаика иеиԥшуп, иара убас арыдқәа змоу апневматикатә инструмент «адыга ԥшьына», мамзаргьы даҽакала ишашьҭоу еиԥш – адыгақәа рмырзакан.
Ахьырҵәаҵәа аиқәырхашьа
Абаза жәлар рмузикатә культура шәышықәсала ашьақәгылара иаҿын. Жәлар рашәақәа иргәыҵаҳәҳәан иааргоит ҳмилаҭ ирымаз агәыӷрақәеи, ахьаақәеи, иккаӡа иаадырԥшуеит урҭ ргәымшәареи ргәеицамкреи. Жәлар рашәақәа зегьы ааидкыланы жанрла еихушар ҟалоит. Ара иҟоуп ақьабзтә ашәақәа, аибаркыратә, акәашаратә ашәақәа, аепикатә, алирикатә ашәақәеи, алаф ашәақәеи, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәеи, ауоуқәеи. Арҭ ашәақәа зегьы ҿаԥыцла мацара ҳаамҭанӡа иааит. Урҭ ақьаад ранҵара раԥхьаӡа акәны ианаԥшьгаз рацәакгьы ҵуам, асовет аамҭақәа рзоуп.
Иахьа абаза ҩнаҭацыԥхьаӡа уаанӡеиԥш жәлар рарҳәагақәа хшьны иумбозаргьы, ашәышықәсақәа раԥхьа ишыҟаз еиԥш, амилаҭтә музикада иарбан ныҳәазаалак мҩаԥысшьа амам иахьагьы. Убри аҟнытә амузикантцәа – зехьынџьара гәахәарала иззыԥшу сасцәа дахьқәоуп.
Амилаҭтә музика анагӡареи, амилаҭтә арҳәагақәа рыҟаҵареи – имариам ҟазароуп. Аха уи арӡра ҟалаӡом ҳәа агәра ргоит Инџьықь-Ҷкәын ақыҭан. Убри аҟнытә ахәыҷқәа рзы амузикатә курсқәа раартра иазхәыцуеит. Абаза жәлар рарҳәагақәа рансамбль «Аԥхьарца» алахәцәа ишырҳәо еиԥш – адоуҳатә мал аиқәырхара мацара акәым, аҿар рымдарагьы хымԥадатәуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.