Амениу
3 Лаҵара 2024
06:40
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аҟәа

08.08.2020 12:20 Аԥсны 15207
Аҟәа ҿыц блала избо: Аԥсны аҳҭнықалакь арԥшӡара иазку «Ҳара ҳақалақь» апроектқәа

Ахаԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» алахәцәа еиҭарҳәеит рҿаԥхьа хықәкыс, хыдҵақәас иқәгылоу, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа арԥшӡаразы проектқәас имҩаԥыргарц ргәы иҭоу.

03.07.2020 20:25 Ахҭысқәа 23604
Ацәыргақәҵа "Аҟәа. Есымша иуцу аныҳәа" аатит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы

Аҟәа ақалақь иазку асахьақәа рекспозициа аатит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны.

27.08.2018 17:25 Афотосахьақәа 19226
Аныҳәа аԥшшәы лашақәа: Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аиубилеи Аҟәа ишазгәарҭаз

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 10 шықәса аҵра амш азы Аҟәа имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа. Аныҳәа шымҩаԥысыз шәахәаԥш Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинформациатә портал аҟны.

27.08.2018 17:20 Аԥсны 18252
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара жәашықәса ахыҵра: Аҟәа иазгәарҭеит аиубилеи

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 10-шықәса аҵра иадҳәаланы, жәлар ргәырӷьара зцыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Аԥсны нанҳәа 26 рзы.

25.07.2018 16:50 Авидеонҵамҭақәа 15960
Аконцерт, ателецҳа, аныҳәатә гәалаҟара: Аҟәа иазгәарҭеит Аԥсны абираҟ амш

Аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ала Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ихыркәшахеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

25.07.2018 16:40 Афотосахьақәа 20010
Абираҟ амш, мамзаргьы "иаарту амаҿа" аныҳәа

2005 шықәса инаркны аԥсуаа ныҳәак еиԥш иазгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш, иара шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса, ԥхынгәы 23 рзы.

23.07.2018 19:45 Авидеонҵамҭақәа 17414
Ах-ԥшәык рныҳәа: шәаҳәаралеи кәашаралеи иазгәарҭеит Аԥсны абираҟ амш Аҟәа

Аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ала Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ихыркәшахеит Аԥсны абираҟ амш азгәаҭара иазкыз аныҳәа.

23.07.2018 18:20 Аԥсны 18975
Аиааиреи, акзаареи, аиашьареи рсимвол : Аԥсны иазгәарҭеит Абираҟ амш

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аԥсуа-абаза жәлар ахьықәынхозаалак аҳәынҭқарратә бираҟ амш есышықәса инарҭбааны иазгәарҭоит. Сынтәа Аԥсны уи шазгәарҭаз еилышәкаар шәылшоит АААК аинформациатә портал иазнархиаз арепортаж аҟны.

22.05.2018 11:15 Аԥсны 17602
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рџьабара амш аҽны Аԥсныи Ҭырқәтәылеи агәаларшәаратә усқәа мҩаԥысит 

Зықьҩыла ауаа ааины иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьреи ахҵәареи ирылаӡыз ҳџьынџьуаа. Агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿкаан Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, иара убас Ҭырқәтәыла – Амшын Еиқәа иаҿықәу ақалақь Қьефқьен. Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз амитинг аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылеи Аҟәеи авидео-цҳа рыбжьарҵеит.

22.05.2018 10:10 Аԥсны Афотосахьақәа 20341
Аџьабара амш: Аҟәа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳашьцәа

Лаҵара 21, Кавказтәи аибашьра анеилга амш аҽны Аԥсныи Нхыҵ Кавказ атәылақәеи рҿы алахьеиқәҵаратә митингқәа мҩаԥыргоит аибашьра иалаӡызи, мчыла зыԥсадгьыл иахцази ргәалашәара иазкны.