АААК Иреиҳаӡоу ахеилаки Апрезидиуми ирылахәу ԥхынҷкәын 24 рзы еилацәажәеит, 2020 шықәса аихшьаалақәа ҟаҵаны ԥхьаҟатәи аусура апланқәа азгәарҭарц.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 2020 шықәса шымҩасыз азы аихшьаалақәа ҟанаҵеит ԥынҷкәын 24 рзы имҩаԥысыз Иреиҳаӡоу Ахеилаки Апрезидиуми реилацәажәараҿы. Аилацәажәара мҩаԥысит онлаин формала. Уи иалахәын Аԥсны, Германиа, Ҭырқәтәыла, Аҷариа, Урыстәыла (ҞЧА, ҞБА, Москва, Санкт- Петербург, Ставрополь) рҟынтә Аконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилаки Апрезидиуми ирылахәу ауаа. Раԥхьаӡа акәны Апрезидиум далахәын Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилкы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Ҳаразиа Апрезидиум далахәхеит, избанзар АААК Аԥҟаԥҵәаҟны ишарбоу ала, Арепатриациазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс иҟоу Аконгресс Апрезидиум дахәҭакзароуп.
2020 шықәса алҵшәақәа: агәыҳалалратә акциақәа, апандемиа, абазаа реидкылара
АААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа идыррақәа рыла, иахьазы Аконгресс иалоуп 1500-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра арегионалтә ҟәшақәа 14 рҟынтәи.
Аилатәара алахәцәа рҿаԥхьа дықәгылауа Ҭаниа иазгәеиҭеит, ашықәс иалагӡаны аҭыԥантәи аҟәша ҿыцқәа раартра апроцесс иацашьаз: убас, Аԥсны иаартын даҽа 31 ҟәша, Ҭырқәтәыла – иҿыцны иаартын даҽа ааба.
Аконгресс акоманда рымчала 2020 шықәсазы еиҿкаан иагьынагӡан аусмҩаԥгатәқәа 28.
Аконгресс аусзуҩцәа активла иалахәын акоронавирустә чымазара ҿкы иаҿагыланы ақәԥара: Аконгресс иадҵаалаз зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриантцәа ацхыраара рыҭан – иааидкыланы 126-ҩык ауаа.
«Ҳара урҭ фатәы-жәтәыла еиқәҳаршәеит акарантин аамҭазы», – иҳәеит Кан Ҭаниа.
Иара аилацәажәара алахәцәа иргәлаиршәеит Мусса Егзакь ишааихәаз амедицинтә маҭәахәқәеи аинвентари Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб еиқәнаршәаз асиа ала. Ҭырқәтәыла иҟоу арегионалтә ҟәша амчала уа аҵара зҵо аԥсуа студентцәа акарантин аамҭазы аԥаратә цхыраагӡа рыҭан.
Кан Ҭаниа еиҭеиҳәеит егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рылҵшәақәа ртәгьы. Убас, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны ацәашьы «Ашьамаҟа» абылра атрадициа хацыркын. Ахәыҷқәа рзы аныҳәа дуқәа еиҿкаан Аҟәа, Аҭара, Ԥақәашь. Ихацыркуп апроект «Аԥсышәала ҳцәажәоит/абазала ҳцәажәоит» - араҟа еидкылоуп аонлаин-урокқәа 80, аурыс, англыз, аҭырқәа, араб бызшәақәа рыла асубтитрқәа рыцны.
АААК акоманда активла рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқаратә бираҟ амш иазкыз аныҳәа аиҿкаара. Абри амш иазкны Мусса Егзакь аԥсуа жәлар ҳамҭас ирзыҟаиҵеит ашәа «Аԥсны абираҟ», уи наигӡеит Анри Ҵулукьиа, иаԥиҵеит Анри Гәымба.
2020 шықәсазы аҿар руаажәларратә хеилак «АМЧ» адгаланы ихацыркын иара убас зымҽхак ҭбааны изызхәыцу апроект «Ашьҭра» - аԥсуа қыҭа школхәыҷқәа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа дырбара иазку. Иааиуа 2021 шықәсазгьы ари апроект иацҵахоит.
Аҵара амш – цәыббра 1 инамаданы Аконгресс Аԥсны ашколқәа 76 аҵаҩцәа ирзыршеит ҷыдала иҿаҵаз аԥсышәала ихарҭәаау атетрадқәеи амшынҵақәеи, иара убас Ҭырқәтәылатәи арегионалтә ҟәша аҟынтә аспортинвентар – еиуеиԥшым ампылқәа 650, анапылампылтә каҭақәа 15.
Ашықәс иалагӡаны активла аус ауан АААК Адискуссиатә клуб – иааидкылны имҩаԥган 20 еиԥылара аекологиеи аԥсабарахьчареи, ани ахәыҷи ргәабзиареи, апсихологиеи атемақәа рыла. Баслахә ақыҭан иаарту аҭыԥантәи аҟәша аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны уатәи абжьаратә школ арҵаҩы иҭаацәаразы аҩны аргылара иаҿуп. Аргыларатә маҭәахәқәа ракәзар, Аконгресс адгылаҩцәеи аҩызцәеи хәыда-ԥсада ирырҭеит. Убасгьы, Џьырхәа ақыҭаҿтәи абжьаратә школ аҟны аспортзал аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аҭыԥантәи аҟәша рымчала, Аконгресс акоманда алархәны.
Кан Ҭаниа дырзааҭгылеит 2020 шықәсазы имҩаԥгаз аусуратә ныҟәарақәагьы. Убас, ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындбеи Шьамтәыла иаҭааны иҟан: уатәи аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа ирԥылеит, аҭыԥан АААК арегионалтә ҟәша аԥҵара азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас Шьамтәыла иҟоу ачерқьес гәыҳалалратә еиҿкаареи Аконгресси аусецуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Иҳаҩсуа ашықәс азы Аконгресси «Алашараеи» ихацдыркит аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха аиқәырхареи арҿиареи ирзынархоу апроект «Амазара». Иҭыхын аԥсуа милаҭтә кәашареи, ажәлар рашәақәеи, итрадициатәу абаза ҳәызбақәа рыҟаҵашьеи ирызкыз авидеоматериалқәа.
Кан Ҭаниа иқәгылара хыркәшауа иациҵеит Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ааигәа инапы шаҵаиҩыз Санкт-Петербург иҟоу Абнанхамҩатә университет аус ацуразы аиқәшаҳаҭра. Ари аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны, иара убас аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәеи зегьы рҟынтә изҭаху абитуриентцәа алшара роуеит абиуџьет ҭыԥқәа рҟны Урыстәыла иреиӷьӡоу ирхыԥхьаӡалоу ари аҵараиурҭаҿы аҵара рҵарц.
«Аконгресс асаит аҟны аинформациа зымбац шәыҟазар – шәгәы иҭаз, изҭаху рыӡбахә шәаҳауазар, ишиашоу ҳара ҳахь ишәырха», – иҳәеит АААК аппарат анапхгаҩы.
Иара иҳәеит убасгьы 2020 шықәсазы Аконгресс иааидкыланы иннахыз аԥара аӡбахә: аусмҩаԥгатәқәа рынагӡареи, амаҵураныҟәарақәеи, аҳамҭақәеи, апроектқәеи, аусзуҩцәа руалафахәи иааидкыланы ирықәхарџьын 13 312 000 мааҭ.
«Арҭ афинансқәа зегьы хыҵхырҭас ирымоуп Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь хатәгәаԥхарала иалаиҵаз аԥара», – иҳәеит Кан Ҭаниа.
2021 шықәса – ахықәкы хадақәа рынагӡара амҩала
Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит 2021 шықәсазы Аконгресс аусура ишацҵахо АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз аусуратә план инақәыршәаны. Гыцба иажәақәа рыла, еилкаау усуп ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа рынагӡашьа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахо ишахьыԥшу.
Инар Гыцба еиҭеиҳәеит 2021 шықәсазы амчқәа раӷьырак шышьҭхо Аԥсны аҩнуҵҟа аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аус ахь. Ари аусурахь иаҵанакуеит активра аазырԥшуа ауааԥсыра реизгара, доусы иахьынхо рҭыԥан ирԥыло ауадаҩрақәа рыӡбаразы.
Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аус аихшьаала азуа, урҭ русушьа иазкны иааиуа ҭагалан азы иазыԥхьагәаҭахоит аҟәшақәа рнапхгаҩцәа зегьы реиԥылара ду. Абраҟа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит аҿар аус рыдулара.
«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҵак ду аманы иахәаԥшуеит Аконгресс аусурахь аҿар радыԥхьалара. Убри аҟнытә акраанагоит ҳәа иҳаԥхьаӡоит аҿар рзы иинтересхаша иҿыцу аимадара амҩақәа рыԥшаара», – иҳәеит Гыцба. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны акыршықәса раахыс қәҿиарала аус шауа аҿар ринтеллектуалтә-рҿиратә клуб «Диуна», уи алахәцәа рымчала Аԥсны аамҭа-аамҭала имҩаԥысуеит аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы ачемпионатқәа: «Изакәи? Иаба? Ианба», «Бреинринг», «Схатәы хәмарра» реиԥш иҟоу. Гыцба иажәақәа рыла, абри аԥышәа рхы иархәаны АААК аусзуҩцәа ргәы иҭоуп аинтеллектуалтә телехәаԥшратә хәмарра «Изакәи? Иаба? Ианба?» амҩаԥгара.
«Ари апроект иалнаршоит хәмарратә формала аҿар адырра ҵаулақәа рызнагара – аԥсуа-абаза жәлар ретнографиа, рҭоурых, рфольклор уҳәа рганахьала», - иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.
Иара адырра ҟаиҵеит убасгьы, 2021 шықәса хәажәкыра-мшаԥы амзақәа ирылагӡаны АААКи Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университети ирыбжьарҵаз реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аԥсныҟа ишаауа аҵараиурҭа арҵаҩцәа, аратәи абитуриентцәа рзы адкыларатә ԥышәарақәа рымҩаԥгаразы.
Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәахьеит ҳаԥхьаҟатәи ашықәс азы Аҵара амш – цәыббрамза 1 иазку агәыҳалалратә акциагьы – актәи акласс ахь ицо Аԥсны аҵаҩцәа зегьы аԥсышәала еиқәыршәоу атетрадқәеи амшынҵақәеи рызшаразы.
Ишаԥу еиԥш, иацҵахоит иара убас ԥсыуала акәашашьеи, аԥсшәеи абаза бызшәеи рҵара иазку акурсқәа Москва, Санкт-Петербург, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа иҟоу арегионалтә ҟәшақәа рҟны.
«Аконгресс ӡыргахоит ахыԥша ду змоу иакымкәа-иҩбамкәа аусмҩаԥгатәқәа рҟны: Кавказ жәларқәа ркультура иазку Жәларбжьаратәи афестиваль, алитературатә хәылԥазқәа уҳәа реиԥш иҟоу. Адунеи аҿы иманшәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҟалозар, ҳдиаспора ахьыҟоу атәылақәа рҟны урҭ аус рыцура аганахьала иҵегь ҳаҽҳарӷәӷәоит», – иҳәеит Гыцба.
Аидеиақәеи ахшыҩзышьҭрақәеи. Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа ражәалагалақәа
Аилатәараҿы дықәгылеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Кәабахьиа. Уи иажәа даналагоз дигәалаиршәеит 2020 шықәсазы зыдунеи зыԥсахыз Аконгресс раԥхьатәи ахада Тарас Шамба. Иара иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа Аконгресс аҳаҭыр зқәу ахадас дыҟан.
«Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь, Армида Чагәа, Олег Еҭлыхә, Роберт Аршба уҳәа убас иҵегь ирацәаҩны ҳашьцәа-абазаа – ари илахьеиқәҵагоу ажәабжь раҳаны иаразнакала ақәҿызҭыз, Тарас Шамба игәалашәара анаунагӡатәразы ахаԥшьгара аазырԥшыз. Ишыжәдыруа еиԥш, ҞЧА ирыӡбахьеит аспорткмплекс ҿыц иара ихьӡ ахырҵарц. Аԥсны акәзаргьы, Тарас Шамба ихьӡ анаунагӡатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа цоит», – иҳәеит Кәабахьиа.
Мусса Егзакьи Аконгресс аусзуҩцәеи 2020 шықәсазы имҩаԥыргаз аусқәа рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат. Иара дазааҭгылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аконгресс арегионалтә ҟәша аусура.
«Макьана идуумзаргьы, ҳхатә биуџьет аԥаҳҵеит. Ари ашықәс иалагӡаны еизаҳгеит 20 нызқь лир рҟынӡа аԥара, уи абжа инарзынаԥшуа Аԥснынтә иааны Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәа рыцхыраара иазаҳкит, егьи абжа – Аԥсны ақыҭа школқәа аспорт маҭәахәқәа рзаахәарахь иҳашьҭит. Еизаҳгаз аԥара зегьы рзы иазхоит ҳәа ҳзымҳәозаргьы, иҳалшо ҟаҳҵоит», – ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.
Иара иалкааны иҳәеит адиаспора рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра иазку еилахәу апроект ду аԥҵатәны ишыҟоу.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аримида Чагәа еиҭалҳәеит, ииасуа ашықәс ауадаҩрақәа шацызгьы, ишалыршаз Ставрополие иқәынхо абазақәа ирызку адокументалтә фильм аҭыхра.
«Иуадаҩыз ари ашықәс иалагӡаны ҳара ҳҽазаҳшәон ауаа иахьынӡауа абзиа рзыҟаҵара. Иреиҳаӡоу усны исыԥхьаӡоит Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазақәа ирызкны афильм аҭыхра ахьҳалшаз. Ԥшь-сааҭк ирҭаӡо аматериал еизаҳгеит, уи аус адаҳулан – сааҭк инаӡо афильм еиқәҳаршәеит – Ставрополие абазақәа шықәнагалаз, ирыбзазашьаз, иахьа рнапы злаку аусқәа уҳәа ртәы аазырԥшуа. Ставрополие инхо, иаҳдыруа ашәуаа зегьы ҳрацәажәеит, рҭоурыхқәа еиҭаҳҳәеит», – лҳәеит Чагәа.
Лара адырра злаҟалҵаз ала, ԥхьаҟа ргәы иҭоуп афильм абаза бызшәала арцәажәара, насгьы Ҭырқәтәыла адиаспораҟны дырбара.
Чагәа еиҭалҳәеит иара убас, хышықәса раахыс Ставрополь аус зуа абызшәатә школ ақәҿиарақәа ртәы, уаҟа рхатәы бызшәа рҵоит 30-ҩык ауаа.
«Ҳара ҳхатәы методиақәа ҳамоуп, урҭ ҳрықәныҟәаны аус ҳуеит, ус ҳшааиуаз, сынтәа апандемиа аамҭазы аинтернет аҟны ҳгәарҭеит Ахатәи аҳәынҭкарратәи бызшәақәа рассоциациа «Ажәа» ахаҭарнакцәа. Уи еиҿызкааз Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат, шьҭрала и-Даӷьсҭантәу Мураҭ Каджаев иоуп. Дара арҵагатә платформа ҳарҭеит, ҳурокқәа зегьы техникатә еиқәыршәарала ахылаԥшра рырҭоит, убри аҟнытә онлаин аҵара ҳҵартә ҳаҟоуп. Москва, Кисловодск, Невинномысск, Ставрополь уҳәа ақалақьқәа рҟынтә аҵаҩцәа ҳамоуп. Ари ус бзиоуп. Ахатәы бызшәа арҵара знапы алаку зегьы аус рыцҳаулар ҳҭахуп», - лҳәеит лара.
Шә-нызқьҩык ахархәаҩцәа ҿыцқәа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинформациатә портал ашықәсантәи аусура аихшьаалақәа ҟалҵеит иҭзыжьуа аредактор Изольда Ҳагԥҳа. Лара илҳәеит 2020 шықәса алагамҭазы АААК Аинфопортал «абжьааԥнеиԥш аус ауан» ҳәа.
«Аконгресс злахәны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы ааҳарԥшуан, апандемиа захьӡу ҳхаԥаанӡа. Аха ус шакәугьы, апортал аусура ҽнакгьы иаанкыламызт. Анҵамҭақәа рформат аԥсахрақәа ахҭысит. Еиҳарак ажәабжьқәа реиҭаҳәарахь ҳаиасит, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора ирзеиҭаҳҳәон Аԥсны акоронавирус алаҵәара аганхьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ҳсаит аҿы иҷыдоу аблок азылхуп Кавказ атәылақәа рҿы ари ачымазара ҿкы ацәырҵшьа хыԥхьаӡарала иаазырԥшуа, Аԥсны, Ҟарачы-Черқьестәылеи уахь иналаҵаны», – лҳәеит Ҳагԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, атәылаҿы иазԥхьагәаҭаны иҟаз аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак шаԥыхызгьы, Аконгресс агәы иҭақәазгьы уахь иналаҵаны, 2020 шықәсазы асаит аҟны
икьыԥхьын 155 материал, ахә-бызшәак рахь еиҭаганы иуԥхьаӡозар – 930 нҵамҭа ҟалоит, еиуеиԥшым аформатқәа рыла: атекст, авидео, афотосахьақәа.
«2019 шықәса иаҿырԥшны иаҳгозар, асаит аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара 90 процент рыла иазҳаит. Шә-нызқьҩык инареиҳаны иуникалтәу аҭааҩцәа ҳамоуп. Игәахәароуп, адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә иҳаԥхьо ауааԥсыра ахьыҟоу. Ҳәара аҭахума, активла иҳаԥхьоит Аԥсны, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа аԥхьаҩцәа ҳамоуп Еиду Америкатәи аштатқәеи, Ирландиеи, нас даҽа 150 тәылеи рҟынтә», - лҳәеит Ҳагԥҳа.
«Аԥсҭазаара иаларҵәатәуп»
Ақәгыларақәеи ажәалагалақәеи зегьы данырзыӡырҩ ашьҭахь, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит зыӡбахә ҳәаз аидеиақәа зегьы АААК акоманда инҭырҳәцааны ишрыхәаԥшуа.
«Ажәалагалақәа зегьы анаҳҵеит. Хәыц-хәыц ҳрыхәаԥшуеит, иҭаҳҵаауеит. Шәареи ҳареи еибардырны аԥсҭазаара иалаҳарҵәоит», – иҳәеит Мусса Егзакь.
Тарас Шамба ихьӡ анаунагӡатәра иазкны Беслан Кәабахьиа ииҳәаз аҭакс иара иазгәеиҭеит, Аконгресс раԥхьатәи ахада Тарас Шамба ихьӡ АААК имҩаԥнаго аусқәа зегьы ишрыцзаауа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура аихшьаалақәа ирызку Апрезидиум изаамҭанытәиу аилатәарақәа еиԥҟьарада имҩаԥысуеит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.