Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

20 Мшаԥы 2024
01:01
1993 шықәса цәыббра 30 рзы аԥсуа ар атәыла аҵакырадгьыл зегь рнапаҿы иааргеит, Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аибашьцәа Аԥсны иалцаны. Убри инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра зхы иақәиҭу, ахьыԥшымра нагӡа змоу ҳәынҭқаррак аҳасабала иқәгылеит.
Аԥсҭазааразы аԥсра ҳазцон
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993
1992 шықәса нанҳәа 14 ашьыжьымҭан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аруаа, аихамҩа ахьчара ҿыҵгас иҟаҵаны, Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәаа иахысны, Аҟәаҟа узго амҩаду ала ҳтәыла иалалеит. Абас иалагеит 413 мши-ҵхи ицоз, ишьаарҵәырахаз аибашьра, аҧсуаа рықәхра хықәкыс измаз.
Аибашьра раԥхьатәи амш, Ацҳа ҟаԥшь, нанҳәа 14, 1992 шықәса
© АГТРК
Қарҭ хықәкыс иаман Аԥсны ҩаԥхьа анапаҿы аагара, убри аан Аԥсны аиҳабыра азықәԥон Қырҭтәылатәи ССР иаланаҵы Аԥсны автономиатә зинқәа рырҭбаара. Аибашьра аналагоз аҽны нанҳәа 14 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы иазԥхьагәаҭаны иҟан аҩ-республикак рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азҵаара алацәажәара. Аха ари асессиа еиԥырҟьан ақырҭқәа атәыла ралалара иахҟьаны.
Ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит ҭынч мҩала ҳаизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегь ҳаӡбарц, аха дара атанкқәеи абзарбзанқәеи, ашьрақәеи, арҳәрақәеи рыла аҭак ҟарҵеит.
Владислав Арӡынба
Ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара аҟынтә, нанҳәа 14, 1992 шықәса
Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба аԥсуа жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӷацәа аҿагылара рыҭатәуп ҳәа. Атәылаҿы азеиԥш мобилизациа рылаҳәан, 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара.
Аԥсны аибашьра аламҭалазы
Аибашьра иаԥхьанеиуаз ахҭысқәа
Хәажәкыра 18, 1989 шықәса

Лыхны ашҭаҿы имҩаԥысит 30 нызқьҩык злахәыз аԥсуа жәлар реизара ду, убраҟа ажәалагала ҟаҵан Аԥснытәи АССР Қырҭтәылатәи ССР иалҵны, аидгылатә республикак аҳасабала асастатус ашьақәыргыларазы.
Ԥхынгәымза 15 – 16, 1989 шықәса

Аҟәа бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа ҟалеит. Дара зхылҿиааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет изакәантәымкәа ашара иадҳәалаз аимакқәа ракәын, анаҩс уи аимак иахҟьаны аԥсуааи ақырҭқәеи бџьаршьҭыхла еиҿанагалеит. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, ари аиҿагылараҿы иҭахеит 14-ҩык инадыркны 17-ҩык рҟынӡа ауаа, шәҩыла ауааԥсыра ахәрақәа роуит.
Нанҳәа 25, 1990 шықәса

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа аднакылеит, убри амшала иаԥсыуаз адепутатцәеи Иреиҳаӡоу Асовет ақырҭуа фракциеи аимак роуит. Ақырҭқәа ари Адекларациа иаҿагылеит. Абас аҩ-милаҭк рхаҭарнакцәа рҽеиҩыршеит. Қарҭ акәзар, Адекларациа амч амам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Мшаԥы 9, 1991 шықәса

Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу Асовет Аԥсны злахәымыз ареферендум мҩаԥнагеит, уи алҵшәақәа рыла иаднакылеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымра аиҭашьақәыргыларазы акт. Қырҭтәыла раԥхьатәи ахадас дҟалеит атәыла Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс иҟаз Звиад Гамсахурдиа.
Цәыббра 22, 1991 шықәса

Аԥсны имҩаԥысит Иреиҳаӡоу Асовет ахь алхрақәа, адепутатцәа ркорпус аԥҵан аквотатә шьаҭала: 28 ҭыԥ рыман аԥсуаа, 26 ҭыԥ - ақырҭқәа, 11 ҭыԥ рыман егьырҭ амилатқәа рхаҭарнакцәа. Ахантәаҩыс далхын Владислав Арӡынба.
Ԥхынҷкәын 25, 1991 шықәса

Асовет Еидгыла ахада Михаил Горбачиов имаҵура шаанижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит, «апринципиалтә хшыҩзышьҭрақәа» инарықәыршәаны. Адырҩаҽны Асовет Еидгыла Ареспубликақәа Рхеилак иаднакылеит адекларациа Асовет Еидгыла аԥыхразы. Асовет Еидгыла анаԥыхха ашьҭахь аҳәынҭқарратә суверенитет роуит Аидгыла иалаз ареспубликақәа жәохә.
Ажьырныҳәа 6, 1992 шықәса

Гамсахурдиа дықәыргеит аҳәынҭқарратә аарҳәраан. Хара имгакәа Қырҭтәыла ахада ҿыцс дҟалеит Едуард Шеварднаӡе, уаанӡа Асовет Еидгылаҿы адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз. Қырҭтәыла аграждантә еибашьра иалагеит. Гамсахурдиа идгылаҩцәа иара шьҭрала дахьатәыз Гыртәыла рҽеизырго иалагеит.



Жәабран 21, 1992 шықәса

Қырҭтәыла арратә хеилак ирыланаҳәеит 1978 шықәсазтәи Қырҭтәылатәи ССР Аконституциа амчра шацәыӡуа, ҿыц амчра шаиуа 1921 шықәсазтәи Қырҭтәылатәи адемократиатә республика Аконституциа, аха аҳәаақәа рыԥсахрада, уи иаанагоз Аԥсныи Аҷариеи адкыланы ҳәа ауп (избанзар 1921 шықәсазы Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарран Қырҭтәылеи иареи аизыҟазаашьақәа рыбжьан). Абас ала Қырҭтәыла унитартә ҳәынҭқаррак еиԥш иқәгылеит, автономиақәа рыҟазаара мап ацәкын. Аԥсны ари ахҭыс рыдыркылеит аԥсуа жәлар шьаҭанкылатәи рассимилиаца алагара акәны.
Жәабран 4-17, 1992 шықәса

Иаԥырхыз ахада Гамсахурдиа идгылаҩцәа аҿагылара рыҭара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны Аԥсны иалалеит Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа архәҭақәа. Урҭ алган Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовети ауаажәларреи акырынтә иаадырԥшуаз агәынамӡарақәа раамышьҭахь.
Хәажәкыра 10, 1992 шықәса

Шеварднаӡе Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет дахагылеит, аҳәынҭқарратә аарҳәра аныҟаз иаԥҵаз Арратә совет ацымхәарас. Аҳәынҭсовет Қырҭтәыла аҵакырадгьыл шамахамзар зегьы анапаҿы иҟан, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аҷариеи, Аԥсныи рыда.
Лаҵара 5, 1992 шықәса

Аҳәоуеиқәымшәарақәа есааира иахьырацәахоз иахҟьаны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ақырҭуа фракциа изаамҭанытәииз аилатәара ааныжьны ицеит. Уи ашьҭахь абри Апарламент аҩ-фракциакгьы адепутатцәа уаҳагьы имеизаӡеит.
Лаҵарамза 9, 1992 шықәса

Аҟәа иаԥҵан Аԥсны амилаҭқәа ракзаара ахеилак, уи ҳтәыла иқәынхоз амилаҭ рацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аконституциа аилагареи, амчра аузурпациеи, азакәандареи иаҿагыларц, амилаҭбжьаратә еиҿагылара еиҳагьы имеибарххахарц азы адемократиатә мчрақәа зегьы рҽеидыркыларац.
Рашәарамза, 1992 шықәса

Аԥсны архәҭақәа рышьақәгылара апроцесс хацыркхеит: иаԥҵан Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполки, аҭыԥантәи ақырҭуа архәҭақәеи.*

*Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахь, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟәшақәа иахьыҟаз аҵакырадгьыл зтәу атәылахь ииасуан .

Ԥхынгәы 9, 1992 шықәса

Мраҭашәаратәи Қырҭтәылан Звиад Гамсахурдиа идгылаҩцәа Қырҭтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ауаҩы изинқәеи амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи рзы Акомиссиа ахантәаҩы Александр Кавсаӡе дырӷьычит.
Ԥхынгәы 23, 1992 шықәса

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аԥнахит, иагьрыланаҳәеит 1925 шықәсазтәи Аԥсны ССР Аконституциа ҩаԥхьа амчра шаиуа, уи инақәыршәаны Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иҟан, Қырҭтәылеи иареи аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан. Ишьақәырӷәӷәан Аԥсны агерби аҳәынҭқарратә бираҟи, атәыла хьӡ ҿыци – Аԥсны Аҳәынҭқарра. Қарҭ арҭ аӡбамҭақәа аднамкылеит.
Нанҳәа 10, 1992 шықәса

Қарҭ ирыӡбеит Аԥсныҟа архәҭақәа аларгаларц. Официалтә мзызқәас иарбан аҭҟәацәа рхы рақәиҭтәреи, азвидистцәа рҟынтә аихамҩа ахьчареи. Усҟан ари аихамҩа мацарала акәын Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аидара амҩангара зламҩаԥысуаз. Нанҳәа 11, 1992 шықәсазы азвиадистцәа Жәыргьыҭҟа аиҿцәажәарақәа рзы иааз даҽа жәаҩаҩык Қырҭтәыла аполитикатә усзуҩцәа рӷьычуеит. Усҟан ажәабжь гәарарҵеит урҭ Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иаанкыланы ирымоуп ҳәа, аха уи ҵабыргымызт.
Аибашьра аламҭалаз Аԥсны амилаҭтә еилазаара
1989 шықәсазы Асовет Еидгыла иахьаҵанакуаз имҩаԥгаз ауаа рышәҟәҭаҩра аихшьалақәа инарықәыршәаны, Аԥсны ауааԥсыра 525 061-ҩык ыҟан, урҭ рахьтә:
1
Ақырҭқәа
239 872-ҩык (45,68 %)
2
Аԥсуаа
93 267-ҩык (17,8 %)
3
Аиарманцәа
76 541-ҩык (14,58 %)
4
Аурысқәа
74 913-ҩык (14,27 %)
5
Абырзенцәа
14 664-ҩык (2,79 %)
6
Егьырҭ амилаҭқәа
25 804-ҩык (4,88 %)
Ақырҭқәа иаалырҟьаны Аԥсны ишақәлазгьы, урҭ аҿагылара роуит 1991 шықәсазы иаԥҵаз Аҩныҵҟатәи архәҭақәа хазы иҟоу рполк аҟнытә. (Ари аполк аԥҵан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәыз Аабатәи аполк абаталионқәа ҩба рышьаҭала – аред.). Аибашьра раԥхьатәи амш азы ақырҭуа еибашьцәа Ацҳа ҟаԥшь аԥхьа рымҩа аанкылан, Аҟәа агәҭа иалалр рымуит.
Аибашьра раԥхьатәи амш, Аҟәа, Турбаза араион, нанҳәа 14, 1992 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Ацҳа ҟаԥшь аҿы раԥхьатәи аидысларақәа, нанҳәа 14, 1992 шықәса
© АГТРК
Аҩныҵҟатәи архәҭақәа аԥсуа полк аибашьцәа зегь раԥхьа аӷа иҿагылара ҟазҵаз, аибашьра раԥхьатәи амш азы, Аҟәа аԥшаҳәа, нанҳәа 14, 1992 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Ацҳа ҟаԥшь, аибашьра раԥхьатәи амшқәа, нанҳәа, 1992 шықәса
© АГТРК
Раԥхьатәи ахҵәацәа, Аҟәа амшынбаӷәаза, нанҳәамза, 1992 шықәса
© ИТАР ТАСС
Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩ Гиви Агрба, Ацҳа ҟаԥшь аҿы раԥхьатәи аидысларақәа, нанҳәа 14, 1992 шықәса
© АГТРК
Ақырҭуа еибашьцәа рнапхгаҩцәеи Аԥсны аиҳабыреи раԥхьатәи реилацәажәарақәа рҟны иазааит абас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра: ақырҭқәа Баӷмаран ақыҭа ахьыҟоу инаскьоит, аԥсуаа – Гәымсҭа аӡиас ахықәанӡа инаскьоит ҳәа. Убри аиқәшаҳаҭра анагӡарала Аҟәа аруаа злам қалақьны иаанхар акәын.
Аԥсны аштаб хада аиҳабы Сергеи Дбар, Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь, нанҳәа 14, 1992
© АГТРК
Нанҳәа 18 рзы ақырҭуа ган имҩаԥгаз аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы Аҟәа иалалан, аҳҭнықалақь ааныркылеит. Иара убри аҽныҵәҟьа Қарҭ аҳәамҭа ҟанаҵеит Арӡынба имаҵура аанижьит, иаԥҵоуп «аибашьратә хеилак» ҳәа. Уи аҭакс аԥсуа еиҳабыра, аибашьра ишналагаз еиԥш Аҟәантә Гәдоуҭаҟа ииасыз, Аҳәынҭқарратә тәылахьчаратә комитет шьақәдыргылеит, Владислав Арӡынба уи ахантәаҩыс дҟалеит.
Еицырдыруа аԥсуа жәабжьҳәаҩ Мирод Гәажәба, дҭахеит Аҟәа ахақәиҭтәраз ицоз аидыслара бааԥсқәа руак аан. © АГТРК
Хатәгәаԥхарала аԥсуа ар иалалаз аибашьцәа. © АГТРК
Владислав Арӡынба, 1992 шықәса
© Аԥсны раԥхьатәи ахада игәыҳалалратә фонд
Аҳәынҭсовет асолдаҭцәа ашә ҧҽны иҩналеит абџьар ргарц ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны. Усҟан сара исҭан саҳәшьа Василисеи уаанӡатәи сыҧшәма В.А. Устиани. Аҧара ҳашәҭ ҳәа иалагеит, ишакәым иҳацәажәон. Нас иржәит, ҳуаҭах аадырҳәит, малс иҟаз зегьы ҩнырҳәеит, саҳәшьеи Устиани ргеит. Саҳәшьа ахлымӡаах лыхҭырхуан, Устиан дырҧҟеит, нас дыршьит. Зегь рыҩнқәа ирыҩналаны идырҳәуан, аҳәсеи аӡӷабцәеи кны амш рыларгон.
Аӷа иааникылаз Аҟәа инхоз С. Занҭариа ашаҳаҭра илуыз аҟынтә
Аԥсуаа рнапаҵаҟа иҟаз Гәымсҭеи Бзыԥи рыбжьаратәи аҵакырадгьыл акәын. Аблокада иҭакын Ҭҟәарчал ақалақь, иара убас Очамчыра араион иатәыз аԥсуа қыҭақәакгьы.
Агвардиауаа ҳамаҭәақәа аныргоз, ахәыҷы ифатәгьы аанырмыжьт, ахәыҷыҧшқа ихәы ахьыҟаҳҵоз агазтә баллон маҷгьы ргеит. Сыҧҳәыс дрыҳәеит убри мацара аанрыжьырц, ахәыҷы амла даҳмаршьырц, аха ақырҭуа ус иҳәеит: «Шәыхәҷы аџьыка ифалааит!».
Аҟәа инхоз К. Ш. Ажьиба ишаҳаҭра аҟынтә.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа шьақәгыло иалагеит, анаҩс Мраҭашәаратәи афронт ҳәа хьӡыс изауз. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ана-ара ишьақәгылоз апартизанцәа ргәыԥқәагьы хәыҷы-хәыҷла рҽеидыркыло иалагеит, ус ишьақәгылеит Мрагыларатәи афронт.
Атанк «Лыхны»
© Олега Климов ифотоцикл «Аԥсны 20 шықәса рышьҭахь» аҟынтә
Гәымсҭатәи афронт
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Амедиаҳәшьа Инга Габниа, Гәымсҭатәи афронт, дҭахеит ԥхынгәы 22, 1993 шықәсазы
© Марина Барцыц
Left
Right
:«…Урҭ амшқәа рзы аҳәынҭсовет асолдаҭцәа иршьыз иреиуоуп Грышьа Маан, Зураб Турнанба, Сократ Адлеиба, Виктор Марохиа, Гәарамиаа аби аҧеи, урҭ ргәылацәа – аҭырқәцәа хаҵеи ҧҳәыси, Г. Самушиа иҧхәыси иареи, иҧҳәыс зны амш лыларгеит, нас лшьапы хҵәаны аҩны даларблит. Абарҭ зегьы анышә ианарҭоз, иара убас егьырҭ раангьы, аҧсуа милаҭ иеиуаз ахацәа неир ҟалаӡомызт агәылацәа раҳасабала. Урҭ реиҳараҩӡак ргәарақәа рҿы анышә иарҭеит.
Очамчыра инхоз И. Ш. Лакрба ишаҳаҭра аҟынт
Аҵарауаҩ-археолог, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа, дҭахеит Лашькьындар ақыҭан, ԥхынҷкәын 6, 1992 шықәсазы
Аӷа инапаҵаҟа иҟалаз араионқәа рҿы амилаҭ рықәхра иалагеит. Аҭынч уааҧсыра дыргәаҟуан, рцәа ҧырҽуан, аҩнқәа, ақыҭақәа рбылуан. Ақырҭқәа иртәымыз адәқьанқәеи, аскладқәеи, ахатәы ҩнқәеи, ауаҭахқәеи рырҳәрақәа ишырҿыц ирҿын.
Аибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедерациа (КАЖӘР) Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ахьчараз игыларц. Убри аҽныҵәҟьа КАЖӘР арратә ҟәша аиҳабы Сулҭан Сосналиеви апрофессионалтә аруаҩ Муҳамед Кьылбеи рнапхгарала Аԥсныҟа иааит нхыҵтәи ҳашьцәа раԥхьатәи ргәыԥқәа. Нанҳәа 15 рзы урҭ Гәдоуҭа иааины иҟан.
Шьҭарнахыс Аҧсны ахьчара – ҳара иагьҳуалҧшьоуп, иагьҳзинуп. Шьҭарнахыс Аҧсны – ҳара иҳаҧсадгьылуп. Абри аминуҭ инаркны Кавказ ахьынӡанаӡа-ааӡо дыҟам иаҧсыуам аӡәы.
Хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз рҭоуба аҟынтә
Актәи аинтернационалтә баталион иалаз ачечен еибашьцәа, Афон ҿыц, нанҳәа, 1992 шықәса
© ichkeria.info
Ацҳа ҟаԥшь акәша-мыкәша, Аҟәа, 1992 шықәса
© Георги Цагарели
Еилаԥырҽҽыз Аҭынчра амҩаду, Аҟәа, 1992-1993 шықәсқәа
© Андреи Соловиов
Муҳамед Кьылба
© АГТРК
Ақырҭқәа роккупациа иацҵахозар, Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконгресс еидкылоу арбџьар мчақәа ақырҭуа аррабашьра иалагоит.
КАЖӘР иҷыдоу асессиа ақәҵара аҟынтә, нанҳәа 18, 1992 шықәса
Нанҳәа 18 рзы имҩаԥысыз КАЖӘР асессиа аҟны адҵа ҟарҵеит: ақырҭуа ар зыԥшрак ҟамҵакәа Аԥсны иалҵырц, нанҳәа 21 рзы КАЖӘР ахада Иури Шанибови Аконфедерациа Апарламент ахантәаҩы Иусуп Сосламбекови ақәҵара рыдыркылеит, хатәгәаԥхарала еибашьуа Аԥсныҟа раашьҭра алагаразы, аӷа бџьаршьҭыхла аҿагылара ирҭарц. Нхыҵ Кавказынтә иааз аибашьцәа рыла ишьақәыргыланы актәи, аҩбатәи хазтәи абаталионқәа, иара убас ахԥатәи арезервтә баталион.
Аҧсуа жәлар схы рыхҭнысҵарц сҭахуп. Ашьха сахыҵуеит, азин сышәҭа, уи
сазыҧшуп. Сабџьар шьҭыхны имаҷу, аха иҧшӡоу, аиаша иазықәҧо шәыжәлар сыхьчоит. Александр Николаи-иҧа Гришин.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы иахь ателеграмма
Ҭырқәтәылантә хатәгәаԥхарала
еибашьра иааз
© АГТРК
Нанҳәа 23 рзы Гәдоуҭаҟа иааит Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рҟынтә раҧхьатәи аибашьцәа ргәыҧ, 35-ҩык ҳашьцәа. Аҧсны ахьчаразы хатәгәаҧхарала еибашьра иааит иара убас Приднестровиантә, Алада Урыстәылантә.
Аԥсны Афырхаҵа Џьамал Смыр
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьра иааз, Муаед Шоров хадара ззиуаз аҟабарда гәыԥ Совмин ахыбра аҿаԥхьа, цәыббра 27, 1993 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Ҭырқәтәылатә хатәгәаԥхарала иааз аԥсуа еибашьцәа ргәыԥ
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет аруаа Аԥсны адҵа рызҭоз Георги Ҟарҟарашьвили аультиматум аҟазшьа змаз адҵа ҟаиҵеит 24 сааҭ рыла аԥсуа жәлар рабџьар шьҭарҵарц. Ус анакәымха «асепаратистцәа» ажәа риҭеит «ақырҭқәа шә-нызқьҩык ҭахаргьы, Арӡынба идгыло ԥсыуас иааҟоу 97 нызқьҩык зегьы шҭаирхо» ала.
Ақырҭуа еибашьцәа, Гагра, жьҭаара 1-2, 1992 шықәса
© Георги Цагарели
Ақырҭуа аинрал Ланчава, Аҟәа, жьҭаара, 1992 шықәса
© Георги Цагарели
Ақырҭуа еибашьцәа, Аҟәа
© Георги Цагарели
Ҳазшаз Анцәа иҿаԥхьа исҳәоит, абри шиашам.
Владислав Арӡынба
Кавказтәи ареспубликақәа рхадацәа Москватәи реиԥылара астенограмма аҟынтә
1992 шықәса, цәыббра 3 рзы Москва имҩаԥысит Кавказ ареспубликақәа рхадацәа реиԥылара, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа алархәны, иара убас Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәылатәи атәылаҿацәи рнапхгаҩцәа алархәны. Аԥсуа ган даара акыр иақәыӷәӷәон аҟнытә, аиԥылараҿы ирыдыркылаз адокумент Қырҭтәыла «аҵакырадгьылтә акзаара аиқәырхара» азԥхьагәанаҭон, ақырҭуа еибашьцәа Аԥсны ралҵра хымԥадатәуп ҳәа арбамызт. Аибашьра иацҵан.
Аибашьра аҭышәныртәалара иазынархаз аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Аԥсныи рхадацәа апрессахь рцәырҵра, Москва, «Президент Отель», цәыббра 3, 1992 шықәса
© АГТРК
Иахьа ашьыжь асааҭ 6.30 рзы саб ачазы ддәылҵит. Ачаӡырҭа зауад аҟны ақалақь зегь еизеит, 500-600-ҩык ауааҧсыра ыҟан усгьы. 12:30 рзы сан дцеит
длыҧсахырц. Сара срышьҭӡом, исыцәшәоит. 14:45 рзы Бесик дцеит сан
диҧсахырц. Асааҭ 16:00 ҟалеит. Бесики сани ача рыманы иаагәышьеит.
Аибашьраан Аҟәа иалаханы иҟаз астудентка Мадина Ш. лымшынҵа аҟынтә
Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа
© АГТРК
Цәыббра 25 рзы Едуард Шеварднаӡе ООН атрибуна аҟынтә Урыстәыла ахара рыдиҵеит Қырҭтәыла иаҿагыланы агрессиа ахьыҟанаҵо азы. Москва уи аҭакс ақәҵара аднакылеит «Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа инарымаданы Нхыҵ Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа» ҳәа хьӡыс измаз, уи аҟны қырҭтәылатәи архәҭақәа Аҧсны ралгаразы адҵа ҟаҵан.
Жьҭаара 2 рзы аԥсуаа ажәылара иаԥшьырган, Гагра ахы иақәиҭыртәит, жьҭаара 6 рзы Урыстәыла аҳәаа аҟынӡа Аԥсны аҵакырадгьыл зегьы рнапаҿы иааргеит. Гагра иӷәыхны иқәҵан аӷа ирхәҭақәа «Мхедриони», «Тетриарциви». Абри ашьҭахь «адгьыл ду» ахь аԥсуаа амҩа рзаартхеит.
Атрофеитә техника мацарала ақалақь агареи, аҳәааҟынӡа адгьыл ахақәиҭтәреи злаҳалшаз џьасшьоит. Аҷкәынцәа ргәы шьҭыхны иҟоуп уажәы, уи оуп изыбзоуроу. Аибашьышьагьы рҵеит шьҭа, аҧхьатәи амшқәа раан иҟаз агачамкра цеит.
Гагра ахада Руслан Иазыҷба иҟаиҵаз аинтервиу аҟынтә
Жьҭаара 7-8 рзы Лыхны ақыҭан имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза (абаза) жәлар I-тәи рконгресс, аҧсуа жәлар ргеноцид иақәыӡбаны иқәгылеит аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирықәынхо ҳажәлар рхаҭарнакцәа. Ҩымштәи аконгресс аусура аамышьҭахь аделегацәа ирыдыркылеит Адекларациа, иара убас ООН ахь, Кавказ ажәларқәа рахь, Урыстәыла ахадеи Иреиҳаӡоу Асовети рахь
ааҧхьара ҟарҵеит.
Ибрагим Иаӷан, Владислав Арӡынба, Владимир Аршба, И. Арсамиков Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны, жьҭаара, 1992 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада игәыҳалалратә фонд
Владислав Арӡынба аибашьцәа дрыгәҭылакны, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза (абаза) жәлар I-тәи рконгресс амшқәа раан, арымарахь ала Ибрагим Иаӷан, жьҭаара, 1992 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада игәыҳалалратә фонд
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс амшқәа раан Владислав Арӡынба ажурналистцәа аинтервиу анриҭоз
© Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада игәыҳалалратә фонд
Жьҭаара 22 рзы ақырҭқәа ирыблит Аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, алитературеи ринститути, Аԥсны аҳәынҭқарратә архив ахыбреи. Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызкыз иуникалтәыз, хәы змаӡамыз адокументқәеи аматериалқәеи ыҟамызшәа амца иалаблит.
Аҳәынҭқаратә архив ахыбра машьына ласыла иаадыххылеит армаҭәа зшәыз хҩыуаак, нас апистолетқәа рыла ихысуа ааигәа-сигәа иҟаз зегь ҧхарҵо иалагеит. Ахыбра аҩналарҭахь иҩнаргалеит абылтәы зҭаз аканистра, секундқәак рышьҭахь ахыбра аҩныҵҟа амца ду аахәылҵҟьеит. Минуҭқәак рышьҭахь амцарцәаратә машьынагьы ааит, аха амцарцәаҩцәа иара усгьы имқәацеит. Аҳәынҭархив аухантәарак абылра иаҿын, амца иахылҵуаз алашара сҧенџьыр аҟынтә сахьҧшуаз избон. Адырҩаҽны шьыжьымҭан саннеи аҷашәшәы иаганы ҟаз аҭыӡқәа аанханы иҟан ауп уаҳа акгьы, ахыбра ахьчаҩс иамаз ақьырмытқәа реидкылара даҿын.
Ахҭыс зыблала избаз Викториа Аргәын лышаҳаҭра аҟынтә. Агазеҭ «Республика Абхазия» №16
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотека ахыбра, 1992-93 шықәсқәа раан иблыз
© Борис Ҷолариа ихатә архив
Аҟәатәи аԥшаҳәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив ахыбра ахьгылаз аԥхьа
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа
© www.kolhida.ru
Left
Right
…Ақырҭуа гвардиауаа Леонид иҟынтә ирҭахыз анырмаҳа, жәаа шықәса зхыҵуаз иҧҳа Алла ақыҭа аҵыхәахь игылаз ҩнык ахь дыргеит. Дара ҩажәаҩык раҟара ыҟан. Аҭыҧҳа илықәмақаруан, дрыҧҟон, амш лыларгон. Хымш Алла рнапаҿы дыҟан. Аӡӷаб рыцҳа лхы еилагеит. Уи лан Ҭамара Иваненкогьы убасҵәҟьа лзыруит.
Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан инхоз Ж.А. Арӡынԥҳа лышаҳаҭра аҟынтә
Жьҭаара 26 рзы Очамчыра ахақәиҭтәразы иаԥшьгаз ажәылара хабгалеит. Абҵара 3 рзы излагаз раԥхьатәи Шроматәи ажәыларагьы қәҿиара амамызт. Аха ус шакәызгьы, аԥсуа ар аихьӡарақәагьы маҷымкәа ирыман, иаҳҳәап ахы иақәиҭтәын очамчыра араион иатәу ақыҭа Кәачара.
Аԥсуа ар аибашьцәа
© АГТРК
Ԥхынҷкәын 14 рзы ақырҭуа еибашьцәа ашьха қыҭа Лаҭа иахыԥраауаз, агуманитартә реис ҟазҵоз урыстәылатәи авертолиот МИ-8 ларышьҭит. Уи иҭан аблокада иҭакыз Ҭҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа ицоз аҭынч уааԥсыра. Авертолиот иҭаблит 85-ҩык ауааԥсыра, 30-ҩык ахәыҷқәеи зцәа зтәымкәа иҟаз аҳәсеи уахь иналаҵаны.
Ҭҟәарчал ақалақь аҟынтә ахҵәацәа зҭаз Урыстәылатәи арра-ҳаиртә мчрақәа иртәу авертолиот МИ-8 лашьҭын ҳәа мҩашьарада иаҳҳәоит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра акомиссиа ахантәаҩы, аинрал В. Ачиров иинтервиу аҟынтә
Иманшәаламхеит Гәымсҭатәи афронт аҟны имҩаԥгаз ианартәи, марттәи ажәыларақәа. Аҟәа ахақәиҭтәразы 1993 шықәса ианар 5 рзы ихацыркыз ажәылараан иҭахеит 37-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. Марттәи ажәылараан еиуеиԥшым адыррақәа рыла иҭахеит ҩышәҩык инадыркны ԥшьышәҩык рҟынӡа аԥсуа еибашьцәа, 32-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Гәымсҭатәи афронт, аџьаԥҳаны ахарҭәаара, 1992-1993 шықәсқәа реилыҵымҭазтәи аӡын
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Амандаринатә плантациаҿы аидысларақәа, Гәымсҭатәи афронт, 1992-1993 ашықәсқәа
© Андреи Соловиов
«Аԥсны ахы иақәиҭышәтә!»
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Иҭахаз аибашьцәа ранацәа
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Ҳиааира уажәшьҭа ихараӡам. Ҳиааира зынӡа иааигәоуп – Аҟәа иҟоуп! Аҳәара ҟаҳҵоит зегь шәахь Ашықәс ҿыц ауха абри аибашьраҿы иҭахаз ҳҵеицәа, гәымшәарала Аҧсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа зегьы аӡәаӡәала ишәгәалашәыршәарц. Ҳара аиааира ҳгароуп, избанзар ҳанаҵаха – аныӡаароуп иаҳзыҧшу.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ашықәсҿыцазтәи ааԥхьара аҟынтә
Иҭахаз рсиа, Гәдоуҭа, хәажәкыра, 1993 шықәса
© Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аекспозициа афрагмент
Аибашьратә ԥышәа иаанарԥшит, стратегиатә хырхарҭак ала аӷа ижәлара алҵшәа шаанамышьҭуаз. Убри аҟнытә аԥсуа ар рнапхгаҩцәа имаӡоу аоперациа рхәыцит, уи инақәыршәаны аамҭакала афронтқәа зегь рҟны аӷа ижәлара азгәаҭан, иара убас аӷа игәцаракра зырблаҟьоз аибашьратә маниоврқәагьы ирызхәыцын. Аҵак ҷыда рыман ашьхарантә излагоз ажәыларақәа.
Ҳхьаа егьа ицәгьазаргьы, ҳара иаҳдыруеит иҳазгәакьоу ауаа рыҧсадгьыл ахақәиҭразы ишҭахаз, идырны уи рхы ақәырҵеит. Ҳара иаҳдыруеит урҭ
рыҧсадгьыл аҿы анышә ишамадоу. Ргәалашәара ҧшьа иаҳагьы ҳаиднакылоит. Уажәшьҭа иаҳагьы иаҳҭаххеит ҳақалақь алалара, ҳҭынхацәа анышә иахьамадоу ҳнеины ишрыхәҭоу еиҧш раҳаҭыр ҳшьарцм.
Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа иҟарҵаз ааԥхьара аҟынтә
Сулҭан Сосналиеви Владислав Арӡынбеи, Гәдоуҭа, 1993 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада игәыҳалалратә фонд
Гәымсҭа аӡиас арра
© Андреи Соловиов
Иҭахаз аибашьҩы инышәаҭара
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Аԥсуа ар аибашьцәа Гәымсҭатәи афронт аҟны
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Ԥхынгәымза 2 рзы Тамшь иӡхыҵыз аԥсуа еибашьцәа хышәҩык рыла ишьақәгылаз амшын десант, Аҟәаҟа зымҩа хаз ақырҭуа еибашьцәа рымҩа ркит. Анаҩс аԥсуа архәҭақәа аӷа ааха ирҭеит аҩада-мраҭашәаратәи рхырӷәӷәарҭаҿы. Абас ала ԥхынгәымзазы имҩаԥгаз ажәыларатә операциа афронтқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа аиуит. Дара иуадаҩыз аидысларақәа рҿы ириааины аԥсуаа иааныркылеит ақыҭа Шромеи, астратегиатә ҵакы ду змаз аҳаракырақәа Цугуровкеи, Аҳбҩықи. Мрагыларатәи афронт аҿы активла имҩаԥысуаз аибашьра иабзоураны Ҭҟәарчал маҷк аԥсеивгара аиуит, аӷа уаанӡеиԥш инеиԥынкыланы ақалақь шьҭа далахысуамызт.
Агвардиауаа аҭыҧантәи ақырҭқәа рыцны ақыҭа иалалеит. Зыҩны инханы иҟақәаз зегьы дәылыргеит. Адуцәа атанк аҧхьа идыргылеит, ахәыҷқәа атанк иақәдыртәеит, нас ираҧцаны Дранда аганахь рҿынархеит. Џьулета Допуа шахала атанк дадҳәаланы амҩа ианылеит. Абас аҭынч уааҧсыра кәылӡҵас рхы иадырхәон, апартизанцәа рхысрақәа рҽырцәырхьчарц азы.
В.К. Допуа ишаҳаҭра аҟынтә (Аӡҩыбжьа ақыҭа)
Аблокада иҭакыз Ҭҟәарчал агуманитартә еидара азнагара, 1992-1993 шықәсқәа
© Livejournal
Мрагыларатәи афронт
© АГТРК
Аҧсуа ар ржәылара аамҭала иааныркылар акәхеит. Қарҭ аиҿцәажәара иаҳәеит. Шәача имҩаҧысит Аҧсныи, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи рхадацәа реиҧылара. Иззааиз аиқәшаҳаҭрақәа рыла, Шеварднаӡе ажәа риҭеит ақырҭуа архәҭақәа Аҧсны ишалҵуа ҳәа. Аха хара имгакәа еилкаахеит Қарҭ аиқәшаҳаҭра анагӡара агәы ишҭамыз. Ицәырҵыз аҭагылазаашьа ҿыцқәа ҳасаб рзуны, аҧсуа аинралцәа – атәылахьчара аминистр Сулҭан Сосналиеви, Аштаб хада аиҳабы Сергеи Дбари Аҟәа ахақәиҭтәреи аӷа ихарбгалареи рзы аоперациа аплан ҭырхит.
Аҟәа ахақәиҭтәра
© ИТАР ТАСС/Андреи Соловиов
Аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылижьҭеи мызкыи бжаки шыҵхьоугьы, ақырҭуа ган рырхәҭақәеи, реибашьратә техникеи Аҧсны иалрымгацт, уимоу иахьагьы
џьаҧҳаныла рҽеиқәдыршәоит, аҭыҧантәи аибашьцәа ирзаарышьҭуеит абронетехника, артиллериатә системақәа.
Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иаԥҵаз Еилахәу Акомиссиахь Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иҟанаҵаз Ааԥхьара, цәыббра 11 , 1993 шықәса
Арадист
© Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьратә архив
Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит цәыббра 16 рзы, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа амҩаду Очамчыра-Аҟәа анааныркыла ашьҭахь, аҳҭнықалақь кны итәаз ақырҭқәа иарбанзаалак цхыраарак рыҭаразы алшара ҟамларц. Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа даара иеибыҭаз аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ҧырганы Аҟәа иакәшеит. Цәыббра 27 рзы Аҧсны аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын, 12-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз аӷа ирхәҭа шьаҭанкыла иӷәыхын.
Аҟәа ахақәиҭтәра, Аиааира абираҟ ашьҭыхра, цәыббра 27 1993 шықәса
© ИТАР ТАСС
Едуард Шеварднаӡе макьана ақалақь далаханы дыҟоуп ҳәа амассатә-информациатә хархәагақәа рҟны ицәырҵуа адыррақәа инарыдҳәаланы, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азинмчра аманы аҳәамҭа ҟанаҵоит, Аҧсны Арбџьармчқәа рнапхгара шазыхиоу Қырҭтәыла ахада зхы иақәиҭу Аҧсны аҵакырадгьыл иалҵразы алшара иҭара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҟынтә, цәыббра 27, 1993 шықәса
Цәыббра 29 рзы аҭоурыхтә хҭыс ҟалеит: Кәыдры ацҳаҿы еиԥылеит Гәымсҭатәи (Мраҭашәаратәи) Мрагыларатәи афронтқәа.
© Марина Барцыц

Цәыббра 30 рзы аҧсуа ар Егры аӡиас ахықәанӡа инаӡеит – Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәаа инхықәгылеит. Аӡиас ахықәан Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит.
Аԥсны имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳтәыла ааха ӷәӷәа анаҭеит. Ицәыргаз адыррақәа рыла, аԥсуа ганахьала иҭахеит ԥшьнызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҭынч уааԥсыра, абыргцәа, аҳәсақәа, ахәыҷқәа. Шәнызқьҩык иҟоу ажәлар маҷ рзы ари ахыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Аԥсны иаанымхеит аибашьраҿы зыуа-зҭынха дҭамхаз ҭаацәарак. Шәҩыла ауааԥсыра иахьа уажәраанӡа рыхабар ыҟам.
Аибашьра Аҧсны ианаҭаз аекономикатә ааха ахә шьан 11 миллиард доллар ҳәа. Аибашьраан ирбган аҧсуа жәлар рҭоурыхтә-культуратә баҟақәа. Иблын хәы змаӡам адокументқәа, аламала иуҧымло ашәҟәқәеи, артефактқәеи.
Аиҳабыра рыҩны, Аҟәа, 2012 шықәса
© РИА НОВОСТИ Владимир Попов

Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор – Наала Аҩӡԥҳа, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
Made on
Tilda