Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

22 Ԥхынҷкәын 2024
19:39
Адунеи иазаарту анапы
Аԥсуааи ашәуааи рҳәынҭқарратә символқәа
Аԥсуа-абаза жәлар рҳәынҭкарратә символика аҭоурых ажәытәӡа иаларсуп. Аԥсуа аҳра абираҟ асахьа ԥшаан абжьарашәышықәсахь иаҵанакуа агенуезцәа рыхсаалақәа рҟны. Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟи агерби шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы. Аԥсны аҳәынҭқарратә символика авторс дамоуп аԥсуа сахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа. Аԥсны абираҟи агерби, ашәуаа рмилаҭтә бираҟи ҳажәларқәа знысыз аҭоурых рныԥшуеит.
Адунеи иазаарту анапы
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ
Аԥсны Аҳәынҭкарра абираҟ аура ала ашкәакәеи ашьацԥшшәи змоу быжь-цәаҳәак рҽеиҭнырыԥсахлоит: ашьацԥпшәы змоу ацәаҳәақәа ԥшьба ыҟоуп, ашкәакәақәа – хԥа. Хыхьла иалаго ацәаҳәа шьацԥшшәылоуп. Абираҟ арымарахьала иҟоу хыхьтәи акәакь аҟны иҟаԥшьеиқәоу акәакьҭаиаша ануп, уи агәҭаны – ауаҩы иарӷьа напы иатәу анаргәыҵа (амаҿа) шкәакәа. Анапы иҩахыкны еиврыԥххаа иануп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәақәа быжьба, урҭгьы рыԥшшәы шкәакәоуп.
Аԥсны Аҳәынҭкарра абираҟ
© presidentofabkhazia.org
Иҟаԥшьу афон иану иаарту амаҿа асахьа – Аԥсуа аҳра аныҟазтәи аамҭақәа раахыс (VIII -X ашә.) ҳҳәынҭқарра иасимволын, ус анакәха ари асахьа зқьи ҩышә шықәса ахыҵуеит. Абри асахьа арбоуп XIII-XIV ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа генуезтәи амшынтә хсаалақәа рҟны. Анапы шкәакәа зну абираҟ ҟаԥшь ҳера раԥхьатәи ашәышықәсақәа раан ақалақь Себастополис иахашәыршәыруан, уи ақалақь аҭыԥан иахьа игылоуп ҳаамҭазтәи Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа.
Ватикантәи абиблиотекаҿы иҵәаху Петрус Весконе (Petrus Veescone) ихсаалаҿы (1321 шықәсахьы иаҵанакуа) Себастополис аарԥшуп аџьар ҟаԥшь зну абираҟ шкәакәала, аџьар асахьа иацуп иара убас агьежь ҟаԥшьқәагьы
© vexillographia.ru
Анапы иахыкәыршаны иҟоу быжь-еҵәак иаадырԥшуеит ҭоурыхла Аԥсны иахәҭакыз адгьылқәа: Саӡын (Џьигетиа), Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Псҳәы-Аибӷа. Аӡиасқәа Хәасҭеи Егрыи рыбжьара иҟаз арҭ адгьылқәа рҟны аԥсуа милаҭ ықәынхон. Уи адагьы, ахыԥхьаӡара «быжьба» аԥсуаа рзы, адунеи егьырҭ ажәларқәа жәпакы рзеиԥш, иԥшьоу аҵакы амоуп.

Абри амотив ауп иаарԥшу ашәуаа рмилаҭтә хсаала аҟынгьы, уаҟагьы иануп аеҵәақәа быжьба зхакәыршоу анапы шкәакәа. Ҟарачы-Черқьестәыла иатәу Абаза раион абираҟ атәы ҳҳәозар, уи шьақәырӷәӷәан 2010 шықәсазы, ашәуаа рмилаҭтә бираҟ излеиԥшым аеҵәақәа рхыԥхьаӡаралоуп: араҟа урҭ хәба ануп – араион иалоу ашәуа қыҭақәа рхыԥхьаӡарала: Ԥсыж, Ҟәыбина, Инџьықь-Ҷкәын, Ельбырӷан, Кара-Паго.
Ҟарачы-Черқьестәыла иатәу Абаза раион абираҟ
© geraldika.ru
Аԥсны абираҟ иану ашкәакәеи ашьацԥшшәи цәаҳәақәа аагоуп ҭоурыхла Аԥсны зыхәҭакыз Ашьхарыуа Республика абираҟ аҟынтәи. Ашьхарыуа республика шьақәыргылан 1918 шықәса, лаҵарамза 11 рзы, уи иалалеит Кавказ атәылақәа быжьба: Даӷьсҭан, Чечентәылеи Ингәыштәылеи, Уаԥстәыла, Аԥсны, Ҟабарда, Адыгатәыла, Ҟарачы-Балкариа. Ашкәакәеи ашьацԥшшәи цәаҳәақәа реивҵаԥсара кавказтәи ажәларқәа адинхаҵара аганахьала аибачҳара ирымоу аанарԥшуеит: амсылманреи (ашьацԥшшәы) ақьырсианреи (ашкәакәа) наџьнатә аахыс Кавказ ишааибуаз, еимакык шырхылымҿиаацыз аршаҳаҭуеит. Аԥсны – ажәытәӡа аахыс ақьырсианра ахьаԥыз тәылак аҳасабала Ашьхарыуа республика абираҟ аҿы цәаҳәа шкәакәала иаарԥшын. Ашьхарыуа республика шықәсык ауп анҵыра иаиуз.
Ашьхарыуа республика абираҟ
© chechenews.com
Абираҟ аҭоурых аҟынтә
1925-шықәсазтәи Асоциалисттә Советтә Республика Аԥсны раԥхьатәи Аконституциа инақәыршәаны, ареспублика абирҟ ҟаԥшьын, арымарахьтәи аҩадатәи акәакь аҟны ихьыԥшшәылоу амаганеи асагеи рсахьа анын. Урҭ иҩархыкны хә-кәакьҭак змаз, хьыла иҿыкәыршаз аеҵәа ҟаԥшь анын, аладахьала – ԥшь-нбанк «ССРА» (Асоциалисттә Советтә Республика Аԥсны - аред.)
Асоциалисттә Советтә Республика Аԥсны абираҟ 1925 шықәса
© wikipedia
1935 шықәса, ажьырныҳәа 7 рзы VII-тәи Аԥснызегьтәи Асоветқәа реизара иаднакылеит усҟан иавтономтәыз Аԥсны Аконституциа ҿыц. Уи инақәыршәаны, аԥсуа бираҟ аҿы ианыз аббревиатурагьы ԥсаххеит «ССРА» ахаҭыԥан иҟалеит «АССРА».
Автономтә Социалисттә Советтә Республика Аԥсны абираҟ, 1935 шықәса
© archive.li
Хара имгакәа, 1937 шықәсазы дара абарҭ анбанқәагьы абираҟ ианыхын, урҭ рхаҭыԥан «Қырҭтәылатәи ССР» ҳәа аҩыра анырҵеит, қырҭшәалеи, урысшәылаеи, аԥсышәалеи.
Автономтә Социалисттә Советтә Республика Аԥсны абираҟ, 1937 шықәса
© adgil.narod.ru
1951 шықәсазы Қырҭтәылатәи ССР абираҟ ҿыц аднакылеит. Иара уи абираҟ акәхеит Аԥснытәи АССР бираҟс иаиузгьы. Анаҩстәи ҩажәижәаба шықәса рыбжьара автономтә республика абираҟ, хазы ишыҟоу аазырԥшуа уаҳа даҽа ҩырак анымлаӡеит. 1978 шықәсазоуп абираҟ аҿы «АҦСНЫ АССР» ҳәа аҩыра ананҵаха.
Автономтә Социалисттә Советтә Республика Аԥсны абираҟ, 1978 шықәса
© adgil.narod.ru
1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Автономтә советтә социалисттә республика Аԥсны 1978-шықәсазтәи Аконституциа аԥыхны, 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциахь ишиасуа рыланаҳәеит. Уи адокумент инақәыршәаны, Аԥсны – қырҭуа автономимызт, ихьыԥшыму ҳәынҭқарран, Қырҭтәылеи иареи аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаны. Атәыла аофициалтә хьыӡгьы ԥсахын «Аԥсны Аҳәынҭқарра» ҳәа.

Иара убри аҽны ишьақәырӷәӷәан Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби, урҭ авторс дрымоуп ахәыҷтәы журнал «Амцабз» асахьаркыратә редактор хадас иҟаз аԥсуа сахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ
© presidentofabkhazia.org
Аеҵәақәа кыдԥаауа
Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб
Аԥсуа герб аҟны ашьацԥшшәы аԥсҭазаареи аҿареи ирсимволуп, ашәакәа – адоуҳа. Ҵаҟа иану аа-кәакьҭак змоу, ихьыԥшшәылоу аеҵәа ду аиҭаира иадыргоуп. Хыхь, ашкәакәеи ашьацԥшшәи ахәҭақәа рҟны иану ҩ-еҵәак – ҩ-культуратә дунеик – Мрагылареи Мраҭашәареи реилаҵәара иасимволуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб
© presidentofabkhazia.org
Агерб асиужет Нарҭаа репос ахь ҳхьанарԥшуеит – аԥсуааи, ашәуаа, уҳәа убас егьырҭ Кавказ жәларқәа жәпаки еицырзеиԥшу аишьцәа Нарҭаа дуқәа ирызку аепос. Агерб агәҭа дануп Сасрыҟәа, Арашь дақәтәаны дԥыруа днеиуеит, ихыц ажәҩан ахь ирханы икуп, аеҵәа кыдиԥаарц. Сасрыҟәа – аепос афырхаҵа хада иоуп, еицырдыруа асиужет излаҳәо ала, уи аеҵәа лашьҭны ахьҭа иакуаз иашьцәа Нарҭаа еиқәирхоит.
Агерб аҭоурых аҟынтә
Асоциалисттә Советтә Республика Аԥсны аҳәынҭқарратә герб ианын ихьыԥшшәылоу амаганеи асагеи рсахьа, «ССР Аԥсны» ҳәа ашьхатә пеизаж иақәҭыхыз аҩыреи.

Агерб иаҿыкәыршан ҟаԥшьыла иҿаҳәоу аџьықәреи, ажьи, аҭаҭыни рсахьа. Ахахьы ианын хә-кәакьҭак змоу аеҵәа ҟаԥшь амра ашәахәақәа ақәԥхаауа. Ацаха ҟаԥшь аԥсышәала абас еиԥш аҩыра анын: «Апролетарцәа атәылақәа зегьы рҽы иҟоу, шәҽеидышәкыл!»

1926 шықәса инаркны аҩыра «ССР Аԥсны» асахьа агәҭа иахьаныз акәымкәа, агерб иаҿыкәыршоу аҟаԥшь цәаҳәахьы ииаган, урысшәалеи қырҭшәалеи еиҭаганы.
Аԥснытәи ССР агерб, 1926 шықәса
© geraldika.ru
1931 шықәса, жәабран 16 рзы Аԥсны – Қырҭтәылатәи ССР иалоу автономтә советтә республикахеит. Уи агербгьы ақырҭқәа ирымаз агерб иаҩызаны ирыԥсахит. Агерб ҟаԥшьын, аҩадахьала хә-кәакьҭак змоу, илашо аеҵәа анын, ҵаҟа – асы зқәу ашьха ақәцәа, арыӷьарахьала – ачарыца, арымарахьала – аӡахәа. Агерб агәҭаны ихьыԥшшәылоу амаганеи асагеи рсахьа ҭыхын. Агерб иаҿыкәыршаны х-бызшәак рыла (ақырҭшәа, аԥсшәа, аурысшәа) ианын аҩыра: «Апролетарцәа атәылақәа зегьы рҽы иҟоу, шәҽеидышәкыл!»
Аԥснытәи ССР агерб, 1931 шықәса
© heraldicum.ru
1978 шықәса, ԥхынгәымза 6 рзы агерб иацҵан ҩ-цәаҳәак рыла ианҵаз аҩыра «Аԥснытәи АССР» қырҭшәалеи, аԥсышәалеи.
Аԥснытәи АССР агерб, 1978 шықәса
© heraldicum.ru
«Шәнеибац!» Кьаразаа рашәа хьӡырҳәага
Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн
1992 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра анрыланаҳәа, ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭқарратә гимнгьы. Уи шьаҭас иаиуит ареволиуциа аамҭазтәи аԥсуа жәлар реидгыла «Кьараз» рашәа.

1917 шықәса анҵәамҭазы Џьырхәа ақыҭан имҩаԥысит Гәдоуҭа араион анхацәа зегьы реизара, убраҟа иӡбан бџьара еиқәыршәоу анхацәа реидгыла «Кьараз» аԥҵазарц. Уи дахагылеит абольшевик қәыԥш, гәдоуҭатәи акоммисар Нестор Лакоба, анаҩс – Аԥсны иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩыс иҟалаз, Аԥсны Жәлар рсовет ахантәаҩы.

Қырҭтәылатәи Адемократиатә Республика Аԥсны ампыҵахаланы ианамаз аамҭақәа рзы, атәылаҿы асовет мчра аагаразы «Кьаразаа» рықәԥара – аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара акәны иазхәыцуан ауааԥсыра. Убри аҟнытә «Кьараз» аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥара иасимволхеит уҳәар ауеит.

Анхацәа реидгыла «Кьараз» ҭагалан, 1918 шықәсазы Тҟәаԥс азааигәара
© Иақәыԥ Лакоба иархив аҟынтә
Иахьа аԥсуа гимн официалла «Аиааира» ахьӡуп. Агимн астатус инагӡаны ишьақәырӷәӷәан 2007 шықәсазы, усҟантәи Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь изакәанапроект ала.

Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн ианакәызаалак, хымԥада, инагӡатәуп ишьақәырӷәӷәоу амузыкатә редакциеи атексти инарықәыршәаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн
Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара заҧшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракхоит.
Рада, Раида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла-иҧшьоу атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьо гылоуп
Рыжәҩа еибырҭоит уҧацәа.
Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхыуп иаҳхымшәо
Ҧеҧш лаша ҳзышуп!
Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәырӷьа,
Анра-ахшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра.

Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡԥҳа, аредактор Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа