Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

29 Хәажәкыра 2024
08:10
АЛЫҚЬСА ГОГӘУА:
Аҧсны азхәыцра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аинформациатә портал ишәыднагалоит Аԥсни уи аԥеиԥши ирызку иҳәамҭақәа.
"Еснагь имариамзаргьы, уҿы еиманаҳәахуа иашазаргьы, аиаша аҳәара ҳҽаҳаршьцылароуп. Ахәыҷы аҿгьы аду аҿгьы..."
1
"Иахьа уажәраанӡа, зыбжеиҳара мцала икылблаау аҭоурых змоу, зхатәы бызшәа, зхатәы культура змоу, зегьы рыԥсы злахо агаҿа тәыла ԥсадгьылс измоу – жәларны ҳҟазҵо зегьы, зыҵа кылжәаз аԥҳал аиԥш, инаҵыкәкәа ицоит, ҳаргьы баша хыԥхьаӡаран аԥслымӡ ҳаалахоит. Убасҟан ауп ҳазлаҟаз зыԥсаз анаадырша, аха уанӡа ианнеи, ҳаӷеимшхара, хнырҳәышьа аиуӡом. Ус акәымкәа, аҽакала иӷәӷәоу, аҽакала еиҿартәу ажәларқәа, аҳәынҭқаррақәа рԥышәа, ауаатәыҩса зегьы рԥышәа, иахьатәи атехнологиа ишахәҭоу, иахьынӡахәҭоу ҳақәшәан ҳхы иаҳархәеит ҳәа, ҳара ҳазлеибарку, мчыс иҳамоу, ҳҷыдарақәа изырԥырхагахаӡом, еиҳагьы иарӷәӷәоит. Убрагь иҳалаӡаша, иҳазхаша адоза еиҳамтәкәа. Ианҳармыцхә, Анцәа иумҳәан, ҳмилаҭтә қьамса ԥыжәжәа иқәнаҵоит..."

Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер аҟнытә, 2019 шықәса

2
"Абриаҟара аӷацәа рнапы иадыргахьаз, ирхәынгахьаз ҳԥеиԥш, уажәы ҳнапаҿы ианыҟала, зҩырақәа зныҵхьоу ақьаад иахьеиԥшхаз ҟалеит. Адунеи дуӡӡаҿы хкырацәала еилышьу, еилаԥсоу, еиҿкаау, еизыҟоу, еизыҟам аҳәынҭқаррақәа, аҳәынҭқарра аҟынӡа инаӡам, аимбрионқәа иреиԥшу анклавқәа уҳәа, зегьы ирзеиԥшу апринципқәа, аԥҟаррақәа шыҟоу аиԥш, досу, хәыҷгьы дугьы, рхатәы гьама, рхатәы ԥышәа, рхатәы ҷыдарақәа рымоуп. Убри аганахь ала, адунеи хкы-рацәала еилоу, еибыҭоу амозаика иеиԥшуп. Убра рыцкны иадамзаргьы уаҭахны уалԥшуазароуп. Абарҭ зегьы ҿыц ҳарзымхәыцыр, еимаҳамкыр, еимҵаҳамкыр ԥсыхәа анамам, ҳаззыԥшымыз акыр ҳзааԥшит. Иҳакәыршан иҟоу – ҳазҭахугьы ҳазҭахымгьы – рԥышәа ыҟазаргьы, аӡәы уиҿыԥшны мацарагьы хара узцаӡом. Ахыҵхырҭа амч ҟазҵо, уԥашә змоу дгьылк уқәгылазароуп. Зны-зынла ахәшәыҵәҟьа ҳааҵраҿ ишыҟоу, мҵәахы ԥшаа ҳәа, иахьыҟаӡам ҳанашьҭоу еиҳауп..."

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса


3
"Абриаҟараамҭа ихьыԥшыз ажәлар, изхьыԥшыз рзакәанқәеи рыԥҟарақәеи ирықәныҟәозаргьы, ирзыразымызт, иахьынӡалшоз урҭ рзы аҭакԥхықәрагьы иадгылацәомызт. Уажәы урҭ зегьы аҽакала ирыхәаԥштәхеит, аҭакԥхықәрагьы шеибгоу ҳхахьы иаагароуп. Ԥаса ҳара ҳаҩнуҵҟа Аԥсуара аԥҟаррақәа рыла ҳаиҩысуан еиҳарак. Уи бзиоуп џьара иавамлакәа ламысла ианазнеиуа. Аха, Аԥсуарагьы, еиҳа амч анамазгьы, ада ԥсыхәа жәла аныҟамызгьы, иагдырхон. Иахьа еиҳагьы иагдырхоит. Уламыс кәадазар, уи аԥҟаррақәа рхыҵхырҭақәа марианы иуԥшаауеит. Уламыс ӷәӷәазар ауп ус акы ухьыр ухы уанақәыӡбо, ухы анахьурхәуа"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса
4
" Уажәы, аҳәынҭқарра, ахатәы мчра, урҭ реиҿкаара, аҭакԥхықәра ду – ажәлар рҿаԥхьа, адунеи аҿаԥхьа, ҳԥеиԥш аҿаԥхьа – иаҭаххаз иҵегь ирҭбаауп. Убарҭ зегьы, зхыҵра, зеилагара ҟамлаӡо азакәан аҳәаақәа, арамкақәа ирҭагӡахароуп. Ари аамҭа иақәшәо, дара рышьаҭақәа зырӷәӷәо жәлары ртрадициақәа, рԥышәа ду арҭбаара, арҵаулара ауп иаанаго"


Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
1-тәи ахәҭа "Ҳазхысхьоу аиҭаԥхьара" аҟнытә, 2012 шықәса
5
"Иарбан милаҭзаалакгьы, иарбан уаажәларразаалакгьы иааихмырсыӷьӡакәа рхы ҭырҵаауеит, рыцәгьа рыбзиа еилдыргоит. Уи рмилаҭтә хдырра иацхраауеит, иарӷәӷәоит. Ҳара аԥсуаагьы, иаҳԥырхагоу шырацәоугьы, ҳахдырра дырхәашьырц ишашьҭаӡазгьы, уеизгьы-уеизгьы зегьы ныҭкааҵәҟьан иҵаны ишҳамамгьы, иахьа уажәраанӡагьы ҳамч ахьақәымхаз шыҟоугьы, уеизгьы иҳагу-иҳабзоу цәгьамкәа иаадыруеит. Аҳәынҭқарра анаҳцәыӡлак, ҳанхьыԥшхалак, аԥсуара ҳацырхыраан, ажәлар рыхдырра аԥсы ҭакны иаагон"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
2-тәи ахәҭа "
Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012
шықәса

6
"Ҳҳәынҭқарраҿ закәанла ҳбызшәа иазыԥҵәоу аҭыԥ аҟынтәи анахарагьы аӡәгьы азин имам, ажәларгьы ирҭом. Абриаҟара ԥсҭазаара зыхҭнырҵахьоу, шьа зызкарҭәахьоу, уажәтәи ҳаибашьраҿы мацарагьы акәымкәа, ҳара аҭоурых ҳарбоижьҭеи, ахадарақәа, раԥхьаӡа игылақәоу иреиуоуп ҳбызшәа иара иатәу, иахәҭоу аҭыԥаҿ анагара. Убас, аԥсуа бызшәагьы аҭыԥаҿ ианаанха, аурыс бызшәагьы аҭыԥаҿ ианыҟала, дара-дара еицхыраартә, еибарыӷәӷәартә аҭагылазаашьа роуеит. Уи ауаажәларрагьы иҵегьы еилаҵәо иҟанаҵоит, еснагь проблемас, хьаас иҳамоу ҳбызшәа аԥеиԥшгьы ҳацәымшәо аҟынӡа"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
2-тә
и ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса
7
"Ҳәарада, аҳарҩа шьҭазҵо, ашьха атәы иагымкәа идыруазаргьы, егьа дацклаԥшызаргьы џьара-ҩыџьара иахьаҭыԥым ишьҭеиҵазар ҟалоит, иҟалоит ишьҭалан иааиуаз аӡәы-ҩыџьа ҭанархахьазаргьы. Уи иара ихарамызт, аха игхаз, иахьимбаз, иҟалап дахьыццакцәаз акәзаргьы изыхҟьаз. Аха, аамҭа акры анцалак, аԥышәа анеиҳахалак, урҭ зегьы уаҩы ибарҭахоит, изыхҟьо еилукаартә иҟалоит. Убри азы ауп аҭоурых аиаша еснагь изыԥшаалатәу. Уи иулнаршоит ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҿы аҳарҩа иашан, амҩа уахнамырҟьартә аиҭашьҭаҵара. Ус акәымкәа, уи зыгхаз, аҭагылазаашьа изнамырбаз, ихьӡ-иԥша шьақәгылахьеит, ажәлар рҿы дшырдыруа иҟаз ҳәа, имҳәаӡакәа, иахьаҭыԥмыз ишьҭеиҵаз аҳарҩа иахьыҟоу иныжьны иавсыз, днаԥхеит ҳәа ауп иаанаго, ажәлар рҿаԥхьагьы, урҭ рзааԥсаҩ ихаҭа иҿаԥхьагьы"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
2-тә
и ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықә
са
8
"Ҳаӷацәа еснагь ҳҭоурых иачычан. Иачычан, избанзар иара ҳаман. Дара иҳамамзар рҭахын. Усҟан акыр ирзымариахон рнапахьы ҳаагара. Иахьа, абри аиԥш аҭагылазаашьа анҳау, ҳҭоурых нагӡаагӡан иҩхароуп, иҩу ахьыриашатәу ириашахароуп. Иахьаҭыԥым ишьҭоу аҳарҩақәа ииаган, иахьырҭыԥу, амҩа иаша иадыргахартә иҟаҵатәуп. Уи ҳҳәынҭқарра аргылара иахәҭакуп"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
2-тә
и ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса

9
"Иахьа, абас, иаахтны ҳцәажәартә, иаҳҳәарц ҳҭахызар аиаша ҳҳәартә ҳаныҟоу, зегьы напыцқьала рхы ҳкыртә, убри иреиҳау, изхықәаау мычны иҟаҳҵартә ҳаныҟоу, зыҵкы арахәыц ацәызӡо леиԥш, аҭоурых еиқәырҽаҽаҩцәа ирҳәахьоу амцқәа, аҭоурыхтә хыҭҳәаақәа зегьы шыҟоу инхарц аҽышәарақәа ҟарҵоит. Насгьы, иҟоуп зхаҳәатәала, зинк џьара уи азы измаӡамкәа, даара акрызҵазкуа аҭоурыхтә хҭысқәа, ҳажәлар рҭоурых ҟазҵоз ахаҭарақәа рыхә ҿыцны, дара ишырҭаху, ринтересқәа ишрыҵаркуа изыԥсахуа. Ахақәиҭра, ажәа ақәиҭра абас зхы иазырхәо. Абри ҭагылазаашьаан иҟазҵахьоу уи аиԥш акциақәа ишырҿыц ирҿуп, аҭоурыхҭҵааҩцәа ҳәа ҳзықәгәыӷуа рҿы аӡы ҭаҭәаны иԥшуп, зхатәы усқәа зыблақәа хыркыз ауаажәларрагьы – убас, аҭоурых еиқәырҽаҽаҩцәа даргьы зҿу уи ауп, рԥаҵа иалаччо иахәаԥшуеит"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
2-тә
и ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса
10
"Абиԥарақәа ажәлар рыхдырраҿ ишьҭарҵахьоу аҳарҩақәа рыцхраауеит дара зхаану, аамҭа ҿыц иашьашәало аҳарҩа ҿыцқәа рышьҭаҵараҿы, ишәаны-изаны, ирыцклаԥшны. Абас ииуеит, абас ахы акуеит, иӷәӷәахоит ажәлар, аҳәынҭқарра шьаҭас, бӷас ирымоу абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркра. Иахьатәи ауаажәларрагьы иахьеиқәшәақәо, иахьеиқәымшәақәо, иахьеиқәшаҳаҭқәоу, иахьеиқәшаҳаҭқәам, иахьеиҿыхо, иахьеизааибагақәо, иахьеицҿаку – зегьы ҩныҵҟала иныҟәызго мчны, абиԥарақәа реигәныҩра, реибадырра, реибаркыра амҩала ҳнанагоит макьана. Уи амҩа шьхацамҩоуп. Аԥсҭазаара мҩа еснагь иҩадараҵәҟьоуп. Аԥсуаа баша иахьӡрымҵеит Ашьхацамҩа ҳәа, ажәҩан иалҳәан инагоу аеҵәарыԥхра ду. Убри иалԥхо аеҵәақәагьы ҳарҩақәоуп, еишьҭагылан иааиуа абиԥарақәа амҩа дзырбо"

Апублицистика "Аҳарҩа – амҩа узырбо, ахра уаҿызго ахаҳә"
2-тә
и ахәҭа "Иҿыцны изхыстәу" аҟнытә, 2012 шықәса

© АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АҦСУА-АБАЗА КОНГРЕСС, 2022
Аҳәамҭақәа реиқәыршәара - Дырмит Габалиа
Афотосахьақәа реиқәыршәара - Амина Лазԥҳа
Адизаин аҟаҵара - Амина Лазԥҳа.