Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

15 Мшаԥы 2026
05:18
Ахәыҷқәа рхәыцра арҿиара иацхыраауа акарточкақәа
Аҧсуа етикет аҧҟарақәа ҭышәҵаала, ахәыҷқәа идшәырҵала ҳажәлар рдоуҳатә хәдурақәа, ахымҩаҧгашьа, аиҳабацәа пату рықәҵашьа, аамсҭашәара, анамысра.

Автортә сахьақәа зну акарточка лахҿыхқәа ахәыҷы ицхраауеит ажәа ҿыцқәа рҵараҿы, еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа раан ахымҩаҧгашьеи ажәаҳәатә етикети реилкаараҿы.


Арҭ акарточкақәа шәхы иашәырхәар ҟалоит аицәажәара инацҵаны, лабҿабатәи аматериал цхыраагӡа аҳасаб ала.

Апроект анапхгаҩы – Есма Кәыҵниаҧҳа
Апроект автор – Инна Џьугелиаҧҳа
Асахьаҭыхҩы – Камилла Аршҧҳа