Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

22 Ԥхынҷкәын 2024
14:48
Ҳҵасқәагьы еиқәырхауа, аамҭагьы ҳацныҟәо
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс амилаҭ культура шарҿио, нас адунеи ишаланарҵәо
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) — зҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны, иара убас аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа, абаза, аубых жәларқәа рхаҭарнакцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаароуп. Ишдыру еиԥш, адиаспора жәпаҩны иахьынхо атәылақәа рахь иаҵанакуеит: Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла Иорданиа, Европа, Еиду Америкатәи Аштатқәа уҳәа убас егьырҭгьы.
АААК ахықәкы хадақәа абас иарбоуп:
1
Аԥсуа-абаза, аубых жәларқәа ретнокультуратә акзаара арӷәӷәара.
2
Ахатәы бызшәеи, акультуреи, аҵас-қьабзқәеи реиқәырхареи рырҿиареи.
3
Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арҭбаара.
4
Аԥсны аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара аҽалархәра.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭоурых ахы акуеит 1992 шықәсазы, усҟан Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы Лыхны имҩаԥысит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа актәи реизараду, иагьаԥҵан Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза (абаза) жәлар рассоциациа. Анаҩс уи ахьӡ ԥсахын, аусушьа аформатгьы еиҭакын.
  • Аҽеиҭакрақәеи, азнеишьа ҿыцқәеи, аилазаашьеи
Хәышықәса раԥхьа (2017 шықәса, ԥхынҷкәын 7-9 рзы) Аҟәа имҩаԥысит Аԥсуа-абаза жәлар VII-тәи Реизараду, уи нахыс ҳазлацәажәо аиҿкаара аҭоурых аҿы адаҟьа ҿыц аатит. Ахантәаҩыс далхын ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩ, амеценат Мусса Егзакь. Ишьақәырӷәӷәан ахьӡ ҿыц – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК).
Уи аилазаашьагьы акыр иԥсаххеит: хаҭала ҳазааҭгылозар, ахадеи амаӡаныҟәгаҩ хадеи рмаҵурақәа аԥыхын, иаԥҵан аусбарҭа ҿыц – Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак. Ԥхынҷкәынтәи афорум иаҵцахеит хәажәкырамзазы (2018 ш.), ари аамҭахҵәаха иалагӡаны аделегатцәа аиҿкаара аԥҟаԥҵәа ҿыц аздырхиеит, Иреиҳаӡоу ахеилаки Агәаҭаратә комиссиеи ирылахәхаша рсиақәа шьақәдыргылеит, иара убас зусура хацзыркышаз аинтернет-портал ҿыц аконцепциа иазхәыцит. Аԥҟаԥҵәа аредакциа ҿыц инақәыршәаны, Аизарадуқәа уаанӡеиԥш хәышықәса рахь знык имҩаԥыслоит ҳәа иныжьын, егьи абжьара ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы рыӡбара ахахьы иагон Иреиҳаӡоу ахеилак.
Аконгресс аԥыза ҿыц Мусса Егзакь иаԥшьгарала, аиҿкаара аусура астратегиатә хырхарҭа аҽаԥсахит: АААК Аԥсны аҩнуҵҟа аҭыԥантәи ахаҭарнакрақәа аанартуа иалагеит, иара убас адиаспора ахьынхо атәылақәа рҟынгьы, досу ирнаалаша аҿиара апрограммақәа рыманы.

Абасала, Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы иаатыз Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа рсистема шьақәгылеит. Дара аҭахуп ажәлар ишиашоу аҽрымадаразы, ирыгу-ирыбзоу адырразы, насгьы ауааԥсыра рхаҭақәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазыҳаҵҳаҵо иҟаларц азы. Мусса Егзакь игәаанагарала, абри аҩыза аусеицура иабзоураны шьаҿа-шьаҿала иалкаау ақыҭа ма ақалақь анхацәа азааиуеит рынхарҭаҭыԥ аҿиаразы иаҭаху аилкаара, уи азы апрограмма ашьақәыргылара. Абри аҩыза аусура иара уи аамҭазы Аԥсны аграждантә уаажәларра арӷәӷәарагьы иацхраауеит.
Ауаа рыԥсҭазаара еиӷьаҳтәырц азы уи иахьазы изеиԥшроу еилаҳкаауазароуп, аԥсуа, мамзаргьы абаза ҭаацәацыԥхьаӡа ирынхашьоу, ирыбзазашьоу ҳдыруазароуп. Ус анакәха, иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаимадазароуп, аус еицаҳаулароуп. Иарбан усзаалак – ҳаилахәны инаҳагӡароуп: аҭыԥантәи ауааԥсыра дара ирыхәаша, рымч зықәхаша апроект ҳадыргалоит. Досу илшо ихатә лагала ҟаиҵоит, иџьабааума, иԥароума. АААК агәыԥ ракәзар, апроектқәа рынагӡара хацдыркуеит, анаҩс аус ацашьагьы иахылаԥшуеит.
Мусса Егзакь, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы
АААК аусзуҩцәа агәра ганы иҟоуп: Аконгресс ахықәкы хадақәа – аԥсуааи ашәуааи, ҭыԥс иахьынхозаалак, реидкылареи, ажәлар рыҿиара иахәаша аусқәа радыԥхьалареи роуп, уи нагӡахарц аӡәыцыԥхьаӡа илша ааирԥшырц азы аҭагылазаашьақәа аԥҵазароуп. Убри иагьазкуп АААК иаанартуа Аҭыԥантәи аҟәшақәа. Иахьазы Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус руеит Аконгресс ахаҭарнакрақәа, макьана 54 ыҟоуп. Ҳаԥхьаҟа ари ахыԥхьаӡара 112 рҟынӡа анагара азԥхьагәаҭоуп Аԥсны ақыҭақәа зегьы рыцԥхьаӡа. АААК Аҭыԥантәи ахаҭарнакқәа 10 аартуп Ҭырқәтәылагьы. Егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа ртәы ҳҳәозар, Аконгресс аҟәшақәа аус руеит Санкт-Петербург, Москва, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа, Ставропольтәи атәылаҿацә, Иорданиа, Германиа, Нидерланды, Бельгиа, Британиа Ду.

АААК агәыԥ русура хырхарҭа рацәала еихшоуп: аҵаратә программақәа, агәыҳалалратә акциақәа, зымҽхак ҭбаау аспорттә, акультуратә, агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа, исахьаркны аԥхьаҩцәа реицлабрақәа. Уи анахыс, Аконгресс ахаҭарнакцәа Аԥсны имҩаԥысуа ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа раҩрыжьуам, еснагь ирылахәуп.
2018
  • Жәларбжьаратәи аусура
2018 шықәса лаҵарамзазы имҩаԥысит Мусса Егзакь Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩ ҿыц иаҳасабала раԥхьатәи жәларбжьаратәи иныҟәара. АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи иареи Ҭырқәтәыла иаҭааит, уаҟа Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩы иԥылеит. Амаҵураныҟәара апрограмма ишаҳәоз ала, Сҭамԥыли Адаԥазари имҩаԥысуаз еиуеиԥшым акультуратә хҭысқәа рыҽрыладырхәит. Ари аҭаара аибадырратә ҟазшьа аман, АААК анапхгара Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи дареи аимадара рыбжьалеит, анаҩстәи русеицура амҩаԥысшьа иалацәажәеит. Адиаспора ахаҭарнакцәа ракәзаргьы, ажәа рырҭеит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аконгресс аҩнуҵҟа, иара иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуа ауаажәларратә, акультуратә процессқәа рхы шрыладырхәло.
Иара уи ашықәсан жьҭаарамзазы Аконгресс аделегациа – Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи – ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа ицеит. Усҟантәи рныҟәара хықәкыс иаман Аконгресси Ҭырқәтәыла иҟоу адиспоратә хеилакқәеи (Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи (Аԥсуафед), Кавказтәи акультуратә хеидкылақәа рфедерациеи (Кавфед) русеицура хәыц-хәыц алацәажәара, уснагӡатәк аҳасабала ашьҭыхра, иара убас Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа Аконгресс злаарԥшхо аусҳәарҭа алкаара, уи аусура аплангьы ашьақәыргылара.
Аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥысит Сҭамԥыл, Анкара, Сакариа. АААК анапхгареи Аԥсуафед анапхгареи аусеицуреи аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уа иарбан аиуаратә еимадарақәа реиҭашьақәыргылара, ҭырқәтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реиҿцаарақәа реизырҳара. Кавфед анапхгара рԥылараан аганқәа еилибакаарыла еицәажәеит, иззааизгьы рацәоуп. Аконгресс аделегациа иҭааит иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Ерхов. Иалацәажәеит Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа акрызҵазкуа акультуратә-гуманитартә усмҩаԥгатәқәа рынагӡареи рҳәаақәҵареи Аконгресс шалахәхо, Урыстәала Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи уаанӡа ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
2018 шықәсазы адиаспора Аконгресс аусура радыԥхьалара Ҭырқәтәыла мацара акәӡам иамҽханакыз. Убас, абҵарамзазы, АААК аԥшьгарала, Санкт-Петербург имҩаԥысит аԥсуа-абаза диаспора рыхәылԥаз, уи иалахәын шәҩыла аҭыԥан инхо абаза жәлар рхаҭарнакцәа, иара убас аҵарахьы иааз аԥсуа, абаза студентцәа. Ахәылԥаз даҭааит Урыстәыла Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Игор Ахба, иагьазгәеиҭеит абри аҩыза аиԥыларақәа аԥсуа-абаза жәлар реидкылара иацхраауеит ҳәа.
  • Аинформациа аларҵәара аус
2018 шықәсазы Аконгресс аҭоурых азы акрызҵазкуа даҽа хҭыскгьы ҟалеит, уи хазы иззааҭгылатәу акоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура ианалага нахыс хара имгакәа аинформациатә портал ҿыцгьы аусура хацнаркит. Адунеи иалаԥсоу аԥсуааи ашәуааи рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа рдырыртә, рмилаҭ аҭоурых, аҵасқәа ҭырҵаартә алшара роуит бызшәас излацәажәозаалакгьы, иара убас дара-дара еибаԥшааны еиҿцаауа, Аконгресс апроектқәагьы ирылахәхартә иҟалеит. АААК Аинформациатә портал официалла аӡыргара мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшрала ицоз апресс-конференциаҟны 2018 шықәса, цәыббра 18 рзы.
Хәышықәса раахыс аинфопортал ф-бызшәак рыла абаза жәлар рҭоурыхи ркультуреи ирызку аматериалқәа ҭнажьуеит, иара амацара иалшоит еиуеиԥшым аинформациатә, арҵаратә проектқәа рынагӡара, Аԥсны аҩнуҵҟеи акәша-мыкәшеи иҟало хра злоу ахҭысқәа рыхцәажәара, адиаспора ирыԥсҭазаашьоу аиҭаҳәара, арбара. Ари аҩыза аус, ҳәара аҭахума, еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо ҳџьынџьуаа реидкыларазы иҵыргәа дууп. Апортал аус адырулоит АААК Аинформациа аҟәша аусзуҩцәа – анапхгаҩы, аредактор хада Амина Лазԥҳа, нас уи лколлегацәа Шьазина Бганԥҳа, Селма Базԥҳа, Денис Чхеиӡе.
  • Аспорт
АААК агәыԥ ҿыц аусура ианналага инаркны асоциалтә проектқәа ишрыдгыло, рхаҭагьы ишынарыгӡо шьақәдырӷәӷәеит, хаҭалагьы аҿари аспорти ирыдҳәалоу. Убас, 2018 шықәса ԥхынгәымзазы Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» еицны еиҿыркааз V Абаза жәлар рыхәмаррақәа.
Иқәгылан акыршықәса Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа ахадас иҟаз, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба ихраҿа. Атурнир иалахәын Аԥсны, Ҟарачы-Черқьестәыла, Ҟабарда-Балкариа, Москва, Ставропольтәи атәылаҿацә, Иорданиа, Ҭырқәтәыла уҳәа рҟынтә еизгоу агәыԥқәа. Еиндаҭлон ашьапылампыл, анапылампыл, аҩра, ахысра, армреслинг, аԥара, ашаха ахара уҳәа аспортхкқәа рыла.
  • Аҭҵаарадырра
АААК игәоуҭаратәы иҟоу алагала ҟанаҵоит ауаажәлар рыҿиареи аҭҵаарадырра ацхраареи рганахьалагьы. Убас, 2018 шықәсазы Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәеит «Ашәуааи аԥсуааи: абызшәақәеи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхеи реиқәырхара, рырҿиара» захьӡыз апрограмма, иара шьақәыргылан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи ИАЕ «Алашареи» адыԥхьаланы.
Апрограмма иазԥхьагәанаҭоит адәынтәи аҭҵаарақәеи егьырҭ аҭҵаарахкқәеи, аетнографиатә материал аизгареи анҵареи, аԥсуа, абаза ҵарауаа русумҭақәа рҭыжьра.
Апрограмма анагӡара рхы аларгалеит иналукааша аԥсуа, абаза ҵарауаа, аҳәаанырцә инхогьы уахь иналаҵаны, иара убас аҭҵааҩцәа ҿарацәа, насгьы абызшәа аиқәырхареи аҿиареи рганахьала аԥышәа змоу атәым специалистцәагьы.
  • Еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара
АААК активла иалахәын 2018 шықәса, ԥхынгәы 23 рзы Черқьесск иазгәарҭоз Аԥсуа-абаза жәлар ркультура амши Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши. Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи имҩаԥысуаз аныҳәа рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла инхо адиаспорагьы. Есқьишьеҳир ақалақь акалҭқәеи Тандыр ақыҭеи имҩаԥысыз ажәлар ргәырӷьара еицеиҩыршеит 1500-ҩык раҟара ҳџьынџьуаа.
Иара уи ашықәсан цәыббра 30 Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы Москва, «Краснаиа Пресниа» абаҳчаҿы имҩаԥысит Москватәи аԥсуа диаспора еиҿыркааз аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны». Аконгресс ари афестиваль иалахәын, хазы иаартыз апавильон аҟны ицәырган АААК аусура иазку ашәҟәы-абыӷьшәы, аволонтиорцәа еиҭарҳәон Аконгресс ихадароу хықәкыс, хыдҵақәас иамоу, адунеи иалаԥсоу ажәлар реидкылара ишазааԥсо. Иара уа еиҿкаан аԥсуа цәаҩа зыҟәныз аетнографиатә зона, ицәырган Аԥсны ҭоурыхла иахашәыршәыруаз абираҟқәа рсахьақәа. Афестиваль аҭааҩцәа иара уа анкета харҭәааны Аконгресс иалалар рылшон.

Аиааира амш аҽны Аконгресс Аҟәа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы ахәыҷтәы ныҳәа еиҿнакааит. Аниматорцәа ахәыҷқәа ахьынӡадырлахҿыхуаз, адуцәа акәашараҿы рхы ԥыршәар ҟалон, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭоурых реиҳа еиӷьны издыруа ҳәа еиндаҭлон. Аицлабрақәа рҟны зҽалызкааз АААК ахьӡала аҳамҭақәа рзыԥшын. Аныҳәахь лымкаала ааԥхьара рыҭан агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьарази» Акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәеи, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхәыҷкәеи.
  • Агәыҳалалра
Аконгресс агәыԥ ҿыц рҽеизганы аусура ианалага актәи ашықәс азы ихацыркхеит иахьа уажәраанӡа имҩаԥысуа агәыҳалалратә акциа «Агәыбылра». Ҭагалан анааи, цәыббрамзазы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Ҭырқәтәыла иҟоу Аконгресс арегионалтә ҟәша анапхгаҩы Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарала, амаҭәа ԥха акомплектқәа 1200 еидкыланы Аԥсны заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рзы иаарышьҭит.
Ҳапат ари аус иадиԥхьалеит акультуратә хеидкылақәеи (адернеқьқәа) анаплакцәеи. Жьҭаара 4 рзы агуманитартә еидара Аҟәа иааины иҟан. Амаҭәақәа зегьы АААК ауаажәларратә, агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рыбжьара иашеит, иара убас Аԥсны арепатриациа аминистрра (иахьа – Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы), анаҩс изҭахны иҟоу аҭаацәарақәа ирырҭарц. Амаҭәа ԥхақәа рыхәҭак Гагратәи ареабилитациатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ирызшан.
Аамҭа кьаҿк ашьҭахь ари акциа ҩаԥхьа иацҵан – уажәазы уи аиҿкааҩцәас иқәгылеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи, ИАЕ «Алашареи». Аԥхамаҭәа ҿыцқәа Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз ирзыршеит зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа. Анаҩстәи 2019 шықәсазы акциа хәҭа-хәҭала еихшаны иацҵахеит, уи иалҵшәаны Аконгресс ахаҭарнакцәа 100 инареиҳаны аӡынтәи ашьаҵақәа рзырышьҭит аԥсуа, ашәуа хәыҷқәа иахьрызҳауа аҭаацәарақәа.
2019
  • Жәларбжьаратәи аусура
АААК ахықәкы хада – адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа реидкылареи рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадареи – анагӡаразы 2019 шықәсазы АААК анапхгара аԥсуа-абаза, аубых диаспорақәа жәпаҩны иахьынхо атәылақәа ирҭааит: Ҭырқәтәыла, Мысра (Египет), Иорданиа, Британиа Ду, Нидерланды, Германиа.
Аконгресс анапхгара адиаспора ахаҭарнакцәеи дара ахьынхо атәылақәа рҿы ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәеи ирԥылеит. Аиԥыларақәа алҵшәа рыманы имҩаԥысит: аимадара шьақәыргылан, ԥхьаҟатәи аусеицура амҩақәа ылхын. Асасцәа АААК аус шауа еиҭарҳәеит, адунеи ахьынӡанаӡааӡо аԥсуа-абаза ҭаацәара ду реибабара иацхраауа, аетнокультуратә ҵакы змоу апроектқәа назыгӡо, адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реидҳәалара иашьҭоу еиҿкаарак аҳасабала.
  • Арегионалтәи аҭыԥантәи аҟәшақәа русура
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны аҩнуҵҟеи Ҭырқәтәыла ҳашьцәа ахьынхо арегионқәеи рҟы Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аус иацнаҵеит. 2019 шықәсазы арегионалтә ҟәшақәа аартын Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа рҟынгьы: Британиа Ду, Голландиа, Бельгиа, Германиа. Аԥсны иҟоу Арегионлтә хаҭарнакра дахагылеит АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.
Санкт-Петербург иҟоу АААК Арегионалтә хаҭарнакреи (усҟан Ҭемыр Рекәаа напхагара аиҭон, иахьа иара Аҟәатәи АААК аофис деиҳабуп) Санкт-Петербургтәи Амилаҭқәа рыҩни 2019 шықәсазы Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит. Уи иалнаршон официалла еилахәу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара: амилаҭ ныҳәақәа, асеминарқәа, аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа, астол гьежьқәа, арҿиаратә еиԥыларақәа, аконцертқәа уҳәа убас ирацәаны. АААК Петербургтәи арегионалтә ҟәша аҟны усҟан иаартхеит амилаҭ кәашарақәа рансамбль «Абаза».

2019 шықәсазы активла рхы аадырԥшит Гәдоуҭатәи Аҭыԥантәи аҟәша алахәцәагьы. Дара инарыгӡеит апроектқәа хԥа: аҽазыҟаҵарҭа дәы воркаут еиҿыркааит, ақалақь иалсуа амҩаду аҿы аҟьамсареизгарҭақәа дыргылеит, ашколқәа руак ахь аӡы неиуа иҟарҵеит.
  • АААК Аппарат аусура
2019 шықәсазы иаԥҵан аусбарҭа ҿыц – АААК Аппарат. Ари аструктуратә ҟәша Аконгресс аԥҟаԥҵәатә усура ахылаԥшреи Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡареи ахахьы иагеит. Аппарат анапхгаҩыс дҟалеит аԥсуа дипломат Кан Ҭаниа, уи ихаҭыԥуаас – Михаил Калинкини Ҭенгиз Ҭарбеи, а-Ҭарба Аконгресс аинформациатә политикеи аимадарақәеи рҳәаақәҵаҩсгьы дыҟоуп.
Аппарат ҷыдала иазҿлымҳауп Аконгресс арегионалтәи аҭыԥантәи ахаҭарнакрақәа русура анагӡашьа. Убасгьы Аппарат ахыдҵа хадақәа рахь иаҵанакуеит Аконгресс есышықәсатәи аусура апланқәа рышьақәыргылара, анаҩс урҭ Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иҟны рышьақәырӷәӷәара, аԥсҭазаара раларҵәара ахылаԥшра, есышықәсатәи афинанстә уҳәа егьырҭ аҳасабырбақәа реиқәыршәара, ахантәаҩы дызлахәу аилатәарақәеи аиԥыларақәеи реиҿкаара, ауаажәлар иҟарҵо аҳәарақәа рыҭҵаара, ахантәаҩы идҵақәа инарықәыршәаны егьырҭ аусхкқәа рынагӡара.
  • Аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаԥгатәқәа рылахәхара
Ҿыц еизаз АААК акоманда еиҿнакааит Аҿари Аҳәсеи рхеилакқәа, урҭ русура ззынархоугьы арҭ ауаажәларратә гәыԥқәа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа еиҳагьы еффективла рыӡбароуп. Арҭ ахеилакқәа рцентртә ҟәшақәа реилазаашьа шьақәыргылан. Аҩ-хеилакык ҳәоуеиқәшәарала русура иабзоураны 2019 шықәсазы еиҿкаан иагьымҩаԥган зымҽхак ҭбааз аныҳәақәа – Ахәыҷқәа рыхьчара амши Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши.
2019 шықәса мшаԥымзазы Санкт-Петербургтәи АААК Арегионалтә ҟәша иатәу акәашаратә гәыԥ «Абазеи» ашәаҳәаҩ Диана Шашуреи рхы аладырхәит Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз IX-тәи Кавказ жәларқәа ркультура афестиваль.
Лаҵарамзазы Санкт-Петербург АААК алахәцәеи, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь рхаҿы днаргыланы, аҭыԥантәи аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәеи Аиааира ду амш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит. Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Пискариовтәи анышәынҭраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан, уаҟа ишьҭоуп Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи ирылҵыз аҵеицәа – Ленинград ахьчаҩцәа ирызку ахаҳәгьы.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш лаҵарамза 21 рзы АААК раԥхьаӡа акәны ари алахьеиқәҵага мшы азгәаҭара аҽаланархәит, Аҟәа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы Ашьамаҟа рыблит, Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, XIX ашәышықәсазы мчыла зыԥсадгьыл иахҵаз ҳашьцәа ргәалашәара шҿымцәааз аарԥшуа. Уи нахыс Аконгресс ари акциа есышықәса еиҿнакаауеит.
2019 шықәсазы Аконгресс аҩынтә раан Москва имҩаԥысуаз иаарту аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны» аҽаланархәит. Аныҳәа мҩаԥысит рашәарамзазы ҩаԥхьа «Краснаиа Пресниа» абаҳчаҿы, Аконгресс апавильон аҭааҩцәа изҭахыз зегьы АААК иалалар рылшон.
Аҵара амш азгьы Аконгресс усда инымхеит. Аиҿкаара аусзуҩцәа Аԥсны ашколқәа зегьы рҟны актәи акласс ахь ицоз ахәыҷқәа ирзыршеит атетрадқәа хә-нызқь – зцәаҿы аԥсуа алфавити, ажәаԥҟақәеи, ажәарццакқәеи, абираҟи, агерби зныз. Адырҩашықәсангьы аиԥш зеиԥшыз акциа ҩаԥхьа имҩаԥган ҿыц ашкол иҭалаз зегьы рзы.
  • Аспорти акультуреи
2019 шықәса лаҵарамзазы Санкт-Петербург имҩаԥысит ҳаамҭазы иналукааша ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иазкыз алитературатә хәылԥазы. Ари ахәылԥаз еиҿыркааит АААК Аҭыԥантәи аҟәша аҿар рактив. Еизаз рҿаԥхьа дара Фазиль Искандер иажәеинраалақәеи ипрозатә ҩымҭақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәеи ирыԥхьеит, аԥсуа, абаза ашәақәа нарыгӡеит, икәашеит.
Рашәарамзазы Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥысит есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», иара аартын VI Абаза жәлар рыхәмаррақәа рхацыркрала. Аицлабрақәа ирылахәын 600-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтә. Афестивальгьы атурниргьы уаанӡеиԥш еилахәны еиҿыркааит ИАЕ «Алашареи» Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси.

Иара уи ашықәсан жьҭаарамзазы АААК Аԥсынгьы имҩаԥнагеит афестиваль «Абаза». Уи иалахәын аԥсуа, абаза акәашаратә, афольклортә коллективқәа. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартын еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа, имҩаԥысуан итрадициатәу аԥашьа арҵареи хьы-рахәыцла аӡахьшьеи рзы амастер-классқәа, ауас ауан аԥсуа-абаза чыс агьама ахьубашаз афудкорт.
  • Ахатәы бызшәа аиқәырхара
АААК аусура ахырхарҭа хадақәа руак аԥсуа, абаза бызшәақәа реиқәырхара иазкуп. Аконгресс ишьақәнарӷәӷәеит 2026 шықәсанӡа аус зуа Ахатәы бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи реиқәырхареи рырҿиареи апрограмма, уи напхгара аиҭоит абызшәадырҩы Сергеи Паз, иналукааша аԥсуа, абаза ҵарауаа алархәны. Апрограмма онлаин уаԥхьартә иҟоуп Аконгресси «Алашареи» рсаитқәа рҟны. Аекспертцәа адыԥхьаланы Аконгресс еиқәнаршәеит, иагьыҭнажьит абаза бызшәа аҵаразы ацхыраагӡақәа, авидеоурокқәа, абаза бызшәахьы еиҭаган амультфильмқәа, иаԥҵан ашәа ҿыцқәа.
  • Аҵара
Асоциалтә хырхарҭа аманы Аконгресс имҩаԥнаго аусурахь иаҵанакуеит убасгьы аҵараиура иазку апроектқәа рынагӡара. Раԥхьаӡа иргыланы, ари аганахьала иҳәатәуп Адискуссиатә клуб аӡбахә, уи аартын АААК Аҟәатәи аофис аҟны 2019 шықәсазы. Адискуссиатә клуб аҟны имҩаԥысуеит иаарту алекциақәа (онлаин, оффлаин) аԥсуа культуреи, аҭоурыхи, аетнографиеи, алитературеи, аҭҵаарадырра аҿиареи, иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчареи атемақәа рыла. Араҟа еиҿыркаауеит аинтерактивтә еиԥыларақәа зус бзиаӡаны издыруа аекспертцәа алархәны. Изҭаху дарбанзаалак асоциалтә ҟазшьа змоу ихатә проект аклуб иадигалар ҟалоит, уи шьақәырӷәӷәахозар – анагӡара АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы аԥара азоуижьуеит.
Иара уи 2019 шықәсазы АААК аҟны аусура иалагеит Анацәеи абацәеи рыклуб – анацәеи, абацәеи, ахәыҷааӡара знапы алаку аспециалистцәеи ахьеиԥыло, гәаартыла иахьеицәажәо ҭыԥк аҳасабала. Ари аҩыза аформат згәаԥхаз даара ирацәаҩхеит, ахшара рааӡара иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа рҭак ахьыҟаҵаз азы аӡәырҩы иҭабуп рҳәеит.
2020
2020 шықәсазы активла русура иацырҵеит АААК иаԥнаҵаз Адискуссиатә клуби Анацәеи абацәеи рыклуби. Шықәсык ала имҩаԥысит аиԥыларақәа 20, иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчареи, аекологиеи, ани ахшареи ргәабзиара, апсихологиа уҳәа реиԥш иҟаз атемақәа ирызкны. Иаанкыламызт Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аусгьы: Аԥсны иҟаз рхыԥхьаӡара иацлеит даҽа 31, Ҭырқәтәыла – 8.
Аконгресс агәыԥ еиҿыркааит иагьымҩаԥыргеит аусмҩаԥгатәқәа 28, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәаҭара активла рҽаладырхәит. 2020 шықәсазы ихацыркын акрызҵазкуа арҵаратә проектқәагьы. Лымкаала иҳәатәуп АААК акоронавирустә ҿкы иаҿагыланы ақәԥараҿгьы ахы шаанарԥшыз.
  • Акоронавирус апандемиа аамҭазтәи аусура
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы алаҵәо ианалага, аҭагылазаашьа ҷыда анрылаҳәаха инаркны АААК аусура аформат еиҭанакит атәыла ауааԥсыра ргәабзиара ахьчара аганахьала ирханы. Уи алыршахеит Аԥсны ауааԥсыра ачымазара ҿкы рацәыхьчаразы иаԥҵаз Аусбарҭабжьаратәи аоперативтә штаби, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьарази», ауаажәларратә информациатә центр «Адгылареи», Москватәи аԥсуа диаспореи аус рыцура иабзоураны. Москва инхо ҳџьынџьуаа Аԥсны иацхраауан усҟантәи аамҭазы иаҭахны иҟаз амедицинатә маҭәахәқәеи, ахәшәқәеи, афатә-ажәтәи аахәаны раашьҭрала. АААК ацхыраара рынаҭеит аԥкрақәа рымшала фатәы-жәтәыла еиԥҟьаз арепатриантцәа рҭаацәарақәа, иааидкыланы 126-ҩык ауаа.
Апандемиа цонаҵы аинфопортал аҟны есҽны, нас есымчыбжьа ажәабжьқәа ҭыҵуан ачымазара ҿыц шаҟаҩы ирылаҽыз, ахәышәтәырҭақәа ахьынӡаҭәу уҳәа иазкны.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсныҟа иааишьҭит амедицинатә маҭәахәқәеи акоронавирус аҿагыларазы ихәарҭаз ахыхьчагақәеи. Арҭқәа зегьы Мусса Егзакь иааихәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иаԥҵаз аоперштаб иазнархиаз асиа инақәыршәаны.

Ҭырқәтәыла иҟоу АААК Арегионалтә ҟәша акәзар, акарантин аамҭазы уатәи аҵараиурҭақәа ирҭаз аԥсуа студентцәа аԥаратә цхыраагӡа роуртә ҟанаҵеит.
  • Агәыҳалалра
АААК 2020 шықәсазы имҩаԥнагоз агәыҳалалратә усура акоронавирус аҿагылараҿы мацара инымҵәеит. Убас, Аконгресс Баслахә инхо арҵаҩы иҭаацәа рзы аҩны аргылара иацхрааит. Аргыларатә маҭәахәқәа ҳамҭас иҟарҵеит АААК аҩызцәеи алахәылацәеи. АААК ацхыраарала еиҭашьақәыргылан Џьырхәатәи абжьаратә школ аспортзал.
2020 шықәса аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы Аконгресс актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа зегьы ирынаҭеит амилаҭтә символика зныз атетрадқәа иара убас, ашьапылампыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, агандбол уҳәа узлахәмарша ампылқәеи акаҭақәеи. Арҭ аҳамҭақәа аԥсуа школхәыҷқәа ирзаарышьҭит аҳәаанырцәтәи ҳашьцәа – Ҭырқәтәыла иҟоу АААК Арегионалтә ҟәша ахаҭарнакцәа, Аҳмаҭ Ҳапат ахаҿы днаргыланы.
  • Ахатәы бызшәа аиқәырхара
2020 шықәсазы АААК иазнархиеит авидеокурс «Аԥсышәала ҳцәажәоит// Абазала ҳцәажәоит». Акурс еиднакылоит 300 инареиҳаны авидеоурокқәа, урҭ зегьы АААК асаити асоциалтә даҟьақәеи рҿы икьыԥхьуп. Аурокқәа убасала еиқәыршәоуп, аҭырқәшәа, англыз, араб, аурыс бызшәақәа рыла ицәажәо еиуеиԥшым атәылақәа ирыланхо ҳџьынџьуаа зегьы аԥсшәа, ма абаза бызшәа рҵартә еиԥш. Апроект адгылара анаҭеит абызшәатә школ Capital School Center – уи асаит аҟынгьы арҭ аурокқәа цәыргоуп.
Иара уи ашықәсан аԥсуа бызшәа акурсқәа аатит Санкт-Петербург, иара убас Москва АААК афинанстә цхыраарала маҷк аҟара еиԥҟьаны иҟаз абаза бызшәа акурсқәа еиҭахацыркхеит.
  • Адоуҳатә-культуратә ҭынха ахьчара
Аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха аӡбахә аиҭаҳәараҿы иалшахьоу рацәоуп Аконгресси ИАЕ «Алашареи» рыпроект «Амазара». Ари апроект авторс дамоуп Мусса Егзакь.
Иахьазы ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхуп абаза жәлар иматериалтәым ркультура иазку афильмқәа акымкәа-ҩбамкәа, урҭ ирыхәаԥшхьеит адунеи ахьынӡанаӡааӡо жәанызқьҩыла ауаа. Ацикл иалоу раԥхьатәи афильм аԥсуа милаҭтә кәашара иазкын, уи аус адулара иалагеит 2020 шықәса анҵәамҭазы. Зеиԥшла, апроект ззынархоу абаза жәлар ркультура аҵаулареи аԥшӡареи раарԥшроуп.
Иазгәаҭатәуп «Амазара» абзоурала аӡра иаҿыз итрадициатәу абаза ҳәызбаҟаҵашьа аҟазара шеиқәырхаз: ажәытәӡатәи абаза напҟазара атемала афильм аҭыхрақәа ианрылага ҷыдала уи азы иаҭахыз амаҭәахәқәа аахәаны аҟазарҭа еиҿыркааит, уа уажәшьҭа изҭаху днеины аҳәызбаҟаҵашьа иҵар ауеит.
  • Ахәыҷқәа аус рыдулара
Рашәарамзазы, Аԥсны апандемиа иадҳәалаз аԥкрақәа реиҳарак анаԥыхха, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭара ақыҭан ахәыҷқәа рзы аныҳәа мҩаԥнагеит, Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш иадҳәаланы. Анаҩс, ауаа раҳәара иахаҵгыланы, аиԥш зеиԥшу аныҳәақәа АААК имҩаԥнагеит Ԥақәашь, Река, Баслахә, Акәасқьа, Гәыԥ ақыҭақәа рҟынгьы, зынӡа 200-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рзы. Уи аҩызаҵәҟьа аныҳәа мҩаԥысит нас Аҟәа Аҳабла жәытә аҟынгьы.
Аконгресси ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧи» еицынарыгӡеит ахәыҷқәа ирызку, аинтерес зҵоу апроект «Ашьҭра»: ақыҭахәыҷқәа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа рахь иргон, аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаауан. Аныҟәарақәа раан ахәыҷқәа амҩаныфа рзыргон, ирбараны иҟаз зегьы анырбалак аԥсабараҿы акрырфон, рыԥсы ршьон, аԥсшьараамҭа апрограмма иалан аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа.
2020 шықәсазы ныҟәарак ауп зымҩаԥгара иахьӡаз, ахәыҷқәа Афон ҿыц иҟоу Аԥсаратәи абаашқәа ддырбеит, анаҩс апроект аанкылатәхеит апандемиа иахҟьаны. Аха 2021 шықәсазы уи иацҵан ахьӡ «Аимадара» ҳәа иԥсахны.
  • Жәларбжьаратәи аусура
2020 шықәса жьҭаарамзазы АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындбеи Шьамтәыла иаҭааит, аԥсуа-абаза, ачерқьес диаспорақәа рхаҭарнакцәа ирԥыларц. Аконгресс аусзуҩцәа ззааз еиҭарҳәеит, хықәкыс ирымоу, АААК аусушьа зеиԥшроу, ԥхьаҟа ргәы иҭоу уҳәа. Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаа азҿлымҳара ду аадырԥшит, аусеицура ишазыхиоу атәгьы рҳәеит.
2021
Аконгресс агәыԥ 2021 шықәсазгьы иацнаҵеит аетнокультуратә ҭынха аиқәырхареи арҿиареи, иматериалтәым акультура ахьчареи ирызкыз апроектқәа рынагӡара. Аха убри аан АААК аусура Аԥсны иҟаз аепидемилогиатә ҭагылазаашьеи аԥкрақәеи азгәаҭаны имҩаԥысуан, убасҵәҟьа – адиаспора жәпаҩны иахьынхо атәылақәа рҟынгьы. Аҭыԥантәи аҟәша ҿыцқәагьы раартра аанкыламызт: 2021 шықәсазы иаԥҵан АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа 11. Аиҿкаара иалалар зҭахыз ауаа рыдкыларагьы еиԥымҟьеит.
  • Аҭыԥантәи аҟәшақәа русура
2021 шықәсазы АААК аԥшьгарала Аҟәа Аҳабла ҿыц абаҳчаҿы 85 ҵла еиҭарҳаит, ари «Агәалашәара аллеиа» 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҭыԥантәи аҵеицәа ирызкуп.
Калдахәара иҟоу Аҭыԥантәи аҟәша аԥшьагарала, анаплакҩы Денис Оҭырба ифинанстә цхырааралеи ашкол-интернат аҟны атлетика хьанҭа асекциа иаҭахыз аспорт маҭәахәқәа рыла еибыҭан. Иара убас Калдахәара ақыҭан АААК алахәцәа ауаажәларратә транспорт аанҿасырҭа рыцқьаны еиҭашьақәдыргылеит.

Мгәыӡырхәа ақыҭан Аконгресс ацхыраарала аизарҭа зал еиҭашьақәыргылан, Ҷлоу – зхы иақәиҭу аиқәԥара рҽахьазыҟарҵо аспортзал.

Баслахәтәи абжьаратә школ абаҳчаҿы Аконгресси аҭыԥантәи ауааԥсыреи еицхырааны 70 инареиҳаны аҭыӡҩыра хәыҷқәа кыдырҵеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҳәамҭақәа анҵаны. Аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы Оҭҳаратәи абжьаратә школ аклассқәа руак рҽеин, Пицунда акәзар – аҿыханҵа асекциазы амольбертқәа аахәан, ашахмат асразы ахәыҷтәы турнир иалахәыз аҳамҭақәа рзаахәан.
Аконгресс агәыԥи Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәеи ашкол ашҭаҿы аҵлақәа еиҭарҳаит, уи ашьҭахь ауаажәларратә еиҿкаара Colors of nation алархәны АААК иаарту алекциа мҩаԥнагеит аекологиа иазкны.

Иааидкыланы иугозар, хәышықәса рыла Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа инарыгӡеит апроектқәа 107, аспорт, акультура, аҵараиура уҳәа ахырхарҭақәа рыла. Аԥсны аҩнуҵҟа ари аусура дахылаԥшуеит Дмитри Жьиба – Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша анапхгаҩы, иара убас ари аҟәша аусзуҩцәа Хьерсон Симониеи Дамир Ӷәарзалиеи.
  • Асоциалтә ҵакы змоу ахаԥшьгарақәа
Ишаԥу еиԥш, 2021 шықәсазгьы АААК агәыԥ атәылаҿы имҩаԥысуаз аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаԥгатәқәа ирылахәын. Аҟәеи Гәдоуҭеи ахәыҷтәы ныҳәақәа мҩаԥысит, Санкт-Петербург Аконгресс аҿар рцентр «Охта» адыԥхьаланы Аконгресс Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш иазкыз аныҳәа мҩаԥнагеит.
  • Ахатәы бызшәа аиқәырхара
2021 шықәсазы АААКи ИАЕ «Алашареи» ихарҭәааны еиҭашьақәдырӷәӷәеит аԥсуа, абаза бызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи апрограмма. Апрограмма ҿыц ф-хәҭакны еихшоуп: арҵаҩцәа разыҟаҵареи реиҭазыҟаҵареи, аҭҵаарадырратә, аҭҵаарадырра-педагогикатә кадрқәа разыҟаҵара, арҵагатә литература армазеиреи аҭыжьреи, аԥсуа, абаза бызшәақәа теориалеи хархәаралеи рыҭҵаара, абаза бызшәеи алитературеи ирызку адыррақәа раларҵәара. Ахатәы бызшәа арҵаразы онлаин-курсқәа русура шцац ицон. АААК Адискуссиатә клуб апроектқәа руак иабзоураны, адунеи абеит раԥхьаӡатәи абаза бызшәала иҭаҩу аудиошәҟәы – Бемурза Ҭҳаиҵыхәа ироман «Анышәнап», XX ашәышықәса аламҭалазы мчыла Османтәи аимпериахь иахцаз ашәуаа ррыцҳара иазку.
  • Аҵареи аҭҵаарадырреи
Ҳазлацәажәо ашықәс азы Аконгресс иреиҳаӡоу аихьӡарақәа ирхуԥхьаӡалар ауеит аԥсуа ҿарацәа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҭалараҿы ацхыраара рыҭара. Аконгресси Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә институти уи аԥхьа ирыдыркылахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ааҩык Аԥснытәи абитуриентцәа ари аҵараиурҭа иаанахәеит, хәыда-ԥсадагьы аҵара рҵалартә алшара роуит, азеиԥшынхарҭаҿы ауада рыманы. Анаҩстәи 2022 шықәсазы ҿыц арахь иҭалаз аԥсуа ҿарацәа рхыԥхьаӡара 18 рҟынӡа инаӡеит.
2021 шықәсазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Пиотр Ду ихьӡ зху Антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ари ашәҟәы аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьазы аколлективтә монографиа аус адулара иаҿуп, Кунсткамера архивтә сахьақәа рцәыргақәҵа еиҿыркаауеит, ирыҩуеит, иркьыԥхьуеит аҭҵаарадырратә статиақәа, имҩаԥысуеит адәынтәи аҭҵаарақәа, аҵарауаа ҿарацәа аспирантура аҭаларазы алшара роуеит.

АААК Аҟәатәи аофис аҟны 2021 шықәсазы имҩаԥысит аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызкыз алекциақәа рцикл. Алекциақәа дрыԥхьон АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, зыхьӡ нагоу аԥсуа етнолог Марина Барцыц.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Уарча ақыҭангьы еиҿнакааит аԥсуа-абаза жәлар ркультуратә, рбызшәатә акзаара иазкыз алекциа. Уи даԥхьеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.

Аҟәа иацҵан Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәарақәа рцикл, Гагра имҩаԥысит иара убас аклуб анҭыҵтәи аилатәарақәагьы.
  • Аспорт
Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны аспорт иадҳәалоу апроектқәа рынагӡара – Аконгресс азы аԥыжәара змаз ахырхарҭақәа иреиуан. 2021 шықәсазы Аԥсны иаартын урыстәылатәи ашьапылампылтә клуб «Зенит» академиа афилиал. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ари аус аҿы акрызҵазкуа абжьаҟазара зуыз еиҿкаароуп. «Зенит» афилиал аартра Аԥсны ашьапылампыл аҿиара ҽаԥарак ԥхьаҟа иагоит, ҳтәыла аҩнуҵҟа зхаҭабзиара ҳараку аспорттә кадрқәа реиҵааӡара алнаршоит, абаҩхатәра злоу аспортсменцәа Урыстәылеи адунеижәларбжьареи иреиӷьу ашьапылампылтә дәқәа ирықәланы рхы аадырԥшыртә алшара рнаҭоит.
  • Арҵаратә проектқәа
2021 шықәсазы иацҵан апроект «Аимадара», ахәыҷқәа рырҵаҩцәеи ранацәеи ирыцны Афонҿыцтәи аҳаԥи алымқәа рпарк «Праиди» ирҭаауан, аетнопарк «Аԥсны» имҩахыҵуан, уаҟа аетнографиа иазку алекциа ирзаԥхьон. Апроект рхы аладырхәхьеит 400-ҩык инареиҳаны ақыҭашколхәыҷқәа.
Апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны 2021 шықәсазы иаԥҵан, иагьцәырган авидеороликқәа хԥа: амилаҭ кәашара иазкны, аԥсуашәа иазкны («Нарҭаа рышҭыбжь» ахьӡны), иара убас абаза ҳәызбаҟаҵашьа иазкны.
2021 шықәса ԥхынгәымзазы АААК еиҿнакааит, иагьымҩаԥнагеит абаза жәлар рҭоурыхи ретнографиеи ирызку аинтеллектуалтә хәмарра «Иарбан? Иаба? Ианба?» («Что? Где? Когда?»). Аҭыхрақәа мҩаԥысит аԥсуа телехәаԥшра астудиаҿы. Ари ахәмарра авидеоверсиа, аиҿкааҩцәа шазхәыцыз ала, иалнаршоит иахьынӡауа иҭбаау аудиториа амҽхакра Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы.
  • Агәыҳалалра
АААК Цандрыԥшь иҟоу ареабилитациатә центр «Ҳара ҳаидгылоуп» аҭааҩцәа рзы иҷыдоу амаҭәахәқәа ҳамҭас ианаҭеит: аҳасырқәа, уқәгыланы уҽахьазыҟауҵо аплатформақәа, иара убас аҳақьымцәа ахәыҷқәа аус анрыдыруло ирҭаху иҷыдоу ароликқәа. Ацентр агәарԥаҿы Аконгресс ахәыҷқәа рыхәмарырҭа еиҿнакааит. Ари ацентр аҟны зылшара ԥку ауаа ргәабзиара иахәоит, уи иаҭаауа реиҳараҩык ахәыҷқәа роуп.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра ахақәиҭтәра амш иадҳәаланы жьҭаара 6 рзы АААК аусзуҩцәа аибашьра аинвалидцәа рассоциациа «Аԥсны» еиднакыло аветеранцәа аҳамҭақәа рырҭеит: ателербагақәа, арԥхагақәа, ахыза ԥхақәа.
Аконгресс иара убас Аԥсны ашколқәа жәаба акоронавирус алаҵәара аамҭазы даара ихәарҭаны иҟаз аҿкы зшьуа аҳауарзҩыдагақәеи, кьысрада ашоурашәагақәеи рынаҭеит.
Ашықәс ҿыц аламҭалазы АААК иамҭаны Аԥсны ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәеи Асоциалтә маҵзура зхылаԥшуа аҭаацәарақәеи рҟны изызҳауа ахәыҷқәа афатә-ажәтәи ахаа-мыхаақәеи рызшан. Абри аҩыза ацхыраара роуит Гагра араион анхацәа: Гагра ақалақь, аҳаблақәа Цандрыԥшь, Гьачрыԥшь, ақыҭақәа Маҳадыр, Лаԥсҭарха, Алаҳаӡыхь, Бзыԥҭа рҟынтә.

Аҟәа Адыгаа рымҩала Ашықәс ҿыц азтәи аԥсшьарамшқәа ралагамҭазҵәҟьа АААК ахәыҷқәа рыхәмарырҭа дәы аанартит.
2022
  • Жәларбжьаратәи аусура
2022 шықәса жәабранмзазы анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани иаԥшьгарала АААК еиҿнакааит италиатәи апарламент адепутат Маттео Далль-Оссо ипресс-конференциа «Ажәларқәа ахҳәаақәҵаразы ирымоу азин. Аԥсни Европа Дуи» ҳәа хьӡыс измаз. Ари ахҭыс мҩаԥысит Италиа аҳҭнықалақь Рим, Апарламент ахыбраҿы. Апресс-конференциа рхы аладырхәит, ажәахәқәа рыманы иқәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи, АААК Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниеи.
  • Аинформациатә усура
Егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш, 2022 шықәсазгьы Аконгресс игәыгәҭамыжькәа иаанагон аинформациатә усура. Лымкаала иазгәаҭатәуп, АААК аусзуҩцәа рџьабаала ишҭыхыз зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» иазкыз адокументалтә фильм, 2021 шықәсазы аклуб жәашықәса ахыҵит.
Афильм аҿы еиҭаҳәоуп аклуб аԥҵара аҭоурых, уи зыхьӡ адҳәалоугьы АААК ИА ахантәаҩы, амеценат, зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Асовет Еидгыла аспорт азҟаза Мусса Егзакь иоуп. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Москва, Наро-Фоминск, Санкт-Петербург, Аҟәа, Гәдоуҭа.
Уи адагьы, АААК ихацнаркит авидео-еиҿцәажәарақәа рцикл «АААК ахаҭарақәа» Аконгресс агәыԥ алахәцәа еиҳа иааигәаны рабадырра хықәкыс измаз. Ари апроект авторс дамоуп АААК аинформациатә портал аредактор хада Амина Лазԥҳа. Иахьазы Аҟәатәи Аконгресс аофис аусзуҩцәа рыҿцәажәарақәа анҵоуп, анаҩс иазԥхьагәаҭоуп Санкт-Петербург иҟоу АААК Аппарат хада аусзуҩцәеи АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәеи рыҿцәажәара.
Аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха иазку апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхын аԥсуашәа иазку афильм ҿыц. Ари афильм арежиссиорс, асценаристс дықәгылеит Самсон Ҷанба хьӡ зху Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын. «Амазара» апроект аусура иацнаҵоит, иахьазы аус рыдулара цоит афильмқәа даҽа хԥа: аҭацаагаратә қьабзқәеи, амилаҭтә музыкатә арҳәагақәеи, Аԥсуареи ирызкны.
АААК еиҿнакааит аԥсуа режиссиор қәыԥш Амина Кәарҷиаԥҳа Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иажәабжь ала иҭылхыз зметр кьаҿу афильм «Асыс» Аԥсны аԥхьарбара. Лара лхаҭа С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭкарратә акинематографиатә институт (ВГИК) даушьҭымҭоуп.

Аконгресс ацхыраарала асахьаҭыхҩы, амультипликатор Асҭамур Кәыҵниа иаԥиҵаз аԥсуа мультфильм «Абраскьыл ифырхаҵара» англыз бызшәахьы еиҭаган. Аиҭагара лнапы иҵылгеит АААК аинфопортал аредактор хада Амина Лазԥҳа.
  • Аҵараиуреи агәабзиарахьчареи
2022 шықәса цәыббрамза инаркны АААК Аҟәатәи аофис аҟны аус ауеит Аҵараиуреи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша, уи анапхгаҩыс дҟалеит Изольда Ҳагԥҳа, аспециалистс – Наур Хышба. Ари аҟәша ихацнаркит азанааҭалхреи раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵареи рзы атренингқәа. Убас, Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҟны шәҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара шиҭатәу еилыркааит, аиқәырхаҩ алабҿабатә хархәагақәа лыцырхырааны идлырбеит ахәра аҿаҳәашьа, ауаҩы зыԥсы маҷхаз ишихәатәу. Ари апроект Аԥсны ашколқәа зегьы амҽханакуеит, атренингқәа ахьымҩаԥысуа зехьынџьара ацхыраара ласы аҭаразы ихәарҭоу амедицинатә хархәагақәеи ахәшәқәеи рзыршоит.
Аусура иацнаҵоит АААК Адискуссиатә клубгьы, уи уажәшьҭа Русҭам Занҭариа напхгара азиуеит. Иахьатәи аклуб аусура Аԥсуара атема иадҳәалоуп.
АААК Аҟәатәи аофис аҟны имҩаԥысуеит иара убас алекториқәа: Аҭоурыхҭҵааҩ, АААК Иреиҳаӡоу ахеиак алахәыла Џьамбул Инџьгьиа х-лекциақ дрыԥхьеит аԥсуаа ркультуреи рҭоурыхи иазкны, изҭахыз зегьы неины аҵарауаҩ изыӡырҩыр рылшон.
  • Аспорти аҿар аус рыдулареи
Ԥхынгәымзазы Аконгресси ИАЕ «Алашареи» Ҟарачы-Черқьестәыла еицымҩаԥыргеит VII-тәи Абаза жәлар рыхәмаррақәа. Есышықәса Черқьесск иазгәарҭо акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсуа-абаза жәлар ркультура амши Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши.
2022 шықәса цәыббрамзазы Аҟәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аԥсуа милаҭтә спорттә хәмаррақәа ртурнир «Ахьышьҭра». Аицлабрақәа ирылахәын ақыҭақәа Дәрыԥшь, Џьгьарда, Ҷлоу, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәеи рҟынтә агәыԥқәа. Атурнир еиҿыркааит Аҟәа ақалақь ахадареи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси. Ари атурниргьы Аконгресс аԥсуа қыҭақәа рҿы имҩаԥнагоз амилаҭ хәмаррақәа рзы амастер-классқәеи хықәкыс ирымоу – «Аимҵакьача», «Ахылԥахас», «Акьаброу» реиԥш иҟоу аԥсуа хәмаррақәа аҿар рыларҵәароуп, иара иааидкыланы аԥсуа культурахь аинтерес ашьҭыхрагьы. Ари ахырхарҭала активла аус ауеит АААК Аԥснытәи арегионалтә ҟәша иатәу Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша. Уи напхгара аиҭоит Валери Берзениа, аспециалистс аус луеит Есма Кәыҵниаԥҳа.
АААК ақыҭа школқәа ацхыраара рынаҭоит. Убас, Лыхны иҟоу Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәша алахәцәа ҳаамҭазтәи аспорт аҽазыҟаҵарҭа дәы еиҿыркааит. Аворкаут иаҭахыз аԥырҟьақәа зегьы аҭыԥантәи ажьираҿы иҟарҵеит.
  • Агәыҳалалреи асоциалтә хаԥшьгарақәеи
2022 шықәсазы Аконгресс раԥхьатәи агәыҳалалратә акциа ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа ирызкын. Имҩаԥысит иара аӡынтәи аԥсшьараамҭа иақәыршәаны. Аконгресс агәыҳалалратә фонд «Ахәыҷра адунеи» атуристтә наплакы «Турист» алархәаны 36-ҩык ахәыҷқәеи ранацәеи Аҟәа рымш лахҿыхны ирхыргартә аныҳәа рзеиҿнакааит. Ари ахҭыс ҟалеит ажьырныҳәа 11 рзы, аҳҭнықалақь ахь зымҩа хаз ахәыҷқәа ирымҩатәны аетнопарк «Аԥсны» имҩахыҵны ирбеит.

2022 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Ҭырқәтәыла иҟоу АААК Арегионалтә хаҭарнакра анапхгаҩы Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарала, Ҭырқәтәыла иҟоу Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа алархәны ҩаԥхьа имҩаԥысит агәыҳалалратә акциа «Агәыбылра» - Аԥсныҟа ацхыраара зҭаху рзы иаашьҭын ашәҵатәи ашьаҵатәи. Амаҭәа ахәҭак ҳџьынџьуаа Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭеи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи русзуҩцәа ҳамҭас ирырҭеит, иара убас амаҭәа рызшан Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа 13 рҟны атехникатә персонал еиҵби, ахәыҷбаҩцәеи, Аҟәеи, Калдахәареи, Очамчыреи ашкол-интернатқәа рҟны аус зуа абжьаратә персонали, аҟәатәи Ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәеи.
Ахәыҷқәа рыхьчара амш рашәара 1 азы АААК ахәыҷқәа иҭырхыз асахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥнагеит Аҟәа, уи аныҳәа аламҭалаз Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан аԥсуа милаҭ хәмаррақәеи ауаҩы иртәашьа арбзиатәреи ирызкыз амастер-класс мҩаԥысит. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» Черқьесск имҩаԥыргеит аныҳәақәа: Абаза жәлар ркультура амши Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши.
  • Аԥсны иқәынхо аҳәса ркоординациатә хеилак аусура
Хазы иазгәаҭатәуп Аҳәса ркоординациатә хеилак апроект ҿыц «Аизыразра амҩа», 2022 шықәса цәыббрамзазы ицәыргаз. Ари апроект аҳәса ринтересқәа ирықәшәо астретигиатә уснагӡақәа реиқәыршәара иазкуп. Ари ахықәкы анагӡаразы ишьақәыргылоуп аҭаацәаратә институт ашьаҭа арӷәӷәареи, аԥсҭазаара ахаҭабзиара ашьҭыхреи ирызку апрограммақәа. Ахеилак хантәаҩыс дамоуп Аԥсни уи анҭыҵи зыхьӡ рдыруа ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш аламҭалазы Екатерина Бебиаԥҳа Аԥсны анацәа рхеилак иалоу аҳәса дырԥылеит. Ари аԥхарра зцыз еиԥыларан, акрызхызгахьоу, аԥышәа змоу анацәа аҿар ирацәажәон, ргәалашәарақәа рыцеиҩыршон, ирылабжьон.
2022 шықәса жьҭаарамзазы АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак алахәцәа Нхыҵ Кавказ имҩаԥысыз Аԥсуа-абаза форум рхы аладырхәит. Аиԥыларақәа еиҿкаан Ставрополь, Черқьесск, Кисловодск, иара убас Гәымлоуқыҭ. Афорум ихҭыс хаданы иазыҟалеит Аҳәса рхеилаки Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны еиҿкаау ауаажәларратә еиҿкаара «Абазеи» рыбжьара еилахәу арҿиаратә проектқәа реицынагӡаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Аганқәа иазгәарҭаз аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы еицхыраалоит, аҿари аиҳабыра абиԥареи реимадара еиҳагьы иӷәӷәахарц аус рулоит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, аиашазы, зҳәоу еиқәшәо, хҭак еицҭазыршәуа ауаа еиднакылоит, аӡәыцыԥхьаӡа зегьы ргәы-рыԥсы ақәҵаны азеиԥш ус иаҿуп. Ҳара хықәкыс иҳамоу аԥсуа-абаза жәлар ари адунеи ду аҿы ахеиқәырхара рылшартә ацхыраара адагьы, иуникалтәу, зхаҿра змоу милаҭк аҳасабала иҿио, еизҳауа аҟаҵароуп. Аха иара убри аамҭазы, абра иааҳгаз аҳасабырба алагьы лабҿаба ижәбеит агәҭакқәеи апроектқәеи рынагӡаразы агәаҳәара мацара шазымхо: абри аус еиԥымҟьаларц азы афинанстә лагала дуқәа аҭахуп, аидеиа ссирқәа аԥсҭазаара раларҵәара инаркны асоциалтә хаԥшьгарақәа рынагӡара аҟынӡа.

Иахьазы афинанстә, аматериалтә-техникатә уҳәа иарбанзаалак Аконгресс аусура аиқәыршәара иадҳәалоу шамахамзар зегьы АААК ахантәаҩы ихатә ԥаралоуп ишааиуа. Ари ахарџь акыр идууп, еиҳарак уажәы ҳазҭагылоу аамҭа зеиԥшроу ала афинансыркра ахыҵхырҭа ҿыцқәа рыԥшаара хра злоу акоуп. Абри аганахьала Аконгресс доусы шәажәалагалақәеи шәыхшыҩҵакқәеи гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Аҟәа аус ауеит Аконгресс аусура иацхраарц зҭаху ихәҭалагала ахьалеиҵаша аԥхьаӡа́ра. Аконгресс алахәцәа рыхәҭалагалақәеи хықәкыла апроектқәа рынагӡаразы агәыҳалалратә ԥаралагалеи АААК асаит алагьы иушьҭыр ауеит.

© Атекст - Аста Арӡынҧҳа
Аредактор - Ольга Солдатенкова
Аԥсшәахь еиҭалгеит - Алина Жьиԥҳа
Аредактор хада - Амина Лазԥҳа