Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

24 Абҵара 2024
03:12
Нестори Аҧсныи
Нестор Аполлон-иҧа Лакоба диит Лыхны ақыҭан маи 1, 1893 шықәсазы. Иаб, анахаҩы Аполлон Лакоба дҭахеит иҷкәын иира хымыз шагыз: иара дшьын анхацәа реизараан, ҭауади аамысҭеи еидыркылоз ашәахтәқәеи, урҭ рхаҧышәареи дырҿагыланы иқәгылара џьбара иахырҟьаны. Иан Шьахәсна Џьергьениаҧҳа, лымацара заҵәык илааӡон хҩык аҧацәа, аӡәы иҟынтә ацхыраареи адгылареи лмоуӡакәа. Даара ауадаҩрақәа рацәаны ишылҧылазгьы, илылшеит Ҷнагә хәыҷы (Нестор аҩны убас акәын ишишьҭаз) Афонҿыцтәи ауахәаматә школ иаҭара, уи ашьҭах иара Лыхнытәи ҩышықәсатәи ашкол ахь диасуеит. Нестор аҵара ахьиҵозаалакгьы, иҟыбаҩи иҟазшьа бзиеи рыла иқәлацәа дрылукаауан.
Ашколаҿтәи иҩызцәа зегьы даара дырҭахын, рыҧсы иҿҳәаран. Ахәмарреи аччареи, ашәаҳәареи акәашареи ахьыҟаз – еснагь дыҟан иаргьы, зоура уамак идумыз аҷкәын еилҟьа, ихахәы жәпа алаҳәа амҵәыжәҩеиҧш еиқәаҵәаӡа, илақәагьы еиқәаҵәан, ицырцыруа, амца рхын.
иҩуеит Михаил Бӷажәба ишәҟәы «Нестор Лакоба» адаҟьақәа рҟны
Нестор жәаҩа шықәса анихыҵ, Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭалоит, аха иазгәаҭатәуп, адин аганахьала иааирҧшуаз азҿлымҳара акыр ишмаҷыз. Аҵараиурҭа ахылаҧшәҩы «ааӡаҩ Лакоба изкны» ҳәа хьӡыс измаз ихҳәааҿы иҩуан, уи дышрыҧхьо «ззин ыҟам ашәҟәқәа, насгьы аиҳабыра классқәа рҟны итәоу аҵаҩцәа ҩызцәас ишьҭыхны ишимоу». Ари аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, Нестор иҵара иациҵоит Адоуҳатә семинариаҟны, аха шықәсык аҵара иҵахьан еиҧш дҭырцоит, ирмаӡаз ареволиуциатә гәыҧ дахьалахәыз азы. Уи ашьҭахь Тифлисынтә дықәҵыр акәхеит, дагьиасуеит Баҭымҟа. Араҟагьы ҧасеиҧш арҧыс ареволиуциатә идеиақәа изааигәоуп, дадрыҧхьалоит. 1912 шықәсазы Нестор Лакоба Урыстәылатәи асоциал-демократиатә усуцәа рпартиа иатәыз ирадикалтәыз абольшевикцәа рыжәҩа далалоит. Аамҭа ҧыҭрак ааҵуаны, баҭымтәи аполициа аҧсуа пропагандист даарыҧхьоит иҿахәы иҿыхразы. Нестор даҽазныкгьы инхарҭа ҭыҧ иҧсахырц иӡбоит, уажәазы иалихуеит Грозныи ақалақь, уа дагьҭалоит иара Грозныитәи ареалтә ҵараиурҭа. 1915 шықәсазы аҵараиурҭа даналга, Лакоба иҽазишәоит Харьковтәи ауниверситет азиндырра афакультет аҟны иҵара иациҵарц, аха аҵыхәтәан, зынӡа икәадаз ифинанстә лшарақәа рымшала, ауниверситет ааныжьны, иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит.
Аҧсны данаа, Нестор Лакоба Гәдоуҭа аихамҩаҿы аусура далагоит. Иара араҟагьы ауаажәларратә ҧсҭазаара агәҭаҵәҟьа далагылан. Аимпериа шхабгалараз иҟан: 1917 шықәсазтәи февральтәи ареволиуциа, Николаи II март азы аҳра иацәхьаҵра уҳәа – апрель азы ауаажәларратә еилаҩеиласрақәа Аҧсныҟа иааӡеит. Лыхнашҭа анхаҩцәа реизара ду аҟны Нестор Лакоба далырхуеит Гәдоуҭаҭәи аҭыҧантәи акомиссарс. Хара имгакәа, анхаҩцәа ареволиуциатә дружина «Кьараз» аҧырҵоит, уи анапхгаҩцәа дыруаӡәкхоит Несторгьы. Убри аамҭа инаркны, 1921 шықәсазы Асовет мчра шьақәгылаанӡа, Аҧсны амчра агаразы имҩаҧысуан абольшевикцәеи аменьшевикцәеи реиҿагылара (Қырҭтәыла аменьшевикцә иртәын – аред.). Аиааира инеимда-ааимданы иргон зны абольшевикцәа, зны –аменьшевикцәа. Несторгьы зны-зынла џьара иҽҧхьеиклар акәхон, анаҩс Аҧсныҟа дхынҳәуан, ус иҟан 1918 шықәса анҵәамҭанӡа, Аҟәатәи абахҭа дҭашәаанӡа. 1920 шықәсазы илахьынҵа еиҭах Баҭым даанагеит, уаҟа ҩаҧхьа дахагылеит имаӡоу ареволиуциатә хеилак. Абраҟа, иара иҩыза аҷоу ҷкәын Ака Џьих-оглы иҩнаҭаҿы нхара ҳәа дахьаангылаз, длабадыруеит зынӡа иқәыҧшыз уи иаҳәшьа ҧшӡа Сариа, анаҩс иара иинасыҧхараны иҟаз.
Убасҟан ауп Сариеи иареи бзиа ианеибабагьы. Лара илхыҵуан жәохә шықәса (сара сеиҧш), иара даницыбналоз.
илыҩуеит Сариа лҭаца, Адиле Аббас-оглы лышәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны
Асовет тәыла Аҧсны ахадараҟны
1921 шықәса, март 4 рзы Аҧсны ишьақәгылеит Асовет мчра. Аҧсуа жәлар зегьы бзиа ирбоз Адагәа (Нестор илымҳақәа ҽеишәа ираҳауамызт азы, иныҟәигон иҷыдоу арҳагатә аппарат – аред.), Аҧсныҟа дхынҳәуеит, атәыла дахагылоит, аха уи мацарагьы акәым, иҧсадгьыл аиқәырхаҩыс дазыҟалоит.
1922 шықәса, жәабран мзазы Нестор Лакоба Ауаажәларратә Комиссарқәа Рхеилак ахантәаҩыс далырхуеит, 1930 шықәса мшаҧымза инаркны – Аԥснытәи АССР Ацентртә анагӡаратә комитет ахантәаҩыс дыҟан. Лакоба инапхгарала аиҭаира амҩа ианылеит еилаҳаны иҟаз атәыла.
Аҧсны хәыҷы аҿырҧшрала иубар ҟалоит, Асовет мчра аиааира ахьагаз атәылаҿы шаҟа ирласны акультура шьҭыҵуа. Аҧснытәи аиҳабыра, аҵара змоу Нестор Аполлон-иҧа Лакоба дызхагылоу, лымкаала аҭҵаарадырра рылаҧш ахыуп, асоветзегьтәи аҭҵаарадырратә усбарҭақәа адыҧхьалауа, рхатә ҭҵаарадырратә институтқәеи астанциақәеи аҧырҵоит.
иҳәон академик Н.И. Вавилов 1932 шықәсазы
Ауаажәларратә қыҭанхамҩа аганахьала Нестор Лакоба аколлективизациа амҩаҧгара даламгаӡеит (Асовет еиҳабыра рполитика, анхацәа рхатә дгьылқәеи, рырахәи анрымырхуаз, урҭ зегьы еилаҵаны иколлективтәу ақыҭанхамҩақәа – аколнхарақәа раҧҵаразы – аред.). Уи адагьы, аҧсуаа рыҧсҭазаара ашьақәгылашьа аҷыдарақәа бзиаӡаны идыруан аҟнытә, ҭауади аамысҭеи, аристократцәа рхаҭарнакцәеи рышьҭашәарыцара аус нап аимыркӡеит, инҭкааҵәҟьаны амалуааи, анхацәа ӷарқәеи ҳәа ауаа реихшара Аҧсны ишыҟамыз есқьынагьы иазгәаҭо. Нестор имҩаҧигоз аполитика ажәлар ииашоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, уи азгьы пату иқәырҵон, аха уи зегьы еицырзеиҧшыз асоветтә политика имҩаҧнагоз аиҭакратә хықәкқәа ирҿагылон, убри аҟнытә изгәамҧхақәозгьы рацәан. Сталин иҟнынӡагьы инаӡеит ари аус: «абзиазеиӷьашьаҩцәа» анонимтә шәҟәы рыҩит. Уи амшала Нестор авожд иҿаҧхьа ихы ирқьиар акәхеит. Аҧсны анапхгаҩы зегьы шиҿагылазгьы, Кремль иҟаиҵаз ақәгылара ашьҭахь, игәаанагара шиашоу зегьы агәра ргеит. Ҳәара аҭахума, иара ораторк иаҳасабала даараӡа дыӷәӷәан.
Аҧсуаа – хыҧхьаӡарала ирацәам жәларуп, убри аҟнытә имаҷымкәа иҳалоуп аамысҭа хылҵшьҭра змоу ажәлақәагьы, аха егьа ус акәзаргьы, урҭ реиҳараҩӡак иаабац анхацәа реиҧш ауп ишынхо. Ҭоурыхла иаҳгозар, Аҧсны аҭауад иеиҧшцәҟьа инеиҵыхны инхоз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡамызт ахаан, иахьагьы дыҟам. Урҭ зегьы ықәысцазҭгьы, Асовет мчра иақәкны иамоу аиҭакрақәа зыцымҩаҧызгодаз, Аҧсны зыхьчодаз, Аҧсны Ареспублика аҧызҵодаз? Дара роуп ақырҭуа меньшевикцәа ирҿагылаз! Дара роуп апартизантә отриадқәа еидкыланы, Аҧсны жәлар зегьы зырҵысыз.
Нестор Лакоба иажәахә аагоуп Адиле Аббас-оглы лышәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны
Нестор Лакоба (арымарахь ала), Лавренти Бериа, Агаси Ханџьиан апартиатә конференциа аҟны, 1935 шықәса
© Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи
Лакоба дзыхьчоз ауаа ицӡамызт, ақалақь шьапыла далсуан, ауаа гәаартыла драцәажәон, уи аҩыза аҟазшьа, ҳәарада, зегь хнахуан, хәыҷгьы-дугьы иднаҧхьалон. Ауааҧсыра идикылон аусураҿы, аха уаҟа адагьы, адәахьы дахьынҭыҵуа драцәажәон, аҩныҟа амҩа дықәума, баша аҧшаҳәаҿы днеиааиуама, ма акаҳуажәырҭаҿы дантәалозгьы.
Сариеи Нестор Лакобеи
© Мусҭо Џьихашьвили ихатә архив аҟнытә
Нестор иҵабыргыҵәҟьаны ажәлар пату иқәырҵон, бзиагьы дырбон. Уимоу, иара жәлар рҧыза иаҳасабала данцәырҵ, Анцәа дырзааишьҭит ҳәа рыҧхьаӡон. Изкны алегендақәа аҧырҵон. Руак еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩы Руслан Гәажәба. Уи ахьча ихҳәаауп, зырахә ашьха қыҭа ҧсҳәыҟа иҩацаны избоз. Ҽнак зны ахьча хҩык аҧааимбарцәа ажәҩан илбааны, ишеицәажәоз иаҳазаап. Урҭ ааилацәажәан ирыӡбеит Аҧсны дахагыларц Ҷнагә ҳәа зыхьӡу аӡәы. Дук мырҵыкәа, ари ахьча иибаз-иаҳаз даара иуаҩ ҟәышыз Мықәбак изеиҭеиҳәеит. Уи а-Мықәба Ешырантә Аҟәаҟа амҩа дшықәыз Ҷнагә ҳәа арҧыск диҧылазаап. Уи Нестор иакәхеит.

Ҳәарада, ари легендоуп, аха ажәлар рҿы уи даара алаҵәара аиуит, избанзар ажәлар агәра ргон Нестор хыхьынтә Анцәа дырзылбааишьҭит ҳәа. Ауаа иҩны инеиуан, ргәы иҵхоз изеиҭарҳәон – шьоукы аиҳабыра ргәы ндырхон, шьоукы иӷарыз рыуацәа дрыцхраарц иҳәон, инеилакгьы иара иҟынтә азҿлымҳара имоукәа уаҩ дымцацызт.
Аҟәа, Жәлар ркомиссарцәа рхеилак ахантәаҩы идкыларҭаҿоуп Аҧсны анхацәа рыбзазашьа зеиҧшроу ахьеилукаауа. Товаришь Лакоба иахь – ус ҳҳәеит ҳәа, араҟа иара баша Нестор ҳәоуп зегь шишьҭоу – зҵаарас иаарызцәырҵлак рыманы инеиуеит ауаа, аинстанциақәа зегьы ирывсны, уи дшырзыӡырҩуа, рызҵаарагьы шыиӡбо агәра ганы. Аҧсны аҧхьагыла Лакоба иуаажәлар лымкаала бзиа дырбоит. Зиновиев (Григори Зиновиев – асовет аамҭазы аполитикатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы – аред.) Аҧсны даныҟаз зны лафны иҳәеит Аҧсны атәыла ахьӡ Лакобисҭан ҳәа иҧсахтәуп ҳәа.
абас лыҩуеит аурыс шәҟәыҩҩы Зинаида Рихтер «Кавказ наших дней» захьӡу лышәҟәаҿы, 1924 шықәсазы
Лакобеи Троцки «иаҟәыҭхареи»
Ихаҭа изымдыркәа, Нестор Лакоба Асовет ҳәынҭқарра алахьынҵаҿы акрызҵазкуаз ароль наигӡеит. 1924 шықәса ажьырныҳәамзазы, Ленин аҧсра даназааигәаз аамҭазы, Кремль акулуарқәа рҟны амчра агаразы ақәҧара еилашуан. Еиҳараҩык изларҧхьаӡоз ала, Ленин ишьҭахь аҳәынҭқарра дахагыларан дыҟан Лев Троцки. Убри аҟнытә уи иаӷацәа ирылшоз зегь ҟарҵар акәын, аполитик иаҧырхразы. Аха урҭ ахҭысқәа маҷк аҟара шрыгыз, аҳақьымцәа иҟарҵаз аҳәарала, Троцки иҧшәмаҧҳәыс диманы, поездла Москвантәи Кавказҟа ддәықәлеит. Уи инақәыршәаны, ҩыџьа инарылукааша апартиа аусзуҩцәа Феликс Ӡержинскии Серго Орџьоникиӡеи – Лакоба иахь ашәҟәы рыҩуеит, инықәырҧшшәа, аха иара еиликааратәы, Троцки аамҭала аполитика «иаҟәыҭхара» иара инапы ишану арбаны.

«Троцки Аҧсныҟа усҟантәи иаара аҵак ду арҭон ҳәа сгәы иаанагоит. Иаара акәым, аамҭалатәи аполитика иаҟәыҭхара ҳҳәар иаҳа ииашахоит», – ҳәа иҩуеит Станислав Лакоба, Ленин иҧсра хымш шагыз ишьақәгылаз аҭагылазаашьа дазааҭгыло.

Ленин иҧсҭазаара дшалҵыз Троцки иаҳаит Тифлис дшыҟаз. Уи ашьҭахь иаразнак Кремльҟа адырра ҟаиҵеит Москваҟа дшыхынҳәуа азы, аха Сталин ус иеиҳәазаап: аҧсыжра уажәшьҭа усгьы уахьӡаӡом, убри азы иаҳа еиӷьуп Лакоба иахь уцар – угәабзиара уацклаҧш, апартиа азы уи еиҳа ихадароуп ҳәа. Дшыржьаз атәы Троцки еиликааит Аҟәа, Лакоба иҿы сасра дшыҟаз – Ленин иҧсанышәаҭра ҽнак иахыргеит, иара игәы ианҭеик аҽны ддәықәлазҭгьы, авожд наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара дахьӡон. Иҟалаз, апартиа аиҳабыра рҿаҧхьа, Троцки иаҳаҭыр акыр иланарҟәит, уи акәын Сталин ииҭахызгьы.
Лакоба Лев Давид-иԥа убас ибзиан дидикылеит, Троцки даҽа ҩымыз «ҧсабарала иргәыбзыӷу атәылаҿ» даанхартә аҟынӡа, аҭыҧантәи ауаажәлар рытрадициақәеи ркультуреи иҽыргәылаихалеит. «Троцкии Лакобеи Аҧсны зегьы иақәшеит, лассы-лассы анхацәа сасра ирызнеиуан, ақыҭа еизарақәа ирҭаауан. Руак аҿы, Мықә ақыҭан, Троцкигьы дықәгылеит. Иара иажәа далагеит аҧсуа оратортә ҟазара аԥҟарақәа инарықәыршәаны. Раҧхьатәи ажәақәас ииҳәазгьы, аҧсуаа традициала рықәгылара ахы зларкуа ракәын, иагьиҳәеит урҭ аҧсышәала: «Ажәлар, шәхаҵкы сцааит…» ҳәа. Еизаз ауаа ари уамашәа ирбеит. Анхацәа рзы арҭ ажәақәа зегь реиҳа крызҵазкуаны иаанхеит иқәгылараҿы», – ҳәа иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба.
Сталин ахә ҳаракны ишьеит Троцки «иаҟәыҭхара» аус аҿы Лакоба иҟаиҵаз ацхыраара. «Сталин убас иҧхьаӡеит, иуадаҩыз аиҭасратә аамҭазы Нестор иҟаиҵаз адгылара, иара ипозициақәа рырӷәӷәараҿы ацхыраара ҟанаҵеит ҳәа, – иҩуеит Станислав Лакоба, – убри азакәхап Сталин акыраамҭа инеиҧынкыланы (жәаҩа шықәса раҟара) Лакоба ибзианы дзизыҟаз. Убри аҭагылазаашьа абзоурала, авожд дизааигәеитәит Нестор, рацәак аҵакы амҭашәа, аха зегьы ираҳаратәы лафны зынгьы иҳәеит: «Сара – Коба (апартиаҿы Сталин ус хьыӡҷыдас иман – аред.), уара – Лакоба» ҳәа.
Коба, Лакоба, Бериа
Лакобеи Сталинеи реиҩызара шықәсыцыҧхьаӡа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Сталин изныкымкәан ҧсшьара ҳәа Аҧсныҟа даахьан, лассы-лассы Лыхны ақыҭан Нестор иҩнаҭа дсасны даҭаалон. Авожд Сариа лнапаҟынтә абысҭа лымихуан, Нестор иҩы ҿамҩа-ҿамҩала, игәарҧханы ижәуан. Уи аамҭаз ақҿаҩраҿы афатә ҟалҵон аҧшәма Нестор иан – Шьахәсна. Сариеи Сталин иҧҳәыси еиҩызцәахеит. Иара еснагь Сариа дрыликаауан апартиа аусзуҩцәа рыҳәсақәа зегьы рҟынтә, лхатә машьынагьы ҳамҭас илиҭахьан. Уи Аҧсны ицәырҵыз раҧхьатәи амашьынақәа иреиуан.
Лакоба иҭаацәа Сталин абас дахьырзыҟаз иԥсахы еибанаркуан, даҵашьыцуан Лавренти Бериа. Апартиаҿы зкариера раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз, иара ирласны еиликааит, Лакобеи иареи еиҩызцәахар, Сталин иҟынӡагьы анеира шилшоз. Бериа – Нестори Сариеи рыҷкәын Рауфгьы аӡы дӡааиххьан, рыҩны лассы-лассы днеиуан. Бериа ишьҭыҵра зыбзоураз Нестор иакәын, избан акәзар иара иоуп Сталин иабжьызгаз «апартиатә усура анапхгарахь аенергиа злоу абри ачекист қәыҧш иқәыргылара». 1931 шықәса, ноибар 12 рзы Бериа дҟалоит Аахыҵкавказтәи акраикомаҿы апартиа (Асовет Еидгыла абольшевикцәа ркоммунисттә партиа – аред.) амаӡаныҟәгаҩыс, иара убас Қырҭтәыла ЦК КП(б) (акоммунисттә партиа ацентртә комитет) актәи амаӡаныҟәгаҩыс.
«Абласаркьа зхоу амаҭ», ҳәа изышьҭаз Бериа (иара иныҟәигон апенсне – аред.), игызмалра ихы иархәаны, илшоз зегь ҟаиҵон, авожд иҽигәарҧхаразы, уи иирбарц иҭахын, иара иаҟара дзықәгәыӷша ҽаӡә дшизымҧшаауа, ала аҧшәма иҳәатәы шханаҵо еиҧш, иаргьы иааиауҳәо зегь аҟаҵара дшазыхиоу. Уи зегь рыла иубаратәы иҟан, ихымҩаҧгашьаҿы мҩашьарада иааҧшуан. Зны Сталин идачаҿы дахьынаиааиуаз, даахәмаршәа иҳәеит, абаҳча аҳәира ахысит, ирыцқьазар бзиан ҳәа. Бериа уи шааиаҳаз, иаразнакала аигәышә аашьҭихын, убас гәаӷла дыҭәны абардра ацҟьара иҽазикит, ихәаҧшуаз ауаа, абардра акәым, «иаӷацәа рыхқәа» хыицҟьозшәа ргәы иабеит. Ари ахҭыс инарҭбааны дазааҭгылеит Сариа лашьа Мусҭо Џьих-оглы игәалашәарақәа рҟны. Лавренти Бериа икариератә мардуан еиҳа-еиҳа иҳаракны ахәнара даҿын, нас ишнеиуаз, аусқәа убас иааҳәит, Нестор Лакоба аханатә Сталин еиҳа изааигәаз, уажәшьҭа Бериа инапаҵҟа дҟалеит.
Сталин мап ицәызкыз
Лакобеи Бериеи иаргамамыз реиҿагылараҿы аиҭасымҭа ҟалеит 1936 шықәсазы. Сталин дазхәыцуа далагеит, Лакоба Москваҟа аусурахь ииагара, аҩныҵҟатәи аусқәа рзы жәлар ркомиссарс иҟаҵаразы. Даара акырынтәгьы иара иахь дааиҧхьахьан, аха Лакоба еснагь уи ааҧхьара мап ацәикуан. Авожд мап ицәкрақәа руак ашьҭахь, иҧшәма ҧҳәыс ус леиҳәоит Нестор: «Избан абас иҳараку амаҵура зсыдигало Сталин? Уи сара сақәшаҳаҭхараны сыҟаӡам ахаан, исықәымчуа иалагаргьы… Сыжәлар уажәыгьы абырҷман (апырҷпан – бз.ад.) рфоит, сара аиҳабырахь сцома?! Мап, сақәшаҳаҭӡам». Абри атәы лыҩуеит Адиле Аббас-оглы лышәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны. Ара аус злаз еиҳаракгьы, Сталин идигалоз амуҵара усҟантәи аамҭазы зегь реиҳа ишьаарҵәыраз ахьакәыз мацара акәӡам… Нестор иныруан Аҧсны иалгара ишашьҭоу, ус аныҟала Бериа игәы иааҭаху зегьы ара иҟаиҵаларц дыҟан. Аҧсны «ақырҭуатәра» Бериа ихы иҭагьежьуеижьҭеи акрааҵуан.
Ари ахшыҩҵак иҿыцу акы акәгәышьамызт. 1929 шықәсазы Аахыҵкавказтәи апартиа абиуро аилатәараҟны, зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭхеит Аҧсны автономтә республика аҳасабала Қырҭтәыла алалара. Аус шьҭа усгьы иӡбоуп ҳәа ишахәаҧшуаз, аҵыхәтәан Лакоба игәаанагара иазҵааит. Ус раиҳәеит: «Мшәан сара акгьы смаҳаӡеит. Сарҳага аппарат ҽеишәа аус амуазаап» ҳәа. Ҩаҧхьа ирҳәаз зегь аиҭаҳәара иаламгаӡеит усҟан, аамҭала ари азҵаара инахарцгьы рыӡбеит, аха ашьҭахь зегь акоуп уи аус ӡбан.
Нестор Лакоба аҵыхәтәанӡа дгәыӷуан Аҧснытәи АССР Қырҭтәылатәи ССР иалҵны, ишишоу Асовет Еидгыла иалалап ҳәа. Убри даҳәарц Москваҟа жәаантә еиҳамзар дцахьан, аха ииҳәоз аӡәгьы иаҳар иҭахымызт.
«Сыҧсы ҭанаҵы ари аҩыза ҟалашьа амам!»
1936 шықәса декабр мзазы, Бериа Қарҭҟа дааиҧхьеит Лакоба. Аиҧылара ӷьаҩны имҩаҧысит, дара иӷәӷәаны ажәақәа еимаркит. Апрофессор Станислав Лакоба игәаанагарала, Лакобеи Бериеи реицәҳара зыхҟьаз, Аҧсны ахада иидырбаз ақырҭқәа арахь иааганы Аҧсны раланхара аплан акәын. «Сыҧсы ҭанаҵы ари аҩыза ҟалашьа амам!» иҳәазаап Нестор Лакоба. Абас, ихаҭа изымдыркәа, ишьра инапы аҵаиҩит.
Аҟәатәи абаӷәаза аартра, декабр 18,
1930 шықәса
© Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра
Абарҭ ахҭысқәа аныҟала ашьҭахь, иара уи аухаҵәҟьа, Лакоба дахьаангылаз асасааирҭахь аҭел дизасуа далагеит Бериа иан, дук мырҵыкәа дааит иҧҳәыс Нина, уи лҽадцаланы Лакоба ааҧхьара илҭо далагеит рыҩныҟа уаххьафара днеирц, иара бзиа иибоз акалмаҳа ӡны ишыҟарҵаз азгәаҭауа. Бериа иҩны даҭааит иара, аха афатә дагьакьымсит, акониак маҷк ижәын, аҧсыӡ знык днацҳаит акәымзар. Жәаминуҭк рышьҭахь дгылеит, игәалаҟара ҽеимшәа ибо даналага. Амашьына данҭатәа арныҟәцаҩ ажәазаҵәык оуп иаиҳәаз аҧсышәала: сыршьит. Уи ауха Нестор Аполлон-иҧа ааҧхьара иман Бериа итеатртә ложа ашҟа. Уантә иара ҧсы ихаӡамкәа дыргеит. Декабр 26 ауха Нестор Лакоба иҧсҭазаара далҵит, Қарҭ. Нас ишьақәдыргылоит ацианиттә кали ала дшыршьыз.
ианвар 1, 1937 шықәса
Нестор Лакоба иҧсанышәаҭара
© Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи
© Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи
© Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи
Нестор ишьра аамышьҭахь Аҧсны аҭоурых аҿы зегь реиҳа ибӷаҧҵәагаз аамҭақәа ҟалеит. Иара «ажәлар раӷа» ҳәа ахьӡ ихырҵоит, иуацәа ааигәақәа аӡәырҩы, иҧшәмаҧҳәыс Сариеи, иҷкәыни Рауфи уахь иналаҵаны НКВД (Асовет Еидгыла аҩныҵҟатәи аусқәа рзы ауаажәларратә комиссариат – аред.) абахҭақәа рҿы иргәаҟны иршьуеит. Аха иҧсыз Несторгьы дызҧырхагахаз ҟалеит. Раҧхьа, иҧсыбаҩ Аҟәатәи Аботаникатә баҳча асклеп иҭыганы, Михаиловтәи аԥсыжырҭаҿы анышә иамардоит, уи ашьҭахь зынӡа идетективтәуп ҳәа ззуҳәаша ахҭысқәа мҩаҧысуеит: гәаанагарак ала, иҧсыбаҩ рблит Аҟәа, Алашарбага аҳаблан иҟоу акьыртә жра азааигәара; даҽа гәаанагарак ала – Нестор иҧшәмаҧҳәыси, иани уи инышәынҭра ҧхасҭартәырц азы агәҭакқәа шыҟоу анраҳа, маӡала ирылшеит иҧсыбаҩ ыҵхны, даҽаџьара анышә аҭара. Уи аҭыҧ аӡәгьы идмырбаӡеит. Ишыҟазаалакгьы, Нестор инышәынҭра ҳәа иахьа џьаргьы иҟаӡам.

Атекст автор – Арифа Қапҧҳа, абильд-редактор – Наала Аҩӡыҧҳа, аредактор хада – Амина Лазҧҳа