Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

29 Хәажәкыра 2024
17:56
Александр Шервашиӡе-Чачба: асахьаҭыхҩы атәым жәҩан аҵаҟа
«Наӡаӡа зыԥсы ҭоу – аԥсҭазаара иахылҵыз аҟазара заҵәык оуп»


Раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы, аҭауад Александр Шервашиӡе-Чачба – Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба имоҭа диԥан. Шервашиӡе – аԥсуа жәла Чачба қырҭшәала аҳәашьа аформа ауп, қырҭтәылатәи аҩыратә традициаҿы ус ишьақәгылеит абжьаратәи ашәышықәсақәа рынҵәамҭа инаркны..
Чачаа рыжәла агерб, ишьақәырӷәӷәоуп цәыббра 14, 1901 шықәсазы
Заԥхьаҟа исахьаҭыхыҩхараны иҟаз Александр иаб Константин – аҵыхәтәантәи Аԥсны аҳ Сафарбеи (Гьаргь) диԥан. Иара еснагь активла ауаажәларратә ԥсҭазаара иҽалаирхәуан, иара ихаантәи аамҭазы илаԥшҳәаа акыр иҭбаан, раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан аиқәыршәарагьы инапы алакын. Аха, иаб ихаан, 1810 шықәсазы иаԥырхыз Аԥсны аҳәынҭқарра астатус аиҭашьақәыргылара хықәкыс измаз 1832 шықәсазтәи ачарҳәара дшалахәыз анеилкааха ашьҭахь, наӡаӡа иԥсадгьыл дахырцоит. Афранцыз профессор-амузикаҭҵааҩы иԥҳа, апианино арҳәаҩы Наталиа д'Анлуа ԥҳәысс дааигоит. Ҿыц иаԥҵаз аҭаацәара ақалақь Феодосиа анхара иалагоит. Иара уброуп 1867 шықәса, ԥхынҷкәын 24 рзы рԥа Александр дахьизгьы. Аҭаацәараҿы ԥшьҩык ахәыҷқәа ахьыҟаз иара ахԥатәиын. Аха ахәыҷқәа рани раби заа еилыҵит. Александри иашьеиҵба Владимири раб иҟны инхеит.
Константин Чачба ишиԥхьаӡоз ала, иԥацәа хымԥада арратә кариера ҟарҵар акәын, убри аҟнытә Александр Нижегородтәи аракчеевтәи акадеттә корпус даҭан, аха арԥыс маӡала аҟазарахь игәы ихо далагахьан аҟнытә, рацәак иҭахымкәа уаҟа аҵара иҵон.
Иара (Александр Шервашиӡе-Чачба) иааикәыршан иҟаз арратә бзазара бзиа ибомызт, арратә кариера дук ҟаиҵандаз ҳәа агәаҳәара имамызт, убри аҟнытә акадеттә корпус аҿы иҵара иаразнак игәы ахшәеит, даашьо далагеит.
Асахьаҭыхҩы иԥҳа Русудана Шервашиӡе-Чачба лгәалашәарақәа рҟынтә
Александр Константин-иԥа Шервашиӡе-Чачба ихәыҷра шықәсқәа
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Александр игәы ззыбылуаз иаб даниԥха ашьҭахь, аҵара зынӡа ихы изақәымкуа дҟалеит. Иан Наталиа Матвеи-иԥҳа д'Анлуа усҟантәи аамҭазы Киев дынхон, ареалтә ҵараиурҭа арҵаҩы Николаи Павел-иԥа Василиев-Иаковлев ԥҳәысс диман. Иабԥса ицхыраарала Александр дрыдыркылоит Киевтәи ареалтә ҵараиурҭахь, уи дагьалгоит 1889 шықәсазы. 24 шықәса анихыҵуаз Александр дныҟәоит Москватәи аҿыханҵеи, аскульптуреи, архитектуреи рҵараиурҭахь. Иара убри аамҭазоуп асахьаҭыхҩы қәыԥш ахәшатә шәыгақәа рыла раԥхьатәи исахьақәа анҭихуа: «Абаҳчаҿы», «Аҵх ааигәахоит» ҳәа хьӡыс измоу. Аҵараиурҭаҿы рҵаҩыс иҟаз Уасил Поленов арԥыс ибаҩхатәра иаразнак игәеиҭеит, иагьиабжьигеит Париж дцаны, иҵара иациҵарц.
«Абаҳчаҿы», Александр Шервашиӡе-Чачба, 1892 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә сахьатә галереиа
…Аҿыханҵеи аскульптуреи рзы Москватәи ашкол аҟны сырҵаҩы В. Д. Поленов иоуп, убри иабжьгарала 1893 шықәсазы Парижҟа сагьцеит, аҿыханҵа, еиҳаракгьы асахьаҭыхра бзиаӡаны исҵарц азы, Москва уи ҽеишәа иузыҵо иҟамызт, аха ус азы ахара зду В. Д. Поленов иакәӡамызт...
Александр Шервашиӡе-Чачба – атеатр аусзуҩы, аиҭагаҩ Николаи Евреинов иԥшәмаԥҳәыс Евреинова Анна Александр-иԥҳа лахь ииҩыз исалам шәҟәы аҟнытә
Александр Константин-иԥа Шервашиӡе-Чачба
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архв
Париж ақалақьаҿ Александр аҵара иҵон Европа еицырдыруаз арҵаҩы Фернан Кормон ишкол-астудиа аҟны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы уи иҵаҩцәас иҟан Винсент Ван Гог, Анри Тулуз-Лотрек. Аҭауад қәыԥш иҵон асахьа закәу, аҿыханҵа, акомпозициа, анатомиа, асахьаҭыхраҿы иҟоу еиуеиԥшым астильқәеи ахырхарҭақәеи уҳәа.
Кормон ишкол аҟны зегь реиҳа ихадаз ԥҟараны иҟан – арҿиара знапы алаку ауаҩы аҟазарахь имоу абзиабареи арҿиаратә хақәиҭреи реиқәырхара, аклассикатә канонқәа рыла иҿамҳәара, ԥсабарала илоу аҟыбаҩ ҷыда инагӡаны иааԥшыртә аҟаҵара. Убра Кормон иҿоуп Александр Шервашиӡе-Чачба сахьаҭыхҩык, рҿиаҩык иаҳасабала дахьышьақәгыла, дахьшәы.
Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа
Александр Константин-иԥа Шервашиӡе-Чачба, Петербург
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Асахьаҭыхҩы қәыԥш Парижтәи амузеиқәа рҟны аамҭа рацәаны ихигон, егьырҭ арҿиаҩцәа рыстильқәеи рҭыхшьеи ҭиҵаауан. Убри аамҭазы аҟазара иазку раԥхьатәи истатиақәа рыҩра далагеит, урҭ ркьыԥхьуан ажурналқәа «Аполлон», «Аҟазара адунеи», «Ахьтәы уасцәа», «Аҟазара» уҳәа убас егьырҭгьы рҟны. Аимпрессионистцәа рырҿиара зегь раԥхьа ахәшьара ҳаракы азҭаз дреиуан иара. Париж дыҟанаҵ Чачба драбадыруеит аурыс сахьаҭыхыҩ қәыԥшцәа аӡәырҩы – Александр Бенуа, Игор Грабарь, Валентин Серов уҳәа егьырҭгьы, аурыс артистцәа рыкружок «Монпарнас» далахәхоит.
Иҟаӡам иалкаау ҵабыргык, ─ иҟоуп аҵабыргқәа рацәаны. Аԥсҭазаара иҵабыргны аарԥшышьак амаӡам, асахьаҭыхҩы итемперамент иагәылсны уи аԥсҭазаара иннажьуа ацәанырроуп иузаарԥшуа.
Александр Шервашиӡе-Чачба аимпрессионистцәа ирызкны
Александр Шервашиӡе-Чачба Париж дахьыҟаз диԥылеит иинасыԥхараны иҟаз аҭыԥҳа Екатерина Уасил-иԥҳа Падалка. Ларгьы аҭауад шьҭра лыман, аҵара лҵон Сорбонна, аматематикатә факультет аҟны, аха аԥара лыцәмаҷын, илызхомызт, убри анҟытә лассы-лассы асахьаҭыхцәа рҿы натуршьицас аус луан. Убас иагьеибадырит Чачбеи лареи. Асахьаҭыхыҩ инапы иҵыҵит Екатерина Падалка лпаҭрет «Дама в красной шляпке» ҳәа хьӡыс изауз. 1905 шықәсазы дара еибагеит. Аха рыԥсҭазаара акыр арыцҳарақәа ацын – раԥхьатәи рԥа Миша дшысабиаз дрыԥхеит. Афинансқәа рганахьалагьы еснагь ауадаҩрақәа рыман.
Александр Константин-иԥа дахьаацәырҵлак ҭеиҭыԥшла ицназгоз дыҟамызт, аха ԥара дук иманы дҳамбацызт, даара иӡыргацәам аԥсҭазаашьа ныҟәигон. Иара иԥҳәыс – ҟәышк, ссирк лакәын, аҵареи ааӡареи лыман… амал аганахьала аҩыџьагьы ӷарқәан умҳәозар
Александр Бенуа ишәҟәы «Сгәалашәарақәа» аҟнытә
Екатерина Уасил-иԥҳа Падалкеи лԥа Мишеи
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Александр Константин-иԥа Шервашиӡе-Чачбеи иԥа Мишеи
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Екатерина Уасил-иԥҳа Падалкеи лԥа Мишеи, Париж азааигәа иҟоу ақалақь Клиамар, 1909 шықәса
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
1906 шықәсазы Александр Шервашиӡе-Чачба ихы алаирхәит Париж имҩаԥысуаз аурыс сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа. Афранцыз публика рҿаԥхьа ицәыргаз «Автопортрет» даара ибзианы ирыдыркылеит. Абри асахьа азы Александр Чачба дрыдыркылеит Франциа асахьаҭыхыҩцәа рмилаҭтә еилазаарахь.
1906 шықәса анҵәамҭазы асахьаҭыхҩы Петербургҟа нхара диасуеит, уаҟа петербургтәи аимператортә театрқәа рҟны декораторс аус иуеит. Асценаҿы раԥхьатәи иусумҭас иҟалеит Гуно иопера «Фауст» азы адекорациақәа, Мариинтәи атеатр аҿы иқәдыргылоз. Уи ашьҭахь иҟан «Тристани Изольдеи» Вагнер итәы, уи ашьҭахь «Ақьачақьи Тантриси» Хардт итәы – арҭ аҩба Александринтәи атеатр асценаҿы иқәиргылеит арежиссиор Всеволод Меиерхольд. Акритикцәа ахәшьара ҳаракӡа арҭеит арежиссиор иусумҭа еиԥш адекорациақәагьы. Максимилиан Волошин урҭ ирзиҳәеит абас: «…хәы змаӡам ҭоурыхтә усумҭақәоуп, ажәытәтәи аминиатурақәеи асахьақәеи инарҵауланы иҭҵааны ишазырхиаз рныԥшуеит» ҳәа. Шекспир итрагедиа «Гамлет» азы Чачба иаԥиҵоит 105 рҟынӡа акостиумқәа рескизқәа.

…Питертәи Аимператортә театрқәа рҟны Декоратор хадас сыҟан – Мариинтәи, Александринтәи, Михаиловтәи атеатрқәа рафишақәа рҟны сыхьӡ есыҽны иубон – сара адекоратор-сахьаҭыхыҩ ду Головин иҵаҩы сакәын, «сиҩызан» оуп, рацәак зхы ӡырзымгоз сахьаҭыхҩын сара, аха Петербург зегьы сырдыруан, сара уи сагьашьҭамызт.
Александр Шервашиӡе-Чачба – атеатр аусзуҩы, аиҭагаҩ Николаи Евреинов иԥшәмаԥҳәыс Евреинова А.А. лахь ииҩыз исалам шәҟәы аҟнытә
Екатеринеи Александри даҽа ҩыџьа ахәыҷқәа роуеит – аԥеи аԥҳаи Констинтини Русуданеи. Аха аԥҳа лира аамышьҭахь дук мырҵыкәа Александр Чачба иҭаацәа дрылҵны, актриса Наталиа Бутковскаиа длыцынхо далагоит. Урҭ еибадырит «Старинный театр» аҟны. Арҭ ахҭысқәа рышьҭахь Екатерина лԥа аимҳәацәгьа ахьимаз азы лхәыҷқәа лыманы Феодосиаҟа нхара диасуеит. Русуданеи Константини зны-зынла Коктебель ақалақь ахь раб ибара иаауан. Александр Чачба абра инхоз иҩыза апоет, асахьаҭыхҩы Максимилиан Волошин иҟны даалон аҩбатәи иԥҳәыс диманы. Ахәыҷқәеи раби аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит 1920 шықәсазы.
Александр Чачбеи иԥҳа Русуданеи (Бина) иԥа Константини (Тусиа) аҵыхәтәантәи реиԥылара, Коктебель, 1920 шықәса
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Александр Чачбеи иԥа Константини, Финлиандиа
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Бинеи Тусеи (рхәыҷы хьӡқәа) рлақәа Живаиеи Бабкеи рыманы «аибашьра» ихәмаруеит
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Аимпериа анхабгала, ареволиуциа аныҟала ашьҭахь Александр Шервашиӡе-Чачба иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь – Аԥсныҟа даауеит. 1918 шықәсазы иԥҳәыси арежиссиор Николаи Евреинови идкыланы Аҟәа иааиртуеит ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ, уаҟа иара асахьаҭыхшьа дирҵон. Еиҿикааит иара убас адраматә студиа, уаҟагьы сценографс аус иуа далагеит. Аҟәа ауааԥсыра идырбан Евреинов испектакльқәа: «Веселая смерть», «Степик и Манюрочка» «Школа Этуалей». Ахәаԥшцәа рҟны ақәҿиара ду аман ақәыргыламҭа «Козьма Прутков».
Н.Н.Евреинов аусура аганахьала даара иџьбараз режиссиорын, арепетициақәа мҩаԥысуан есыҽны асааҭ 11 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 7-нӡа, аанҿасрада. Александр Чачба ашьыжь заа атеатр ахь инеиуаз амшынтәарак аус иуан, астудиа аҵаҩцәеи иареи атеатр алаӷәраҿы итәаны адекорациақәа ҭырхуан. Дауны, иааигны, набыцрак иқәымкәа еснагь деиҿкааӡа дыҟан, ишәҵатәы аҿоума, ихымҩаԥгашьаҿ аума. Аҽхарззалара иламызт, зегьы рацәажәашьа дақәшәон. Ахаан ибжьы ҭигомызт, аҽынкылара иман. Аӡәы лахь иҭара иқәшәаргьы, ҭынч иаиҳәон агха ахьыҟаз, ахара зду иаҳаҭыр ламырҟәыкәа. Ари атеатр ауаа рацәа аднаԥхьало иалагеит.
Русудана Шервашиӡе-Чачба лыстатиа аҟынтә – усҟантәи аамҭазы иқәдыргылоз аспектакльқәа руак алахәҩы, атеатр аусзуҩы С.И. Мульман ицитата.
Александр Шервашиӡе-Чачба иҭихыз Коломбина лкостиум аескиз, Николаи Евреинов икомедиа “Аԥсра лахҿых” азы, Аҟәа, 1919 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә сахьатә галереиа
Николаи Евреинов икомедиа “Аԥсра лахҿых” азы Александр Шервашиӡе-Чачба иазирхиаз адекорациақәа, Аҟәа, 1919 шықәса
© Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә сахьатә галереиа
Николаи Евреинов, Александр Шервашиӡе-Чачба иҭыхымҭа
© apsnyteka.org
Александр Чачба Аҟәа дынхон иаб иашьа иԥа Гьаргь Михаил-иԥа Чачба иҟны, лассы-лассы урҭ дрыцаанхон асахьаҭыхҩы иашьа гәакьа – ареволиуционер Владимиргьы. Арҭ ахҩык еицны изныкымкәа иаҭаахьан Шервашиӡе-Чачбақәа Аҟәатәи рвилла «Чеми», уаҟа аамҭа рхыргон. Аҟәа дыҟанаҵ Александр Чачба имшынҵақәа рҟны лассы-лассы дазааҭгылоит ижәлар рдоуҳа аиҭаира.
…Ақалақь адәахьтәи аԥшӡара – зыда ԥсыхәа ыҟам акоуп, аҳауа цқьеи амра ашәахәеи ыҟазар шахәҭоу еиԥш, иҟазароуп аԥшӡарагьы – уи ауп ақалақь ԥсыс иахоу, уи ада ақалақь аԥсы ҭаӡам, ҽеишәа иныҟәрымго анхамҩаҿы ажәбора иеиԥшхоит. …Ара инхо ажәлар ажәытә аамҭа иалиааз, иԥшӡоу аҵас-қьабзқәа ааргоит, ҩныҵҟала иссиру адоуҳатә культура ду рымоуп, ус анакәха ҳақалақьгьы убри иашьашәаланы иҳарԥшӡароуп. Машәыршақә акгьы ҟамлааит, зегьы ҳрызхәыцны, азеиԥш гармониа азгәаҭауа… Аҟәатәи аҭауадцәеи аамысҭацәеи збоит, ақалақьаҿ амал арҳара знапы алаку; уԥсадгьыл уазхәыцуазароуп раԥхьа иргыланы. Шәыԥсадгьыл абеиара – шәаргьы ишәбеиароуп… Даара сгәы сыхьуеит аԥсуаа ҳҿы, ашьха жәларқәа зегь рҿы зыхә ҳаракӡаны иаҳшьо аҟазшьақәа рыӡра ашәарҭара саназхәыцуа. Схаҿы иаазгоит урҭ – икалаӡа, еилҟьаӡа, ааӡара ду рыманы, раҳаҭыр ҳаракӡаны икны, мыцхәы имцәажәо, аҽынкылареи, ачҳареи, аӷәӷәареи рыманы. Ҳкультура зегь абра иҟоуп… Ҿыӷәӷәала исҳәоит: аԥацхаҿы унхозар еиӷьуп, аҵара змам, аха ԥсабарала иҟәышу аԥсуа цқьа еиҳа деиӷьуп Аҟәа сызлаԥшқәо аҵарабжа змоу шьоукы-шьоукы раасҭа… Ашьха қыҭа ҳаракқәа рҟынтә иаауа даара сгәы рзыбылуеит аҟәаа реиҳагьы. Убарҭ аԥсуа цқьақәа рҟноуп макьана еиқәханы иахьыҟоу Толстои и-«Ҳаџьы-Мураҭ» аҟны иааирԥшыз аҟазшьақәа, убарҭ хәы змаӡам аҟазшьа шьахәқәа роуп сгәырӷьаҵәа исзырҳәо «Сара саԥсыуоуп!» ҳәа, сыбжьы ҭыган убас аҳәара азин сызҭо…


Цәыббра 14, 1917 шықәса, Аҟәа, Гьаргь иҟны

Александр Шервашиӡе-Чачба имшынҵақәа рҟынтә
Саб Аҟәа иихигаз аамҭа зынӡа ишырацәамызгьы, убратәи иусура – зегь реиҳа игәы ззыбылуаз аамҭан ҳәа сгәы иаанагоит, Петербург оума, Европа иреиҳаӡоу ақалақьқәа рҿоума аспектакльқәа реиҿкаараҿы иара ихаан иреиӷьӡаз артистцәа аус шрыциухьазгьы.
Асахьаҭыхҩы иԥҳа Русудана Шервашиӡе-Чачба лыстатиа аҟнытә
Аха аҭыԥантәи аиҳабыреи иареи рҳәоуеиқәымшәарақәа ирыхҟьаны, насгьы уи иуацәеи иҭынхацәеи ҭаха ахьрырымҭоз амшала, иашьа Владимиргьы уахь дналаҵаны, Александр Чачбеи иԥшәмаԥҳәыси Аԥсны иқәҵыр акәхеит. Асахьаҭыхҩи уи иҭаацәеи еибганы Аԥсны иалҵырц азы Нестор Лакоба ихаҭа рнаскьагара далахәын. Абри атәы иҩуан Николаи Евреинов, Максимилиан Волошин иахь ԥхынгәы 10, 1924 шықәсазы иишьҭыз ашәҟәаҿы: «Александр Константин-иԥа Қырҭтәыла аменшевикцәа рҟынтә дықәҵит, урҭ иара иҭынхацәа аԥсуаа – иахьа ибольшевикцәоу – ҭаха ахьрырымҭоз иахҟьаны. Баҭымынӡа уи дааскьаигеит Нестор Лакоба ихаҭа – Аԥсны Жәлар ркоммисрацәа рхеилак ахантәаҩы...»
Ажурнал «Русское искусство» актәи аномер ашмуцтитул, 1921 шықәса
© artforspb.ru
1921 шықәса рашәара 16 инаркны ԥхынгәы 10-нӡа имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа «Exposition des oeuvres des artistes russes» акаталог раԥхьатәи адаҟьа
© artforspb.ru
1921 шықәса рашәара 16 инаркны ԥхынгәы 10-нӡа имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа «Exposition des oeuvres des artistes russes» акаталог ацәа
© artforspb.ru
Ацәыргақәҵа «First Russian Exhibition of Arts and Crafts» алистовка, асахьаҭыхратә галереиа Уаитчепл аҟны, Лондон, 1921 шықәса
© www.artrz.ru
Александр Шервашиӡе-Чачба имҩа Франциаҟа ихан. 1920 шықәсазы асахьаҭыхҩы ааԥхьара иоуеит зыхьӡ хараӡа ицахьаз атеатр аусзуҩы, абалеттә антерприза «Русские сезоны» аԥызҵаз Сергеи Диагилев иҟынтә, ибалетқәа рҟны сценографс аус ауразы. Диагилев изы Чачба – «зеиԥш ыҟам сахьаҭыхҩын», атеатр аиқәыршәаҩ, асахьаҭыхҩы Иван Билибин изы – «Франциа ахьынӡанаӡааӡо иреиӷьу декораторын», акәашаҩ ду, ахореограф Сергеи Лифарь изы – «зеиԥш ҟамло аҟаза, Мраҭашәара имҩаԥысыз асахьаркыратә-театртә револиуциа алахәҩын». Диагилев инахысгьы Александр Чачба аус иуан Париж, Лондон, Бриуссель ақалақьқәа ртеатрқәа рзы, атеатртә турне далахәны Еиду Америкатә Штатқәа дырҭаахьан.
Диагилева и-аурыс балет
© www.topfoto.co.uk
Долгое время об Александре Шервашидзе-Чачба было мало что известно, лишь то, что он находится в Париже. Его дочь Русудана Александровна не имела связи с отцом после 1929 года – времени последней переписки между ее родителями.
Саб асалам шәҟәқәа ҳзыиҩуан, ԥаралагьы иахьынӡаилшоз ацхыраара ҳаиҭон ацәҳәыреи амлакреи аныҟаз ҩажәатәи ашықәсқәа раан. Аха нас ҳашнеиуаз ҳашәҟәеимадара аанкылахеит. Ҳлахьынҵақәа хаз-хазхеит. Сан акыр аџьабаа баны, ауадаҩрақәа дырхысны ҳлааӡеит, ҳаб иахь агәыбылреи аҳаҭырқәҵареи ҳаманы… лыԥсҭазаара далҵит 1955 шықәсазы, ҳаб ихабарк лзымдыркәа. Лара еснагь лгәы иалан иусумҭақәа аҳәаанырцә иаанхоит ҳәа, уаҳа иԥсадгьыл рымбакәа… Сашьа Константин Амшынеиқәаҿтәи апароходра акапитан ицхырааҩыс иҟаз, иԥсҭазаара далҵит 1938 шықәсазы. Саби сареи ҳауп иаанхаз – иара Франциа дыҟан, сара – сыԥсадгьыл аҿы. Ҳхабарқәа еибаздырӡомызт, машәырла дсыԥшаартә иҟалаанӡа.
Русудана Шервашиӡе-Чачба лгәалашәарақәа рҟынтә
Константин Александр-иԥа Шервашиӡе-Чачба
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Русудана Александр-иԥҳа Шервашиӡе-Чачба
© apsnyteka.org
1956 шықәсазы ақырҭуа журнал «Дроша» аҟны иҭыҵуеит Александр Шервашиӡе-Чачба изкыз аҟазараҭҵааҩы О.Д. Пиралишвили истатиа, асахьаҭыхҩы иԥсҭазаара далҵхьеит ҳәагьы аирбеит. Ҩышықәса ааҵуаны ари астатиа асахьаҭыхҩы инапаҿы ианыҟала, даалаган астатиа автор иахь аҭак иҩуеит: «Гха хәыҷык сыриашоит: макьана сыԥсы ҭоуп, уамашәа иубаша, сагьычмазаҩым, сымала сынхоит. …Исымоу зегьы Қарҭи Аҟәеи амузеиқәа рыҭара сазыхиоуп»
Абри асалам шәҟәы аамышьҭахь Қарҭҟа иаашьҭын Александр Чачба- Шервашиӡе иусумҭақәа 500 цыра. Аамҭак ашьҭахь урҭ рахьтә 220 ҭыхымҭа Аҟәаҟа иааган. Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа ҵәахуп иара убас Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә театртә библиотекаҿы, иара убас Бахрушин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ацентртә музеи аҟны.

Убри Пиралишвили истатиеи Александр Чачба иҟаиҵаз аҭаки рыбзоуралоуп асахьаҭыхҩы иԥҳа Русудана, ирыбжьаз аимадара рцәыӡижьҭеи еснагь заб ишьҭамҭа зыԥшаауаз, уи иӡбахә лаҳартә излаҟалаз. 1958 шықәса инаркны Русуданеи лаби ҩаԥхьа асалам шәҟәқәа рыбжьалоит. Урҭ ашәҟәқәа рҿынтә лара еилылкаауеит, Александр Чачба асахьаҭыхҩы-асценограф иаҳасабала Диагилеви, нас уи ишьҭрамадаҩцәеи рҟны аус шиуаз 1948 шықәсазы иԥҳәыс Наталиа Бутковскаиа лыԥсҭазаара далҵаанӡа.
Диагилев ибалет «Голубой экспресс» аҟны акырынтә ирдуны аԥарда аҳасабала ахархәара аҭан зшәагаа дуумыз 1922 шықәсазтәи Пикассо иҭыхымҭа – «Женщины, бегущие по пляжу». Атеатр асахьаҭыхҩы Александр Шервашиӡе иҟаиҵаз асахьа ахҩылаа убас иссирхеит, убас аоригинал еиԥшхеит – Пикассо аԥардаҟны ихьӡ аниҵартә аҟынӡа. Убри аахыс абри аԥарда – Пикассо инапы зҵаиҩхьоу аусумҭақәа зегьы иреиҳауп.
1920 шықәса инаркны С. П. Диагилев ибалетқәа рзы даара ирацәаны аус зуит, ахырхарҭа ҿыц ала иҭыхуаз Франциа асахьаҭыхыҩцәа дуқәа Пикассо, Дерен, Брак рескизқәа рыла… уи абзоурала сара снапы алакын зегь реиҳа бзиа избоз аус – ахолст дуқәа рҟны аҭыхра, даҽакала иуҳәозар – адекорациақәа разырхиара. Диагилев даара пату ақәиҵон сара снапала адекорациақәа ахьҭысхуаз…
Александр Шервашиӡе-Чачба иԥҳа Русудана лахь ииҩыз ишәҟәы аҟынтә
Александр Чачба акыр иқәра неихьан Монте-Карло атеатр азы «Шахерезада» адекорациақәа аныҟаиҵоз, хәымш рыла дзылгаз ари аус иԥҳа лахь ииҩуаз асалам шәҟәаҿы «аҵак ду амам» ҳәа ахиҳәааит.
Хәымш инеиԥынкыланы ааба-ааба сааҭ аусура – 84 шықәса зхыҵуа изы имариам акоуп, аха сара сықәра иацу амчымхара саиааит, аха зегьы ишеицазгәарҭаз ала, «Шахерезада» (Бакст имузикала) – зегь реиҳа исықәҿиаз усумҭоуп, ианнажьуа ацәаныррала, амҽхак адурала, аԥшшәқәа рхыркырала.
Александр Шервашиӡе-Чачба иԥҳа Русудана лалхь ииҩыз асалам шәҟәы аҟынтә
«Шопениана» Витторио Риети иорекстровка ала, асценографиа – аҭауад Александр Константин-иԥҳа Шервашиӡе-Чачба, акостиумқәа – Александр Бенуа. Асолистцәа: Нана Гольнер, Мишель Панаиефф, Анна Волкова, Татиана Риабушинскаиа
© Photo by Annete & Bazil Zarov, Monreal, Canada
Татиана Степановеи Олег Тупити, актк ала ишьақәгылоу ахореографиатә поема «Лебединое озеро», амузика – Пиотр Чаиковски, ахореографиа – Мариус Петипа, Лев Иванофф
© dancerussia.ru
«Original Ballet Russe» Аменрикаҟа агастрольтә тур ахсаала, ихацыркын Мексика, 1942 шықәса, ажьырныҳәамзазы
© dancerussia.ru
Александр Константин-иԥа Шервашиӡе-Чачба
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
Иԥҳа лахь иааишьҭуаз асалам шәҟәқәа шамахамзар зегьы рҿы Александр Чачба иҩуан иԥсадгьыл ахь аара дшазгәышьуа. Русудана илылшоз зегь ҟалҵон лаб ишьам дгьыл даҽазнык иадымхаргьы днықәԥшырц азы, аха лҽазышәарақәа акагь рылҵуамызт. 1959 шықәсазы Александр Чачба Канны ақалақь аанижьыр акәхеит, избан акәзар дзыҩназ ауаҭах зтәыз аԥшәма ддәылҵырц адҵа ҟалҵеит. Асахьаҭыхҩы иажәымҭаҽха анхарҭа ҭыԥ ҿыц дашьҭалар акәхеит, иҩызцәа рыцхыраарала Монте-Карлоҟа диасуеит. Аха убри аан ԥықәсларак ҟалеит. Монако аҳраҿы Александр Шервашиӡе-Чачба афранцыз пенсиа аиуразы изин ицәыӡуеит, убри аҟнытә аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рзы Монако апринцесса лпансионат аҿы ихигар акәхоит.
Есааира еиҳа-еиҳа исцәыуадаҩуп аԥсҭазаара… Қарҭынтә ааԥхьара сырҭеит уатәи Амузеи аиҳабацәа – срызлеирц, официалла адкылара ду узыҟаҳҵоит ҳәа сарҳәеит. Сара урҭқәа сҭахӡам, рацәак ахӡыргара сашьҭам, сықәрагьы шьҭа ихатәроуп, аха Қарҭтәи аиҳабыра уахь сцара изацхраауазар, Аҟәаҟа алеирагьы азин сырҭап ҳәа сгәыӷуеит. Иҟалозар, аҳәара ҟаҵа Қарҭи Аҟәеи, уахь слеира дара ирҭаххаратәы, бара – сыԥҳа бҿы сынхо сҟаларц азы. Сцара иадҳәалоу ақьаадқәа реиқәыршәаразы Париж слеираны сыҟан, аха уи сзалмыршеит аԥара рацәаны иахьагоз амшала… Бара бахь инасышьҭыз ателеграммагьы зқьы франк сцәагеит… Алеишьа здыруеит, уи уадаҩым сара сзы, авион ала аԥырра маншәаланы исхызгоит – сгәабзиара макьана ицәгьам…
Александр Шервашиӡе-Чачба ипҳа Русудана лахь исалам шәҟәы аҟынтә
Александр Константин-иԥа Шервашиӡе-Чачба апринцесса Греис Келли лпансион аҟны, Монте-Карло
© Шервашиӡе-Чачбақәа рҭаацәаратә архив
1964 шықәсазы Александр Шервашиӡе-Чачба дԥырҟоит, уи ашьҭахь игәабзиара ахьҭышәынтәаламыз иахҟьаны даҽа ҩышықәса ахәышәтәырҭаҿы даанхоит. 1968 шықәсазы асахьаҭыхҩы иԥҳа Русудана ибыргхахьаз лаб дылбарц Франциаҟа ацаразы алшара лоугәышьеит. Париж дааит нанҳәа 25 рзы, аха ихьшәацәан. Лаара хәымш шагыз Александр Шервашиӡе-Чачба анышә дамардеит Ницца, аурысцәа рыԥсыжырҭаҿы. Русудана усҟантәи лаҭаара иалагӡаны Ницца азааигәара иҟаз Михаил Џьота-иԥа Шервашиӡе-Чачба иԥҳәыс Анна Сорина лвиллагьы даҭааит. Ари аҩнаҭаҿы Александр Чачба лассы-лассы дааилон, ихатә уадагьы иман. Уи ихатәы маҭәақәа ирыланы илԥшааит иԥсадгьыл дшазхьуаз атәы зыршаҳаҭуаз анҵамҭақәа рацәаӡаны.
Канны ақалақь аҿы 1948 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз иԥҳәыс лпатреҭ аҟынгьы абас иҩуан: «…Иалшозар, саҳәар ҟаларыма лыԥсыбаҩ Аԥсныҟа аиагаразы?» ҳәа.
Русудана Шервашиӡе-Чачба лгәалашәарақәа рҟынтә
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз, аха ақәынхара уаҳа излахьынҵамхаз асахьаҭыхҩы, зегь акоуп, ишьамдгьыл аҿы изқәаҭыԥ ҟалеит. 1985 шықәсазы иԥсыбаҩ Ниццатәи аԥсыжырҭаҿынтә иҵхны Аԥсныҟа иааган, лаҵарамза 12 рзы ҳаҭырқәҵарала Аҟәа анышә дамардеит. Иџьоушьаша акоуп, Александр Чачба аҵыхәтәантәи имҩа аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы – мшынла дызлааргоз акатер «Нестор Лакоба» ахьӡын.
Аԥсуаа ҿарацәа, Аԥсны адгьыл аԥацәа шәахь! Аԥсны – ажәытәтәи ухьӡ слымҳа иҭыҩуеит ахарантә ииаауа аныҩбжьы еиԥш, абыӷьқәа рышәыршәырбжьеиԥш, ихароу, иагьыхаау агәалашәареиԥш – сан-сыԥсадгьыл Аԥсны! – шаҟа иҵаулоузеи рыцәа, икарахаз уԥацәа! Убнақәа рыцха, ухәқәа рҿы изызҳауа агәил лыԥшаахқәа, иааигәоу ушьхақәа инымҵәаӡо рыиаҵәара, ихароу асы шкәакәа, урҩаш ҭрысқәа рыбжьы цәгьа аҽҽаҳәа, уӡиақәа саркьоушәа имқәацаӡо, уҵла дуқәа рышәшьыра фҩыхаақәа, уҟәара шкәакәа аиаҵәара зҿыкәыршоу, – о, сан-сыԥсадгьыл Аԥсны – уца убрахь асқәа ахьышьҭоу, убраҟа ублақәа аартны унаԥшааԥш, уӡырҩы, унха. Хаҳәыцыԥхьаӡа, бӷьыцыԥхьаӡа, икаҳаз, иҩазгьы акәзааит, умҩахәасҭа аҵәирҭацыԥхьаӡа, иузгәакьоу ахаҿы еиқәарақәа, абарҭ зегьы-зегьы, ашьыжь шара аҽанеиҭанакуа еиԥш, алԥха зцу рылашара, убарҭ зегьы ирызхьуа угәы иҭаԥхааит.
Александра Шервашидзе-Чачба. Сухум, 1984 год


Атекст автор – Арифа Қапҧҳа, абильд-редактор – Наала Аҩӡыҧҳа, аредактор хада – Амина Лазҧҳа