Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

28 Хәажәкыра 2024
15:38
Ихәшәуп, ихаауп, зеиԥш ыҟам ауп
Аԥснытәи ацха иазку жәа-фактк
Аԥсны иаҭаауа асасцәа рыҩныҟақәа рахь ианыгьежьуа ацха рымгакәа ицаӡом, уи уахаҿы иузаамго акоуп. Аԥснытәи цха атәыла анҭыҵ хара зыхьӡ цахьоу брендуп. Зеиԥш ыҟам уи агьама хааи ахаҭабзиара ҳараки зыбзоуроу Аԥсны аҳауа ацқьареи, аԥсабара абеиареи роуп, иара убас акраҵанакуеит ара иахьыҟам ԥырхага ҟазҵо ааглыхратә наплак дуқәа. Аха аԥсуа цха амаӡақәа ари ала инҵәом. Ҳара еидаҳкылеит ацха иазку реиҳа аинтерес зцу афактқәа жәаба.
Ҭоурыхла Аԥсны ашьхааӡара реиҳа ирылаҵәаны иахьыҟаз ҭыԥқәоуп Мраҭашәаратәи Кавказ ашьхеибаркыраҿы зхы ыҵызхуа Бзыԥ аӡиас аиҩхаа, нас ашьхақыҭа Ԥсҳәы. Аԥсны ашьхааӡара шәышықәсала иаауа культуроуп, уи еснагь хадара зуа хырхарҭан атәыла аекономикатә бзазараҿы. Аԥснытәи ацхеи ацәеи анҭыҵтәи ахәаахәҭыҩцәа еснагь иазҿлымҳан. Ус ауп ишыҟоу иахьагьы.
Жәытәнатә аахыс аԥсуаа ашьхагәарақәа рыман, ашьха-ҭаацәарақәа рааӡон. Убас ԥсабаратә мҩала иуоуа ацха зегь реиҳа зыхә ҳараку акоуп. Иара ҭыргоит ақды шьхымзаҭрас измоу ашьхақәа рҟынтәи, ауаҩытәыҩса ицхыраарада иҟалаз ацха – инагӡаны иԥсабаратәу – зегь реиҳа ахә ҳаракны иршьоит. Иахьатәи ҳаамҭазы ашьхааӡаҩцәа ашьхақәа рааӡоит иԥсабаратәу ашьхымзаҭрақәа рҟнеиԥш, инапылаҟаҵароу рҟынгьы.
Ибеиаӡоу Аԥсны аԥсабараҿы иҟоуп ҩ-нызқь инареиҳаны ацха узҭо аҵиаақәа. Шәкыла урҭ рахьтә ендемикқәоуп, уи иаанаго – абраҟа ада адунеиаҿ уаҳа даҽаџьара иуԥылаӡом: убарҭ аҵиаақәа рмати ауп Аԥснытәи ацха иуникалтәу агьама азҭо. Ацха агьама ахаара анырра арҭоит иара убас аҳауа аҭагылазаашьагьы, ишдыру еиԥш Аԥсны аҳауа зҩыдоуп, ицқьоуп, амшыни ашьхеи рҳауатә зҩыдара еилаӡҩоуп. Асубтропикатә ҵиаақәа ирызҳауеит Амшын Еиқәа агаҿа инаркны ашьха ашьапаҟынӡа. Аҩада иалагоит альпиатәи адәқәа.
Аԥснытәи ацха — аекологиа аганахьала ицқьоуп. Ашьхагәарақәа гылоуп амҩадуқәа инарцәыхараны, ашьхараҿы, мамзаргьы ашьха ӡиасқәа рҿықәаҿы. Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Аԥсны иҟам аҳауеи ашәаԥыџьаԥи ирԥырхагахаша ааглыхра дуқәагьы. Атәыла аекономика ихадароу хырхарҭақәас иамоуп – атуризми ақыҭанхамҩеи, убри аҟнытә иарбанзаалак аԥсуа аалыҵ ацқьара, ахаҭабзиара зегьы ирыцкуп.
Аԥснытәи ацха ихадароу амаӡа жәдыруама? Иара ҟазҵо ашьхыц уникалтәуп. Ари ашьхыц ахкы гәарҭеит XIX-тәи ашәышықәса алагамҭазы, иахьырыԥшааз аҭыԥ иахарашалангьы ахьӡ арҭеит «абхазианка» ҳәа, аҭҵаарадырратә хьӡы — Apis mellifera Caucasica. Ари ашьхыц алеишәа бзиоуп, аусура иацәаашьом, аха зегь ирыцку уи аԥыц ауп. Ԥшь-миллиметрак инаӡо уи аԥыц абзоурала абхазианка иалшоит егьырҭ ашьхақәа ахьзымнаӡо аҵиаақәа рҟнызегь реиҳа ихаау амати аҭгара.
Аԥснытәи ацха ахә ҳаракны иршьоит уи иамоу азҩыдаратә хаҭабзиаразы, избан акәзар араҟа ирызҳауеит хкы рацәала ихәшәу аҵиаақәа, еиҳаракгьы ашьхараҿы, урҭ аҵиаақәа рмати, рбыбыц иалҵуа ацхагьы хәшәуп. Ажәытәӡа аахыс аԥсуаа хәшәык аҳасабала ацха рхы иадырхәон. Аԥсуа етнограф Иван Аџьынџьал иҩуеит: «Ацхеи ацәеи жәлар рмедицинаҿы ихадоу хәшәқәан. Ацхала акыр ачымазарақәа алдыргон. Иахьанӡагьы ацха рырҭоит зыца, ма зкьатеиқәа зыхьуа ауаа. Акыраамҭа имӷьо ахәрамжьыжькқәа рыхәышәтәраҿгьы ацха акыр хәарҭара алоуп».
«Ацха — ақәранҵыра ду унаҭоит», —ҳәа еснагь агәра ргон аԥсуаа. Аԥсуа ишықәснҵыра ду афеномен амаӡақәа ируакуп ҳәа рыԥхьаӡоит ацха. Дара абыргцәа рхаҭақәа аӡәырҩы иазгәарҭоит есыҽнытәи рыфатә ацха шалоу, уи шыхәшәугьы агәра ргоит. Ианакәызаалакгьы Аԥсны еиҳа пату зқәырҵо асаранџь иҭоу ацха ауп, зегь реиҳа иузеиӷьуп ҳәа иԥхьаӡаны.
Итрадициатәу аԥсуа ӡрыжәтәқәа рыбжьара акырӡа ахархәара амоуп ацхаӡҩа. Уи аҟаҵара мариоуп: аӡыхь ацха аҭаны еилырхтәуп. Ашоурақәа раан ари арыжәтә иӡышуа изыҳәан еиқәырхагоуп, ԥсҭаҵагоуп. Иара ахаара адагьы, ауаҩы изы ихәарҭоуп. Изларԥхьаӡо ала, уи афатә хырҳаганы арсара иацхраауеит. Ацхаӡҩа ахарҵәи ахши рылагьы иҟауҵар ауеит.
Абар ацха иадҳәалоу даҽа факткгьы. Зегьы бзиа еицырбо атрадициатә чыс хаақәа рахь иаҵанакуеит ахарҵәы хьшәашәа ацхеи акакани аҭаны. Адунеи амилаҭқәа реиҳарак рҟны ачыс хаа акрыфара ахыркәшамҭаз напы адыркуазар, аԥсуаа ахарҵәи, ацхеи, акакани рфон шьыжьымҭантәи акакалкраан. Ари арецепт шаҟа имариоу аҟара, иара убасҵәҟьагьы ихаауп.
Ауаажәларратә еилазаара «Аԥсны ашьхааӡаҩцәа рассоциациа» 70-ҩык рҟынӡа алахәцәа еиднакылоит. 1995 шықәсазы Ассоциациа алахәын Лозанна ақалақь аҟны имҩаԥысуаз (Швеицариа) Жәларбжьаратәи ашьхааӡаҩцәа рконгресс «Апимондиа», уи анаҩс Ашьхааӡаҩцәа жәларбжьаратәи рхеилак ахь ирыдкылан. 2010 шықәсазы «Аԥсны ашьхааӡаҩцәа рассоциациа» атауартә дырга «Аԥснытәи ацха» азы аршаҳаҭга роуит. Уи нахыс ари абренд изныкымкәа иаԥсаны аԥхьахәқәа агахьеит еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы.
Иахьа Аԥсны шықәсык ала ирыԥшуеит 800 тонна рҟынӡа ацха. Абжа аекспортахь идәықәырҵоит: ацха аҳәаа ахыгараан абаџь ақәӡам. Аԥснытәи ацха еиҳарак Урыстәылаҟоуп ихьырго. Аха егьырҭ атәылақәа рҿгьы аԥсуа цха аинтерес ахьрымоу ыҟоуп, иаҳҳәап Иран.
Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡԥҳа, аредактор Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
Made on
Tilda