Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

22 Ԥхынҷкәын 2024
11:39
Аҭынчреи аҟәыӷареи рсимвол

Аҧсуаа ртрадициатә культура ахәҭа – алабашьа иазкны

Ажәа «алабашьа» ҵакыла акыр ибеиоуп
Аҧсуа бызшәа ажәар аҿы алабашьа ҳәа иарбоуп "зҧынҵа аиха ахоу алаба" (I ат. 1986 ш., ад. 339). Аха уеизгьы, зҧынҵа аиха ахоу алабақәа зегьы лабашьам. Алабашьа егьырҭ алабақәа ирылазмырҩашьо иара ахатә ҭеиҭыҧш амоуп. Уи еиуеиҧшым амҿыжәлақәа ирылырхуеит, анапы ахьымҵәрааразы амҳасҭа илаҵакны ац амоуп, аҧса ахоуп.
"Ауаҩызаҵә илабашьа дазҵаауеит" -
аҳәоит аҧсуа жәаҧҟа. Уи иҳаилнакаауеит алабашьа зку аҧшәма шаҟа изааигәоу.
Аҧсны Аҳәынҭқарра амчра иадҳәалоу адыргақәа – абираҟ, ахьыӡрашәа, агерб, аҳәа ирывагылоуп алабашьагьы.
Аҧсны аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа ируаку дыргак аҳасаб ала алабашьа ацәыргара алагалара зыбзоуроу Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба иоуп. Ари ҟалеит ҧхынҷкәынмза 6, 1999 шықәсазы В. Г. Арӡынба аҭоуба анидикылоз. Алабашьа – милаҭ рацәала ишьақәгылоу Аҧсны жәлар ргәыӷра иашьаноуп, ианыҧшуеит атәыла ахада ажәлар аҭынчреи аҿиареи рзалыршаразы аҟәыӷареи ачҳареи шизеиӷьыршьо.
В.Г.Арӡынба аҭоуба идкылара
ԥхынҷкәын 6, 1999 шықәса


Аҧсуа лабашьақәа х-хкыкны иршоит:
  • 1
    Анхамҩатә, ашәарыцагатә
  • 2
    Ауаа нагақәа иркуа алабашьақәа
  • 3
    Ақьабзтә, акульттә
Ашәарыцага лабашьа
хырҩынтәны иҟаҵан – ашәақь ашьхәа ақәҵаразы рхы иадырхәон. Даҽакала иаҳҳәозар, алабашьа рхы иадырхәон ашәақь аҵаргәа аҳасаб ала. Алабашьа иаҿоу аҧса акәзар, ахрақәа рҿысреи ашьха аныҟәара арманшәалареи рыдагьы, иаҭаххар абџьар ццышә аҳасаб ала рхы иадырхәон.
Ахьчацәа рлабашьа
еиҳараӡакгьы аҧса ҵары амоуп. Алабашьа ақәцә акәзар, еиуеиҧшым аформа амазар ҟалоит. Иаҳҳәап, иҟоуп аҵәаҳә змоу алабашьагьы. Уи ахьчацәа рхы иадырхәон аҵла амахә аларҟәразы, мамзаргьы аџьма ашьапы иаҿарҧаны акразы. Иара убасгьы, ашәарыцацәеи ахьшьцәеи рҿы иаҳҧылон зҿы ҟьаҟьаз алабашьа. Уи рхы иадырхәон аӡын асы анышьҭоу амҩа арыцқьаразы, ма аӡы ҧанла арразы.
Ахьшьцәа иаҳа бзиа ибаны иныҟәыргон аҵәасса ашьапы иалху алабашьа. Иҧхьаӡан, ари аҵла иҵоуроу аенергетика ныҟәнагоит, алаҧш аҟнытә ауаҩы дахьчоит ҳәа. Убри азоуп аҧсуаа ари аҵла рашҭақәа рҿы изеиҭарҳауазгьы.
Абырг илабашьа
Ари алабашьа, хымҧада амҳасҭа еимҿаҧа амоуп.
Адәахьтәи рыҧшрала алабашьақәа шоит ҩ-хкыкны:
Алабашьахыкәымпыл
Алабашьа хыкәымпыл ҳәа изышьҭоу ахы ыркәымпылны ихыркәшоуп, ма хазы ахы акәымпыл ҵларкны иахагылазар ҟалоит. Иҟалоит алабашьа ахықә ҟьаҟьазаргьы. Аинтерес зҵоу афакт: аҧсуа бызшәаҿы иргьежьны иҟьаҟьоу азы "ақәаҟьа" ма "ақәҟьаҟьа" рҳәоит. Иаҿшәырҧшы ажәа "аҵаҟьа".
Аахырҩынтәылабашьа
Ахырҩынтәы лабашьа еиҟароу ҩ-хык еимҿаҧаны иахагылоуп. Алексема «ахырҩынтәы» аилазаашьа ҳахәаҧшуазар, уи еилоу ажәоуп, ишьақәгылоуп ахы+р+ҩы+нтәы ҳәа ахәҭақәа рыла; араҟа «ахы» – хыхьтәи ахәҭа, «р» – арҟаҵаратә категориа арбага аффикс, «ҩы» – аҧхьаӡарахьӡы «ҩба» ашьагәыҭ, «нтәы» – азырҳаратә суффикс.
Ари алабашьа хкы азы «ахы лабашьа», «ахылга лабашьа», «алабашьа хылга», «алабашьа хеимҿаҧа» ҳәа авариантқәа анаҳҧыло ыҟоуп. Уи рхы иадырхәон ақьабзтә усмҩаҧгатәқәа (ашьапкратә, ачаратә, аныҳәаратә) реиҿкаараан, еиҳараӡакгьы зықәра неихьаз ауаа нагақәеи ашәарыцацәеи.
Иарбан хәҭақәоу алабашьа злашьақәгылоу?
Алабашьа злырхуа аҵлажәлақәа иреиуоуп: абгыӡыра, ашыц, амжәа, ачамҳа, аҧсаӡ, ашә, аҵәасса, араса, аҳа, ахьа, ахәырмасса, ақәыц, аҭәа, ахларҵә, алакәымҳа, ашымҳа, ахьаца, аца агәаҧшь, аҳәаса агәаҧшь. Аџьҵлеи алҵлеи алабашьа рылырхӡом.
Алабашьа аус адулареи аҧшшәы аҭареи рзы рхы иадырхәоз аҧсабаратә хәшақәеи ашәыгақәеи рымацара ракәын. Еиҳараӡакгьы, уи аҳасаб ала рхы иадырхәон араса иалху раҧхьатәи ахәша. Уи имазеиу алабшьа иахьыршьуан 3-4-нтә, 7-10-мшы бжьаҵаны. Зны-зынла, араса ахәша алырхаанӡа аџьыкеи иареи еилдырхуан, уи алагьы ақаруатә ҧшшәы роуан.
Лабашьак злырхуа амаҭәахә алабашьазааира ҳәа иашьҭоуп. Зшьапы иқәгылоу аҵиаа иалырхуа алабашьа аҵиаах лабашьа, мамзаргьы ашьапыҵиаалабашьа ҳәа иашьҭоуп.
Ус акәымкәа, иҵыҩрыз аҵлақәа ирықәиааз (еиҳарак алаҳа, араса, ахьа, ахьаца) ирылырхыз алабашьақәа рзы "ақәиаа лабашьа", "ақәиаах лабашьа", "ахылиаах лабашьа" рҳәоит.
Алабашьа злырхуа амаҭәахә дырмазеиуеит ҧхынгәы аҩбатәи азбжеи нанҳәа актәи азбжеи ирыбжьанакыз аамҭазы.
Алабашьаҟаҵаҩцәа изларҧхьаӡо ала, абри аамҭаҧҵәазы аҵла иалоу аӡы ныҟәаӡом, «аҵла ыцәоуп», насгьы убасҟан иҧуҟаз аҵла ахәа, амҿыхәац, ацыц аӷралаӡом, иафаӡом ҳәа ирыҧхьаӡоит. Алабашьа аус адулараҿы зегь реиҳа иуадаҩу, аха убри аамҭазы иаҳа зыхә ҳаракны иршьо маҭәахәны ишыҧхьаӡоу абгыӡра. Ари аҵлажәла ахархәараан, алабашьаҟаҵаҩ аҵла азҳашьагьы илаԥш ахызароуп, избанзар ашьапы иашамкәа изҳар, алабашьазааира алҵуам.
Алабашьа ауреи ашәпареи аҟаҵаҩ инапаҿы иҟоуп, иззыҟаиҵо ауаҩы динҧшны ирманшәалоит. Араҟа хырҩа рзутәуп ауаҩы иоура, иеиҿартәашьа, инаргәыҵа аҟьаҟьара, инацәкьарақәа рышәпара.
Аҧсуаа аҩны ирыман еиуеиҧшым алабашьа хкқәа. Иаҳҳәап, аҧшәмаҧҳәыс аҩны данааилак, иҟам алабашьала еилылкаауан лыҧшәма дахьцаз, избанзар рыцҧхьаӡа зызкыз хазын: ашьхаҟа дцама, ма аҩнусқәа дырҿу, ныҳәак ахь дцама, ма лахьеиқәҵагатә усмҩаҧгатә ахь дахнагоу.
Роланд Занҭариа алабашьақәа реиԥшымзаара иазкны
© Амилаҭтә гәарԥ  "Аԥсны"
"Алабашьа абызшәа"
Алабашьа абызшәа – иахьа уажәраанӡагьы зыҧсы ҭоу еицәажәага хкуп. Уи абызшәала, абиҧара аиҳабацәа ажәак мҳәаӡакәа рхәыцра ахырхарҭа аадырҧшуан. Алабашьа абызшәа аиӷара зыбжьоу ауаа реинышәара алшон.
Абырг илабашьа ашьшьыҳәа, дмыццакыкәа адгьыл иныҵаирсзар
"Аццакра аҭахӡам, иазхәыцтәуп" ҳәа аанагоит.
Алабашьа аҵарра, инарнааны аганахь ирхазар
"Ари хыда цәажәароуп шәызҿу, баша сшәырааҧсоит" аанагоит.
Аус аӡбараан, абырг илабашьа ҵаргәас ихы иаирхәазар (иҩыҵра иҵаиргәар, ма алабашьа кны, ихы ықәиҵар)
Уи ала ицыз идирбон аус аӡбара шицәыуадаҩхаз, ҿымҭӡакәа игылоу егьырҭ абыргцәа рхы аадырҧшыр шахәҭоу.
Алабашьа аҿы иара ихь ихазар
"Сааҧсеит» аанагоит.
Адәылҵырҭа аганахь ахы ирхар
"Ҳус ҟаҵоуп, шьҭа ҳдәықәышәҵа" аанагоит.
Ажәытәын алабашьа аныҟәгара зҭаху зегьы ақәиҭымызт. Уи азин змаз аҟәыӷареи, аҧышәеи, ауаа рҟынтә апатуи змаз абыргцәа хатәрақәа ракәын.
Иахьагьы, зҵакы дуу ари аҳамҭа зырҭо жәлар рыбзиабареи рыпатуи зҽаҧсазтәыз ауаа роуп. Иара убасгьы, анкьа ауаҩы анышә данамардоз, уи илабашьа аниварҵалоз ыҟан. Иахьатәи аамҭазы, алабшьа иахӡыӡааны еиқәдырхоит ҷыдала зҵакы ҳараку маҭәарк аҳасаб ала.
Алахьеиқәҵагатә усмҩаҧгатәқәа раан, алабашьа ахархәашьа зынӡа хазын. Адышшыларазы имҩахыҵуаз ахацәа рлабашьа аҧса ҵары ахырхуан. Ари аҩыза аҧҟара зыбзоуроу, аҧсуаа жәытәнатә аахыс аҧсрақәа абџьар аныҟәгара мап ахьацәыркыз ауп. Иара убасгьы, адышшыларақәа здызкылоз аҧшәмацәа рхаҭарнакгьы аҧса зхам арасатә лабашьа ҵаргәас ихы иаирхәон.
Аҧсуаа жәытәнатә аахыс аҧсрақәа рҿы абџьар аныҟәгара мап ацәыркуан.
Лассы-лассы иаҳҧылаӡом, аха иҟан аҳәса рлабашьагьы. Урҭ уи аҟара иҵаулоу аҵакы ныҟәыргаӡом, еиҳараӡакгьы ахархәара рыман аныҟәара арманшәаларазы, цхыраагӡак аҳасаб ала. Убри аан, алабашьа ныҟәызгоз аҳәса дара ишырҭаху еиҧш ирҩычон.
Алабашьа алитературеи акультуреи рҿы
Аҧсуаа ртрадициатә культура иахәҭаку алабашьа анырра зныҧшыз иреиуоуп акәашарақәеи, алитературеи, апоезиеи. Ус, ахьча икәашараҿы аҭыҧ хада аанакылоит извагьежьуа алабашьа. Ари акәашараҿы, адгьыл иҵарсу алабашьа адунеи агәҭа дыргас иамоуп. Аҧсуа литератураҿы ҳаҭыр зқәу абыргцәа хатәрақәа рхаҿы еснагь алабшьа акра иадҳәалоуп. Ус, Миха Лакрба иновелла «Алабашьа» излаҳәо ала, абырг машәырла илабашьа аҧса арҧыс ишьапы ианалеиҵа, уи аҳаҭырқәҵара аарҧшуа, ажәак мҳәаӡакәа ахьаа ичҳаит, абырг иажәа далгаанӡа акгьы имҳәаӡеит.
Ахәыҷқәа ирызку апоезиаҿгьы алабашьа аҭыҧ амоуп. "Слабашьа ныҟәара ишцаз" зыхьӡу Гәында Сақаниа лажәеинраалаҿы еиҭалҳәоит алабашьа гәымшәа ашьхақәа ирхысны, амшынқәа ирырны, аӡхыҽҽақәа ирхаланы аҧсабарахь сасра ишцааз, Аҧсны аҧшӡарақәа зегьы ирхысны, алакәтә фырхацәеи, еиуеиҧшым аҧстәқәеи ишырҧылаз, аиаҵәақәеи Амзеи рҟынӡа ишынаӡаз, анаҩс ашырҧазы аҩныҟа ишыхынҳәыз. Хымҧада, уи аныҟәара иадҳәалаз аҭоурыхқәа егьырҭ абиҧарақәагьы ирыманадоит, избанзар џьынџьк аҳасаб ала изеиҷаҳауа аҧсуа лабашьа аб иҟнытә аҧа иахь ииасуеит.
"Слабашьа ныҟәара ишцаз"
© Абаза ТВ
Ҳазҭагылоу аамҭазы, Аҧсны аҩнуҵаҟа хәҩык иреиҳамкәа алабашьаҟаҵаҩцәа ҳамоуп. Урҭ зегьы рнапы иҵырхуа аалыҵ иҷыдоу рдырга азынрыжьуеит.
Аҧсны аҳәынҭқарратә музеи, амилаҭтә гәарԥ «Аҧсны» русзуҩцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит афото-видео аҭыхра ахьҳалдыршази иҟарҵаз аинформациатә цхыраареи рзы.

Аматериал аҿы ахархәара рыҭоуп Рауль Кобахьиа ихатәы архив аҟнытә афотосахьақәа, Анатоли Хьециа иҭҵаарадырратә усумҭақәа, иара убасгьы еиуеиҧшым аинтернет-хархәагақәа.
Атекст автор - Алиса Хәытаба
Адизаин - Шьазина Бганба
Made on
Tilda