Амобилтә еилахәыра «Аҟәафон» адиректор хада, акоронавирус аҿагыларазы иаԥҵаз аԥсуа бизнесменцәа рхеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Алхас Аргәын еиҭеиҳәеит уи аԥҵара шыҟалази ԥхьаҟатәи усқәас ргәы иҭоуи атәы.
Ачымазара ҿкы акоронавирус алаҵәара ашәарҭа иаҩызоу ауадаҩрақәа раан, аԥсуа жәлар рыбжьара иҟоу аҳәоуеиқәымшәарақәа зегьы насҭха иааныжьны, иаӡәыкны аҽеидкылара рылшоит иҳәеит АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны аилахәыра «Аҟәафон» адиректор хада, аԥсуа бизнесменцәа рхеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Алхас Аргәын.
Иара еиҭеиҳәеит Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы аԥсуа бизнесменцәа рхеилак аԥҵара шымҩаԥысуаз. Иаарласны ак аҟаҵара ишалагатәу зегьы «иаразнакала еилыркааит» иҳәеит абизнесуаҩ.
«Ника Ачбеи (аԥсуа меценат, «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» адиректор хада – аред.) сареи ҭелла ҳҽеимаҳдеит. Иаргьы иҳәеит еиҳа еиӷьны аҭагылазаашьа ишацхраатәу ҳәа азхәыцра дшаҿу. Нас иаразнакала иҳавагылеит «А-мобаил» акомпаниагьы. Уи ашьҭахь ҳаҽимаҳдеит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, иара аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥсуа бизнесмнцәа дырԥыларц ааԥхьара риҭеит. Еиуеиԥшым аиҿкаарақәа ирхаҭарнакцәоу анаплакцәа маҷҩымкәа еизеит. Ҳара агәыӷра ҳаман, ауаа аӡәырҩы ҳҿырԥшы иқәныҟәаны абри аидеиа иазааиуеит ҳәа. Убри агьҳалшеит ҳәа сгәы иаанагоит, насгьы акрызҵазкуа алкаа ҟаҳҵеит: ауадаҩрақәа раан аҽеидкылара ҳалшоит, егьи абжьааԥны иҳамоу аҳәоуеиқәымшәарақәа хьаас иҟамҵа», – иҳәеит абизнесуаҩ.
Иара иациҵеит убасгьы, Аԥсны ачымазара ҿкы аҿагыларазы аԥара аизгара абизнесуаа инарываргыланы ишалахәыз баша атәылауаагьы, шьоукы-шьоукы аԥара маҷымкәагьы иаларҵон.
«Аԥара аӡбахә анцәырҵуа еснагь ауҳәан-сҳәан рацәа ацуп – шаҟа ныхыз, иахьныхыз уҳәа, ауаа рыгәрагара аиқәырхара акраҵанакуан ҳа ҳзы. Убри аҟнытә еидаҳкылаз аԥара зегьы Агәабзиарахьчара аминистрра ахыԥхьаӡара ҷыдахь идәықәаҳцеит. Ари аԥара аныхшьа ҳәаақәнаҵоит ахелак «Ҳара ҳаидгылоуп», хаҭалагьы – амобилтә еилахәыра «А-мобаил» адиректор хада Беслан Барцыц. Иара далахәуп убасгьы Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы акоординациатә штаб. Иара ихәда иқәҳаит даара ихьанҭоу, иуадаҩу аус ду. Аха даара иҽадцаланы, ишахәҭоу еиԥшҵәҟьа иус наигӡеит, уи алҵшәақәа иахьа зегьы иаҳбаратәы иҟоуп», – ҳәа азгәеиҭеит Алхас Аргәын.
Ишәгәалаҳаршәоит, ахеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» Москватәи аԥсуа диаспора адыԥхьаланы аамҭа кьаҿк ала 50 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара шеидыркылаз Аԥсны акоронавирус алаҵәара аҿагылараҿы иаҭаху амаҭәахәқәа раахәаразы. Абри аус абас адгылара ду ахьаиуз ахҳәаа азуа, Алхас Аргәын иазгәеиҭеит «ауаа ақәҿырҭып ҳәа агәыӷра ду ҳаман, ус иагьыҟалеит» ҳәа.
«Убас еиԥш агәаанагара ыҟоуп – уи асовет аамҭақәа рҟынтә иаауеит – абизнес ахашәала аиура ада акгьы иашьҭаӡам ҳәа. Аха уи ус акәӡам. Анаплакцәа рхатә џьабаала уск еиҿыркааит, аԥара иахәу рдыруеит, убри аан аиҩшарагьы иазхиоуп. Иахьа адунеи зегьы зҭагылаз ауадаҩра Аԥсынгьы иахьымсыр замугәышьеит, аха даҽа ганкахьала ҳахәаԥшуазар, абри аҭагылазаашьа иаҳнарбеит ҳажәларгьы ҳҳәынҭқаррагьы абизнесуаа ирықәгәыӷыр шалшо», – иҳәеит Алхас Аргәын.
Иара иазгәеиҭеит убасгьы, иахьа ауааԥсыра реиԥш абизнес ахаҭагьы ацәыӡ дуқәа шаиуа.
«Ауадаҩрақәа ыҟоуп, акәамаҵамақәа рацәаны ицәырҵуеит. Аха ауаа абас еиԥш иҟоу ашәарҭара аҿаԥхьа рхы иазынҳажьуам, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит», – ҳәа ҿыӷәӷәала иҳәеит абизнесуаҩ.
Алхас Арәын агәра ганы дыҟоуп, акризис аамҭақәа раан амҩа ҿыцқәа рыԥшааразы алшара шыҟоу. Иара иажәақәа рыла, хара имгакәа амчқәа зегьы рхатәуп ақыҭанхамҩа ашьҭыхрахь.
«Убас ҟалар ауеит, афатә-ажәтә ахьааҳхәо ҟамло, акурорттә сезонгьы еиқәымшәар ауеит, ус анакәха – афинанстә аагарҭагьы зыҟалом. Убыржәы иахьынӡауа анхара ҳҽазаҳкроуп: ак еиҭаҳатәуп, илаҵатәуп, иаарыхтәуп. Уи абзоурала ҳекономика амҩа ҿыц иқәаҳҵар ҳалшоит», – ҳәа иԥхьаӡоит Аргәын.
Алхас Аргәын иҭаацәарагьы иахьа Аԥсны ауааԥсыра зегь реиԥш ахыԥхьакра арежим иқәныҟәоит, акоронавирустә ҿкы аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны аиҳабыра иаларгалаз аԥкрақәа зегьы рыдыркылоит.
«Аҭаацәа рҟынтә адәахьы идәылҵуа сара заҵәык соуп. Аусураҿы снеиуеит, нас аҩҭаҭәарҭаҿы, уаҳа џьаргьы. Сызмадоу ауаа рхыԥхьаӡара акыр иԥкуп», – иҳәеит Алхас Аргәын.
Аԥсны акоронавирустә ҿкы ианаҭо аҿагылара ацхрааразы иаԥҵаз ахеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» Москватәи аԥсуа диаспора адыԥхьаланы еиҿнакааит Аԥсныҟа агуманитартә медицинатә цхыраара аашьҭра. Агуманитартә еидара Аԥсны ироуит мшаԥымза 14 рзы. Арахь иаҵанакуеит арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа 21, урҭ ирыцу аныхратә материалқәеи, апульс ашәагақәа, уцәа иадҵатәым ашоурашәагақәа, амедицинатә усзуҩцәа рзы ахыхьчаратә маҭәашьарқәа – ахьчага шәҵатәы, абласаркьақәа, ареспиратортә медицинатә сабрадақәа, аныхратә медицинатә материал.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.