Аԥсны имҩаԥырго иалагеит акоронавирус COVID-19 иаццәырҵуа ацәеижьҿагылақәа ыҟоу-иҟаму аазырԥшуа агәаҭарақәа.
Аԥсны иаарыхәеит аиммуноферменттә анализ амҩаԥгаразы аекспресс-тестқәа 1000 (алаборатортә диагностика аметод, еиуеиԥшым ачымазарақәа раан иҷыдоу ацәеижьҿагылақәеи антигенқәеи аазырԥшуа – аред.) акоронавирустә ҿкы аламырҵәара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Атестқәа рхы иадырхәалоит хықәкыла, «иахьаҭаху мацара» ҳәа адырра ҟаиҵеит агәабзиарахьчара аминистр, Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ахада Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, ПЦР-диагностика мҩаԥыргоит ареспубликатә бактериологиатә лабораториаҟны, убри аҟнытә «аҭҵаарақәа зегьы ҵабыргыхаҭоуп».
Ҭамаз Ҵахнакьиа убасгьы еиҭеиҳәеит акоронавирустә ҿкы алаҵәара аганахьала Аԥсны иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа. Уи акыр еицәахеит: иацы ҿыц ачымазара рыдырбалеит даҽа ԥшьҩык аԥсуа курсантцәа, Урыстәылантәи ааигәа зыԥсадгьыл ахь иааз.
«Дара зегьы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадахьы инагоуп, ишыжәдыруа еиԥш, уаҟоуп уажәы арҭ ачымазцәа иахьрыцхраауа ҭыԥны иалху. Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит 20-ҩык апациентцәа. Дара зегьы рҭагылазаашьа хар амам ҳәа ишьоуп, иахәҭоу ахылаԥшра нагӡаны ироуеит», – иҳәеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Аминистр иаликааит адунеи аҿы апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны ачымазара зыхьхьоу зегьы рзеиԥш хыԥхьаӡара. Иааидкыланы атәылаҿы ашәҟәы иҭагалоуп 24 хҭыс, урҭ рахьтә аӡәы – 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭаз лыԥсҭазаара далҵит, хҩык ргәы бзиахан рыҩны иҟоуп.
Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа рыхәышәтәразы иаҭаху зегь рыла ишеиқәшәоу.
«Иаҭахны иҟоу ахәшәқәа зегь ҳамоуп – авирусаҿагыларатә препаратқәа, антибактериалтә уҳәа егьырҭ ахәшәқәа. Ачымазцәа ҽнак ала хынтә крырҿарҵоит», – иҳәеит иара.
Аминистр еиҭеиҳәеит аҟәатәи асасааирҭа «Аиҭар» аҩнуҵҟа еиҿкаау аҳәаанырцәынтә иаауа рзы ахыԥхьакырҭаҿы аусқәа шцо атәгьы. Иахьазы уа иҟоуп 187-ҩык ауаа.
«Дара зегьы ианраамҭоу агәаҭарақәа ирхысуеит. Иахьагьы абиоматериал ргеит, алабораториахь инагоуп. Ачымазара шрымам шьақәырӷәӷәахар, зегьы рыҩныҟақәа рахь иҳашьҭуеит», – иҳәеит аоперативтә штаб ахада.
«Аиҭар» аҟны ауаа раангыларазы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегь аԥҵоуп – амедикцәа уа иҟоуп, фатәы-жәтәылагьы еиқәшәоуп. Иацы ахыԥхьакырҭаҟынтә иоушьҭын ачымазара зыдбаламыз 52-ҩык ауаа.
Атәылаҿы 24 хҭыс шьақәырӷәӷәаны ианыҟоу аамҭазы, аҳәаанырцәынтәгьы ҳтәылауаа есыҽны раара ҳасаб азуа, аиҳабыра ирыдыркылаз аԥкрақәа абанӡахәарҭоу ҳәа ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵауа Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит:
«Ахада аҵыхәтәантәи идҵа ҳахәаԥшуазар, арԥсыҽрақәа рацәаӡам. Ихадароу апунктқәа ԥсахрада иаанхеит. Арԥсыҽрақәа зхьысыз еиҳарак аџьармыкьақәеи адәқьанқәеи русуроуп, урҭ, ҳәара аҭахума, аус рулоит. Ауаажәларра рыкрыфарҭа-чарҭақәагьы аартхоит, аха ихымԥадатәу аԥҟарақәа ирықәныҟәалароуп. Уажәтәи аамҭазы арҭ аҭыԥқәа зегьы хәыц-хәыц игәарҭоит. Русураҿы асанитартә нормақәеи аԥҟарақәеи нҭырҳәцааны инарыгӡалароуп, дара зегь ҿаҿаӡа ашәҟәы иануп: асоциалтә дистанциа ашьара, ауаа рацәамкәа рыҩнагалара, аусзуҩцәа асабрадақәеи анапҭарԥақәеи ныҟәыргартә аиҿкаара, уажәи-уажәи арзҩыдарақәа рымҩаԥгара уҳәа убас иҵегьы. Абарҭқәа зегь назмыгӡо аобиект иара уи аҽныҵәҟьа аусура аанкыланы ашә адыркуеит. Убасҵәҟьоуп ахцәыҟаҵарҭақәагьы русушьа аԥҟарақәас иҟоу. Уаҟа ауаа рацәа еизо ҳәа иҟалаӡом, убри аҟнытә аепидемиатә шәарҭара аԥырҵоит ҳәа уԥхьаӡартә иҟам».
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 24-ҩык ауааԥсыра. Хәҩык – Аҟәеи Гәдоуҭеи ақалақьуаа роуп. Аԥсуа епидемиологцәа урҭ ирныруаз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп. Егьырҭ COVID-19 змоу ачымазцәа зегьы – урыстәылатәи арратә
ҵараиурҭақәа рҟынтә иааз аԥсуа курсантцәа роуп. Дара рыԥсадгьыл ршьапы анықәдыргыла нахыс ахыԥхьакырҭахь инаган, уаҩы иныруамызт.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.