АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаара аихшьалақәа ҟаиҵеит.
Саид Барганџьиа
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаара иалагӡаны Ҭырқәтәылатәи ақалақьқәа рҿы иаартын Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа рхеилакқәа. Ахеилакқәа аартын ақалақьқәа Сҭамԥыл, Инегиоль, Измиҭ, Есқьишеҳир, Билеџьиқ, Бурса, Сақариа рҿы иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа рхадареи Инар Гыцбеи русуратә еиԥыларақәа раан.
Гыцба иажәақәа рыла, арҭ аиԥыларақәа ирылахәын Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа.
«Аиԥыларақәа ирылахәыз зегьы инарҭбааны ирзеиҭасҳәеит АААК иамоу ахықәкқәеи ахыдҵақәеи, сазааҭгылеит адунеи иалаԥсаны инхо аԥсуа-абаза ҭаацәара арӷәӷәаразы иҟоу «амҩатә хсаала», иара убасгьы салацәажәеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь дҵас ишҳаиҭаз амилаҭтә хырахарҭа змоу апроектқәа аус рыдулара, урҭ рынагӡара. Инҭкааны ҳалацәажәеит Аԥсныи, Урыстәылеи, иара убасгьы ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рҿы АААК имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа. Ҷыдала ҳазааҭгылеит Аконгресс Ҭырқәтәыла аусура апланқәа», – ҳәа еиҭеиҳәеит Инар Гыцба.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Аконгресс алаларазы алшара рыман. Иара уа ишыҟаз анкетақәа харҭәааны Аконгресс иалалеит 70-ҩык раҟара, иҟан Аконгресс аофициалтә саит аҟны онлаин анкета хазырҭәаазгьы.
Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рнапхгаҩцәа ракәзаргьы иазгәарҭон Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Ҭырқәтәыла активлатәи аусура аҵак ду шамоу.
«Акультуратә хеидкылақәа ҳамоуп, Афедерациагьы ҳамоуп [Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа]. Уи зегь шыҟалазгьы ҳдыруеит, Аконгресс шыҟалаз аҭоурыхгьы ҳдыруеит, ара шәахьааизгьы ҳаигәырӷьеит, ибзиоуп. Ҳаргьы ҳақалақь аҟынтә хҩык-ԥшьҩык алаҳҵоит, ус иаҳҭахуп. Ара Ҭырқәтәыла, нас Иорданиа, Урыстәыла, Египет – шәара зехьынџьара шәахьӡоит, уигьы ҳдыруеит, ҳаигәырӷьоит. Ажәлар реидкылараҿы зегь ҳарҽеиуеит, ҳаибабара рацәахоит», – иҳәеит Есқьишьеҳир иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкыла ахантәаҩы Ҭургаи Ашәба.
Селим Сангәылиа ҭырқәтәылатәи ақалақь Инегиоль иаԥҵоу аԥсуа культуратә хеидкыла иалоу абырг иазгәеиҭеит аԥсуа-абаза милаҭ зегьы рхықәкы хадас ишыҟоу акзаара.
«Ҳара (аԥсуааи ашәуааи – аред.) ҳаздыруа зегьы ҳаидгылара, ҳаӡәкра иаҵашьыцуеит, уи ҳмилаҭтә ҷыдарақәа ируакуп. Иахьатәи ҳаиԥыларагьы адунеи ду ҽазныкгьы иднарбоит ҳара ҳакзаара ҳшашьҭоу, убри аҟнытә иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәыҩнаҭақәа ааныжьны абрахь иааз, абас еиԥш аҵак ду змоу аус анагӡаразы», – иҳәеит Сангәылиа.
Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҭаара иалагӡаны АААК Ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба диԥылеит иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аконсул хада Андреи Буравов. Ари аиԥылара, уажәшьҭа ишаԥу еиԥш, аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа жәпаҩны иахьынхо атәылақәа рҿы иҟоу Урыстәыла адипломатиатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рацәажәарақәа ируакхеит.
«Аконсул хада инарҭбааны изеиҭасҳәеит АААК Ҭырқәтәыла имҩаԥнагараны иҟоу аусқәа ртәы, ҷыдалагьы иалыскааит Аконгресс аԥсуа-абаза жәлар реимадарақәа рырӷәӷәара ишашьҭоу, амилаҭтә-культуратә ҷыдарақәа еиқәырхауа, иара убас агәабзиареи, аспорти, аҭаацәеи, ахәыҷқәеи реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа азҿлымҳара рыҭауа», – ҳәа еиҭеиҳәеит Инар Гыцба.
Дара алацәажәеит Аконгресс жәларбжьаратәи аусура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы, Египети Иорданиеи русурагьы уахь иналаҵаны, избан акәзар «урҭ атәылақәа раҭаараангьы Урыстәылатәи адипхаҭарнакрақәа рԥылара мҩаԥысуан».
Инар Гыцба иажәақәа рыла, Урыстәыла Аконсул хада агәра ииргеит, Ҭырқәтәыла иҟоу урыстәылатәи адипломатиатә миссиақәа еснагь ишазыхиоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура адгылара.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ дырԥылеит иара убас Ҭырқәтәыла аҵара зҵо Аԥснытәи астудентцәа. Инар Гыцба ари аиԥылара убас ахиҳәааит: «астуденттә бзазареи аҵара апроцесси ирызкыз азҵаарақәа рыла агәаанагарақәа еибаҳҳәеит» ҳәа. Аҿарацәа рацәажәараан Гыцба лымкаала иазгәеиҭеит рҵараҿы ироуа адыррақәа анаҩс рыԥсадгьыл ахь ианаалак, апрактиҿы рхархәара аҵак ду шамоу.
«Астудентцәа рԥылара, иҟалар шахәҭаз еиԥш иласны, официалра аҵамкәа имҩаԥысит», – иҳәеит Инар Гыцба.
Иаҭаара апрограмма иалан иара убас Сақариа ақалақь аҿы зыргылара иаҿу аԥсуа культуратә хеидкыла ахыбра ахәаԥшрагьы (Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь 15 нызқь доллар азылихит Сақариа ақалақь аҿы аԥсуа культуратә центр аргыларазы – аред).
«Ахыбра аргылара активла иаҿуп. Ахыб зкуа аибаркыра ҟарҵахьеит», - иҳәеит Гыцба.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба усуратә ныҟәарала Ҭырқәтәыла даҭааны дыҟан жьҭаара 5 инаркны 13-нӡа. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иааиԥмырҟьаӡакәа аусуратә аҭаарақәа мҩаԥнагоит аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо атәылақәа рахь. Аҭаарақәа рҳәаа иҭагӡаны аԥсуа-абаза уаажәларра ирԥылоит, урҭ раан АААК ахаҭарнакцәа Аконгресс аусуреи, уи агәҭакқәеи, ахықәкқәеи ртәы еиҭарҳәоит, аусеицуразы иҟоу алшарақәа алыркаауеит. Ари аусура иааидкыланы иззынархоу Аконгресс ахықәкы хада анагӡароуп – адунеи ду иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа реидкылара.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.