Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

18 Абҵара 2024
01:20
Аԥсуа бызшәа азҵаарақәеи аҭакқәеи жәаба рыла
Аԥсуа бызшәа – кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иалоу мраҭашәара-кавказтәи (аԥсуа-адыга) абызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Зегь реиҳа иазааигәоу бызшәоуп абаза бызшәа, аԥсшәеи абаза бызшәеи иргәыцхәу бызшәақәоуп иара убас адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, нас аубых бызшәа (иахьазы иԥсхьоу). Аԥсуа бызшәа адунеиаҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу, ҳаамҭанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәақәа ируакуп. Аԥсуа бызшәа алфавит 64 нбан рыла ишьақәгылоуп: ацыбжьыҟа шьҭыбжьқәа 56 ыҟоуп, абжьыҟақәа 6, иара убас арԥшқага дыргеи ахаргьежьратә дыргеи.
Раԥхьатәи аԥсуа жәеинраала, Дырмит Гәлиа, Аҟәа, нанҳәа 26, 1912 шықәса
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Ианбашьақәгылеи аԥсуа бызшәа?
Аԥсуа-адыга ԥхьабызшәа х-махәҭак рыла (аԥсуа бызшәа, адыга бызшәа, аубых бызшәа) аҽеиҩшара иалагеит инықәырԥшны хә-нызқь шықәса раԥхьаҟа.

Иахьатәи аҭҵаарадырраҿы иазхаҵаны иҟоуп аԥсуа-адыга бызшәақәеи ҳера ҟалаанаӡа ахԥатәи азқьышықәсазы Азиа Маҷ иқәынхоз ахаттцәа рбызшәеи реигәыцхәра атәы зҳәо агипотеза.

Ажәытә аԥсуа бызшәа адиалектқәа рацәаны иаман. Урҭ адиалектқәа хылҵшьҭрала еизааигәаз аимшьҭрақәа злацәажәоз бызшәақәан. Аха ҳера аныҟала раԥхьатәи ашәышықәсақәа инадыркны урҭ аимшьҭрақәа рҽеидырыкыло иалагеит. Аԥхьа аҳрақәа аԥырҵон, анаҩс VIII-тәи ашәышықәсазы иаԥҵахеит аҳәынҭқарра. Абасала ишьақәгылеит иаку аԥсуа жәлар, нас ишьақәгылеит ажәлар зегь злацәажәоз, ирзеиԥшыз аԥсуа бызшәагьы.

Константин Абасгиатәи имҳәыр-хьынҳала, заатәи абжьарашәышықәса
© Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи
Ажәытәан аԥсуаа аҩыра рымазма?
Аԥсуа бызшәа ҿыц аҩыра зауз абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Ишырҳәо ала, XIX-тәи ашәышықәсанӡа аԥсуа бызшәа аҩыра амамызт, аҵара змаз Аԥсны ауааԥсыра, алитературатә бызшәа аҳасабала IX-тәи ашәышықәсанӡа абырзен бызшәа рхы иадырхәон. Анаҩс, IX—XIX-тәи ашәышықәсақәа рыбжьара – ақырҭшәа ахархәара арҭон, иара убас XVIII-тәи ашәышықәсазы – аосман бызшәа.

Аха ус шакәугьы, иҟоуп агәаанагара, аԥсуа жәлар ажәытәан рхатә ҩыра рыман ҳәа шьақәзырӷәӷәо. Хаҭала иаҳҳәозар, 1960 шықәсазы Маиҟәаԥ ақалақь азааигәара машәырла иԥшаан ахкәакь аформа змаз, асалҩыра зныз ахаҳәҟьаԥс. Ари аԥшаах ақәра дуӡӡоуп, ҳера ҟалаанӡа 4-3 азқьышықәсақәа рахь иаҵанакуеит. Аҵарауаа убас еиԥш алкаа ҟарҵеит, Маиҟәаԥтәи ахаҳә иану аҩыра аҭыԥантәи ашьагәыҭтә жәлар иртәуп ҳәа. Убас, аҭҵааҩы Гьрагь Турчанинов Маиҟәаԥтәи ахаҳәҟьаԥс иану аҩыра аԥхьара иҽазишәеит аԥсуа бызшәа ихы иархәны. Абар иара уи дшаԥхьазгьы: «Абри азегаа раҳ Марна Ду иԥа иоуп. Абаа Аииа иара итәуп. Хьизантәи иааз Ԥагьа абра дааины ҳазҭоу амза аламҭазы, 21 шықәсазы абри абаа иргылеит, ахратәылан, ахьы змоу адгьыл аҿы, Ԥахә аԥшаҳәаҿы».

Аха егьа ус акәзаргьы ари аԥхьашьа, алаҵәара зоухьоу егьи аҩбатәи аԥхьашьеиԥшгьы, аҭҵааҩцәа агәра хаҵаны ирыдрымкылаӡеит.

Аԥсуаа ажәытәан аҩыра рымоуп ҳәа агәаанагара зырӷәӷәо акоуп аԥсшәаҿы аханатә абас еиԥш ажәақәа ахьыҟоу: «аҩра», «аԥхьара». Аха аҩыра уаанӡа иҟазҭгьы, изыӡуази, ҳаамҭанӡа изеиқәымхазеи? Ари азҵаарагьы аҭакда иаанхоит.

Аԥсуа бызшәала раԥхьаӡатәи анҵамҭақәа цәырҵит 1640-тәи ашықәсқәа рзы, усҟан аҭырқәа ныҟәаҩ Евлиа Челеби араб ҩырала аԥсуа ажәақәеи афразақәеи 40 аниҵеит. Анаҩс, XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи, XIX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы хазы игоу аԥсуа ажәақәеи афразақәеи уԥылоит Кавказ ныҟәарала иахысуаз Иоганн Гиульденштедти, аурыс аинрал Григори Розени, анемец ҵарауаҩ, аныҟәаҩ Петер Палласи, анемец ҵарауаҩ, мрагылараҭҵааҩы Иулиус Клапроти русумҭақәа рҿы.

Маиҟәаԥтәи ахаҳә асалҩыра зынҵоу
© apsnyteka.org
Аԥсуа алфавит аԥҵашьа шԥаҟалеи?
Аурыс ар аинрал-маиор, арратә анџьныр, абарон Пиотр Карл-иԥа Услар Кавказ дықәнагалеит Кавказтәи аибашьра ианасакьаҳәымҭаз, асапиортә батальон аҿы амаҵура анагӡаразы. Аха, Кавказ ажәларқәа рҭоурых аҿы ихьӡ аанхеит ампыҵахалаҩ иаҳасабала акәымкәан, аԥҵаҩык иакәны. Услар зегь реиҳа ихы-игәы зызцоз алингвистикеи аетнографиеи ракәхеит. Иара Аимператортә Аурыс Географиатә Хеилак Кавказтәи Аҟәша далан, Аурыс империа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҭоурыхтә-филологиатә ҟәша алингвистика аганахьала алахәҩы-корреспондентс. Академиа адҵалагьы Кавказ иҟазаара аамҭа зегьы, 1837 шықәсазы иҟаҵаз еиԥҟьара хәыҷык алаҳамҵозар, иԥсы ахьынӡаҭаз – 1875 шықәсанӡа Услар Кавказ аҭоурых анҵара даҿын. Убри иԥсҭазаара зегьы ззикыз усны иҟалеит. Услар иԥҳа лгәалашәарақәа рыла, лаб иԥсра мышқәак шагызгьы атәым ажәақәа иҳәон, «ибжьы ҭыганы дцәажәон, дааҟәымҵӡакәа Шура аус зциуаз ашьхарыуаа рызҿиҭуан, еиҳаракгьы Казанфер». (Казанфер-Бек – даӷьсҭантәи ақыҭа Мамраҷ инхоз, алезгин бызшәазы Услар информаторс имаз – аред.).

Услар зегь реиҳа иҵабыргу хыҵхырҭас иԥхьаӡон абызшәа, ажәлар рҭоурых уи зеиӷьыҟам ала ианыԥшуеит ҳәа дахәаԥшуан, убри аҟнытә раԥхьаӡа инаргыланы кавказтәи абызшәақәы рыҭҵаара напы аиркуеит. Иҭҵаарақәа дрылагеит, мраҭашәаратәи Кавказ абызшәақәа – ачерқьес бызшәеи, аубых бызшәеи, аԥсшәеи рыҭҵаарала. Ачерқьес бызшәеи аубых бызшәеи рганахьала маҷк аинформациа аидкылара илшеит. Урҭ ирызкны иҟаиҵаз анҵамҭақәа кьыԥхьан Услар даныԥсы аамышьҭахь. Еиҳа инарҭбааны Услар иҭиҵааит аԥсуа бызшәа.

Аԥсуа бызшәа аҭҵаара далагеит 1861 шықәсазы Аҟәа, иагьациҵеит 1862 шықәсазы Тифлис. Ҩышықәса заҵәык рыла кавказтәи абызшәақәа рҟынтә реиҳа иуадаҩу ируаку аԥсшәа аструктура еилкааны уи алфавит аԥҵара илшеит. Бзыԥтәи адиалект шьаҭас иҟаҵаны иара иаԥиҵаз анбан 55 дырга рыла ишьақәгылан, акириллицала ианҵан. Абасоуп аԥсуа ҩыра аҭоурых шалагаз.

Даҽа хышықәса рышьҭахь, 1865 шықәсазы ицәырҵуеит анаҩстәи аурыс аинрал Иван Бартоломеи ианбан, уи даҽа 30 шықәса ахархәара аман. Ари анбан аиқәыршәараҿы шамахамзар ԥсахрада Услар иалфавит ахархәара аҭан.

1892 шықәсазы, Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩы Константин Маҷавариани, уи ҵаҩыс имаз Дырмит Гәлиеи аԥсуа нбан ҩаԥхьа аус адырулоит. Анбанқәа рхыԥхьаӡара 51 рҟынӡа инаргоит, бзыԥтәи адиалект афонемақәа агырханы. Маҷавариани Гәлиеи еиқәдыршәаз анбаншәҟәоуп Аԥсны ашколқәа рҿы активла ахархәара зауз. Маҷавариани Гәлиеи ралфавит ҿыц аус адиулеит ауаажәларратә усзуҩы Андреи Ҷоҷуа, убри инапы иҵыҵыз анбаншәҟәы 1909 шықәса инаркны аԥсуа школқәа рҿы аҵара аларҵон. 64 дырга еидызкылоз абри алфавит ахархәара аман 1926 шықәсанӡа, иарала иҭыҵуан арҵагатә, асахьаркыратә литература, агазеҭқәа.

Анаҩс, ХХ-тәи ашәышықәса зегьы аԥсуа алфавит аграфикатә шьаҭа изныкымкәа ирыԥсахуан – акириллица аҟынтә алатин шьаҭахь, нас ақырҭуа шьаҭахь, нас ҩаԥхьа акириллицахь.

Аҵыхәтәан, 1954 шықәсазы иӡбан Андреи Ҷоҷуа иалфавитахь ахынҳәра, иара уи оуп рҿыцрақәак алагаланы иахьа уажәраанӡагьы ахархәара змоу.
Абарон Пиотр Карл-иԥа Услари уи иаԥиҵаз алфавити
© Дырмит Гәлиа иҩны-музеи
Аԥсшәеи абаза бызшәеи: ирзеиԥшуи излеиԥшыми?
Ашәуаа – Кавказ иашьагәыҭу ажәларқәа ируакуп, аԥсуа-адыга жәларқәа ргәыԥ ахь иаҵанкуеит. Иахьатәи аамҭазы ашәуаа реиҳараҩык нхоит Ҟарачы-Черқьесиа, аха рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсноуп.

Абаза бызшәа ҩ-диалектк амоуп – тапанҭатәи, ма ашәуа, нас – ашьхарыуатәи. Урҭ аиԥшымзаарқәа рымоуп афонетика аганахьалеиԥш, алпексикеи аграмматикеи рганахьалагьы, аха аҩ-диалектк ныҟәызго дара-дара реилибакаараҿы ауадаҩрақәа рԥылаӡом.

Абаза бызшәа даараӡа аԥсшәа иазааигәоуп, еиҳаракгьы ашьхарыуа диалект.

Аспециалистцәа ргәаанагарала, абаза бызшәа хазы иҽио иалагеит VIII-XII-тәи ашәышықәсқәа рзы. Аԥсшәаҿеиԥш абаза бызшәаҿгьы ишәышәуа-ишышуа ашьҭыбжьқәа рацәоуп. Иҟоуп иара убас ихадоу абжьыҟа шьҭыбыжьқәа ҩба – «а», «ы».

Афотоколлаж
© alashara.org
Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәан…
Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәан... Зегьы еицырдыруа абри ажәарццак аханатә еиҳагьы аҳәара уадаҩын. «Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәоуп, хәба-хәба ԥацәа рымоуп, рымаҳә амахә аӡа иқәтәоуп» - абри авариант ауп 1939 шықәсазы иҭыҵыз Дырмит Гәлиа иазирхиаз аԥсуа ажәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи реизгаҿгьы иаҳԥыло.

Ажәарццакқәа ажәлар ирылаҵәаны иҟан, ахәыҷқәа абызшәа дырҵараҿы, рыбз «аԥҽразы» цхыраага бзиан. Абар даҽа ҩба-хԥа ҿырԥшы:

Аҳ иҳаихаҳа ажә ихнаҳаҳаит /Ah ihaikhaha az⁰ ikhnahahait

Арланаа ран лылтарра /Arlanaa ran lyltarra

Амцарцәаҩцәа амца дырцәеит, амцарцәараз аамҭа рцәымцеит /Amcarc⁰aüc⁰a amca dirc⁰eit, amcarc⁰araz aamta rc⁰ymceit

Аԥсуа жәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи реизга, Дырмит Гәлиа, 1921 шықәса
© apsnyteka.org
Аԥсуа бызшәа зыхьчатәузеи?
1994 шықәсазы ИУНЕСКО раԥхьаӡа акәны иҭнажьит «Аӡра ашәарҭара иҭагылоу адунеи абызшәақәа ратлас», усҟантәи ашықәсқәа рзы ари аизга иԥсуа абызшәақәа рышәҟәы ҟаԥшь ҳәагьы иашьҭан. Аизга аиқәыршәараан хра злоу ҳәа иалыркауан акритериқәа жәба, урҭ рахьтә зегь реиҳа ихадароу ҳәа иԥхьаӡоу – абызшәа зҳәо рхыԥхьаӡара адагьы, аҿыц абиԥара рымдароуп.

Атлас есааира аҽарҿыцуеит, иахьазы уаҟа иарбоуп 2500 бызшәа, даҽакала иаҳҳәозар – адунеи аҿы иҟоу абызшәақәа зегьы хынтә ишаны хәҭак угозар, убри инеиҳаны. Уахь иалоуп аԥсуа бызшәагьы, «ишәарҭоу» абызшәақәа ркатегориа иахыԥхьаӡалоуп, ус иҟоу абызшәа иалацәажәоит ахәыҷқәа реиҳараҩык, аха уи ахархәара ԥкуп, иаҳҳәап, ма ашкол аҿы ирҳәоит, ма аҩны.

Абызшәақәа зегьы, абызшәа маҷқәагьы уахь иналаҵаны, реиқәырхара аҵак ду амоуп, ауаатәыҩса ркультуратә еиуеиԥшымзаара аиқәырхара аганахьалеиԥш, аҭҵаарадырра аганахьалагьы. Иҟалаз уи ауп, аӡра ашәарҭара иҭагылоу абызшәақәа реиҳарак алингвистика аганахьала ирыхәҭоу азхьаԥшра рмоуцт, иахьа уажәраанӡа имаҷны иҭҵаауп, аинтерес дугьы рыҵоуп аиҿырԥшратә-ҭоурыхтә бызшәадырразы, аетнографиазы, акультуратә антропологиазы.

Аԥсны аԥсуа бызшәа аиқәырхара азҵаара аҳәынҭқарра аҩаӡараҿынӡа ишьҭыхуп. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак ари ахырхарҭала иҟоу аполитика хылаԥшра анаҭоит, иҭнажьуеит аметодикатә литература, ахәыҷтәы сахьаркыратә литература, ажәарқәа, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рзы аудио-видео ҭыжьымҭақәа.
Ҳаамҭазтәи аԥсуа арҵага шәҟәқәа
© Наала Аҩӡԥҳа
Аԥсуа бызшәа шаҟаҩы ирҳәода?
Аԥсуа бызшәа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп. Иара хатәы бызшәас ирымоуп ҳтәыла иқәынхо ауааԥсыра рыбжаҩык, даҽакала иаҳҳәозар – милаҭла иаԥсыуоу 122 нызқьҩык ауааԥсыра, (2011 шықәсазтәи ашәҟәҭаҩра аихшьалақәа рыла).

Урыстәыла – 2010 шықәсазтәи ашәҟәҭаҩра адыррақәа рыла, аԥсуа бызшәа рдыруеит 6786-ҩык ауаа.

Ҭырқәтәыла – 1965-тәи ашәҟҭаҩра адыррақәа рыла, 4563-ҩык ауаа хатәы бызшәас иадырбеит аԥсуа бызшәа (мамзаргьы абаза бызшәа, избан акәзар, Ҭырқәтәыла арҭ аҩ-бызшәак ак акәны иԥхьаӡоуп, абаза ҳәа иашьҭоуп), иара убасгьы 7836-ҩык аҩбатәи бызшәас иадырбеит.

Аԥсуа бызшәа иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡа-ааӡо зехьынџьара ирҳәоит.

Абаза бызшәа Нхыҵ-Кавказ алаҵәара амоуп: Ҟарачы-Черқьесиа аҵакырадгьыл аиҳарак аҿы, Краснодартәи атәылаҿацә ахь иаҵанакуа Мостовтәи араион аҿы, иара убас Кисловодск акәша-мыкәша.

XIX-тәи ашәышықәсазы, аԥсуа жәлар ишҳәыԥкыз рыԥсадгьыл ааныжьны Османтәи аимпераиахь иқәҵыр акәхеит. Убри аҟнытә аԥсуа бызшәа Ҭырқәтәылагьы алаҵәара аиуит. Иахьа иарала ицәажәоит аԥсуаа жәпаҩны иахьынхо апровинциақәа – Дузџьа, Болу, Сақариа, Ҟаисери, Самсун, Сивас, Бурса уҳәа убас егьырҭгьы рҿы.
Анбан 150 шықәса ахыҵра
© Наала Аҩӡпҳа
Анаша акәу, акьантыр акәу? Аԥсшәа шаҟа диалект амоузеи?
Иахьазы Аԥсны иқәынхо аԥсуаа х-диалектк рыла ицәажәоит. Абжьыуа диалект ала ицәажәоит Очамчыра араион аҿы, бзыԥтәи адиалект алаҵәара амоуп Гәдоуҭатәи араион аҿы, самырзаҟантәи адиалект зҳәо рацәаҩымкәа инхоит Очамчыра араион ақыҭақәа Агәыбедиеи Рекеи, иара убас Гал араион иатәу ақыҭа Чхәарҭал аҿы. Аԥсуа бызшәа егьырҭ адиалектқәа рыла ицәажәоз ажәлар зегьы XIX-тәи ашәышықәсазы Османтәи Ааимпериахь иқәҵыр акәхеит, Урыстәыла Кавказ имҩаԥнагоз аҳратәратә политика џьбара иахҟьаны. 1860-тәи ашықәсақәа рҟынӡа ҭоурыхла Аԥсны Мраҭашәаратәи аҳәаақәа ахьыҟаз аӡиас Шәачеи аӡиас Жәҩакәареи рыбжьара асаӡ диалект алаҵәара аман, уи ашьхаратәи агаҿатәи ацәажәашьақәагьы аман. Асаӡқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл иқәҵит Кавказтәи аибашьраан, уи анахысгьы аҭоурых аҿы жәларыкны уаҳа рыӡбахә ҳаҳаӡом. Аԥсны аладахьы агаҿала ирҳәон бзыԥтәи, гәыматәи, абжьыуатәи, самырзаҟантәи адиалектқәа. Аԥсны ашьхарахьы шәышықәсеи бжаки раԥхьаҟа ԥсҳәытәи ацәажәашьеи, дал-ҵабалтәи ацәажәашьеи рыԥсы ҭаны иҟан.

Аԥсуа литературатә бызшәа афонетикатә система абжьыуатәи адиалект шьаҭас иамоуп (ишәышәуа-ишышуа бзыԥтәи ацыбжьыҟа шьҭыбжьқәеи, афонемара зуа бзыԥтәи аларингалтә шьҭыбжьқәеи алаӡам), аха алексика аганахьала алитературатә бызшәа адиалектқәа зегьы рбеиара шьҭнакааит. Иаҳҳәап, алитературатә бызшәаҿы ахархәара рымоуп бзыԥҭәи адиалект ажәақәа – «анаша», «аџьықәреи» – абжьыуатәи ажәақәа «акьынтыр», «аԥш» ракәымкәа.

Оҭҳара ақыҭа
© Наала Аҩӡԥҳа
Атәымуаҩы аԥсшәа изҵома?
Аԥсуа бызшәа адунеи аҿы зегьы реиҳа иуадаҩқәа абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аԥсуа бызшәаҿы ашьагәыҭтә бжьыҟа шьҭыбжьқәа ҩба заҵәык роуп иҟоу (а, ы) аха ацыбжьыҟатә система даараӡа ибеиоуп (абжьыуатәи адиалект аҟны – 58 шьҭыбжьы, бзыԥтәи адиалект аҟны – 65 шьҭыбжьы). Ирацәоуп ишәышәуа-ишышуа ашьҭыбжьқәеи аҟырҟытә шьҭыбжьқәеи. Иара убас, иҟоуп ақәыԥсычҳаратә цыбжьыҟақәа ргәыԥи, аимҟьаратәқәеи. Аха афонетика мацараҿы акәӡам ауадаҩра ахьыҟоу. Иаҳҳәозар, ахатәы хьыӡцынхәрақәа азаҵә хыԥхьаӡараҿы хәба ыҟоуп, арацәаҿы – хԥа. Аҟаҵарба ҳгозар, аԥсуа бызшәаҿы уи ишьҭнахуа аграмматикатә формақәа убас ирацәоуп, аҳәоу аиҿкаараҿы зеиԥш иҟам, ихадароу ароль нанагӡоит. Аҟаҵарба амацарала иааурԥшыр улшоит – ахаҿы, акласс, аркьынаа, аамҭа, аиҭаҵреи аиҭамҵреи, иара убас азҵааратәи, амапкратәи аформақәа.

Иаҳҳәап, ҵаҟа иаагоу ажәақәа реиҭагаразы ҳәоук аҭаххоит, аԥсшәаҿы ажәакала иуҳәар иулшо, егьырҭ абызшәақәа рҿы аҳәоу дуӡӡак умҳәар ада ԥсыхәа амам: дыҩналаӡом, диацәажәоижьҭеи, улызиасырцәажәоит.

Абызшәа абас иахьыуадаҩу иахҟьаны иҟоуп агәаанагара иаԥсыуам ари абызшәа изҵаӡом ҳәа, аха егьа ус акәзаргьы, иҟоуп ари агәаанагара аҿыԥызҽуа аҿырԥшқәа, урҭ акыраамҭа инеиԥынкыланы аԥсшәа рлымҳа иахьҭаҩуа иабзоуразаргьы.
Аԥсуа бызшәа арҵагатә цхыраагӡа
© Наала Аҩӡԥҳа
Изеиԥшрази раԥхьатәи аԥсуа шәҟәы?
Аԥсышәала иҭыҵыз раԥхьатәи ашәҟәы – ашәҟәкьыԥхьра аҭоурых аҿы ишыҟоу еиԥш, Иԥшьаҩырамызт, мамзаргьы ажәытәан зегь реиҳа зыхә ршьоз азакәанқәа реизганҵа акәымызт, аҭоурых анҵарагьы иазкымызт. Иқәыԥшыз аԥсуа литература ашьапы злакыз ашәҟәы – ҩажәа даҟьа иреиҳамыз шәҟәы хәыҷын – ақьиареи, ааԥынреи, аҭынчреи ирызкыз ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи реизга акәын. Аизга авторс даман Дырмит Гәлиа, усҟантәи аамҭазы апоет қәыԥш, асеминариа арҵаҩы, зҭаацәара ирыцны амҳаџьырра амыҟәмабарақәа ихганы, зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зылшаз. Иара иакәхоит аԥсуа литература абду ҳәа ахьӡ зхыло, Жәлар рпоетс иҟало, аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩысгьы иҟало.

«Аҽы ԥсыр, адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр – иажәа», – абарҭ ажәақәа рыла Гәлиа аԥсуа литератураҿы имҩа хациркит, иара аԥсуа литература ахаҭагьы амҩа азылихит.

«Ажәеинраалақәеи ахьыӡыртәрақәеи» кьыԥхьын 1912 шықәсазы Тифлистәи атипографиаҿы (Е.И.В. ҳәа зыхьӡ арбоу Кавказ анаместник иканцелиариаҿы). Аҭыжьымҭа аспонсор хадас иқәгылеит «Аԥсуаа рырккаҩцәа реилазаара», иҳәатәуп усҟантәи аамҭақәа рзы ажәлар реиҳараҩык аҩышьеи аԥхьашьеи шырыздыруаз. Абри ахеилак ауп иаҳхысыз ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа школқәа аазыртуаз, абиблиотекақәа еиҿызкаауаз, арҵагашәҟәқәа ҭзыжьуаз, аҵара аиура иазгәышьуаз аԥсуаа харџьлагьы ирыцхраауаз.

Раԥхьатәи аԥсуа шәҟәы аҭыжьра абзиабара ду аҭоурых иадҳәалоуп. Афранцызцәа ирҳәоит еиԥш – сherchez la femme (афранцыз бызшәала «аԥҳәызба шәлышьҭаз» - аред.). Ашәҟәы аҭыҵра шықәсык шагыз, 37 шықәса зхыҵуаз апоет ԥҳәысс дааигеит 16 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа ԥшӡа Елена – Аҟәа, Полицеискаиа амҩала инхоз. Абри амҩа даныланы есышьыжь аусурахь дцон акәымжәи акабеи ишәҵаны, ижәҩахырқәа ҭбааӡа, апоет Дырмит Гәлиа. Дцон иара Ареалтә училишьче ахь (иахьазы Аиндустриалтә коллеџь – аред.), уаҟа астудентцәа аҵара дирҵон. Абри амҩа даныланы дышнеиуаз ҽнак зны, иаԥхьаҟа ԥҳәысс иааигараны иҟаз аҭыԥҳа алақәа ишьҭалҵеит, ҿыҵгак ԥшааны диабадырырц азы. Гәлиа гәаартыла илеиҳәеит – иқьаадқәа рыда уаҳа акгьы шимам… Лара лоуп Гәлиа ажәеинраалақәа реизга аҩра игәы азҭазҵазгьы, ахьӡ-аԥша иоуртә дҟазҵазгьы. Убас иҟалеит, дара ахьеибадырыз амҩагьы иахьа Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ихьӡ ахуп.

Аԥсышәала иҭыҵыз раԥхьатәи ашәҟәқәа: «Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, ажәарццакқәеи», автор: Дырмит Гәлиа, 1907 шықәса; «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи», автор: Дырмит Гәлиа, 1912 шықәса; «Аԥсуа нбан», автор: Андреи Ҷоҷуа, 1909 шықәса
© apsnyteka.org
Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡыԥҳа, аредактор Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа