Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

29 Хәажәкыра 2024
04:27
Фредерик Диубуа де Монпере:
Кавказ атәымуаҩ иблала
Абри анҵамҭа аекран-ҭбаа аформат ала шәахәаԥшырц ишәабжьаҳгоит, Фредерик Диубуа де Монпере иҭихыз Аԥсны асахьақәа гәылҭәааны иаатырц азы*

Афранцыз хылҵшьҭра змаз швеицариатәи аныҟәаҩ Фредерик Диубуа де Монпере XIX-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Кавказ ахыи-аҵыхәеи еимидеит, Аԥсынгьы даҭааит. Иахьа уажәраанӡа Диубуа иҟаиҵаз Кавказ, нас уи иқәынхо аҭыԥантәи ауааԥсыреи ирызку анҵамҭақәеи асахьақәеи даараӡа аинтерес рыҵаны иаанхоит.
Де Монпере
Фредерик Диубуа диит 1978 шықәса, лаҵарамза 28 рзы, афранцыз бызшәала иахьцәажәоз Швеицариа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟоу Невшатель акантон (тәылақәак рҿы иҟоу административтә-ҵакырадгьылтә ак – аред.) аҟны. Аамҭак ашьҭахь Фредерик ижәла иациҵоит аԥынгылацҵа «Де Монпере», аҭауад жәла Диубуаа ахьынхоз аҭыԥ ахьӡала. Убас ала, аныҟәаҩ Фредерик Диубуа де Монпере ихьӡ еилкаатәуп – Монпере иатәу Фредерик Диубуа ҳәа.
Невшатель аҟны
Фредерик иаб Шарль Диубуа ахәаахәҭра аус инапы алакын. Иан илыхьӡын Мари-Анн Ларди де Оверние. Диубуа ихәыҷреи иқәыԥшреи мҩасит Невшательтәи аӡҭачы азааигәара. Невшатель иҟаз аколлеџь даналга, Фредерик аамҭак азы афранцыз бызшәа арҵаҩыс аус иуан швеицариатәи ақалақь Санкт-Галене, уи ашьҭахь нхара ҳәа диасуеит Курлиандиаҟа (иахьазы Латвиа аҵакырадгьыл – аред.), уаҟа ааӡаҩыс аусура далагоит. 1892 шықәсазы Фредерик Диубуа дҭалоит Берлинтәи ауниверситет. Уаҟа рҵаҩцәас иман усҟан еицырдыруаз аҵарауаа: агеограф Карл Риттери, агеолог Леопольд фон Бухи. Фредерик идунеихәаԥшышьа ашьақәгылараҿы анырра ду аиҭеит Риттер – анемец ҵарауаҩ, агеографиатә ҭҵаарадырра ашьақәыргылаҩ, Џьамтәыла адырҩы. Иара иоуп аныҟәарақәа рахь Фредерик агәацԥыҳәара изцәырызгаз.
Диубуа иатлас
Раԥхьаӡакәны Фредерик Кавказ даҭааит 1833 шықәсазы. Араҟа иибаз, иаҳаз зегьы нҭырҳәцааны ианиҵоит ф-томкны иҭижьыз иусумҭа «Кавказ ахи-аҵыхәеи акәшара. Ачерқьесцәеи, аԥсуааи, Қырҭтәылеи, Ермантәылеи, Ҟрыми раҭаара» ҳәа хьӡыс измаз аҟны. Иара убасгьы, аҭыжьымҭа иацын атлас – уи ианылаз аҭыхымҭақәагьы реиҳарак Диубуа ихаҭа иоуп иҭызхыз.

Диубуа иатлас аламала иуԥымло ҭыжьымҭаны иҟалеит. Иахьазы х-цыра заҵәык амузеитә експонатқәа ирхыԥхьаӡаланы иҵәахуп – Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә географиатә еилазаареи (Санкт-Петербург), Гьеленџьыктәи аҭоурыхтә-атәылаҿацәҭҵааратә музеи рыҟны. Диубуа де Монпере иатлас аҟны иарбоуп усҟантәи аамҭазтәи Кавказ ахсаалеи, 70 инареиҳаны Кавказ аԥсабара сахьақәеи, апеизажқәеи, даараӡа ирацәоуп архитектуратә баҟақәеи, агеологиатә дыррақәеи ирызку аинформациагьы.
Кавказҟа
1831 шықәсазы Диубуа даауеит Урыстәылаҟа, уаантәи иаарласны ихы ирхоит Ҟрымҟа, анаҩс – Аахыҵ Кавказҟа. Урыстәылатәи арратә ӷба дацны, аныҟәаҩ дахысит, иблақәа рылагьы ибеит Кавказ иаҵанакуаз Амшын Еиқәа аԥшаҳәа зегьы. Анаҩс, Париж иҭыҵыз Диубуа иныҟәарақәа реихшьала знылаз аизга азы ианашьахоит Афранцыз географиатә еилазаара ахьтәы медал. Уи азин инаҭеит Швеицариа иҟаз Невшательтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа археологиа акафедра напхгаҩыс дҟаларазы.
Апоет, аромантик
Фредерик Диубуа Аԥсны иазку ианҵамҭақәа зегьы даараӡа аинтерес рыҵоуп: еиуеиԥшым афактқәа, азгәаҭарақәа, ажәабжьқәа. Фредерик иныҟәара далагеит Гагра ақалақь ала. Ари ақалақь дахәаԥшуан аӷба аҟнытә, арахь иаашьҭыз аурыс декабристцәа рыԥсҭазаара дазхәыцуан. Ихәыцрақәеи ицәаныррақәеи рнубаалатә иҟоуп абарҭ ицәаҳәақәа, игәыҭшьаагоу апоезиатә цәаҩа зхоу:

«Абри аҩыза аимгеимцарақәа раан угәы еиуеиԥшым цәаныррала иҭәуеит. Гәыхьрадеи гәхьаагарадеи урыхәаԥшуеит зынџьырҵас еивҵаԥсоу ашьхақәа, зықәцәақәа сыла ихҩоу. Арҭ ашьхақәа злахҟьоу ижәытәӡатәиу абнарақәа зынӡа ихьшәашәоушәа угәы иабоит (Ашьха ашьапаҿы ирызҳауеит иблахкыгоу абӷьы иаҵәа змоу аҵлақәа – ахьаца, ашә, аџь, иссирӡоу аҵиаақәа; аҳаракырахь аԥсақәа рацәоуп). Ари зегьы иузцәырнагоит агәрагара – иахьа акәызшәа адунеи аншаз, абраҟагьы акәызшәа иара ахьшаз. Амра аҭашәамҭаз, аԥшалас анаҿало аамҭазы, аҳауа цқьа уанеимнадо, агагақәа анаухо, ауаҩы зеилкаара дашьҭоу амаӡақәа иреиԥшны, ашьшьыҳәа игыло амза аҭынчреи агәыраҳаҭреи алашара иацны ианканарҷоҷо, абарҭ аԥсабара асахьақәа зегьы ацәқәырԥақәа ирыцзазо аӷбантә ианубо – убри оуп иссиру аԥхыӡ!.. Зтәыла иахырцаз арыцҳа! Насыԥ ду умоуп ҳәа иԥхьаӡа, знык иадымхаргьы Гагра ацәаара унахьыԥшызар, уи уацәыхарахацыԥхьаӡа Кавказ ашьхеибаркыра ишалаӡуа убахьазар. Умҩа нымҵәааит узҭаху, иуҭаху рыбжьара уҟалаанӡа!»
Абнараҿ игылоу ауахәама
Абар уажәшьҭа Фредерик Пицунда аҟәараҿы дааины дыҟоуп. Уаҟа иҽазҵәылхны дашьҭоуп зыӡбахә иаҳахьаз ижәытәӡоу ауахәама. Аныҟәаҩ абас еиԥш дахцәажәоит Пицундатәи ауахәамеи, уи изцәырнагаз ацәаныррақәеи:

«Аԥшьыркца асахьа змоу, ашьарсҭақәа ирганы иҟоу аҭӡы агәашәқәа ҳарҭысын, абар зегь реиҳа иблахкыгоу, илаламбатәу абаа хыжәжәарақәа рҿаԥхьа сааины сгылоуп. Абри аныхабаа аӡбахә бзиа саҳахьан, аха сыблала избаз акырӡа иаҳа иџьашьахәуп, сыззыԥшыз аасҭа – Аԥсны аԥсабара аиаҵәара иагәҭылаку ари астиль аамысҭашәареи агәаӷьреи уаршанхоит».

Диубуа де Монпере инҭырҳәцааны ауахәама аргылашьа атәы далацәажәоит. Иагьазгәеиҭоит, лассы-лассы римтәи ҳәа ззырҳәало, византиатәи астиль инақәыршәаны ишыргылоу ауахәама, нас уи европатәи ауахәамақәа ирҿырԥшуа убасгьы иҩуеит:

«Пицундатәи ауахәама аҭагылазаашьа атәы сҳәозар, сара Пицунда саныҟаз избаз ахыбра, ҳәарада, аиҭашьақәыргылара ауеит. Амацәыс заахаз аҟәырӷ акылҳареи, ибгаз хыхьтәи аҿаԥшьи рыда, ауахәама еицакра амамызт, еиқәханы игылоуп».
Баслаҭа
Анаҩс, ааԥсарак ззымдыруаз аныҟәаҩ Аҟәа ақалақь дынхықәгылоит. Усҟантәи аамҭазы Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа рацәак улаԥш аҿы иааиуа иҟамызт, Диубуа иакәзар – иҟаз шыҟаҵәҟьаз иҩуан, ажәа ҵарқәагьы ихы иаирхәон. Ҳәарада, аԥсабара арҽхәара мацарала ишьақәгылоу анҵамҭақәа ирышьҭоу изы, Диубуа иажәақәа рыдкылара азныказы ицәыуадаҩхаргьы ҟалап, аха аныҟәаҩ аҵабырг дашьҭан.

«Ари аиашарҭа хәыҷы, аҭбаарала 1 ½ верс иҟоу, мрагыларахьала абаа инаркны ахәқәа рҟынӡа, уажәтәи акарантин ҟалаанӡеи аҩнқәеи аџьармыкьақәеи рыла иҭәын. Усҟан Аҟәа инхон ф-нызқьҩык раҟара ауааԥсыра. Хаҳәла ичаԥаны иҟаз ашьҭрала акварталқәа зегьы ирылсны ицон аӡиас Баслантә иаауаз аӡы. Аӡиас аӡхырԥԥаҿы қьырмыҭла иҟаҵан аӡеизакырҭа – Ҭырқәтәылантәи иаауа аӷба хәыҷқәа рзы. Ижәытәӡаз Аҟәа иамҭаны акгьы аанымхаӡеит, абнара иахаԥаз аҩнқәеи амҩадуқәеи рыда; амшын аганахьала ақалақь зыхьчоз аҭӡы аҟынтәгьы инхаз хәҭа-хәҭала иуԥылоз цәынхақәак роуп; аӡы зҭаланы иаауаз аканалқәа агәамсам рҭачны иҟан; абаа иаакәыршаны ижыз ажра ҭыԥқәак рыҟны иахаҵәо адгьыл ҭаԥсан; зымҩа нкылоу аӡиас Баслаҭа аӡбаарақәа арҿиеит;аԥхынра ианасакьаҳәымҭоу аӡбаарақәа ирхылҵуа ахылҩа-ԥсылҩа, ҳәарада, агәабзиаразы иҽеим аҭагылазаашьа аԥнаҵоит. Николаи ацқьа ибаа, мамзаргьы Поти раамышьҭахь, Урыстәыла иатәу Амшын Еиқәа аҿықәантәи аҭыԥқәа зегь рахьтә реиҳа иманшәалам акәны иҟоуп Аҟәа. Шәҩык рыла ишьақәгылоу агарнизон аҿы зегь чмазаҩцәоуп, ргәабзиара даараӡа иуашәшәыроуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥыхра мариаӡоуп – Баслаҭа аканалқәа зегьы рыцқьазар, аӡбаарақәа ҭарбазар, ҳәарада, Аҟәа ауаҩы игәабзиаразы ибзиоу ҭыԥны иҟалон, амшын иаҿықәу иарбан қалақьзаалак еиԥш. Аха ари аҩыза аус знапы азыркуада умҳәозар…»
Диоскуриа ԥшаауа
Фредерик Диубуа де Монпере иҽазишәахьан ҳера ҟалаанаӡа VI ашәышықәсазы абырзен колонизаторцәа иаԥырҵаз илегендартәу ақалақь Диоскуриа Аԥсны иахьыҟаҵәҟьаз аҭыԥ ашьақәыргылара. Иара игәаанагарала, ижәытәӡатәу ақалақь гылан дызҭааз Сухум-кале мрагыларатәи аган ала. Уи азҵаара дазхәыцуа, Диубуа абас иҩуан:

«Уамашәа иубаргьы алшоит, Милет ақалақь иалҵыз Диоскуриа ашьаҭаркыҩцәа Аԥсны зегьы иреиҳау аӡиас Кәыдры аԥшаҳәа ахьалрымхыз, уи ахаҭыпан аӡиас хәыҷы иаҳа изырҭахха. Аҭыԥантәи ауааԥсыра, ари аӡиас рацәак агәхьаа мкыкәа Искуриа, Цхузамели, ма Мармар ҳәа иашьҭоуп. Убраҟоуп, иссиру абнара амҵан, ҳара иахьаҳбо аԥсуа қыҭақәа. Араҟа ирызҳауеит ашәҵлақәа, аџьҵлақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Нас уамашәа изаҳбои, абырзенцәа ари аҭыԥ рколониа аргыларазы иахьалархыз, ари аҭыԥ инақәыршангьы аҭӡы ахьышьҭырхыз? Аха уажәазы, арҭ аҭыԥқәа уаҩы зынӡа инижьызшәоуп ишыҟоу, мамзаргьы аамҭала анхаҩы идгьылқәа рыԥсы аныдиршьо еиԥш акәзаргьы ҟалап. Ашьхақәа, бна иаҵәала ихҟьоу уанрыхәаԥшуа, аладахьала – амшын кеикеиуа ианубо, угәы иаанамгар ҟалом, аҭоурыхи ацивилизациеи рхыҵхарҭаҿы, алакәқәеи, амифқәеи рдунеиаҿ уҟоушәа… Нас иабаҟоу ара инхоз, ари џьанаҭ ҭыԥ аҟны агәахәара зауаз ауааԥсыра?».
Самырзаҟан
Диубуа иныҟәара хирқәшеит Самырзаҟан (иахьатәи Гал араион – аред.). Уа дыҟанаҵ ианҵамҭақәа рҿы еиҭеиҳәоит аԥсуа ҭауад Анчабаӡеи ақырҭуа ҭауад Дадиани ирыхьаз аимак-аиҿак атәы:

«1832 – 1833 шықәсқәа рзы Самырзаҟан лассы-лассы аимҵәаҩцәа ақәыларақәа аԥшьыргон. Уи зхылҿиаазгьы абри ахҭыс оуп. Зны, Леван Дадиани, Гыртәыла аҭауад, иижәыз аҩы хәыҷык ихы иасын, иҭаххеит уи аамҭаз иааигәара иҟаз аԥсуа ҭауад Анчабаӡе уск иирҟаҵарц, аха уи иара мап аәикит, аурыс афицар имаҵура иақәнагом ҳәа. Уи аҩыза аҭак Дадиани ихы ихнахит, алаба днамҵасны аԥсуа ҭауад дисып ҳәа нақәикит. Аха Анчабаӡе аҳәала ихы ихьчеит. Уи еиҳагьы Дадиани иԥсахы еибанаркит. Анчабадзе иакәзар, Дадианаи ихымҩаԥгашьа дахьирхәырц иаҳәа иҟьеит, аха уи имықәшәеит. Дадиани имаҵурауаа ааиԥхьан, Анчабаӡе дҿаҳәаны абаашқәа рук аҟны дҭаркырц адҵа риҭеит. Уи абаа аҟнытә Анчабаӡе дыбналеит Самырзаҟанҟа. Убри ашьҭахь Анчабаӡе ишьоура далагоит – дааҟәымҵӡакәа Гыртәыла дақәло, иқәыблаауа. Ҵабалаа иваргыланы, Дадианаи уаҳа урҭ аҿагылара рыҭара илымшо аҟынӡа днаргеит. Убасҟан Дадиани аурысцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит, иҳәаақәа Анчабаӡе иҟнытә рыхьчараҿы ицхраарц азы».
«Кавказ – дара рҭыҩроуп»
Диубуа ианҵамҭақәа уанрыԥхьо, лассы-лассы иуԥылоит аԥсуа ҭауадцәа тәамбашақә дышрыхцәажәо, иара убасгьы автор хшыҩҵакык аҳасабала иҩуеит, Урыстәыла иалшар, араҟа аԥсҭазаара ҭышәынтәаланы ишыҟалоз атәы. Абас иҩуеит аныҟәаҩ XIX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы:

«Мраҭагыларатәи Урыстәылахь ахәаахәҭратә мҩа аатыр, Аԥсны иаарласны ашьапы иқәгылон, аҿиарагьы иалагон. Ари аҳәынҭқарра рыцҳа аҟны ишьақәгыларын аҭынчра, Аԥсныи Гыртәылеи рықәлара есымша иазыхиоу агагшәыг ҟазшьа змоу Ҵабалтәи аимҵәаҩцәа аанызкыло амч ҟалар. Икьаҿу, иманшәалоу амҩақәа ылхны мацароуп Урыстәыла Кавказ анапаҿы аагара шалшо, иара убасгьы Аԥсны аҭауадцәа ргьангьашара аанкылара. Аҭауадцәа ибзианы еилыркаауеит, Кавказ зегьы – дара ирҭыҩраны ишыҟоу, ачерқьесцәа – дара рҩызцәа, ианакәызаалак урҭ ацхыраара рыҭара ишазыхиоу».
Аҵасқәа ирызкны
Даараӡа аинтерес рыҵоуп аҭыԥантәи ауааԥсыра рҵасқәеи рқьабзқәеи ирызку Фредерик Диубуа иазгәаҭарақәа. Асас дахь ҳәа ирыԥхьаӡо изыршьуагьы ашьтәа дуун ҳәа азгәеиҭоит аныҟәаҩ. Фредерик еиҭеиҳәон, асас изы аишәа архиара адагьы, уи ишизеиҿыркаауаз агәырҿыхарақәагьы, еиҳарак акәашарақәа:

«Акәашара уаҟәыҵны, уаҳа сылшом ҳәа ацара ԥхашьара дууп ҳәа иԥхьаӡоуп. Зныкымкәа избахьан, шаҟа ирцәыуадаҩыз акәашаҩцәа. Зны аинралк, уа иҟаз ԥҳәыск длыҳәеит акәашара лхы алалархәырц; сааҭк аҟара ҵит ԥсыуа ҷкәынак дицкәашоижьҭеи, илылшоз зегь ҟалҵеит длырааԥсарц, аха аҷкәын даангылап ҳәагьы игәы иҭамызт. Авуаль ахаҭыԥан лхы-лҿы зҵәахуаз ачоуҳатә касы лыԥсыԥ лагаҩагара аруадаҩуан; лшьамхқәа ҵысуан, уаҳа аалылымшо дыҟан, абыржәы лыԥсы аамачҷхаратә дшыҟаз, аинрал днеины лара аиааира лгеит ҳәа арԥыс иҳәарц диҳәеит».
Кавказ иахысыз аныҟәаҩ
Диубуа-аныҟәаҩы инижьит усҟантәи аамҭазтәи Аԥсны иазку хәы змаӡам аҭоурыхтәи, агеографиатәи, атопографиатәи дыррақәа. Иара игәаанагарақәеи, изгәаҭарақәеи раарԥшразы ихы иаирхәо ажәақәа зны-зынла имҿыӷуп, аха ус шакәугьы, Аԥсны ҭызҵаауа рзы даараӡа аинтерес аҵоуп.

Фредерик Диубуа де Монпере аныҟәарақәа рзы Кавказ даҭаауан 1934 шықәсанӡа. Иусумҭақәа рҭыжьра ашьҭахь Невшательтәи академиа дапрофессорны дҟалоит. 1848 шықәсазы уи академиа анадыркы, Диубуа археологиа иҽазикуеит: археологиатә жрақәа мҩаԥигон Невшатель азааигәара иҟаз аҭыԥ Крессе аҟны, насгьы, франциатәи акоммуна Коломбие аҟынгьы. Убасгьы, Фредерик Диубуа иҭиҵаауан Невшательтәи ауахәама.

Аныҟәаҩ иусумҭақәеи, иколлекциақәа реизгақәеи ҳамҭас иеиҭеит ақалақь Циурих иатәу абиблиотека. Диубуа ихатә ԥсҭазаара иазкны идыру маҷӡоуп: иԥсҭазаара далцуеит 51 шықәса дшырҭагылаз, Невшатель иаҵанкуа Пезе ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҟны.
Left
Right

Атекст автор - Арифа Қапԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡԥҳа, аредактор – Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа