Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

29 Хәажәкыра 2024
09:54
Хьыбла Гьерзмаа
Аԥсныи Урыстәылеи «рыхьтәы сопрано»
Адунеитә сцена аеҵәахә, Аԥсны агәадура, «ахьтәы сопрано» Хьыбла Гьерзмаа диит ажьырныҳәа 6, 1970 шықәсазы, Пицунда ақалақь. Аҟыбаҩ бзиа злоу амузыкантҵәа реиҳарак реиԥш, амузыка лҽазылкит лхәыҷра шықәсқәа инадыркны: ашәа лҳәон, афортепиано алырҳәон. Хьыбла аҵара лҵон Гагратәи амузыкатә школ аҟны, анаҩс дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵариурҭа, уи дагьалгоит афортепиано акласс ала.
Ашәаҳәаҩ лышьақәгылараҿ анырра ду анаҭеит лыкәша-мыкәша иҟаз амузыкатә культура, еиҳаракгьы Х-тәи ашәышықәсахь иаҵанакуа Пицундатәи ауахәама акәша-мыкәша иҿиоз. Абрахь ауп дыӡӷаб хыҷны амузыка азыӡырҩра дахьаауаз, раԥхьаӡа акәны ауарӷан абжьқәа ахьлаҳаз, еицырдыруа амузыкантцәа ахьылбаз. Аамҭак азы Хьыбла ауарӷан арҳәаҩыс дҟалап ҳәагьы дазхәыцхьан. Еиҭаҳәашьа змам ааха дуны ашәаҳәыҩ лзы иҟалеит лани лаби рыԥхара. Лара 16 шықәса заҵәык ракәын илхыҵуаз лан лдунеи анылыԥсах, ҩышықәса рышьҭах лабгьы иԥсҭазаара далҵуеит. Хьыбла, згәабзиара уашәшәыраз лан уахи-ҽни дылбон, аха уи дызлымгоз акьыба чымазара злымаз атәы лара илыздыруамызт. Убарҭ ашәықәсқәа рзоуп, ашәаҳәаҩ лажәақәа рыла, лыбжьгьы анцәырҵ, ианаатыз.
Хьыбла Гьермзаа
© melody.su
Хьыбла Гьерзмаа раԥхьатәи авокалтә урокқәа лоуит Аҟәатәи амузыкатә ҵариурҭа аҟны, рҵаҩысгьы длыман Жозефина Бумбуриди. 1989 шықәсазы қәҿиарала аҭаларатә ԥышәарақәа аҭаны, дҭалоит Москватәи аконсерваториа, уаҟа рҵаҩцәас илоуит УАААР (Урыстәылатәи Асоветтә Афедеративтә Асоциалисттә Республика аред.) жәлар рартистка Ирина Масленниковеи, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Евгениа Арефиевеи. Хьыбла лыстуденттә шықәсқәа рзгьы лхы алалырхәуан еиуеиԥшым жәларбжьаратәи авокалтә еицлабрақәа. Хьыбла лахь ауаа аинтерес рызцәырҵуа иалагеит аицлабра «Вердивские голоса» аҟны ахԥатәи аҭыԥ анылга инаркны, анаҩс аҩбатәи аҭыԥқәа нылкылеит Санкт-Петербургтәи Римски-Корсаков ихьӡ зхыуи, Франсиско Виниас ихьӡ зхыуи (Барселона) авокалистцәа рконкурсқәа рыҟны.
Жозефина Бумбуриди
© apsnyteka.org
Ирина Масленникова
© kino-teatr.ru
Евгениа Арефиева
© stanmus
Ашәаҳәаҩ қәыԥш атриумф лзыԥшын 1994 шықәсазы, Москва имҩаԥысуаз Пиотр Чаиковски ихьӡ зхыу жәларбжьаратәи аконкурс аҟны. 24 шықәса зхыҵуаз Гьерзмаа аконкурс аҟны иналыгӡеит Розина лариа, Россини иопера «Сивильски цириульник» аҟнытә, иара убасгьы Асҭыԥҳа лариа, Николаи Римски-Корсаков иопера «Снегурочка» аҟнытә. Гьерзмаа ари аконкурс аҿы лықәгылара зегьы аршанхеит. Ажиури ирыдыркылеит ипрецедентдаз аӡбара – аконкурс аҭоурых аҟны раԥхьаӡакәны алахәҩы Агран-при лырҭеит: Хьыбла лаԥхьагьы, уи лашьҭахьгы Агран-при уаҳа аӡәгьы ианашьамызт. Ҳәарада, ари аҳамҭа артистка лашәаҳәаратә кариера аҟны акрызҵазкуаз хҭысны иҟалеит.
Хьыбла Гьерзмаа
© Хьыбла Гьерзмаа лофициалтә саит
1995 шықәсазы Гьерзмаа дҟалоит Станиславски Немирович-Данченкои рыхьӡ зхыу Москватәи академиатә амузыкатә театр (МААТ) солисткас. Иахьагьы ари атеатр аҟны аԥхьагылаҩ-солисткас дыҟоуп. Хьыбла лусура ашықәсқәа ирылагӡаны илзаашьҭын еиуеиԥшым атеатрқәа рҟынтә адгаларақәа дара рахь аусура аиасразы, Большои театргьы уахь иналаҵаны, аха лара лтеатр гәакьа ныжьны џьаргьы дымцеит, дцапҳәагьы лгәы иҭам. Линтервиуқәа рҿы, Хьыбла лассы-лассы иазгәалҭоит лтеатр лыҩны еиԥш ишылаԥхьаӡо, иара убасгьы ҷыдала иалылкаауеит уи асахьаркыратә напхгаҩы Александр Титель лашәаҳәаратә кариераҿы иалагала ду.
Хьыбла Гьерзмаа
© jazzmap
Хьыбла Гьерзмаа Џьакомо Пуччини иопера «Богема» аҟны Миузетта лроль налыгӡоит
© megabook
«Сказки Гофмана»
© Лена Семионова, К.С.Станиславски В.И.Немирович-Данченкои рыхьӡ зхыу Москватәи Амузыкатә театр
«Опера. Джаз. Блиуз»
© Олег Черноус, К.С.Станиславски В.И.Немирович-Данченкои рыхьӡ зхыу Москватәи Амузыкатә театр
Хьыбла лхаҭа лыбжьы адлыԥхьаӡалоит алирикатә акцент змоу алирико-колоратуратә сопрано ахь. Лара лрепертуар аҟны даараӡа ирацәан хыԥхьаӡара рацәала иналыгӡаз апартиақәа, уахь иаҵанакуеит: Лиудмила (аопера «Руслан и Лиудмила» Глинка), Шамахантәи аҳкәажә («Золотои петушок», Римски-Корсаков), Адина («Лиубовны напиток», Доницетти), Виолетта («Травиата», Верди), Мими Миузетеи («Богема», Пуччини), донна Анна («Дон Жуан», Моцарт), Лиу («Турандот», Пуччини), Амелиа Гимальди («Симон Бокканегра», Верди) убас егьырҭгьы. Иналыгӡаз апартиақәа рхыԥхьаӡара шырацәоугьы, дара ралхра хшыҩзышьҭрала дазнеиуеит, иарбанзаалак лара илнаалом ҳәа илыԥхьаӡо ароль налыгӡарангьы дыҟам.
2001 шықәсазы Хьыбла Гьерзмаа Аԥсны еиҿылкаауеит есышықәстәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» ҳәа хьӡыс изауыз. Есышықәса уи қәҿиарала имҩаԥысуеит, амҽхакгьы аҽарҭбаауеит. 2014 шықәсазы, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аконцертқәа мҩаԥысит Москва, XIV-тәи афестиваль аартын Вена, еицырдыруа ахьтәы зал «Музикфераин» асценаҿы, иагьыркын «Карнеги-холл» (Ниу-Иорк» аҟны. XVI, XVII афестивальқәа мҩаԥысуан швеицариатәи ақалақь Санкт-Моритце аҟны. Афестиваль аҟазаара аамҭа иалагӡаны, уи рхы аладархәит адунеизегьы еицырдыруа амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Владимир Спиваков, Елена Образцова, Денис Мацуев, Ильдар Абдразаков, Дебора Браун убас егьырҭгьы. Акыршықәса инеиԥынкыланы аконцертқәа мҩаԥигон, аҟазаҭҵааҩы Свиатослав Белза. Аԥсны иқәынхо зегьы рзы ари афестиваль гәыкала бзиа ирбо ныҳәак еиԥшны иҟалеит, избан акәзар есышықәса Хьыбла Гьерзмаа лыуаажәлар ирзаалгоит зегьы иреиӷьу амузыкатә композициақәеи, адунеи зегьы еицырдыруа ашәаҳәаҩцәеи.
Афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» Аԥсуа драматә театр асценаҟны, Аҟәа, 2017 шықәса
© Наала Аҩӡԥҳа
Ахьӡ Хьыбла аԥсышәала «зыблақәа хьыԥшшәылоу» ҳәа аанагоит, акритикцәа ракәзар Урыстәыла «ахьтәы сопрано» ҳәа ахьӡ лхырҵахьеит. 2001 шықәсазы зегьы иреиӷьу ашәаҳәаҩ ҳәа лара иланашьан атеатралтә премиа «Золотои Орфеи». 2006 шықәсазы илыхҵан Аԥсны Жәлар рартистка ҳәа ахьӡ ҳаракы, анаҩс – Урыстәыла Жәлар рартитска ҳәа. 2010 шықәсазы Хьыбла Гьерзмаа иланашьан Урыстәыла атеатралтә дунеи аҿы зегь иреиҳаӡоу апремиа – «Ахьтәы сабрада», аспектакль «Лючиа ди Ламмермур» (Гаетано Доницетти) аҟны иналыгӡаз Лиучиа лроль азы. Арежиссиор Адольф Шапиро, ари аспектакль К.С.Станиславски В.И.Немирович-Данченкои рыхьӡ зхыу Москватәи Амузыкатә театр аҟны ақәыргылара иҽаназишәа аҿны инаркны, Лиучиа лроль аҟны иибоз Хьыбла Гьерзмаа заҵәык лакәын
2010 ашықәс Хьыбла Гьерзмаа лпрофессионалтә ԥсҭазаараҟны иналукааша ашықәсқәа иреиун. «Ахьтәы сабрада» адагьы лара иланашьан акрызҵазкуа даҽа ҩ-ҳамҭак: Урыстәыла аопертә премиа Casta Diva, иара убасгьы иҳәынҭқарратәым апремиа «Триумф» акультуреи аҟазареи рҿы аихьӡарақәа рзы

Хьыбла Гьерзмаа дықәгылахьеит адунеи зегьы иреиӷьу атеатрқәа рысценақәа рҿы. Раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи атеатр, лара лбаҩхатәра иаҵагылаз Лондон иҟоу Акралтә театр «Ковент-Гарден» акәхеит. Раԥхьаӡа акәны уи асценаҿы лара дықәгылеит 2008 шықәсазы, иагьыналыгӡон Татиана лроль Чаиковски иопера «Евгени Онегин» аҟны. Гьерзмаа лықәгылара зегьы аршанхеит. Шықәсык ашьҭахьгьы, лара дхынҳәит ари асценахь Пуччини испектакль «Богема» дацны, иагьыналыгӡеит Мими лроль.
2010 шықәса жьҭаарамзазы Хьыбла дықәгылеит Ниу-Иорк ақалақь иҟоу аоператә театр «Метрополитен-опера» асценаҿы, Оффенбах иқәыргыламҭа «Сказки Гофмана» аҟны Антониа лпартиа анагӡарала. Ашьҭахь арҭ атеатрқәа еиҳа лассы-лассы ааԥхьара лырҭо иалагеит ихадоу апартиақәа налыгӡаларц. 2015 шықәсазы лтеатр гәакьа аамышьҭахь, Хьыбла Гьерзмаа «Метрополитен-опера» аҟынгьы иӡырылгеит лкомпакттә диск «Аурыс ашәаҳәаҩцәа рвокалтә циклқәеи аромансқәеи» захьӡыз, насгьы Урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа рахьтә лара лоуп зегь раԥхьаӡа уаҟа автограф-сессиа мҩаԥызгаз. Хьыбла дахьықәгылахьоу адунеиаҿ иреиҳаӡоу ахьӡ змоу асценақәа ируакуп иара убас Милан ақалақь иҟоу «Ла Скала», Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Флоренциа иҟоу атеатр «Комунале», Париж иҟоу Елисеитәи адәқәа ртеатр уҳәа убас егьырҭгьы.
2011 шықәса цәыббрамзазы Хьыбла Гьерзмаа Парижтәи ахәаԥшцәагьы хылхуеит. Лара дықәгылоит Парижтәи аопераҿы Моцарт иопера «Милосердие Тита» аҟны Вителиа лпартиа анагӡарала.
Хьыбла Гьерзмаа
© Хьыбла Гьерзмаа лофициалтә саит
2012 шықәсазы Оффенбах иқәыргыламҭа «Сказки Гофмана» аҟны иаразнакала х-рольк налыгӡеит, ус еиԥш зылшо ахааназгьы даара имаҷын, Хьыбла Гьерзмаагьы уи зылшаз инарылукаашаз аоператә шәаҳәаҩцәа дыруаӡәкхеит. Хьыбла лхаантәи ашәаҳәаҩцәа рҟынтә х-рольк рынагӡара зылшахьаз анемец оператә шәаҳәаҩы Диана Дамару заҵәык лакәын. Лара абарҭ арольқәа рыла дықәгылон Бавартәи аопера асценаҿы.
Хьыбла Гьерзмаа
© Хьыбла Гьерзмаа лофициалтә саит
2014 шықәсазы Шәача ақалақь аҟны Аӡынтәи Олимпиатә хәмаррақәа рхыркәшара ацеремониаҿы Хьыбла Гьерзмаа лоуп знапы ианырҵаз «Аолимпиатә вальс» анагӡара, аӷба «Вестник весны» дақәтәаны.
Хьыбла Гьерзмаа
© Павел Ваан, Леонид Семениук
2014 шықәсазы иаԥҵоуижьҭеи 50 шықәсахыҵратә иубилеи азгәазҭоз афирма «Мелодиа» аоператә классика знылаз адиск ҭнажьит. Лымкаала абри адиск аҭаҩразы Моцарт, Беллини, Верди, Доницетти, Россини уҳәа еицырдыруа акомпозиторцәа рариақәа налыгӡеит Хьыбла Гьерзмаа, Урыстәыла Амилаҭтә филармониатә оркестр дацны.
2016 шықәсазы ашәаҳәаҩ лҳамҭақәа ирыцлеит даҽакы: МАМТ асценаҟны Александр Титель иқәиргылаз Керубини испектакль «Медеиа» аҟны Медеиа лроль анагӡаразы иланаршьеит «Ахьтәы сабрада». Ари ароль – ашәаҳәаҩ лгәи-лыԥси зқәылҵаз, зегь реиҳа илгәаҟыз акоуп. Аргонавтцәа ирызку ажәытәбырзентә миф инақәыршәаны, Медеиа аколхцәа раҳ иԥҳа лакәын. Колхида ҳәа иашьҭан ажәытәан Аԥсны. Ус анакәха, ари амиф аҟны иаарԥшу ахҭысқәа ашәаҳәаҩ лыԥсадгьыл аҟны ажәытәан иҟалахьаз ракәын. .
«Медеиа» Л.Керубини афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» аҟны, Аҟәа, 2016 шықәса
© Наала Аҩӡԥҳа
«Ари аспектакль аҟны Медеиа агәаҟра лныԥшуеит, аха лхаҭа дыцәгьаршҩым. Баша аҵкы еиқәаҵәа зшәу Медеиа – Хьыбла Гьерзмаа, ашәы лхьыкәкәа дшыҟоугьы, лрыцҳашьара акәым, лдуреи лыԥшӡареи рҿаԥхьа ухырхәар уҭаххоит. Лыбжьы убас нҵәара зқәым ҵауларак аанахәоит, ихырку аколоратурақәа рыԥшӡара уатәнатәыртә еиԥш. Нас уи иаҵоу амч иазҳауа-иазҳауа иаалырҟьаны афальцет ахь ииасуама уҳәартә ипахоит, асценаҿ иаарԥшымыз лхәыҷқәа рышьра аимгеимцаразы. Аха еилукаауан, уи нахыс Медеиа лхаҭагьы ԥсҭазаашьа шлымам, лхәыҷқәа шьны лыхгьы лшьыр акәын, избанзар бзиабарада ари адунеи ақәзаара лылшомызт».
Аспектакль «Медеиа» иазкны «Российская газета» ианылаз астатиа аҟынтә
Керубини иопера «Медеиа» ақәыргылара – кульминациатә хҭысын XV-тәи аиубилеитә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз рахьтә. Ашәаҳәаҩ акыр шықәса раахыс илымаз лыгәҭакы налыгӡеит лара аус ахьылуа атеатр лыԥсадгьыл Аԥсныҟа раагарала, адекорациақәеи ақәыргыламҭа иалахәу атруппа зегьы уахь иналаҵаны. Аопера ықәдыргылеит Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы, аха аҵыхәтәанӡа уи уаҟа анагӡара залмыршахеит. Актәи акт анаанҵәа ашьҭахьҵәҟьа ақәыршыҩ ӷәӷәа леит. Аопера иаарццакны Аԥсуа драматә театр асценахь ииагатәхеит.
2017 шықәса хәажәкырамзазы Хьыбла Гьерзмаа раԥхьаӡа акәны дықәгылеит милантәи атеатр «Ла Скала» асценаҿы Гаетано Доницетти иопера «Анна Болеин» аҟны ароль хада анагӡарала. Мари-Луиз Бишофберже иқәлыргылаз ари аспектакль апремиера мҩаԥысит 35 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны. Хьыбла лаԥхьа Анна лроль иара абра иналыгӡон ашәаҳәаҩ ду Монтсератт Кабалье, 1982 шықәсазы.
Ашәаҳәаҩ лымкаала бзиа илбоит аџьазтә музыка. Лассы-лассы лконцертқәа рҿы еицырдыруа аклассикатә аԥҵамҭақәа аџьаз цәаҩа рхаҵаны иуаҳар улшоит. Абри ахырхарҭала Хьыбла Гьерзмаа аус рыцылуит зыхьӡ нагоу амузыкантцәа: Даниил Крамер, Иаков Окунь иџьазтә трио, апианино арҳәаҩы Денис Мацуев, америкатәи ашәаҳәаҩ Дебора Браун, аџьазмен Гьаргь Гараниан уҳәа убас егьырҭгьы. Абас еиԥш иаԥҵаз аџьазтә стандартқәа алалҵеит ашәаҳәаҩ лзыӡырҩцәа бзиа еицырбаз апрограмма «Опера. Джаз. Блюз». Хьыбла Гьерзмаа лрепертуар иалоуп жәлар рашәақәагьы. Иџьоушьаша, аҳәаанырцәтәи лықәгыларақәа раан ахәаԥшцәа аԥсуа жәлар рашәақәа роуп еиҳаракгьы
«бис» аҳәарала даҽазнык илдырҳәо.
Хьыбла Гьерзмаа ацхыраара рылҭоит абаҩхатәра злоу Аԥснытәи ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа. Аҿар лассы-лассы ирылахәуп лара имҩаԥлго афестивальқәа, лара лхаҭагьы асценаҿы данрыцықәгыло маҷым. Артистка ацхыраара алҭоит лара дзылгаз Гагратәи амузыкатә школ, иара убас Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, Очамчыратәи алицеи-интернат. Афестиваль иаанагаз аԥарақәа убасгьы изныкымкәа Аԥсны иҟоу агәыҳалалратә фондқәа ирхыԥхьаӡалахахьеит.
Хьыбла Гьерзмаа
© Хьыбла Гьерзмаа лофициалтә саит
Лыхьӡ ишаҳәо еиԥш зыблақәа ҭԥхаауа Хьыбла Гьерзмаа лымкаала бзиа дырбоит амода ахырхарҭа змоу аҭыжьымҭақәагьы. Аҽеиҿкаараҿы илымоу агьама еталонтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аҽеилаҳәараҿы илҿыԥшуа, зыҽлеиԥшызтәуа даараӡа ирацәаҩуп. Лара лхаҭагьы иазгәалҭоит амода дшацклаԥшуа, аамҭа анлымоу адизаинерцәа рцәыргақәҵақәа дшырҭаауа. Хьыбла Гьерзмаа лхазы зегь рыла еталонс далылкаауеит илегендартәу Мариа Каллас.
«Лара (Хьыбла – аред.) Москва иреиӷьӡоу асопрано бжьы зхоу ахьлакәу адагьы, агьама ҳаракӡа змоу ԥхәызба ԥшӡоуп. VOGUE аҭыхрақәа рахь днеиуеит лхатәы стильаԥҵаҩы длыцны, еицырдыруа адизаинерцәа Carolina Herrera, Halston рҟынтә аҵкқәа лчемодан иҭаҵаны — аҵыхәтәантәи аколлекциақәа ируаку. Лыҵкқәа руакы лара Каролина Еррера лнапала аус адылулеит, Ниу-Иорк. Егьи бзиа илбо даҽа ҵкык иӡахит Москва адизаинер Александр Терехов ихаҭа, лықәгылара мышқәак шагыз. Аҵкқәа зыҟны иҿалҵо дыруаӡәкуп иара убас Вардуиа Назариан. Хьыбла – ҳаамҭа иақәшәо оператә шәаҳәаҩуп, уажәгьы ихадароу абжьоуп ҳәарада, аха уи анаҩсан аҵакы рымоуп артист асценаҿы леиҭаҵшьақәа, ашоу, абырлашқәа рыцырцырра, актиортә ҟазара».
Vogue Russia ахҳәааҟаҵаҩ Сергеи Ходнев

Атекст автор – Арифа Қапԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡԥҳа, аредактор Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа