Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

15 Абҵара 2024
09:23
Аҟәа XIX-XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭаз
Амраҭашәара ссирқәеи ахьа фҩыхааи рықалақь
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа – зҭоурых 2500 шықәса инархыҳәҳәо ижәытәӡоу қалақьуп. Ус шакәугьы, ақалақь ауааԥсыра гәык-ԥсыкла бзиа ирбо архитектуратә хаҿра шьақәгылеижьҭеи рацәакгьы ҵуам – XIX-XX ашәышықәсқәа реихысырҭахь иаҵанакуеит.
Аҟәа аҭоурых ахы акуеит ҩ-нызқьи бжаки шықәса раԥхьаҟа, ажәытәбырзен қалақь Милетынтә иааз раԥхьатәи аколонистцәа Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ршьапы анықәдыргыла инаркны. Дара абри аҭыԥ аҟны идыргылеит ақалақь-баӷәаза Диоскуриа. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы ари ақалақь рнапаҿы иҟан аурымцәа, византиаа, агенуезцәа, нас аҭырқәцәагьы.
Ҳера аныҟала раԥхьатәи ашәышықәсақәа раан иҟалалоз адгьылҵысрақәа рымшала ажәытәтәи Диоскуриа ашьҭамҭақәа зегьы амшын иамҽханакит. Аӡы ахьзымнаӡаз ақалақь аҩадатәи аҵкар мацароуп. Убраҟоуп аурымцәа рбаа Себастополис ахьдыргылазгьы, анаҩс рлегионқәа ахьдыртәазгьы.
Аҭоурыхҭҵааҩ Анзор Агәмаа ишәҟәы «Ажәытәтәи Аҟәа» аҟны иҩуеит:
«Аҟәа – ҭоурыхтә қалақьуп. Уи ахьгылоу аҭыԥ аҟны антиказаатәи аиланхарҭақәа рцәырҵра акырӡа шагызгьы, ақалақь хаҿра змаз ажәытә аԥсуаа рынхарҭа шьақәгылахьан, Аҟәа ахьӡын (аԥсышәала иахьа уажәраанӡагьы ус ахьӡуп), уи аҭоурых ажәытәӡа иаларсуп».
Абжьарашәышықәсақәа раан аҭырқәцәа абаа Себастополис ахьӡ рыԥсахит Сухум-кале ҳәа. Аха ари ақалақь аханатә аԥсышәала хьӡыс иаиуз иахьанӡагьы еиқәхеит – Аҟәа. Ажәытә ақырҭуа шықәсынҵақәа рҟны ари ақалақь-абаа аӡбахә уԥылоит Цхум ҳәа. VIII-тәи ашәышықәсазы Аҟәа Аԥсуа аҳра ацентрқәа ируакхеит. XVI-тәи ашәышықәса инаркны XIX-тәи ашәышықәсанӡа Кавказ агаҿа зегьы ҩ-империа дук ринтересқәа ахьеиқәшәаз ҭыԥны иҟан – Османтәи аимпериеи Урыстәылатәии. Урҭ араҟа аамҭа-аамҭала аибашьрақәа рыман.
XVIII-тәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи аҩажәа шықәса инадыркны абаа Сухум-Кале аԥсуа аҳ Қьалышьбеи итәарҭан. Иара дазгәышьуан итәыла хьыԥшымны аҟаҵара, уи агьилшеит азныказы, аҭырқәцәа арантә иқәцаны. Аха 1810 шықәсазы, Қьалышьбеи даныршь аамышьҭахь, Аԥсны Урыстәыла иадлеит, Аҟәатәи абааҿгьы аурыс игарнизонқәа иртәеит.
1830-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи абаа мрагыларахьтәи аган ала, амшын аҟәара иаваршәны еиланхарҭа хәыҷык шьақәгылеит. Уи аԥхьа ахәаахәҭратә баӷәазак аҳасабала иҟан, анаҩс баӷәазатә қалақьхеит, абаа хьӡыс иамаз иаргьы хьӡыс ишьҭнахит. Аҟәа усҟантәи аамҭазы еиҳарак амҿтәы ҩнқәа зызгылаз қалақь хәыҷын. Аха убасҟангьы аԥшӡарала аныҟәаҩцәа аршанхо иҟан, шәҭылеи шәаԥыџьаԥлеи иҭалаҳан, еиҳаракгьы агәилқәеи аӷшҵлақәеи рацәан.
1866 шықәсазы, Аԥсны аҳра анаԥырх аамышьҭахь иаԥҵаз Аҟәатәи арратә округ административтә центрс иҟалеит ақалақь Аҟәа. Ақалақь маҷ-маҷ еиҵыҵуан, иҿион, аха XIX-тәи ашәышықәса иалагӡаны акырынтә аимҵәарақәеи арбгарақәеи ахҭнагахьан.
Аҟәа ааха ду аиуит еиҳарак 1877-1878 шықәсақәа рзтәи аҵыхәтәантәи аурыс-аҭырқәа еибашьраан. Усҟан аҭырқәа ируаа ақалақь ианалҵуаз амца ацрарҵан ирблит. Аԥсуаа ари аибашьраҿы аҭырқәа ган иахьадгылаз азы агаҿаҟны анхара азин рымырхит, Аҟәа ақалақьгьы уахь иналаҵаны. Ҩынҩажәижәаба нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра Ҭырқәтәылаҟа ихҵәар акәхеит. Аԥсны ақыҭақәа жәпакы ҭацәит, Аҟәа ақалақьи уи акәша-мыкәшеи инхоз аӡә даанымхакәа зегь ықәҵит.
Абарҭ ахҭысқәа раамышьҭахь маҷк ааҵуаны ашәҟәыҩҩы Антон Павел-иԥа Чехов абас иҩуеит аԥсуа аҳҭнықалақь иазкны иҩыза иахь иишьҭуаз асалмшәҟәаҿы:
«Иахьа шьыжьаахыс Аҟәа стәоуп. Аԥсабара иџьоушьаратә иссирӡоуп, уарааԥкыртә, ма агәкаҳара унаҭартә аҟынӡа. Зегь лакәҵас иҟоуп, иҿыцуп, апоезиа-цәа ахоуп. Аевкалиптқәа, ачаи ачықьқәа, акипарисқәа, анызҵлақәа, апальмақәа, агәыжьқәа, амшынҟызқәа, акамбашьқәа, иҳәыҳәԥштәылоу апҟақәа, ашьхақәа, ашьхақәа нҵәара зқәым… Стәоуп уажә абра абарҵаҿы, исывсны инеи-ааиуеит аԥсуаа акапуцинцәа рмаскарад маҭәала еилаҳәаны, амҩа ааихуҵәар – азеиҭынҵлақәеи, анызҵлақәеи, акипарисқәеи рызҳауеит, урҭ рнаҩс – амшын иаҵәҟаҟара… Мызкы иадымхаргьы Аԥсны сынхозҭгьы, шәкы бжак раҟара лакә ссир аԥысҵар ҟаларын ҳәа сгәы иаанагоит. Ара уахьынаԥшлак – ачықьқәеи ашәшьырақәеи зегьы рҟынтә, ашьхарантә, агантә, жәҩанынтә зқьыла асиужетқәа узхьаԥшуеит. Шаҟа схәымгоузеи асахьаҭыхшьа ахьысзымдыруа!»

«1875-1890 шықәсқәа рзтәи асаламшәҟәқәа»

1880-тәи ашықәсқәа инадыркны иҭацәыз аԥсуа дгьылқәа рахь еихеит аколонистцәа. 1897 шықәсазы имҩаԥгаз раԥхьатәи урыстәылазегьтәи ашәҟәҭагалара адыррақәа рыла, Аҟәа инхон 7998-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аурысқәа 1685-ҩык ыҟан, агырқәа – 1522-ҩык, абырзенцәа – 1083-ҩык, аԥсуаа – 144-ҩык. Урҭ рыдагьы ара инхон аҭырқәцәа, аерманцәа, аҭаҭарцәа, аџьамцәа, аполиакцәа, анемцаа, аестонцәа – иааидкыланы даҽа 20 милаҭ инареиҳаны рхаҭарнакцәа. Акыр алаҵәара рыман амилаҭтә хеилакқәа, доусы дара ргәыԥ апроблемақәа рыӡбара иазкын: идыргылон ауахәамақәеи ашколқәеи, ақалақьтә Думахь алхрақәа рхы рыладырхәуан.
Апоет Осип Мандельштам Аҟәа ақалақь убас азиҳәеит «алахьеиқәреи, аҭаҭыни, зыфҩы лаҳалаҳауа аҵиаахәшақәеи рықалақь ауп» ҳәа. «Абрантә ауп Кавказ абызшәақәа рҵара ишалагатәу – ара ажәақәа зегьы «а» ала иалагоит»

Осип Мандельштам, «Агәалашәарақәа. Аамҭа ашыкьбжьы»

XIX-XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Аԥсны еиҭаҳан ацитрустә шәырқәеи аҭаҭын аплантациақәеи, убри абзоуралагьы ахәаахәҭреи аекономикеи акыр иҿыхеит. 1893 шықәсазы Аҟәа аус руан 130 рҟынӡа ахәаахәҭратә наплакқәа. Аекономика аҿиара иабзоураны ақалақь аргылара ԥхьаҟа иццакит. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы амал змаз анаплакцәа идыргылон адәқьанқәа, асасааирҭақәа, авиллақәа, абарҵақәеи агалереиақәеи рыла ирԥшӡаны, ахазҩнқәа ргәарақәа рҿы аҵеиџьқәа ржуан. Абри аамҭазоуп Аҟәа иахьа изхыҽхәо архитектуратә хаҿра анаиуз.
Абар Аԥсны ажәала асахьа шҭихуа ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски:
«Абаҳчаҿы, суада азааигәара, ирызҳауеит акактус дуқәа, абананқәа, амандаринқәа. Аԥенџьыр аҟынтә сахьынаԥшуа – амшыни (амра аҭашәамҭаз араҟа ссиршәа инӡаалоит), ашьха иаҵәара дуқәеи».

«Бросок на юг»

Аԥсны ақалақьқәа еиҿкаан европатәи ақалақьргылашьа иақәҿнаҭуа еиԥш. Архитектура аганахьала араҟа аԥыжәара аман Европа алаҵәара заухьаз астиль модерн. Ихадароу аргыларатә материалқәас иҟан ақьырмыт, ахаҳә, ацемент, аиха. Аҩнқәа рхыбуан ахьӡ ду змаз марсельтәи акыц ала.
«Апатырқалқәа рыфҩи ахьа ирӡуаз афҩи еилалон, абаҳча еиԥынчылақәа рҟны ихшьыз абираҟ ҟаԥшьқәа аладатәи аԥша ӷьеҩ иахьарԥыруаз рыбжьы цәгьан, аҽыуаа рыбжьы ҭганы ҿыҭуа ахаҳә мҩақәа иҿҟьаса ирнын. Ақәыршҩы ҟәандаӡа агәгәаҳәа иауан, нас аратәи аҭаҭынжәла алҩа еишьылӡа адухан ахышәқәа рҟынтә индәықәлон».

Константин Паустовски «Бросок на юг»

Ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски раԥхьаӡа акәны Аҟәа дааит 1922 шықәса жәабранмзазы. Ақалақь изаатит «ԥшшәырацәалеи бызшәарацәалеи еиларсу ҭыԥны». Аԥечка амца анҭарҵоз акакан ацәа рбылуан, абазар аҟны ахәы ҟарҵон акакан (ма араса) ахәшала ҳәа азгәеиҭон ашәҟәыҩҩы. Паустовски Аҟәа ақалақь инаҭаз ацәаныррақәа ааирԥшит аамҭак ашьҭахь ииҩыз аповест «Бросок на юг» аҟни аочерк «Ахьтәы уасцәа ахьырыԥшааз» аҟни.
XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Аҟәа ахәаахәҭратә қалақьи абаӷәазеи раҳасабала адагьы аҳауазҩыдаратә курортк аҳасабалагьы иҿио иалагеит. 1898 шықәсазы Москва, Аҳақьымцәа урыстәылазегьтәи рконгресс аҟны Аҟәа ақалақь азхаҵан арыԥҳачымазцәа рзы иреиӷьу азҩыдаратә ҭыԥс. 1902 шықәсазы апрофессор Остроумов иаԥшьгарала Аҟәа иаатит 35-ҩык рҭыԥ змаз ахәышәтәырҭа, ақалақь агәҭеи уи аҵкарқәеи рҟны асанаториақәа дыргыло иалагеит. Зегь реиҳа ублха хнакуа иҟан еицырдыруаз аурыс меценат, аҭауад Николаи Смецкои Гәылрыԥшь иргылаз асанатори: ԥшь-еихагылак змаз ахыбраҿы алифтқәагьы аус руан – усҟантәи аамҭазы илаламбатәыз, шамаха џьара иуԥымлоз. Смецкои исанатори иара ихааны Европа зегьы иреиӷьыз ирхыԥхьаӡалан.
1905-1907 шықәсақәа рзы Аԥсны аус руан ԥшьышә рҟынӡа анаплакқәа. Урҭ реиҳарак Аҟәа аус зуаз амҿымаҭәахәхырҭақәеи, ақьырмырт зауадқәеи, аӡлагарақәеи, аихаҟазарҭақәеи, ахәшахыхырҭақәеи ракәын. Аҭыԥ ҷыда ааныркылон аефиртә хәшақәа рҩырҭа зауадқәа, ашәыр-уҭраҭых наплакқәа, аҩы-ауаҭка ахьҭарҭәоз азауадқәа, алимонаҭи, «Анкара» зыхьӡыз аӡҵәыҵәи ахьыҟарҵоз азауад. Анапҟазацәеи аусуҩцәеи бжьаратәи руалафахәы усҟан 2 мааҭки 20 капеи рҟынӡа инаӡон. Ча-хык усҟан 4,5 капеи иаԥсан, акәац акәзар, 1-тәи асорҭ фунтк – 17 капеи иаԥсан.
Ақалақь аҿы акультуратә ԥсҭазаара есааира еилашуан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа аус руан х-театрк: Алоизи итеатр, Самуриди итеатр, иара уба Александртәи апарк аҿы иаартыз аԥхынтәи атеатр. Иҭыҵуан агазеҭқәа «Колхида», «Сухумский листок», «Сухумский вестник».

1912 шықәсазы ақалақь аҿы аус руан жәаха школ: аурыс, абырзен, аерман, ауриа школқәагьы уахь иналаҵаны, иара убагьы бжеиҳан аԥсуа хәыҷқәа аҵара ахьырҵоз Ашьхарыуаа рышколи, Ақырҭуа ҵара аларҵәара ахеилак рышколи.
XX-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи Аҟәа ахаҿра бзиаӡаны иаарԥшуп ашәҟәыҩҩы Адиле Аббас-оглы лавтобиографиатә шәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны. Ахәаахәҭреи аԥсшьареи еицызбоз ақалақь иаланхон амилаҭрацәа рхаҭарнакцәа. Аҟәатәи ашьхаҿы (аԥсышәала Самаҭаа рхәы ахьӡуп) Москвеи Петербурги рҟынтә ԥсшьара ҳәа иаауаз амалуаа рыҩндуқәа гылан. Ақалақь агәы иалсуаз амҩа хадаҿы – Гьаргь имҩа (иахьа Аиааира амҩаду) инхоз еиҳарак абырзенцәа ракәын – урҭ Аҟәа рхыԥхьаӡарагьы рацәан, рнаплак усқәагьы цәгьа ирыцааиуан. Иахьагьы ишыҟоу еиԥш, ақалақь ауааԥсыра зегьы иреиӷьыршьоз ԥсшьарҭа ҭыԥын амшын аԥшаҳәа.
Адиле Абасс-оглы
«Араҟа асқьалаҿы ирацәан ацәқәырԥ иарзазоз анышьқәа, мшынла аныҟәара абзиабаҩцәа урҭ ирықәтәаны хараӡа амшын агәахьы инаскьон. Аԥшаҳәа иаваршәны игылаз аҟәардәқәа рҿы рыԥсы ршьон ауаа быргцәа, амшын ҳауа зҩыда лбаадо, иниас-ҩиасуа ауаа ирыхәаԥшуа»
Ақалақь зехьынџьара иалаԥсан акаҳуажәырҭақәа, ачаижәырҭақәа, абилиардасырҭақәа. Ахацәа анард иасуан. Ачаижәырҭақәа рҟны аус руан аџьамцәа, акаҳуажәырҭақәа рҟны – абырзенцәа, аҭырқәцәа, ма аерманцәа. Ашьаҟамҩақәа рҿы аҿхыбқәеи ақьалақәеи ирыҵагыланы аршәы, ма мрагыларатәи ахаа-мыхаақәеи, ашәырқәеи, аӡыхаақәеи рҭиуан. Иара уа, насҭхашәа акәац аҵәы иахаҵаны ирӡуан, ирӡуан иара убас ахьеи арасеи.
Адиле Абасс-оглы
«Анҭыҵга шьаҵа асахҭан иалхзар акәын, ицырцыруа. Ахацәа акәымзцәаԥшқа иалхыз ашлиапақәа рхарҵон, аҳәса – ашлиапа хәыҷқәа, џьоукы-џьоукы ачықҭы ақәыршәрагьы мап ацәыркуамызт. Аӡынтәи аҵх хьшәашәақәа раан ақалақьуаа дара-дара еизцон, еибыҳәаны аӡәы иҿы рҽеизыргон. Ахацәа анард, ма ашахмат, адомино, ма амаца иасуан. Акыр еицәажәон, ажәытә аамҭақәа ргәаладыршәон, ирбаз аспектакльқәеи изыԥхьаз ашәҟәқәеи ртәы еибырҳәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳҿы аартны ҳарзыӡырҩуан. Аишәа еснагь иқәын ахаачыс, ашәыр-ақәыр, араса, акаҳуа».

«Исызхамыршҭуа»
Ақалақь иалсны илеиуаз аӡиас Басла ахықәан аԥслышқәа ирызҳауан, урҭ рыҵаҟа анышь станциақәа ыҟан. Аӡиас аԥсыӡ ҭан, ашықәс аамҭақәа зегьы рзы ара аԥсыӡкыҩцәа хтәаланы иубон. Басла нырцәи-аарцәи аԥшаҳәақәа рҿы адәқьанқәеи аџьырмыкьа хәыҷи аус руан. Ари араион усҟангьы Ацҳа ҟаԥшь ҳәа хьӡыс иаман, ақалақь аҩ-хәҭак еидызҳәалоз ацҳа аԥшшәы ҟаԥшьын азы. Иара абра иҟан ачаӡырҭақәа, ачаижәырҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, адуханқәа.
Ақалақь есааира иҿион, еиҵыҵуан, уи иалҵшәахеит иманшәалоу, еилымшәо абзазараҭыԥ ашьақәгылара. Иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа Аҟәа амилаҭрацәа зланхоз ахәаахәҭратә, курорттә қалақьны иаанхон, зыхә ҳараку аҭаҭынжәлақәеи ирӡуаз ахьеи рыфҩы лаҳалаҳауа иахьуаҳауаз.
Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡыԥҳа, аредактор Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа