АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы официалла Иорданиа иаҭаара мҩаԥысуеит нанҳәамза 24 инаркны 27 рҟынӡа.
Саид Барганџьиа
Нанҳәамза 24 рзы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь напхгара ззиуа Аконгресс аделегациа аҭаауеит Иорданиатәи Ҳашимиттәи Акралра. Аделегациа аусуратә ныҟәара хымш инаӡоит ҳәа иазгәаҭоуп.
Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба излеиҳәаз ала, иара ихаҭа Иорданиаҟа заа дԥыруеит – нанҳәа 20 рзы. Аделегациа убасгьы иалоуп Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Инвер Алшәындбеи, АААК Аинформациатә портал аҟны иҭзыжьуа аредакторс иҟоу Изольда Хагԥҳаи.
«Ҳусуратә ныҟәара ихадоу ахықәкқәас иамоуп – Иорданиа иҟоу аԥсуа-абазеи, аиашьаратә кавказтә диаспореи, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи инеиҵыху реиԥылара амҩаԥгара; аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа рабадырра; аԥсуа-абаза ҭаацәара зхы адзыԥхьаӡало зегьы рыԥшаара, ашәҟәы рҭагалара; АААК усура ахықәкқәеи, адҵақәеи уаҟа рӡыргара», – ҳәа еиҭеиҳәоит Гыцба.
Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп ауаажәларратә диаспоратә еиҿкаарақәа реиҳабырақәеи рылахәцәеи рԥылара. Уи, раԥхьаӡа иргыланы, Ачерқьесстә агәыҳалалратә еиҿкаареи адиаспоратә спорттә клуб «Аль Аҳли Клаби» роуп. Иара убасгьы имҩаԥгахоит ауаажәларратә, акультуратә усзуҩцәа рԥыларақәа.
«Аимадарақәа рырӷәӷәара иазку азҵаарақәа ҳрылацәажәарц ҳгәы иҭоуп, иара убасгьы, АААК Арегионалтә ҟәша Иорданиа аартразы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа раԥҵареи, реиқәыршәареи аганахьала аусқәа рымҩаԥгара азгәаҭаны иаҳамоуп. Насгьы, еиҿкаахоит адиаспора ахаҭарнакцәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алахәцәас рыдкылареи, акультуратә еимадара иазку азҵаарақәа рылацәажәареи», – ҳәа азгәеиҭеит Гыцба аусуратә ныҟәара ахықәкқәа дрылацәажәо.
Иордантәи Ҳашимиттәи Акралрахь аусуратә ныҟәара арбоуп 2018 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак ишьақәнырӷәӷәаз Аконгресс аиҳабыра аҳәаанырцәтәи рныҟәарақәа ирызку 2019-шықәсатәи аплан-еихшанҵа аҟны.
Ҳазҭоу ашықәс иҭагӡаны АААК аделегациа аҭаараны иҟоуп иара убас Шьамтәыла, Германиа, Голландиа, Ҭырқәтәыла.
Аконгресс ахылаԥшра ду анаҭоит аустә еилазаарқәеи адунеи зегьы аҟны иҟоу аԥсуа-абаза диаспорақәеи реидҵара, анаҩс дара Аԥсны иарҭо ацхыраарала, ҳтәыла жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәаразы алшарақәа ирышьҭоуп. Убас, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Египет имҩаԥган акрызҵазкуа аиԥыларақәа. Уи атәылахь имҩаԥгаз аусуратә ныҟәара абзоурала, египеттәи ажәла Абаза ахаҭарнакцәа аӡәырҩи Аконгресси аимадареи аиҩызареи рыбжьаҵан.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.