Амениу
27 Мшаԥы 2024
14:18
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Египет

20.01.2020 12:00 36263
Египеттәи ҳаҳәшьа Амина Абаза: Абазак ацхыраара иҭаххар, «аҭаацәа» зегь ивагылоит

АААК аинфопортал иацнаҵоит адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа реиҭаҳәара. Иахьатәи ҳажәабжь лызкуп Египет инхо ҳаҳәшьа, уаҟа Аԥстәқәа рзинқәа рыхьчаразы ахеилак аԥызҵаз, уи ахадасгьы иҟоу Амина Абаза.

29.06.2019 10:40 37291
Рауф Абаза Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора иазкны: зҳәоу еиқәшәоу ҭаацәара дукны ҳаҟоуп

Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнак Рауф Абаза (Маан) АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит уатәи адиаспора шьақәзыргыло Абаза ҭаацәара рҷыдарақәеи рыԥсҭазаашьеи атәы.

14.06.2019 12:10 37298
Абиԥарала иаауа агәыҳалалра: Мона Омар Абаза лгәалашәара иазкны

Египет иҟоу Абаза ҭаацәара рыбжьара заагарҭа маҷу ахаҭарнакцәа рыцхырааразы имҩаԥысуа агәыҳалалратә усура далацәажәеит аҵыхәтәантәи линтервиу аҟны египеттәи аԥсуа-абаза диаспора активистцәа ируаӡәкыз Мона Омар Абаза. Лара иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит рашәарамза 13 рзы, лгәы ахьаангылаз иахҟьаны.

30.05.2019 15:00 38615
Муҳаммад Абаза Египет иҟоу аԥсуа диаспора иазкны: Аԥсны иаҳа ҳамадазароуп

Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнак Муҳаммад Абаза еиҭеиҳәеит, Абазаа рыжәлеи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара ашьақәыргылашьа шибо, иара убасгьы далацәажәеит дара Аԥсны иаҳа иазааигәахарц азы иҟаҵатәу.

26.04.2019 14:50 Ажәабжьқәа 32333
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси Египет акультуреи аҟазареи рырҿиаразы Афонди русеицура иалацәажәеит

АААК аделегациа Египет раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргеит Египет акультуреи аҟазареи рырҿиаразы Афонд аиҳабыра рԥылара.

24.04.2019 19:30 Ажәабжьқәа 34025
АААК аделегациа усуратә ныҟәарала Египет иаҭааны иҟоуп

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегатцәа усуратә ныҟәарала Египет иаҭааны Абазаа рыжәла ирԥылеит.