Амениу
25 Цәыббра 2023
07:02
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аетнографиа

03.04.2023 13:10 2929
«Амазара»: адоуҳатә-культуратә ҭынха иазку АААК апроект иацҵахеит абаза ҭацаагаратә қьабзқәа рыла

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессии аилазаара «Алашареи» еицыртәу апроект «Амазара» иацҵахоит абаза ҭацаагаратә қьабзқәа ирызку авидеофильмқәа рцикл аҭыхрала.  

04.06.2021 13:35 Афотосахьақәа 25695
Ашьамаҟа аҟаҵашьа: акәамаҵамақәа 

АААК анфопортал иазнархиаз афотолентаҟны шьаҿа-шьаҿала иаарԥшуп ашьамаҟа шыҟарҵо.

04.06.2021 13:10 27925
Зыдунеи зыԥсахыз ирызкуп: аҵла иеиԥшу ацәымзақәа раркра аԥсуаа рытрадициаҿы

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҭахацнаркуеит аԥсуа қьабызтә цәымза аркра атрадициа. Ҩышықәса ирықәуп Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара амш, лаҵарамза 21 азы ашьамаҟа рбылуеижьҭеи. Изеиԥшра традициоузеи иара, иабаҟоу ахыҵхырҭа, иабантәаауеи аҭоурых? Аконгресс аинформациатә портал иазнархиеит абри азы инарҭбаау аматериал.

22.01.2020 13:30 35299
Жәлар рхьыршәыгә – амузика: ашәуаа иуникалтәу рашәақәеи рарҳәагақәеи рыԥсы шҭарҵо

Ансамбль «Аԥхьарца» алахәцәа реиҳараҩык ҩышықәсаҟа раԥхьа иарбанзаалак амузикатә арҳәагак рнапаҿы ирымкӡацызт, анотақәагьы рыздыруам – аха ус шакәугьы, ааигәа иаԥҵаз ари аколлектив аханатә инаркны афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа аго иалагеит. АААК акорреспондент еилылкааит арҿиарауаа абас ахаарԥшра зларылшо.

27.10.2019 15:05 Алонгрид 135663
Аԥсуа бызшәа азҵаарақәеи аҭакқәеи жәаба рыла

Аԥсуа бызшәа – кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иалоу мраҭашәара-кавказтәи (аԥсуа-адыга) абызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Зегь реиҳа иазааигәоу бызшәоуп абаза бызшәа, аԥсшәеи абаза бызшәеи иргәыцхәу бызшәақәоуп иара убас адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, нас аубых бызшәа (иахьазы иԥсхьоу). Аԥсуа бызшәа адунеиаҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу, ҳаамҭанӡа еиқәхаз архаикатә бызшәақәа ируакуп. Аԥсуа бызшәа алфавит 64 нбан рыла ишьақәгылоуп: ацыбжьыҟа шьҭыбжьқәа 56 ыҟоуп, абжьыҟақәа 6, иара убас арԥшқага дыргеи ахаргьежьратә дыргеи.

11.09.2019 11:00 38115
Ашьхааӡаратә ҟазара: абазақәа рыцха аҭоурыхи амаӡақәеи

Шәышықәса раԥхьаҟа ухаҿгьы иузаагомызт ашьха ааӡара знапы алакымыз абаза ҩнаҭак ыҟоуп ҳәа, ианакәзаалакгьы ари аус зегьы бзиа ирбоз, пату зқәыз акы акәны иҟан. Иара иахьагьы аҭагылазаашьа рацәак аҽамԥсахит: ҳаамҭазтәи ашьхааӡаҩцәа ашьхагәарқәа дырҿыцит, иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟарҵеит, аха ус шакәугьы, дара ирылшеит ижәытәӡатәиу ашьхааӡаратә традициақәа ҟазарак еиԥш реиқәырхара.

23.08.2019 08:30 30604
Виачеслав Чрыгба: аԥсуа бызшәа аиқәырхараҿы Уельстәи аԥышәа ҳацҳархраар ҳалшоит

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа афонд ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба еиҭеиҳәеит аԥсуа бызшәа аиқәырхара аус аҿы Уельстәи (Британиа Ду) аԥышәа ҳаҿыԥшыр шыҟало.

04.08.2019 16:30 30996
«Абраскьыл ифырхаҵарақәа»: еицырдыруа аԥсуа легендала амультфильм аԥҵахоит

Аԥсуа шәаҳәаҩы, асахьаҭыхҩы, иара убасгьы амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа аус адиулоит аԥсышәала ицәажәо амультфильм «Абраскьыл ифырхаҵарақәа».

18.07.2019 13:00 106949
Аибадырра, амҵарсра, ачара, амҳара: аԥсуа чара аетнографцәа рыблала

Ашәышықәсақәа цацыԥхьаӡа аԥсуа ҭацаагаратә традициақәа даара акыр рҽырыԥсахуан, аха иџьоушьаша – иахьанӡа еиҭакрада еиқәхазгьы рацәоуп. Традициала аԥсуа чара шымҩаԥыргози иахьатәи ҳаамҭазы уи амҩаԥгашьеи ртәы ҳазааҭгылеит АААК аинформациатә портал иазнархиаз аетнографиатә очерк аҟны.

10.07.2019 16:00 Алонгрид 85120
Сахьала еиқәыршәоу абаза алфавит: исахьарку арҵагатә цхыраагӡа

Абаза бызшәа – нхыҵкавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ ахь иаҵанакуеит. Уи агәыԥ шьақәгылоуп еигәыцхәу абызшәақәа хәба рыла: адыга бызшәа, аҟабарда-черқьес бызшәа, аубых бызшәа (иахьазы иӡхьоу), аԥсшәа, абаза бызшәа (арҭ аҩба зынӡа еизааигәоуп). Абаза бызшәа иамоуп ҩ-диалектк: тапанҭатәи – алитературатә бызшәа шьаҭас иамоу, нас ашьхарыуатәи. Иахьазы арҭ аҩ-диалектк ахархәара рымоуп. Раԥхьатәи абаза алфавит аԥиҵеит абаза, ачерқьес шәҟәыҩҩы, апоет Ҭаҭлусҭан Табулов.

Иҵегь аҭагалара