Амениу
12 Мшаԥы 2025
08:19
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аҿцәажәара

07.04.2025 12:00 Авидеонҵамҭақәа 367
«Гәыкала». Гули Кьычба

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» — еиуеиҧшым азанааҭқәа знапы алаку ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәыргылоу аинтервиуқәа рсериа. Аҧсуа уаажәларраҿы аҧҳәыс иаанылкыло аҭыҧи, анацәа реидгылашьеи, имӷьаӡо ахәрақәеи ртемала ҳлыҿцәажәеит Аҧсны анацәа рхеилак ахантәаҩы, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гыли Кьычба.

12.03.2025 19:00 Авидеонҵамҭақәа 666
«Гәыкала». Альбина Хәаџьааҧҳа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» - еиуеиҧшым аусхкқәеи азанааҭқәеи знапы алаку ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәыргылоу аинтервиуқәа рсериа.  Агәабзиара - аҧсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоуп. Ауаа ирылаҽны иҟоу аневрологиатә чымачазақәеи, «иҷыдоу» ахәыҷқәа рсоциализациеи , адиспансеризациа иазку апроект аҽалархәреи рзы ҳлыҿцәажәеит аневролог, УЗИ ахархәарала агәаҭара аҳақьым Альбина Хәаџьааҧҳа.

18.01.2025 16:45 Авидеонҵамҭақәа 1381
«Гәыкала». Кан Ҭаниа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» - еиуеиҧшым аҟәшақәа рҿы аус зуа, аинтерес зҵоу азанааҭқәа знапы алаку ауаа рыҿцәарала ишьақәгылоу аинтервиуқәа рсериа.  Изаамҭанытәиу аҭыжьымҭа асас - Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа рзы Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа. Италиа аҵараҵара, Монако аусура, адипломатиатә ҧышәа, АААКи Алашареи рҿы аусура, адипломқәа ҧшьбеи шәҟәыки - абарҭқәеи, егьырҭ азҵаарақәеи ҳрылацәажәеит Кан Ҭаниа дызлахәыз аинтервиу аҿы.

29.11.2024 19:15 Авидеонҵамҭақәа 2548
«Гәыкала». Харитон Агрба.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс иацнаҵоит апроект «Гәыкала» - аинтерес зҵоу ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу аинтервиуқәа рсериа. Зыӡбахә ҳамоу - апроектқәа ҳацымҩаҧызго, ҩызара ҳзызуа ауаа роуп.  Иахьатәи аҭыжьымҭа асас - абокс азы Жәларбжьаратәи афедерациа IBA аверсиала, зыкапан 67 килограмм еиҳам аспортсменцәа рыбжьара адунеи ачемпион Харитон Агрба.  Аҧсны ихигаз ахәыҷра, азанааҭ шалихыз, аспорти аҭаацәареи шеилаигӡо, иџьынџьуаа ацхыраара шриҭо уҳәа егьырҭ атемақәа дрылацәажәоит уаҩ дыззымиааиц абоксиор.

20.11.2024 10:15 Авидеонҵамҭақәа 2428
«Гәыкала». Екатерина Бебиаҧҳа

Апроект «Гәыкала» анаҩстәи асас - ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа. Раҧхьатәи ашьаҿақәа инадыркны «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лхырҵаанӡа лзанааҭ гәакьеи, х-тәылак рыҟны иҵәаху ауникалтә архиви, аибашьраантәи аҭоурыхқәеи, АААК аҟны аус зуа Аҳәса рхеилак аусуреи ирызкны шәахәаҧш иазҳархиаз аинтервиу.

07.11.2024 00:00 Авидеонҵамҭақәа 1314
«Гәыкала». Арзадин Агрба 

Уажәазы апроект ихы алаирхәит асас, ахәшәтәратә бҩарҵәыра аметодист, ареабилитолог Арзадин Агрба. Агәабзиара, активтә ҧсҭазаара, Аҧсны лассы-лассы иаҳҧыло ачымазарақәа, адиспансеризациа иазку апроект аҽалархәра уҳәа егьырҭ азҵаарақәа шәырзыӡырҩы «Гәыкала» изаамҭанытәиу аҭыжьымҭаҿы.

«Гәыкала». Виачеслав Чрыгба

Ихацҳаркуеит апроект ҿыц «Гәыкала» — аинтерес зҵоу ауаа рыҿцәажәарақәа. Урҭ — иаҳзеиҧшу апроектқәеи аиҩызареи рыла ҳзыдҳәалоу уаауп.  Уажәазы дсасны даҳҭан аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, адипломат, ауаажәларратә усзуҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Виачеслав Чрыгба. Аҭҵаарадырреи адипломатиеи, аҧсуа бызшәа аиқәырхара иацу ауадаҩрақәа, адунеи ахы-аҵыхәа дакәшаны иибахьоу, уамашәа иубаша ауаа рыҿцәажәара, амилаҭ аидкылараҿы АААК иааннакыло аҭыҧ, уҳәа убас егьырҭ атемақәа - «Гәыкала» раҧхьатәи аҭыжьымҭаҿы.

27.03.2024 13:25 Ахҭысқәа 7630
Артист изы асцена аҳауа иаҩызоуп: Алиса Гыцҧҳа лыҿцәажәара

2022 шықәсазы Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа лаҧшьгарала иаҧҵан хаҭала напхгара зылҭо, анагӡаҩ ҿарацәа ралҧшаареи рӡыргареи иазку амузыкатә еицлабра. Анаҩстәи ашықәс азы аицлабра амҽхак арҭбааит, ҩ-ҳҭнықалақьк рҿы – Аҟәеи Москвеи имҩаҧысит. Иахьа аоператә шәаҳәаҩи, авокалистцәа рыла ишьақәгылоу лгәыҧи активла аконцертқәа мҩаҧыргоит. Алиса Гыцҧҳа АААК аинформациатә ҟәша еиҿнакааз аиҿцәажәараҿы еиҭалҳәеит аицлабра ашьҭахьтәи аҧсҭазаареи аҟазареи рзы лгәы иҭоу.

Иҵегь аҭагалара