Аҧсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рымш аҽны иаҳкьыҧхьуеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, «Абаза-ТВ» аиҳабы – Руслан Ҳашыг иҿцәажәара.Ҳҭоурых аҿы крызҵазкуа аамҭақәа, аибашьратә хҭысқәа ргәалашәара, Владислав Арӡынба аус ицура аҧышәа, ажурналистикаҿы кьыс змам апринципқәа, азанааҭтә цәырҵра ҿыцқәа – уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәеит «Гәыкала» аҭыжьымҭа ҿыц аҟны.