Апилоттә ҭыҵра рхы аладырхәит Џьырхәеи Хәаԥи ақыҭақәа рҟынтәи аҵаҩцәа. Ахәыҷқәа рзы абааҿы имҩаҧыргеит ахҳәаатә екскурсиа, еиларыгӡеит атеориеи зыԥсы ҭоу аҭоурыхи.

Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцуразы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟәшеи аҿари абҩарҵәыреи аус рыдуларазы аҟәшеи ихацдыркит ашколхәыҷқәа рзы аҵаратә лекциақәа рсериа. Дара мҩаҧысуеит аҳәынҭқарратә аҭоурых-культуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абаа» аҟны.

Аекскурсиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа амузеи-ҳәырԥсарраҟны иуникалтәу аекспозициақәа рбеит, уаҟа ицәыргоуп антикатә аамҭеи Аԥсны ажәытә ҭоурых егьырҭ аепохақәеи рахь иаҵанакуа, зеиҧш маҷу аекспонатқәа.

Аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аспециалист Херсон Симониа далацәажәеит ари арҵаратә проект аԥҵаразы импульсны иҟалаз атәы:

«Аидеиа цәырҵит ажәытә Диоскуриа иахьаҵанакуа мҽхакыҭбаала ажрақәа ианрылага ашьҭахь. Ҳара хықәкы хадас иҳамоуп ари аус аҿар радҧхьалара, апроцесс ҩныҵҟала ралархәра, иуникалтәу артефактқәа лабҿаба дырбара. Ажәытә қалақь аҭоурых аиҭаҳәара адагьы, ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа рыԥсадгьыл ашықәсынҵа еиҳа инарҵауланы аҭҵаара ргәазҭаҳҵар. Иҟалап ас еиԥш алекциақәа ирыбзоураны аҵаҩцәа рыҟнытә џьоукы рыԥсҭазаара археологиа, ма аҭоурыхҭҵаара иадырҳәаларгьы», - иҳәеит иара.

Иара убасгьы ашколхәыҷқәа лабҿаба ирбеит абаа ажәытә ҭӡамцқәа, абастион, артиллериатә бзарбзанқәа. Иазгәаҭатәуп, XIX ашәышықәсазтәи абзарбзанқәагьы налаҵаны аекспонатқәа рӷьырак, ааигәа еиҿкааз археологиатә ԥшаарақәа раан ишьҭырхыз ԥшаахқәоуп.

Амузеи-ҳәырԥсарра аусзуҩы Гера Хьынҭәба ахәыҷқәа рзы аекскурсиа мҩаԥылгеит. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит аҿар аус рыдулара — русура ахырхарҭа хаданы ишыҟоу.

«Ҳара еснагь гәык-ԥсыкала ҳреигәырӷьоит Аԥсны араионқәа рыҟнытә иаҳзаауа асасцәа қәыԥшцәа. Урҭ рзы хымԥада аамҭа ҳаԥшаауеит, избанзар ҳколлегацәеи сареи аҵаратә процесс ихадоу хәҭаны иҳаԥхьаӡоит. Ашколтә рҵагашәҟәқәа рыла аҭоурых аҭҵаарагьы бзиоуп, аха зынӡа даҽакуп аҭоурыхтә хҭысқәа ахьымҩаҧысуаз аҭыԥқәа рҭаара, урҭ аамҭақәа рартефактқәа лабҿаба рбара. Ахәыҷқәа рҭоурых хаҭала иахьырбо хәызмаӡам усуп. Убри азоуп еиҵагыло абиԥара рзы аекскурсиақәа рымҩаԥгара ҳара ҳзы аԥыжәара аманы изаанхо», - ҳәа ацылҵеит лара.

Ашколхәыҷқәа гәацԥыҳәарала иазнеит Аҟәатәи абаа аҭаара, уаҟа иазҿлымҳаны ирыхәаԥшуан ажәытә ԥшаахқәа.

Џьырхәа ақыҭа абжьаратә школ адиректор Калистрат Конџьариа АААК ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәылҭәааз апрограмма аиҿкааразы:

«Аҭагылазаашьа схы иархәаны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ахәыҷқәа рзы абас узырхәыцша аҵаратә ныҟәара еиҿызкааз Аконгресс аусзуҩцәа. Ҳара аус еицаҳуеижьҭеи крааҵуеит: ҳашкол кырынтә ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирылахәхахьеит. Тҟәарчал аекскурсиа ҳцахьеит, иахьа Аҟәа аԥшаҳәаҿы ҳныҟәеит. Агәра ганы сыҟоуп ахәыҷқәа рзы уи шхәарҭоу, даараӡа аинтерес шаҵоу».

Аҵаратә программа анхыркәшаха Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҵаҩцәа шьыбжьхьа рыдыргалеит, уи ашьҭахь ахәыҷқәа ирылшеит аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы аныҟәара.