Амениу
26 Хәажәкыра 2026
14:00
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Адиаспора

10.03.2026 15:00 Ахҭысқәа 482
Мусса Егзакь иааҧхьарала Санкт-Петербург иаҭааит Донбасстәи ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ

Донецктәи Жәлар Рреспублика аҟнытә 17-ҩык ашколхәыҷқәа агуманитартә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла Аҩадатәи аҳҭнықалақь иаҭааит. Ари аусмҩаҧгатә еиҿикааит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амеценат, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Зынӡа Санкт-Петербург иаҭаараны иҟоуп 300-ҩык инареиҳаны Донбасстәи ахәыҷқәа.

27.07.2024 16:15 ҞЧА 15461
Акультурақәа ракзаареи аспорттә доуҳаи: Ҟарачы-Черқьесск имҩаҧысит афестиваль «Абаза»

IX-тәи акультура-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаҧысит ҞЧА ҧхынгәымза 21 инаркны, 23-нӡа. Сынтәа уи афестиваль иамҽханакит Абаза жәлар рыхәмаррақәа, Акультура Амш, иара убасгьы ашколқәранӡатәи аҵарарҵараҿы аҧсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҿиара иазкыз астол гьежь.

22.05.2024 12:00 Афотосахьақәа 14984
Лаҵарамза 21 - Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш.

АААК ахы аланархәит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

25.11.2023 15:40 Санкт-Петербург 15555
"Кавказ - акультурақәа реихысырҭа": Санкт-Петербург иҟоу Кунсткамера Кавказ аҟәшаҿы асеминар мҩаԥысит 

Санкт-Петербург иҟоу Антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) Кавказ аҟәша аҟны имҩаԥысит асеминар "Кавказ - акультурақәа реихысырҭа" ҳәа хьӡыс измаз, абҵара 23 рзы.

28.09.2023 14:00 Ажәабжьқәа 14738
АААК аҽаланархәит Москва имҩаԥысыз аԥсуа культура афестиваль «Аԥсны»

Аконгресс афестиваль ахь инанагеит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәеи  АААК апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыху афильмқәеи («Аԥсуа ашәа», «Ажәытә аԥсуа кәалӡы»).

04.08.2023 10:30 Ахҭысқәа 14359
"Аамҭа иацныҟәо": Екатерина Бебиа ажурналист Фардаус Ҟәыл илызкны афильм ҭылхит

АААК Аҳәса ркоординациатә центр анапхгаҩы Екатреина Бебиа иҭылхыз адокументалтә фильм лызкуп агазеҭ "Абазашҭа" аредактор хада, ҞЧА зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Фардаус Ҟәыл.

31.07.2023 15:45 Ажәабжьқәа 16311
Афестиваль «Абаза»: ҞЧА ахь хымштәи аныҟәара

Ҟарачы-Черқьестәыла ихыркәшахеит акультура-спорттә фестиваль «Абаза». Иара иаҵанакит Урыстәыла зхыԥхьаӡара маҷу ашьагәыҭ милаҭқәа Рфорум, Абаза жәлар ркультура Амш, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Афестиваль еиҿнакааит абаза-аԥсуа етнос аҿиара ацхрааразы Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара».

24.07.2023 08:05 Ажәабжьқәа 16877
Аспорти акзаареи рныҳәа: Ҟарачы-Черқьесск имҩаԥысит VIII Абаза жәлар рыхәмаррақәа

Итрадициатәу Абаза жәлар рыхәмаррақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 22 азы Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика, Абаза араион иаҵанакуа аул Псыж аҟны.

18.07.2023 13:10 Ажәабжьқәа 14937
Акультуреи аспорти рфестиваль: VIII Абаза жәлар рыхәмаррақәа мҩаԥысуеит Ҟарачы-Черқьестәыла

Есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 22 – 23 рзы. Ари ахҭыс есышықәса еиҿнакаауеит аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара иацхраауа жәларбжьаратәи ассоциациа «Алашара».

Иҵегь аҭагалара