Амениу
12 Мшаԥы 2025
16:51
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Ажәабжьқәа

26.03.2025 19:00 Ахҭысқәа 1663
Аҧсны ахьара еиқәҳархап: АААК ихацнаркит апроект ҿыц

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц «Ахьа» аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭарҳаит 200 инареиҳаны аиҭаҳатә.

06.03.2025 14:00 1504
Аҧсшәа еицаҳҵоит!

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы АААК апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа бызшәа аҵара иазку акурс хацыркуп Галтәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа рзы.

21.02.2025 11:25 1148
АААК иацнаҵоит апроект «Аимадара»

Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа 20-ҩык Аҟәаҟа ныҟәара иааргеит.

14.02.2025 22:10 1176
Атеатр аҟны ахәылҧаз: АААК ихацнаркит ақыҭа школхәыҷқәа ирызку апроект ҿыц

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театри еилахәны ихацдыркит апроект ҿыц, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭа школхәыҷқәа аспектакльқәа ирҭаауеит, атеатр адунеи иабадыруеит.

15.01.2025 15:25 Авидеонҵамҭақәа 1997
АААК 2024 шықәсазтәи аусура алҵшәақәа аҧсуа телехәаҧшра арепортаж аҿы

30 инареиҳаны апроектқәа, 7-нызқьҩык ауаа злахәыз 160 инарзынаҧшуа аиҿкааратә усмҩаҧгатәқәа - Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ииасуа ашықәс аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Имҩаҧгоу апроектқәеи 2025 шықәса аплан иарбоу агәҭакқәеи ирызкны, шәахәаҧш аҧсуа телехәаҧшра иазнархиаз аматериал.

14.10.2024 11:15 4861
Уарча – изаамҭанытәиу адиспансеризациа мҩаҧган

Адиспансеризациа иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 100-ҩык инареиҳаны Уарчатәи ашколхәыҷқәа акомплекстә ҟазшьа змоу амедицинатә гәаҭара иахысит.

23.08.2024 14:00 4942
Ахәыҷы иҿиара актуалтә проблемақәа: АААК Гагра имҩаҧнагеит арҵаратә тренинг

Ашколқәранӡатәи аҵарадырра иадҳәалоу апроблемақәа ирызкыз ҩымштәи аинтенсив мҩаҧган Гагра араион ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рзы.

11.03.2024 16:00 Авидеонҵамҭақәа 7702
«Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Варлам Карамзиа иҿцәажәара

Ажурналист Екатерина Бебиа лавтортә программа «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл анҵамҭаҿ диҿцәажәоит Варлам Карамзиа. Анҵамҭа ҟаҵан 2009 шықәсазы.

06.03.2024 13:00 7019
АААК ихацнаркит аекологиа иазку аинтерактивтә тренингқәа

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәша ихацнаркит апроект ҿыц - ашколхәыҷқәа рзы аекологиа иазку атренингқәа.

Иҵегь аҭагалара