Амениу
27 Мшаԥы 2024
14:24
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Ҳаицәажәоит аԥсышәала/ Ҳаицәажәоит абазала

2020 шықәсазы ихацыркын авидеокурс “Аԥсышәала ҳцәажәоит / Абазала ҳцәажәоит”. Авидеоурокқәа рформат иалнаршеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхо, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа рхатәы бызшәа рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыҵхьеит 250 инареиҳаны авидеоурокқәа, урҭ урыхәаԥшыр ауеит Аконгресс асаит аҟны, иара убас АААК асоциалтә ҳақәа рҿгьы.

17.05.2021 09:55 4308
Аурок №140

Аҳәаанырцәтәи стәылауаҩшәҟәы сҭаххома? Атәылауаҩшәҟәы шәымоума? Стәылауаҩшәҟәы сцәыӡит. Абар стәылауаҩшәҟәы. Авиза сҭаххома?

14.05.2021 10:50 4104
Аурок №139

Ареис аԥыхуп. Ҳанбатәои? Аҳаирплан сагхеит! Аҳаирплан сагхоит! Атәылауаҩшәҟәқәа абагәарҭои?

12.05.2021 10:50 4037
Аурок №138

Ареис аҽҭаҩра абамҩаԥысуеи? Ари иарбан ҭыҵырҭоу? Аҳаирплан ақәтәара иалагеит. Аҳаирплан ақәтәара лассы ихыркәшахоит. Ареис аамҭа иахыргеит.

11.05.2021 10:55 4061
Аурок №137

Аҳаирплан агханы иаауама? Анаҩстәи ареис анбаҟало? Ари ишиашоу ицо ареис аума? Даҽакы сҭалараны сыҟоума? Аҳаирплан аиҭаҭалара сагхеит.

10.05.2021 10:55 4045
Аурок №136

Сара уаҵәы сԥыруеит. Сара уаха ахәылԥазы сԥыруеит. Аҳаирплан анбаҵԥраауеи? Аҳаирплан анбаауеи? Аҳаирплан ианаамҭоу иаауама?

07.05.2021 10:30 4155
Аурок №135

Аҳаирбаӷәазахь сцароуп. Аҳаирбаӷәазахь сызлацари? Сара ҩ-сааҭк рышьҭахь сԥыруеит. Сара иахьа сԥыруеит. Сара ашьыжь сԥыруеит.

06.05.2021 14:30 3973
Аурок №134

Ҳара ара амаҵураныҟәара ҳамоуп. Ара уабаангылеи?/Ара бабаангылеи? Сыуацәа рҿы саангылеит. Сҩызцәа рҿы саангылеит. Асасааирҭаҿы саангылеит.

05.05.2021 14:30 3959
Аурок №133

Сара ара сколлегацәа срыцны сыҟоуп. Уара арахь аԥсшьаразы уаама? Сара арахь аԥсшьаразы сааит. Шәара арахь аусуразы шәаама? Сара арахь аусуразы сааит.

04.05.2021 10:25 4100
Аурок №132

Мызк ҵуеит ара сыҟоуижьҭеи. Сара араҟа даара исгәаԥхоит. Ара даара ибзиоуп. Сара ара сахьыҟоу сҭаацәа сыцуп. Сара ара сахьыҟоу сҩызцәа сыцуп.

03.05.2021 14:30 3984
Аурок №131

Ҵыԥх ара сыҟан. Ара шаҟа уаанхои? /Ара шаҟа баанхои? Ҩымчыбжь саанхоит. Мышқәак ҵуеит ара сыҟоуижьҭеи. Мчыбжьык аахыс ара сыҟоуп.

Иҵегь аҭагалара