Апроектқәа
Изыбзоуроузеи амшынеиқәатә мыдаӷьцәа ауникалра? Уамашәа иубаратәы иалоузеи абиологиа. Иаҭахума ашколқәа рҿы аекологиа, аҧсуа ҵаратә система ҷыдарақәас иамоузеи? Абарҭқәа зегьы «Гәыкала» аинтервиу аҿы далацәажәоит Маиа Цыбулевскаиа – абиолог, арҵаҩы, Аҧсны Аҵара аминистрра ибжьаратәу азеиҧши азанааҭтәи ҵара Аусбарҭа аиҳабы.
Уаанӡа иддырбахьаз, ауаа еицырдыруа акиносахьақәа «Аимҵакьачара» «Акәылӡы» инарываргыланы, афильм «Аҧхьарца» ҭырхит Егзакь ифонд ацхыраарала, «АМАЗАРА» зыхьӡу АААК апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АААК амузыкатә проект — Егзакь ифонд ацхыраарала Аконгресс агәыҧи амузыкант акомпозитор Абзагә Марыхәбеи имҩаҧырго ҟазаратә проектуп.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театри еилахәны ихацдыркит апроект ҿыц, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақыҭа школхәыҷқәа аспектакльқәа ирҭаауеит, атеатр адунеи иабадыруеит.
АААКи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаҧыргаз аусура иалҵшәахеит апроектқәа «Аурашьа» «Аҧсуа кәашара».
Аҧсуа режиссер имшира инақәыршәаны, АААК аинформациатә ҟәша иазнархиеит уи иҧсҭазаареи ирҿиареи ирызку аматериал.