Амениу
5 Ԥхынҷкәын 2025
08:09
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Ҳара иҳазкны

«Гәыкала». Олег Барцыц

Иацаҳҵоит апроект «Гәыкала» - аинтерес зҵоу ауаа рыҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу аинтервиуқәа рсериа.

05.06.2025 20:00 4144
Аихшьаалатә концерт: АААКи Абзагә Марыхәбеи амузыкатә проект аусура аихшьаалақәа ҟарҵеит.

АААК амузыкатә проект — Егзакь ифонд ацхыраарала Аконгресс агәыҧи амузыкант акомпозитор Абзагә Марыхәбеи имҩаҧырго ҟазаратә проектуп.

30.05.2025 20:00 4408
Аиҩызареи гәыкала ацәаныррақәеи: АААК згәабзиара алшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿнакааит

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш аламҭалазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтински ақалақь аҟнытә иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» ареабилитациатә центрқәа зхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы еиҿыркааит арлахҿыхратә усмҩаҧгатәқәа.

02.08.2024 14:55 Аԥсны 7031
Аҧсны ихацыркхоит ахәмарра DOTA-2 азы аицлабра «A-MAJOR»

«A-MAJOR» аҧсуа лига официалла иҭаҩуп ахархәаҩцәа ахьырацәоу, агәыҧтә, акомпиутертә хәмарра DOTA-2 аҿы.

22.05.2024 12:00 Афотосахьақәа 12238
Лаҵарамза 21 - Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш.

АААК ахы аланархәит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Згәы еисуа аҟазара 

Изныҧшуеи ажәлар рдоуҳа? Ажәлар рдоуҳа аныҧшуеит рбызшәала, рҵас, ркультурала. Иара убасгьы абиҧарала еимырдо, ауаа ргәалаҟазаара ашьҭыхреи ирыхәаша аҟаҵареи рзы алшара аҧызҵо анапҟазарақәа рыла. "Згәы еисуа аҟазара" – Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц ауп.  Адырраҭарақәа рцикл иаҳзеиҭарҳәоит ҳаҵасқәа ҿымцәаартә, ҳаамҭазтәи акультура иахәҭакны еиқәзырхо анапҟазацәа рыӡбахә. Адырраҭарақәа рыбзоурала анапҟазара аҭоурыхи атехнологиеи рзы шәдыррақәа еизҳауеит, иҟалап аҟазараҿы шәхы ҧышәшәарц азы агәазыҳәара шәоургьы.

14.03.2024 13:30 Ахҭысқәа 11345
Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа - ауаҩы ирҿиара иацхраауа дырроуп

2024 шықәсазы АААК имҩаҧнаго апроект ҿыцқәа ируакуп ақыҭа школқәа рҵаҩцәа асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа дырҵара.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа

Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет, аҵарауаҩ Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵра инамаданы, АААК Д. И. Гәлиа имчыбжь рыланаҳәоит. Есыҽны ишәыдаҳгалалоит ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаареи ирҿиареи ирыдҳәалоу акьыҧхьымҭақәа. Ҳсоциалтә ҳақәа шәрыцклаҧшла — аинтерес аҵазаауеит! 

Иҵегь аҭагалара