Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки иҭрыжьит анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых".

Изахьӡузеи Аҧсны? Аҧсы зхоу атәыла, ашьхақәеи, ахәқәеи, аӡхыҽҽақәеи ртәыла, Амшынеиқәа аҿықәан ишьҭоу ихьыҧшым Кавказтәи ареспублика. Аха уи уажәы. Ишҧаҟаз ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи раԥхьа? 

Аҧсуа аҳра ашьақәыргылара, уи аҳәаақәа рырҭбаара, Аԥсны италиатәи ахәҳахәҭцәа рфакториақәа раԥҵара, Қьалышьбеи Чачба-Шервашиӡе иаҳра, Кавказтәи аибашьреи уи иахылҿиааз амҳаџьырреи — "Аԥсны аҭоурых" аҩбатәи асериаҿы.

Асоциалтә револиуциа, акультура аҿиара, амилаҭтә интересқәа рзы ақәԥара, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи асуверенитет аиҭашьақәыргылареи — «Аԥсны аҭоурых» ахԥатәи асериаҿы.