ААУ аҿы ихацыркхеит Аҧсуа-аурыс ҿартә форум. Аусмҩаҧгатә аҿы хҭыс хаданы иҟалеит Аҟәатәи жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум. АЖәАТФ еиҿыркааит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилаки Аҧсны акиберспорт ассоциациеи, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ацхыраарала.

Раҧхьатәи жәларбжьаратәи IT-форум хацыркхеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Ахҭыс еиднакылеит IT-индустриа ахаҭарнакцәа, аспециалист ҿарацәа, анаплакҩцәа, аекспертцәа. Аҧсны адагьы урҭ ҳзааит Урыстәыла арегионқәа рҟынтәгьы.

«Ҳара, Акиберспорт ассоциациа ахаҭарнакцәа, ҳтәылаҿы IT-аусхк знапы алаку ауааи, иара убас акиберспорт баша иазҿлымҳауи рзы ҭыҧк аҧаҳҵарц ҳаӡбеит. Аҧсны шмаҷугьы, иҟоу аилахәырақәа зегьы ишырдыруагьы, иҟоуп аџьармыкьахь ицәыргам аалыҵқәа. Ҳидеиа иадгылеит Аҳәынҭеилакы, уи азы даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Иара убас, адгылара ҳазҭо аилахәырақәеи аиҿкаарақәеи иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп», — ҳәа азгәеиҭеит АҧАкАс анапхгаҩы Валери Берзениа.

Афорум алахәылацәа ирылшеит аҧсуа технологиатә еилахәырақәа рнапы злаку аилкаара, ҳаамҭазтәи ацифратә ӡбамҭақәа ргәаҭара, аусхк аҿиара аперспективақәа рылацәажәара.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иҳәеит аҿар раҧшьгарақәа адгылара рыҭара аҵак ду шамоу, инаҵшьны иазгәеиҭеит Акиберспорт ассоциациеи АААКи русеицура аихьӡарақәа шамоу.

«Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ари зымҽхак ҭбаау аныҳәа ҳахьахәҭаку». Ишдыру еиҧш, АААК аҵареи, акультуреи, аспорти русхк аҟны еиуеиҧшым апроектқәа рацәаны инанагӡоит. Ҵыҧх инаркны Аҧсны Аҳәынҭқарра акиберспорт ассоциациа активла аус ацаҳуеит, ари ахырхарҭа ҳтәылаҿы арҿиара ҳадгылоит. Ҳхәыҷқәа даара абаҩхатәра рылоуп, урҭ иааиҧмырҟьаӡакәа еиҿыркаауеит зыҩаӡара ҳараку атурнирқәеи аусмҩаҧгатәқәеи. Иахьа иаабоит урҭ рџьабаа алҵшәа. Ари аҩыза амҽхак змоу афорум Аҧсны раҧхьаӡакәны имҩаҧысуеит, уи есышықәсатәи традициа бзианы иҟалап ҳәа гәык-ҧсыкала ҳақәгәыӷуеит», — ҳәа азгәеиҭеит Рекәаа.

Рыпроектқәа ӡырыргеит «Аквафон», «А-Мобаил», «Система», StemLab, TicketMe уҳәа анаплакқәа. Стенд цыҧхьаӡа атехнологиақәа ҳаҧсҭазаара еиҳа иманшәаланы, ҳаамҭа иақәшәо ишыҟарҵо лабҿаба иудырбон.

«Афорум ҳхы аналаҳархәуа, адунеи зегьы идҳарбоит ҳтәылаҿы атуристтә индустриа адагьы IT аусхкгьы аҿиара ишаҿу. Иахьа араҟа ицәыргоуп астендқәа быжьба, урҭ рахьынтә хҧа аилахәыра «А-Мобаил» иатәуп. Иара убас иӡыргоуп ишьақәырӷәӷәоу аинтернет аоператор А-home, апроект «иҟәышу аҩны», апроект «аҧараҭра». Анаҩс ҳпартниорцәа. Уи IT-школа СТЕМЛАБ ауп, иара убас Инар Саӡбеи ҳареи аус адааулоит апроект «Ticket.Me», — иҳәеит аилахәыра «А-Мобаил» адиректор хада ихаҭыҧуаҩ Арсоу Ҳашба.

Асасцәа иргәаҧханы аилахәырақәа рыстендқәа ирҭаауан аинновациатә аалыҵқәа ҭырҵаарц азы.

"СТЕМЛАБ араҟа ицәырнагоит акурсқәа, аусумҭақәа, аихьӡарақәа. Ҿырҧштәыс иаҳгозар, 3-D акьыҧхьра, 3-D амодельҟаҵара, 3-D амодель иҧсабаратәым аинтеллект аҿаҧшьра. Иара убасгьы араҟа ицәыргоуп адронқәеи асимулиаторқәеи. Уаҟа ҳҵаҩцәа хыхь еиқәыҳаҧхьаӡаз атехника ахархәашьа рҵоит»,— иҳәеит СТЕМЛАБ ахаҭарнак Давид Булиа.

Аҧсни Урыстәылеи еихдоу аҿар рфорум аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә мҩаҧысит амш аҩбатәи азбжазы. Ацеремониа ихы алаирхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, иара убас Аҧсны аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа. Атәыла ахада иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиҧш аусмҩаҧгатәқәа рҵакы шыҳараку.

«Ҳаҭыр зқәу Аҧсни Урыстәылеи еихдоу аҿар рфорум алахәылацәа, акыр иаҧсоу асасцәа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Гәык-ҧсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит Аҧсны!

Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Аҧсни Урыстәылеи рыҟнытә аҧыза ҿарацәа еидызкыло, ас еиҧш замҽхак ҭбаау аҿартә форум адкылара. Ари аҩыза  аиҧыларақәа аҵак ҷыда рымоуп, избанзар аҿар иаҳа иааигәаны еибадыруеит, аҧышәа еимырдоит, ридеиақәа еибырҳәоит, азеиҧш интересқәа рыҧшаауеит. Зегьы ирыцку, ари аҩыза аусмбаҧгатәқәа агәреибагара дырӷәӷәоит, ҳажәларқәа реизыҟазаашьа ҧхьаҟатәи аҿиаразы ауасхыр шьҭарҵоит», — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла Ахада.

Афорум аартра аҳаҭыр азы еиҿыркааит аныҳәатә концерт. Хымш рыҩныҵҟа имҩаҧыслоит атематикатә сессиақәа, астол гьежьқәа, амастер-классқәа, аекскурсиақәа.