Амениу
27 Мшаԥы 2024
12:03
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Анацәеи абацәеи рыклуб

Анацәеи абацәеи рыклуб хықәкыс иамоуп – анацәеи абацәеи ахәыҷааӡараҿы рдыррақәа реизырҳара аганахьала аусура, еиуеиԥшым аонлаин-школқәа рҿы аҵара дырҵара. Абри зегь зызку – зхәыҷқәа рзы аԥсҭазаара бзиа иашьҭоу анацәеи абацәеи џьарак реидкылароуп. Ахәыҷы дызҳацыԥхьаӡа аҭаацәара рҿаԥхьа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа цәырҵуеит, усҟан аспециалист ицхыраара уҭаххоит, ма уи аетап иахысхьоу аиҳабацәа рҟынтә абжьагажәа уаҳар акыр иухәоит.

08.09.2023 09:50 Ажәабжьқәа 2282

06.12.2021 21:20 Ажәабжьқәа 12229
Ахәыҷы иқәратә кризисқәа ирылацәажәеит Гагра имҩаԥысыз Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәараҿы

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит Гагра. Уажәазы иззааҭгылаз теман ахәыҷы изҳараҿы дызхысуа акризисқәа, иара убас анацәеи абацәеи рыхшареи реизыҟазаашьақәа шышьақәыргылатәу.

10.11.2021 22:05 Ажәабжьқәа 11420
Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны Сингапуртәи арҵарартә система иалацәажәеит

АААК еиҿнакааз Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны имҩаԥысит Аԥсны абжьаратә ҵара аиҿкаашьа иазку даҽа еиԥыларак.

04.10.2021 22:25 Ажәабжьқәа 11737
АААК раԥхьаӡа акәны Гагра Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәара мҩаԥнагеит

 Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс изаамҭанытәиу Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәара мҩаԥнагеит Гагра. Аиԥылара иалахәын ахәыҷқәагьы.

31.07.2021 15:00 Ажәабжьқәа 19166
Анацәеи абацәеи рыклуб ҩаԥхьа еизан ашколтә ҵара иалацәажәеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаԥнаҵаз Анацәеи абацәеи рыклуб акыраамҭа еиԥҟьаны иҟаз аусура еиҭахацнаркит. Аиԥылара ҿыц темас иаман Аԥсны ашколтә ҵара аиҿкаашьа.

05.07.2020 09:50 Ажәабжьқәа 15456
Елена Кәабахьиеи Анетта Бганбеи Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны ахәыҷқәа реизҳара иалацәажәеит

АААК иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларахь експертцәас ааԥхьара рырҭеит Елена Кәабахьиеи Анетта Бганбеи, дареи аклуб алахәцәеи алацәажәон ахәыҷқәа реизҳара азҵаара.

10.03.2020 21:25 Ажәабжьқәа 18870
«Х-абиԥарак рҟәышра»: Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны иалацәажәеит ахәыҷааӡараҿы андуцәа ҭыԥс иааныркыло

Анацәеи абацәеи рыклуб хәажәкырамзазы раԥхьатәи аиԥылара темас иаман ахәыҷқәа рааӡараҿы аиҳабыратә абиԥара рольс иааныркыло, иара убас иахьатәи ҳаамҭазы ааӡашьа аганахьала иҟоу азнеишьақәеи.

24.02.2020 12:55 Ажәабжьқәа 20027
АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҿы иалацәажәеит аемоционалтә гәылблаара атема

АААК Адискуссиатә клуб аҟны иаԥҵоу Анацәеи абацәеи рыклуб иацнаҵоит апсихологцәа-аекспертцәа рԥыларақәа. Жәабран 22 рзы имҩаԥысыз аиԥылара сасыс даҭааит апсихолог Елана Кортуа, излацәажәаз теман – анацәеи абацәеи ирызцәырҵуа аемоционалтә гәылблаара.

09.02.2020 12:55 Ажәабжьқәа 18836
«Аԥыза иааӡара»: АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҿы иалацәажәеит уи шыҟаҵатәу

АААК Адискуссиатә клуб иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны иацҵахеит ахәыҷқәа рааӡара аганахьала аекспертцәа рԥыларақәа. Убас, жәабран 8 рзы имҩаԥысыз аиԥылара дсасны даҭааит акоуч Асҭанда Саӡԥҳа, темас излацәажәазгьы – аԥызацәа рааӡароуп.

26.01.2020 13:50 Ажәабжьқәа 19409
АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны имҩаԥысит апсихологцәа Ричарди Оксанеи Коннераа рԥылара 

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагеит аҭаацәаратә психологиа ахырхарҭала еицырдыруа специалистцәас иҟоу Ричарди Оксанеи Коннераа рԥылара. 

Иҵегь аҭагалара