Аҭоурых
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки иҭрыжьит анимациатә проект "Аԥсны аҭоурых".
АААК ахы аланархәит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара Амш иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.
Изныҧшуеи ажәлар рдоуҳа? Ажәлар рдоуҳа аныҧшуеит рбызшәала, рҵас, ркультурала. Иара убасгьы абиҧарала еимырдо, ауаа ргәалаҟазаара ашьҭыхреи ирыхәаша аҟаҵареи рзы алшара аҧызҵо анапҟазарақәа рыла. "Згәы еисуа аҟазара" – Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц ауп. Адырраҭарақәа рцикл иаҳзеиҭарҳәоит ҳаҵасқәа ҿымцәаартә, ҳаамҭазтәи акультура иахәҭакны еиқәзырхо анапҟазацәа рыӡбахә. Адырраҭарақәа рыбзоурала анапҟазара аҭоурыхи атехнологиеи рзы шәдыррақәа еизҳауеит, иҟалап аҟазараҿы шәхы ҧышәшәарц азы агәазыҳәара шәоургьы.
Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет, аҵарауаҩ Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵра инамаданы, АААК Д. И. Гәлиа имчыбжь рыланаҳәоит. Есыҽны ишәыдаҳгалалоит ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаареи ирҿиареи ирыдҳәалоу акьыҧхьымҭақәа. Ҳсоциалтә ҳақәа шәрыцклаҧшла — аинтерес аҵазаауеит!
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзагь иааихәеит раҧхьатәи аҧсуа сахьаҭыхҩы, адунеи аҿы еицырдыруа аҟаза Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 10.
АААК апроект ҿыц «Аҭоурыхтә ҭынха аԥеиԥшазы» аӡыргара мҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны.
Аҭоурыхҭҵааҩ Аднан Қарҭбаи (Хаԥ) араб бызшәала иҭыҵыз ишәҟәы «Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» ариарегион иқәнагалаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа закәхаз, рыԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааныркылаз иазкуп.