Аҭоурыхҭҵааҩ Аднан Қарҭбаи (Хаԥ) араб бызшәала иҭыҵыз ишәҟәы «Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» ариарегион иқәнагалаз аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа закәхаз, рыԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааныркылаз иазкуп.

Амра Амҷԥҳа

«Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» ҳәа хьӡыс изманы Шьамтәыла иҭыҵыз ашәҟәы (атирж – 500 цыра) еиҭанаҳәоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы мрагыларатәи атәылақәа ирықәынхоз хьӡи-ԥшеи зауны иҟалаз жәпаҩык аԥсуа хылҵшьҭрақәа рҭоурых. Ашәҟәы авторс дамоуп Андан Кабарҭаи (Хаԥ) – аҭоурыхҭҵааҩ, ԥхьатәара ицаз авиациа аинрал-леитенант, зхаҭагьы Кавказ иқәҵыз амҳаџьырқәа ирхылҵшьҭроу.

Ашәҟәы иагәылалаз ахьӡырҳәагақәа даара ирацәаҩуп, иҳәоит иара.

«Урҭ реиқәыԥхьаӡарагьы сцәыуадаҩуп, аӡәырҩы ыҟоуп. Араҟа еизгоуп ачерқьес сулҭанцәа аҵыхәтәантәи рабиԥара аамҭеи Аосман империа ахаантәи аамҭақәеи инадыркны иахьа уажәраанӡа хьӡи-ԥшеи зырҳаз ҳашьцәа. Дара зегь аҭыԥ дуқәа аанызкыло ракәын: Аосман империа аныҟаз атәы ҳҳәозар, иҟан исулҭанцәаз, иминистрцәаз, ааскьатәи аамҭақәа раангьы ирацәаҩын аминистрцәа, ар рԥызацәа, аинралцәа, аԥашьацәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, апоетцәа, ажурналистцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адраматургцәа, аинтеллигенциа, адгьыл аҿы, аӡаҿы, аҳауаҿы амаҵура ныҟәызгоз аруаа. Шамахамзар аӡәыцыԥхьаӡа шәҟәык-шәҟәык рзукыртә иҟоуп. Дара зегь аԥсуа жәлар злаҽхәаша, ҿырԥшыгас ишьҭырхша роуп, абиԥарала рыхьӡ мырӡкәа иааго», – иҳәеит ашәҟәы автор.

Акрызҵазкуа аҭоурыхқәа

Ҳазлацәажәо ашәҟәаҿы иубоит аԥсуа хылҵшьҭра змаз аҳәса рҭоурыхқәагьы: асулҭанцәа, ар реиҳабацәа, аԥашьацәа, ма аминистрцәа ранацәас мамзаргьы рыҳәсақәас иҟаз.  

«Иаҳҳәап, Османтәи аимпериа асулҭан Абдул-Ҳамид II (1876-1909 шықәсқәа рзы аҳра инапаҿы иҟан, аҵыхәтәантәи асулҭан – азгә.) аԥсуа ҳәсақәа иман, руаӡәк аҳкәажә Назик Ада лыхьӡын. Лара дҭауадҭыԥҳан, лаб Арзаҟан беи Цанба иакәын, лан – Асмаа Колиаџь. Асулҭан асаӡқәа раҳцәа ирхылҵшьҭраз аԥсуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дигеит 1863 шықәсазы, еицынхон лара лыԥсҭазаара далҵаанӡа – 1895 шықәса мшаԥы 11 рзынӡа. Абдул-Ҳамид аԥсуа ҭауадҭыԥҳа илаԥш лықәшәеит иаҳәшьа Џьамила Сулҭан лаҳҭынраҿы даныҟаз, знык иибаз ихатә ԥҳәысс дигарцгьы иӡбеит. Усҟан иара Константинополь (иахьатәи Сҭампыл – азгә.) сулҭанс дандыртәашаз аламҭалаз акәын.  Хәышықәса ааҵуаны аԥҳазаҵә дроуит Алавиа Сулҭан, аха дырԥымлеит – быжьшықәса анылхыҵуаз машәырла амца далаблит, абри ахҭыс еснагь хьаа дууны асулҭан игәы иалан», – ҳәа автор аҭоурых дагәылалан иҳаиҳәеит.

Ашәҟәаҿы еиҭаҳәоуп Шьамтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа заҵә Аль-Момсиеи, уи иаланхо ауааԥсыреи рыӡбахәгьы. Аҭоурыхҭҵааҩ иазгәеиҭеит ари ақыҭаҿ инхоз шамахамзар зегь шаԥсуааз, ҟабарда ҭаацәарак ыҟан, нас ҩба-хԥа атуркмен ҭыӡқәакгьы.

«Аԥсуа қыҭа арабцәа иртәу Голантәи аҳаракырақәа рҿы ишьҭан.1878 шықәсазтәи Османтәи аимпериа аҳасабырба иагәылоуп Ақәҵара №1, уи иаҳәоит Кунеитра араион аҿы ачерқьес қыҭақәа 10 аԥҵазааит ҳәа, усҟантәи аамҭазы ачерқьесқәа ҳәа рзырҳәон аԥсуаагьы, адыгақәагьы. Османтәи аимпериа аҳасабырбаҿы ишарбоу ала, Аль-Момсиа ақыҭа ашьапы зкыз, иагьаланхоз аԥсуаа рхыԥхьаӡара 67-ҩык ыҟан, урҭ рахьтә 36-ҩык ахацәеи, 31-ҩык аҳәсеи, иааидкыланы аԥсуа ҭаацәарақәа 17 ыҟан. Ашьҭахь 1958 шықәсазтәи аофициалтә статистикала, аԥсуаа рхыԥхьаӡара абас иарбан: Аль-Гассаниа (1956 шықәсазы Голантәи аҳаракырақәа рҟны ишьҭаз ачерқьес қыҭақәа шьоукы, Аль-Момсиагьы уахь иналаҵаны, араб хылҵшьҭра змаз ахьыӡқәа рырҭеит, убас Аль-Момсиа  Аль-Гассаниа ҳәа ахьӡ ахылеит ажәытәтәи араб еимашьҭра иахаршаланы – азгә.) – 335-ҩык. Ишаҳбо еиԥш, ажәлар акыр еизҳаит, насгьы иазгәаҭатәуп, усҟан ҿыц ииз ахшара иаразнакала ашәҟәы ишҭармыҩуаз, ус анакәха ари ахыԥхьаӡара еиҳагьы идуун. Даҽа хыҵхырҭак ишаҳәо ала, 1935 шықәсазы инхон абаза ҭаацәарақәа 50, еиҳабцәасгьы ирыман Бақар-агеи Ҳаџьы-Шәлиман-агеи», – ҳәа аҭоурыхтә материалқәа ҳадигалеит Андан Кабарҭаи.

Ахҭысқәеи ахаҭарақәеи

Ашәҟәы иагәылалашаз аматериал автор хәыц-хәыц деимдо еизигон 50 шықәса дуӡӡа, аҭоурыхтә ҩырақәеи, архивқәеи, адокументқәеи ҭҵаауа, ашәҟәыԥхьарҭақәеи аҭҵаарадырратә центрқәеи дырҭаауа, зыԥсы ҭоу ифырхацәа аӡәырҩгьы хаҭала дырԥылангьы.

«Сара азҿлымҳара ду рысҭон ажәытә шәҟәқәа иргәылоу адыррақәа, урҭ рахьтә иаасхәаз ыҟоуп, иҟоуп абиблиотекаҿы сзыԥхьаз, ма аҭҵааратә центрқәа рҿы исоуз уҳәа, еиҳаракгьы Дамаск аҭоурыхтә документқәа рцентр аҟны – уаҟа зқьыла ахыҵхырҭақәа ҵәахуп, 2300 том инареиҳаны ишьҭоуп. Сара сышәҟәы иагәыласҵеит аосман документқәеи асулҭан идҵақәеи рыхкьыԥхьаа, урҭ сыҭҵаарақәа сахьынӡарҿыз исԥыхьашәаз роуп. Аинформациа сыԥшаауан ателехәаԥшраҿгьы, агазеҭқәа рҿы исоуазгьы ыҟан: 1918 шықәса ашьҭахь иҭыҵуаз аосман официал газеҭ «Салнаме Османие» (аџьам бызшәаҟынтә еиҭоугозар «Аосманцәа есышықәсатәи рышәҟәы» - аред. иазгә), дамасктәи агазеҭ «Аль-Муктабас» (араб бызшәаҟынтә «Ацитатақәа» - аред. иазгә.) иара убас шьамтәылатәи аофициалтә газеҭ «Шьамтәыла агазеҭ». Хаҭала сзыҿцәажәоз Шьамтәыла инхо аԥсуааи ачерқьесцәеи ыҟоуп, урҭ ражәабжьқәеи рҳәамҭақәеи акыр анысҵеит. Сышәҟәаҿы иаазгоит урҭ ирҳәоз, шаҳаҭс измаз ахҭысқәа рыӡбахә сҳәоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит аҭоурыхҭҵааҩ.

«Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» зҿыгҳара дуу шәҟәуп, 250 даҟьа амоуп. Ашәҟәы афотосахьақәа агәылоуп, автор дзыхцәажәо еицырдыруа ауаа рпатреҭқәа еизигеит дара рҩызцәеи рыуацәеи рҟынтә, иара убас шықәсырацәала аус ахьиухьаз Ачерқьес гәыҳалалратә еилазаара амчала. Дзыхцәажәо ауаа зегьы хаз-хазы статиак-статиак рызкуп.

«Иҟоуп цәаҳәақәак рыла инҵәо астатиа, иҟоуп ҩба-хԥа даҟьа зызку афырхацәагьы. Шьоукы рыӡбахә еилацаланы иҳәоуп, егьырҭ ртәы – иаҳа инарҭбааны. Уи зыхҟьаз – исзыԥшаауаз аинформациа еснагь еиҟараӡамызт, насгьы дара ахаҭарақәа зеиԥшраз еиԥш, иҟоуп, хыхь ишысҳәаз еиԥш, шәҟәык нагӡаны иззукшагьы ауаа маҷымкәа», – ҳәа азгәеиҭеит Андан Кабарҭаи.

Иаҳҳәап, ашәҟәаҿы иӡбахә ҳәоуп Египет (Мысра) еицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩ – хылҵшьҭрала иаԥсыуоу Муҳаммад ибн Ииас аль-Ҳанафи.

«Еицырдыруа ачерқьес абаза (ус ихысҳәаауеит, избанзар ачерқьесқәа рҭоурых ҭысҵаауанаҵы избеит ажәытә аамҭақәа инадыркны араб ҭоурыхҭҵааҩцәа аԥсуааи абазақәеи Кавказ иқәынхо ачерқьесцәа ирылакны рыӡбахә шырҳәоз) зегь реиҳа ауаа ирылаҵәаз иусумҭақәа иреиуоуп аҭоурыхтә енциклопедиа, уи иахьӡуп «Ашәышықәсақәа рыхҭыс иагәыларшәу ашәҭ ссирқәа», иара еиднакылоит 11 том, Ибн Ииаси иҭоурых ҳәа иашьҭоуп; анаҩс Египет астрономиеи, ажәытәрақәеи, ажәытә аҳцәеи ирызку ашәҟәы «Мысра анашанақәа рҳауа хаа лбаадо»; иара убас Мысра аҭоурых аазыркьаҿны «Абырлаш хәдахаҵа иаҩызоу аҭоурыхтә фактқәа», нас ашәҟәы «Ажәларқәа рҟәышра амҩахәасҭала аныҟәара» - адунеи аҭоурых аазыркьаҿны еиҭазҳәоз. Ҳазлацәажәо аҭоурыхҭҵааҩ ибызшәа дара ибеиан. Иара уи адагьы ажәеинраала ссирқәа иҩуан, уаҟагьы иҟалахьоу ахҭысқәа сахьаркны иааирԥшуан, аҭоурыхтә хаҭарақәа дырзааҭгылон, узырҟәышша ажәақәа иҳәон. Иара иԥсҭазаара далҵит Каир 1533 шықәсазы, уаҟагьы анышә дамадоуп», – иҳәеит Андан Кабарҭаи. 

Ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу даҽаӡәы – аинрал Раафаҭ Бакр Абаза – 1-тәи шьамтәылатәи атанк рота адҵаҟаҵаҩыс даман, 1973 шықәсазы Октиабртәи ахақәиҭратә еибашьраан (Шьамтәылеи Израили рыбжьара иҵысыз аибашьра, 1973 шықәса жьҭаара 6 инаркны 23-нӡа ицон – аред. иазгә.).

«Уи адагьы Фымш ицоз аибашьра далахәын (Израили араб ҳәынҭқаррақәеи рыбжьара ицоз аибашьра 1976 шықәса, рашәара 5-10 рыбжьара – аред. иазгә.) Раафаҭ Бакр Абаза Голантәи аҳаракырақәа рҿы итәоз адесант агәыԥ деиҳабын – усҟан Израиль иааннакылаз ақыҭақәа Васит, Кафр-Нафах иахьрыҵанакуаз деибашьуан», - ҳәа еиҭеиҳәеит Кабарҭаи.

Автор иҭоурых

«Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» равтор Аднан Кабарҭаи ихаҭагьы ишәҟәы данызар ауан. Шьамтәыла иахнагаз Кавказ жәларқәа рхылҵшьҭра, зыҭҵааратә усураҿы аихьӡара дуқәа зауз. Иахьазы 60 инарзынаԥшуа акьыԥхьымҭақәа инапы иҵыҵхьеит ачерқьесцәеи егьырҭ ажәларқәеи ирызкны. Андан аҭоурых дазҿлымҳахо далагеит дшыхәыҷыз инаркны, усҟан иаб изеиҭеиҳәон рхылҵшьҭра ахьынтәаауа, афольклор идыруан, ажәабжьқәеи аҳәамҭақәеи изеиҭеиҳәон.

«Сара сыжәла ҟабарда жәлоуп «Хьэпэ (Хаԥ)», иахьазы Ҟабарда-Балкариа қыҭақәак рҟны инханы иҟоуп, сара сҭаацәа Ҟабарда Хәыҷы иалҵыз роуп, рқыҭа иахьӡын Хабци. Ачерқьесцәа Шьамтәыла ианықәнагала рҽалаԥсаны инхеит аҩадахьынтә аладахь, рқыҭақәа ҩынҩажәа инареиҳан, сара сабдуцәа Кунеитра инхеит. Сабду ипаспорт афото сымоуп – иара 1861 шықәсазы диит Кунеитра, Голантәи аҳаракырақәа иахьрыҵанакуа. Зеиԥшла абарҭ аҳаракырақәа рҿы ачерқьес қыҭақәа 18 ыҟан, руакы – Аль-Момсиа ԥсыуа қыҭан, аха израильтәи атанкқәа ашьҭамҭа ыҟамкәа адгьыл иаҟарартәит 1967 шықәсазтәи аибашьра ашьҭахь, сара сықалақь Кунеитреи егьырҭ араб, атуркмен қыҭақәеи уахь иналаҵаны. Убас, 1967 шықәса раахыс сара Дамаск сынхоит», – ҳәа иҭоурых ҳзеиҭеиҳәеит ашәҟәыҩҩы.

Кавказ ажәларқәа рҭоурых инарҵауланы аҭҵаара Андан иҭаххеит даныҩеидас, ауниверситет далганы аррамаҵура данахысуаз. Усҟантәи аамҭазы Кавказ жәларқәа ирызкны уназыԥхьаша ашәҟәқәагьы ыҟаӡамызт, уи амшала игәҭакы иаҳагьы аҽарӷәӷәон.

«Шьамтәыла шамахамзар иуԥылаӡом Аԥсны ма аԥсуаа ирызку ашәҟәқәқәа, апрофессор Фадель Џьаҭқар (Арҩҭаа) иеиҭеигаз Сола Беннет лышәҟәы «Акыр нызҵаз аԥсуа быргцәа» ада. Шьамтәылатәи арбџьармчқәа срыхәҭакны суалԥшьа насыгӡонаҵы 35 шықәса рыбжьара сара афицарк иаҳасабла еидыскылеит аинтерес зҵоу аҭоурыхтә дыррақәеи ахыҵхырҭақәеи рацәаны. Иахьа уажәраанӡагьы абри аматериал аус адулара саҿуп», – иҳәеит иара.

«Аԥсуаа иреиҳаӡоу рус» иазку ашәҟәы

«Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» – Андан Кабарҭаи аԥсуаа ирызкны инапы иҵыҵыз аҩбатәи шәҟәуп. Раԥхьатәи 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иазкын «Аԥсуа шьа злоу ачерқьесцәа шьардаамҭа» ҳәа хьӡыс иаман. Ашәҟәы ҭыжьын 1994 шықәсазы, зқьы цыра атираж аманы, Андан хәыда-ԥсада ауаа ирылаирҵәон, усҟан аԥсуаа ирызку аинформациа аламала уаҩы иахьимамыз аҟнытә. Андан иаҳәшьа Амира лыхьӡала иҭижьт ари ашәҟәы, избанзар усҟан иара ачын ныҟәызгоз полковникын.

«Ухьӡ аумырбан ҳәа исыҳәеит, избанзар аамҭақәа усҟан акалашәа иҟан, уажәшьҭа сыхьӡала иҭсыжьуеит сышәҟәқәа зегьы», – иҳәеит Андан Кабарҭаи.

Иара ишазгәеиҭаз ала, ари ашәҟәы араб дунеиаҿ аԥсуаа рыӡбахә зҳәоны акьыԥхь збаз раԥхьаӡатәи ҭыжьымҭоуп «аԥсуаа иреиҳаӡоу рус, рхақәиҭратә қәԥара иазкны».

«Рыцҳашьарак зламыз ақырҭқәа изыԥшьаргаз аибашьра адиаспора иалаз аԥсуааи ачерқьесцәеи еиднакылеит, иарӷьажәҩаны рашьцәа инарывагылеит рҭоурыхтә ԥсадгьыл рыхьчарц. Абри аидгылароуп ашәҟәы рзыскырц сгәазарԥхаз. Ашәҟәы иагәылоуп усҟантәи аамҭазы иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи рыхкьыԥхьаақәа, урҭ еиҭарҳәон аԥсуа еибашьцәа ргәымшәара атәы рфотоқәа ацҵаны, ирытҟәаз ақырҭуа еибашьцәа рыӡбахәгьы ҳәан. Иаагоуп иара убас Шьамтәылантә хатә гәаԥхарала Аԥсны ахьчаразы ицаз аԥсуа, адыга еибашьцәа рфотосахьақәагьы», – иҳәеит ашәҟәы автор.

Аҭоурыхҭҵааҩ иуацәа ааигәақәагьы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, аҭаацәаратә архив аҟны иҵәахны ирымоуп дара зну агазеҭ агәылԥҟақәеи авидеонҵамҭақәеи.

«Сыԥшәмаԥҳәыс д-Арҩҭааԥҳауп. Аибашьра алагеит ҳәа ажәабжь шааҳалаҩыз еиԥш ҩыџьа лашьцәа Фариди Риади Аԥсныҟа идәықәлеит. Дара еибашьуан «Аҟабарда баталион» иахәҭакны, егьырҭ шьамтәылатәи аԥсуааи ачерқьесцәеи ирыцны, урҭ рыхьӡқәа ззымдыруа дарбан: Зиуар Чычба, Гассан Шаркас, Заур Чычба, Нидаль Агрба, Данни Агрба, Фадель Бжьаныҟәа, Бассам Ныхә уҳәа убас иҵегь. Фарид Арҩҭаа ахыршә аԥҽыха иаахан ахәра ӷәӷәа иоуит, амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. Аибашьра ахьынӡацоз араб телехәаԥшрала ажәабжьқәа ҳрыхәаԥшуан ак ҳаҩҳмыршәандаз ҳәа. Иахьа уажәраанӡа авидеокассетақәа ирынҵаны иҵәахны иҳамоуп Аԥсны аӡбахә зҳәоз аҭыжьымҭақәа зегьы», – иҳәеит Аднан.

Аиҭагаразы акрызҵазкуа атемақәа

Аднан Кабарҭаи агәра ганы дыҟоуп ишәҟә ҿыц араб бызшәаҟынтә аԥсшәахь, егьырҭ абызшәақәа рахьгьы еиҭагазар аԥхьаҩцәа шаиуа.

«Ашәҟәы аинтерес аҵоуп, избанзар Аԥсны аҭоурых иазкуп, аԥсуа милаҭтә ҟазшьа иацы, иахьа ахы шаанарԥшуа, шәарҭак ҟалар аҽшцәырнаго атәы уанаҳәоит. Ааигәа Аԥсны саныҟаз сашьцәа арепатриантцәа ушәҟәы рацәаны иаага ҳәа исыҳәан ус иагьыҟасҵеит, азҿлымҳара змоу зегьы ирзысшоит», – иҳәеит Андан.

Аднан Кабарҭаи дгәыӷуеит, ишәҟәы «Мрагылара Ааигәа инхо аԥсуаа рҭоурых иазку ацитатақәа» егьырҭ иусумҭақәеи еиҭаганы аԥхьаҩцәа рнапаҿы иҟалап ҳәа, избан акәзар иззааҭгылоу атемақәа хадара злоу роуп, иагәылоу адокументқәеи аҭоурыхтә фактқәеи иԥсҭазаара абжеиҳарак еидикылон.