Анҵамҭақәа зегьы
Апилоттә ҭыҵра рхы аладырхәит Џьырхәеи Хәаԥи ақыҭақәа рҟынтәи аҵаҩцәа. Ахәыҷқәа рзы абааҿы имҩаҧыргеит ахҳәаатә екскурсиа, еиларыгӡеит атеориеи зыԥсы ҭоу аҭоурыхи.
ААУ аҿы ихацыркхеит Аҧсуа-аурыс ҿартә форум. Аусмҩаҧгатә аҿы хҭыс хаданы иҟалеит Аҟәатәи жәларбжьаратәи аинформациа-технологиатә форум. АЖәАТФ еиҿыркааит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилаки Аҧсны акиберспорт ассоциациеи, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ацхыраарала.
«Гәыкала» дсасны даҭоуп агенетикатә ҭҵаарақәа реиҿкааҩцәа ируаӡәку, апроект AA DNA алахәыла Саид Џьонуа. Ихьыҧшым ари аҭҵааратә проект азкуп аҧсуа‑адыга жәларқәа ргенетикатә ҭоурых ДНК‑тестқәа рыла аҭҵаара.
Изыбзоуроузеи амшынеиқәатә мыдаӷьцәа ауникалра? Уамашәа иубаратәы иалоузеи абиологиа. Иаҭахума ашколқәа рҿы аекологиа, аҧсуа ҵаратә система ҷыдарақәас иамоузеи? Абарҭқәа зегьы «Гәыкала» аинтервиу аҿы далацәажәоит Маиа Цыбулевскаиа – абиолог, арҵаҩы, Аҧсны Аҵара аминистрра ибжьаратәу азеиҧши азанааҭтәи ҵара Аусбарҭа аиҳабы.