Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзагь иааихәеит раҧхьатәи аҧсуа сахьаҭыхҩы, адунеи аҿы еицырдыруа аҟаза Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 10.

АААК агәыҧ аҧсуа культура хәы змам аҭынха иаҵанакуа аусумҭақәа рыҧшаара аҽаланархәит.

Мусса Егзакь аукцион аҿы иааихәеит Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа 10. Урҭ ирныҧшуеит Н.И. Казанли иопера «Мирандеи» (Шекспир иҩымҭа «Афырҭын шьаҭас измоу), Вагнер иҩымҭа «Тристани Изольдеи» рзы акостиумқәа рсахьақәа. 

Аҟәа Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿ иҟалаз абылра ӷәӷәала згәы иалсыз ауаа, еиқәхаз аҧсуа ҟазацәа  русумҭақәа ирышьҭалеит. Амца иалаблит, мамзаргьы иҧхасҭанатәит 4-нызқь инареиҳаны аҟазара амаҭәарқәа. Иҟалаз абылра иахҟьаны хынҳәрада иаҳцәыӡит 300 инареиҳаны аамсҭа Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәагьы. 

Абылраан иаҳцәыӡыз харҭәаашьа амаӡам, аха ҳгәыҧ иалшо зегьы ҟанаҵоит иаанханы иҟоу еиқәырханы анаҩстәи абиҧарақәа арызнагаразы. Иматериалтәуи иматериалтәыми акультуратә ҭынха аиқәырхара – ҳадҵа хадақәа ируакуп.

Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе – аҿыханҵаҩ, аҟазараҭҵааҩы, асахьаркыратә критик, раҧхьатәи аҧсуа сахьаҭыхҩы ҟаза. Аҵара иҵон Париж, апрофессор Фернан Кормон истудиаҿы. Иара убри иҿоуп аҵара ахьырҵоз Винсент Ван Гоги Анри Тулуз-Лотреки. Франциа асахьаҭыхҩцәа рмилаҭтә еилазаара далахәылан. 1906 шықәсазы асахьаҭыхҩы нхара ҳәа диасит Санкт-Петербургҟа. Уаҟа иара петербургтәи аимператортә театрқәа рҿы ҩычаҩс аус иуан.