Изныҧшуеи ажәлар рдоуҳа? Ажәлар рдоуҳа аныҧшуеит рбызшәала, рҵас, ркультурала. Иара убасгьы абиҧарала еимырдо, ауаа ргәалаҟазаара ашьҭыхреи ирыхәаша аҟаҵареи рзы алшара аҧызҵо анапҟазарақәа рыла. "Згәы еисуа аҟазара" – Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц ауп.  Адырраҭарақәа рцикл иаҳзеиҭарҳәоит ҳаҵасқәа ҿымцәаартә, ҳаамҭазтәи акультура иахәҭакны еиқәзырхо анапҟазацәа рыӡбахә. Адырраҭарақәа рыбзоурала анапҟазара аҭоурыхи атехнологиеи рзы шәдыррақәа еизҳауеит, иҟалап аҟазараҿы шәхы ҧышәшәарц азы агәазыҳәара шәоургьы.