Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы АААК апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа бызшәа аҵара иазку акурс хацыркуп Галтәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа рзы.
Селма Базба
Галтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы ихацыркуп аҧсуа бызшәа аҵара иазку акурс. Ари ахҭыс иаҧхьанеиуан асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы ҩымштәи атренинг.
Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы атренингқәа - АААКи Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаҧырго проектуп. Апроект аус ауеит 2024 шықәса инаркны Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рыҟны аҵара зҵо аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы, хықәкыс иамоуп гәыҧла аусеицура аиӷьтәреи, ауаа ргәы иҵхо апроблемақәа ралҧшаареи, урҭ рыӡбашьеи зныҧшуа апроектқәа ралкаара. Аҧсуа бызшәа аҵара иазкыз апроект акомиссиа иалырҧшааит, абри ашкол аҿы иаҳа ихәарҭоуп ҳәа иҧхьаӡаны.
Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы апроект акуратор, аҿар аус рыдулареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаҧҳа еиҭалҳәеит актәи алҵшәақәа зеиҧшроу.
«Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым Аԥсны ашколқәа рҿы имҩаԥган атренингқәа 6. Апроект амодераторцәа – асоциалтә проектҟаҵара аҟәшаҿы аспециалистцәа азыҟаҵаҩцәа Лана Чкадуаԥҳаи Мате Ҵквитариеи аҵаҩцәа иреилдыркааит апроектҟаҵара ашьаҭақәа, ирзеиҭарҳәеит урҭ адыррақәа риура заҭаху. Галтәи ашкол аҿы имҩаԥгаз атренинг иалҵшәахеит аԥсуа бызшәа аҵара иазку апроект. Ҵыԥхтәи атренинг алахәцәа аԥсуа бызшәа аҵара иалагеит», - лҳәеит лара.
Аԥсуа бызшәа аҵаразы апроект 6-мз ҿҳәарас иамоуп. Арҵаҩы - Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилакы аџьынџьуаа рҭаҩра аҟәша аспециалист хада Сариа Ҳашыгԥҳа. Аинтерактивтә формат змоу раԥхьатәи агәаҭаратә урок 45 минуҭ имҩаԥысуеит. Арҵаҩы лабадырра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵаҩцәа рхы иахцәажәеит, бзиа ирбо аусхкқәа зеиԥшроу рҳәеит, ԥсышәала ацәажәара рҽазыршәеит.
Раԥхьатәи агәаҭаратә урок ашьҭахь Сариа Ҳашыгԥҳа далацәажәеит ахәыҷқәеи лареи реибадырра илзыннажьыз ацәаныррақәа.
«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа. Сара апроект ахь рҵаҩыс ааԥхьара сырҭеит. Аиашазы маҷк сгәы хыҭхыҭуеит. Ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа аҵареи аԥсуа культура ахәҭакхареи ргәаԥхартә еиԥш аурокқәа мҩаԥызгар сҭахуп», - лҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы атренингқәа – АААКи Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки еилахәны еиқәдыршәаз проектуп. Апроект мҩаԥыргоит Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы. Уи хықәкыс иамоуп апроекттә усура аҿар ралагалара, ахәыцшьеи арҿиаратә процесси реиӷьтәра. Атренингқәа рымҩаԥгара адагьы ҳазҭоу ашықәс азы АААК иацнаҵоит уаанӡа агрантқәа ззоужьыз апроектқәа рынагӡара.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.