Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҿари аспорти русқәа рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилаки ашколхәыҷқәа рзы еицымҩаҧыргоит асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку апроект аҳәаақәа ирҭагӡоу аҧшьбатәи атренинг.

Селма Базҧҳа

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧыргоит ҩымштәи аинтенсив. Уаҟа асоциалтә проектҟаҵара аспециалистцәа Лана Чкадуаҧҳаи Мате Цквитариаҧҳаи аусмҩаҧгатә алахәцәа ирымардоит хадара злоу адыррақәа, ирзеиҭарҳәоит урҭ рырҳара хәарҭас иаҵоу. Атренинг мҩасуан ҩымш: актәи амш иаҵанакуан атеориатә дыррақәа, аҩбатәи амш аҽны алахәцәа гәыҧ-гәыҧла рыҽшаны, раҧхьатәи рхатәы проект еиқәдыршәоит.

Аҵаратә шықәса ҿыц азы асоциалтә проектҟаҵара амҩаҧгара иалагеит Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ ала. Ҩымш ирылагӡаны, алахәцәа ирҵеит ауадаҩрақәа ралкаашьа, абиуџьеҭ аиқәыршәашьа, апроект аҟаҵашьа, аӡыргашьа. Азыҟаҵаҩ Лана Чкадуаҧҳа иазгәалҭеит атренинг ахьымҩаҧыргахьоу ашколқәа рҿы ицәырырго апроектқәа хкыла ишеижәлантәу.

«Ари аҧшьбатәи еиҧылароуп, иаҳҳәар ҳалшоит ашколхәыҷқәа рыҧсҭазаараҿы иаҳа зҵакы дуу ҳәа иалыркаауа апроблемақәа рганахь ала атенденциа ҳбарҭоуп ҳәа. Уи ҳасаб азуны, ахәыҷқәа рхәыцшьа амҽхак арҭбаара иазку ҧхьаҟатәи ҳапланқәа азгәаҳҭоит», - лҳәеит лара.

Анагӡаразы хадара злоу идеиақәаны иалкаан анаҩстәиқәа: ашколтә ҵакырадгьыл ма аҧсшьарҭа аиҿкаара, аспорттә маҭәахәқәа рыла аиқәыршәара, ашкол аҿы акәашаратә кружок аиҿкаара.

Апроект анапхгаҩы, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаҧҳа иазгәалҭеит ари апроект қәҿиарала ишымҩаҧгаз.

«Атренингқәа мҩаҧысхьеит Тҟәарчал, Аӡҩбжьа, Мгәыӡырхәа, Дәрыҧшь. Акомиссиа ишьақәнарӷәӷәаз апроектқәа нарыгӡоит аҭыҧантәи аҧшьгаратә гәыҧқәа. Ҳгәыӷуеит, алахәцәа ироуз раҧхьатәи аҧышәа ргәы еизнарҳап, анаҩсгьы апроектә усура аҭҵаара иацырҵап, рҭахрақәа шьаҭас иҟаҵаны иаҳа зымҽхак ҭбаау апроблемақәа рыӡбалап ҳәа», - азгәалҭеит Кәыҵниаҧҳа.

Аҩбатәи амш ахырхәшамҭазы алахәцәа иӡырыргеит иаздырхиаз апроектқәа. Иааҧхьаз аспециалистцәеи, апроект анапхгаҩи, ашкол анапхгареи рыла ишьақәгылаз акомиссиа аҧшьгамҭақәа зегьы ирыхәаҧшны, иреиӷьыз алыркааит. Абасала, Дәрыҧшьтәи ашкол аҿы инагӡахоит аспорттә шҭа аргылара иазку апроект.

Аиааира згаз агәыҧ алахәҩы Владислав Арсалиа аинтенсив дахцәажәеит.

«Зыцхыраара ҳадызгало ауаажәларратә еиҿкаарақәа есҽны иаҳҭаауам. Атренинг ҳзымҩаҧызгаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҩымш ирылагӡаны аус рыцаҳуан ҳазҿы ҳгәы ахыланы, ҧырхагада инаҳагӡарц азы ирылшоз зегьы ҟазҵаз ауаа хазынақәа», - иҳәеит иара.

Асоциалтә проектҟаҵаразы атренингқәа - АААКи Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаҧырго проектуп. Апроекттә усура радҧхьалареи, ахәыцра амҽхак арҭбаареи, арҿиаратә процесс аиӷьтәреи хықәкыс иҟаҵаны, ари апроект мҩаҧыргоит Аҧсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы. 2024 шықәсазы аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп даҽа ҩ-тренингк рымҩаҧгара.