Москватәи аԥсуа диаспора еиднакылаз агуманитартә цхыраара – 20 тонна зыкапан ыҟоу афатә аалыҵқәа реидара Аԥсныҟа иаашьҭуп.
20 тонна афатә аалыҵқәа реидара COVID-19 аҿагылараан ихәарҭахаша гуманитартә цхыраарак аҳасабала Аԥсныҟа иаашьҭуп. Ари ацхыраара аҟаҵара аԥшьгаҩыс дыҟоуп Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба. Аидара шьақәгылоуп 13 тонна аԥрынџьи 7-тоннак акынҵлышьи рыла.
МАД ауснагӡаратә директор Даур Барганџьиа иазгәеиҭеит Москватәи аԥсуа диаспора раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥсны акоронавирустә ҿкы иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҿиашьа ишацклаԥшуа.
«Рацәак ҳамхәыцкәа, амедицинатә маҭәашьарқәа рынахысгьы (Московатәи аԥсуа диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» захьӡу ахеилаки акоронавирус аҿагылараҿы ихәарҭахаша агуманитартә медицинатә цхыраара Аԥсныҟа аашьҭра еиҿыркааит– аред.), афатә аалыҵқәа еидызкылаша агуманитартә еидарагьы азырхиатәуп ҳәа азаҳаӡбеит», – иҳәеит МАД ауснагӡаратә директор.
Ари аӡбамҭа иаарласӡаны ирыдыркылаз акоуп. Урыстәылатәи Афедерациа арыц алгара ақәиҭымтәра [лассы] иаларгалараны иҟан азы, зыԥшрак ҟамҵакәа аидара аашьҭтәын ҳәа ҳаилиркааит Даур Барганџьиа.
«Акомпаниа «Мистраль-Алко» (Аԥснынтә аҩқәа алызго адистрибиутор, урыстәылатәи арыжәтә џьбара аџьармыкьаҿы иреиҳаӡоу аимпортиорцәа ируаку, акомпаниа дахагылоуп Беслан Агрба – аред.) абри аидара аиқәыршәара иацыз ахарџь зегьы ахахьы иагеит, анаҩс МАД ацхыраарала агуманитартә еидара Аԥсныҟа иаашьҭын», – ҳәа еиҭеиҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак.
Иара иажәақәа рыла, заагарҭа маҷу ауааԥсыра реиԥш арҭ аалыҵқәа рызшахоит амедицинатә усбарҭақәа рыбжьарагьы. Уахь иаҵанакуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа, Абыргцәа рыҩны, Гагратәи ареабилитациатә центр (Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәабзиарашьақәыргыларатә центр – аред.), апсихоневрологиатә диспансер, ахәыҷтәы хәышәтәырҭақәа, араионтә хшараиурҭақәа уҳәа егьырҭ аусбарҭақәа.
Даур Барганџьиа иациҵеит, Москватәи аԥсуа диаспора Аԥсны аҭагылазаашьа аҿиашьа иацклаԥшуеит ҳәа.
«Ари нахысгьы, ҳаԥхьаҟа иалҵыр, иҵегь ацхыраара ҟаҳҵалоит», – иҳәеит иара.
Аԥсны аҭаацәарақәа рыбжьара ацхыраара аихшара мҩаԥнагоит агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз». Уи адиректор Кадыр Аргәын иҳәеит ҩ-нызқь ҭаацәара рахыҵәара ргәы иҭоуп ҳәа.
«Аимадара ҷыда аус ауеит, аҭел иаҳзасуа зегьы рҭак ҟаҳҵоит, аҳәарақәа иҳауа анаҳҵоит. Иасуа даара ирацәоуп, зхала инхо абыргцәеи, ахшара рацәа иахьрызҳауа аҭаацәарақәеи, ахымхәацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәеи рыцхыраара аԥхьа иҳаргылоит», – иҳәеит Аргәын.
Иара ишазгәеиҭаз ала, убас иҟоу ҭаацәарацыԥхьаӡа, шаҟаҩык еиднакыло ҳасаб азуны, 5-10 кьыла аԥрынџьи 3-7 кьыла акынҵлышьи роуеит. Уи анахысгьы иҵегь афатә-ажәтә рызшахоит.
«Абарҭ агәыхәқәа ирыцҵаны ҳара аҭаацәарақәа ираҳҭоит ахшрҩеи ашьақари маҷымкәа, ус анакәха хы-мыз рҟынӡа ихырҳагоу ашьыжьтәи какалкра рзеиқәҳаршәеит ҳәа ҳгәы ҭынчзарц ҟалоит. Акомпаниа Мистраль иҳанаҭаз агәыхә - афатә аалыҵқәа «ркаҵкәыр» шьаҭас иазыҟоуп. Ҳара уи хаҳарҭәаарц ҳҽазаҳшәеит ачашылеи, ашьаҳариеи, ахәшеи (азеҭ), акартоши, аҷыхи, аџьымшьи, аҟәыди уҳәа рыла, аха ара еиқәыԥхьаӡоу афатәқәа мызкы иазхашоуп иаҳзеидкылаз», – иҳәеит агәыҳалалратә еиҿкараа адиректор.
Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит «абри агуманитартә цхыраара аизгара иалахәыз зегьы». Аидара ақәгареи аихшареи аҟны ацхырра ду ҟарҵоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҳәса рхеилак алахәцәа.
«Ҳара АААК ҳалоуижьҭеи шықәсык еиҳауп, Аҳәсақәа ххеилак имҩаԥысуа акциақәа зегьы ирылахәын. Убыржәгьы аепидемиа амшала ауаа аӡәырҩы ауадаҩра ианҭагыла, аганаҿ ҳзаанымхеит. Ҳнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа уажәы Москва дшыҟоугьы, уантә ҳусура ҳәаақәҵара алҭоит. Ацхыраара зҭаху акала ҳрыхәарц ҳашьҭоуп, акарантин аамҭазгьы хәарҭак ҳзыҟаҵозар ҳәа ҳаҿуп. Асабрадақәа ҳҿоуп, анапҭарԥақәа ҳамоуп, ишахәҭоу еиԥш
зегьы», – лҳәеит Аҳәса рхеилак имҩаԥнаго аусура акәамаҵамақәа дырзааҭгыло уи иалахәу Лиудмила Кәаӷәаниаԥҳа.
Аԥсуа наплакцәа иаԥырҵаз агәыҳалалратә хеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» алахәцәеи Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи алаҳәара ҟарҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус раҿагылараҿы рыцхырааразы аԥара шеизырго. Иахьазы еидкылоуп 55 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.