Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

30 Ԥхынҷкәын 2024
20:52
Владислава Арӡынба: аибашьреи аҭынчреи
Атәыла ахадас сыҟазаара аҵакы – сыжәлар рҿаҧхьа исыду аҭакҧхықәраҿоуп иахьыҟоу.
Владислав Арӡынба
Владислав Арӡынба Аҧсны аполитикатә
ҧсҭазаараҿы дцәырҵит ҳҭоурых аҿы реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа раан. Иара атәыла ахадас дҟалеит, политикала мацара акәымкәа, доуҳалагьы ижәлар аҧызара рызуа. Аҧсны азинқәа рыхьчареи уи ахақәиҭразы ақәҧареи – иҧсҭазаара зегь зқәиҵаз уалҧшьас дазнеит.
Владислав Арӡынба. Астудентра ашықәсқәа
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынба, 80-тәи ашықәсқәа
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Аполитикахь Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Хаҭалагьы, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа, иара излаиҧхьаӡоз ала, аҧсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәызар ауеит.
Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит с-аспирант қәыҧшны, Мрагылараҭҵаара Аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан.
Владислав Арӡынба
игәалашәарақәа рҟынтә
Владислав Арӡынба истудентра шықәсқәа раан
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд

Владислав Арӡынба акандидаттә диссертациа ихьчеит 1971 шықәсазы, адоктортә – 1985 шықәсазы. Мрагылараҭҵаара Аинститут аҿы Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор напхгара азиуан, 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп.
Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Ҭырқәтәыла, 1969 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Ешыра, 1975 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд

Владислава Арӡынба изааигәаз ауаа лассы-лассы иазгәарҭалон, иара аполитикахь иааира
хатәгәаҧхарала ишыҟамлаз. Анаҩс иаргьы ииҳәалон аинститут аҿы иусура шыгәхьааигоз, аҭҵаарадырра азыхынҳәра дшазгәышьуаз атәы. Аха ианаҭахха аамҭазы Владислав иоуп аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылара аҭаны, шәышықәсалатәи ҳажәлар ргәаҳәа –ахақәиҭреи ахьыҧшымреи риоура – наӡартә иҟазҵаз.
Аполиткцәа ирылаҽуа реиҳа ишәарҭоу чмазароуп – амчра рнапаҿы аагара дара рхатә хықәкқәа рынагӡаразы.
Владислав Арӡынба
1988 шықәсазы Владислав Арӡынба идыргалеит
Аҧсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут дахагыларц. Иара иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит 22 шықәса раахыс Москва инхара ашьҭахь, аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара агәы ахьеисуаз аинститутгьы дахагылоит.
Аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭазы, Владислав Арӡынба ида, сара издыруаз аҧсуа политикцәа рыбжьара аӡәгьы дазыхиамызт амилаҭ рлахьынҵазы
аҭакҧхықәра нагӡа агара. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аидеологс аҟазаара – акоуп, аха уи ақәҧараҿы аҧхьагылара зегьы ирылшом.
Геннадий Аламия
Ауаажәларратә усзуҩы, апоет
Владислав Арӡынба Женева, 1997 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Аполитикатә напхгаҩы зегь ирыцку иҟазшьа – ажәлар ргәы ашьҭыхра алшароуп. Ҳара ҳхада уи илшеит, избанзар ус еиҧш аҟыбаҩ иман.
Фазиль Искандер
1988 шықәсазы Владислав Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. Убраҟа иалагоит заҧхьаҟа ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭакҩыс иҟалаша ауаҩы иполитикатә мҩа.

1989 шықәсазы ҳтәылаҿы аҧсуааи ақырҭқәеи ретнополитикатә еиҿагылара акырӡа иӷәӷәахеит. Аҧсуа жәлра даҽа аамҭанык еиҧшымкәа аинформациатә, аполитикатә цхыраара рҭахын, избан акәзар Қырҭтәыла анапхгара ирылшоз зегь ҟарҵон аҧсуааи ақырҭқәеи ҭоурыхла, зинеилагарала иаауа реиҿагылара амзызқәаҵәҟьа рҵәахырц.

Абарҭ ахҭысқәа анымҩаҧысуаз аамҭазы Арӡынба далырхуеит СССР Жәлар рдепутатс, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатсгьы. Хара имгакәа дҟалоит СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас, анаҩс автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә, рзинтә статус азы акомиссиа маҷ ахантәаҩыс.
СССР Жәлар рдепутат Владислава Арӡынба иқәгылара СССР Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны, Москва, ҧхынгәы 1989 шықәса
© АГРТК
1990 шықәсазы Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Атәыла ахада ҿыц аханатә илихит амҩа – Аҧсны жәлар, егьырҭ ажәларқәа реиҧш, иузаҟәымҭхо ирымаз ахҳәаақәҵаразы азин аус ауртә иҟазҵашаз.

Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны ирыдыркылеит адекларациа, Аҧсны ихьыҧшыму ҳәынҭқарроуп ҳәа зҳәоз. Аха Қарҭ уи ҵабыргым, азинтә мчы амам ҳәа рыланаҳәеит.
Кавказ аибашьра аныҟала – иаабац еибашьрак аиҳа еицәоуп. Уи шәышықәсалатәи аҭоурых аҵәаӷәа ахьшьроуп иаанаго.
Владислав Арӡынба
Нанҳәамза 14 ашырҧазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас ала аҧсуа-ақырҭуа ҳәаа иахысны ҳтәыла иалалеит Аҟәеи Гали еимаздо амҩаду ианыланы. Аҳҭнықалақь аҭынч уааҧсыра аибашьра ишалагаз анеилыркаа ақырҭқәа равиациа ракетала – аҧсшьаҩцәа рыла иҭәыз амшын аҟәареи ақалақьи иалахсуа ианалагоуп.


Иара убри амш азы, нанаҳәа 14, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара мҩаҧысраны иҟан, Аҧсныи Қырҭтәылеи рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара алацәажәара азҧхьагәаҭан. Аха ақырҭқәа адипломатиа аҵкыс еиӷьыршьеит атанкқәа. Владислав Арӡынба телехәаҧшрала иуаажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, рыҧсадгьыл ахьчаразы игыларц.

Нанҳәамза 18 рзы Арӡынба дахагылоит иаарццакны иаҧҵаз Аҳәынҭқарра ахьчаратә комитет. Иара хаҭала напхгара аиҭон 18-40 шықәса ирыбжьагылаз Аҧсны ауааҧсыра рмобилизациа.
Владислав Арӡынба аибашьра актәи амш азы Аҧсуа телехәаҧшрала итәылахь иҟаиҵаз ааҧхьара, нанаҳәа 14, 1992 шықәса
© АГРТК
Аганқәа аҩбагьы рырхәҭақәа Аҟәа иалыргоит ҳәа иҟаз аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы (ақырҭқәа Баӷмаран ақыҭахь ихьаҵуан, аҧсуаа – Гәымсҭа аӡиас аҟынӡа), нанҳәа 18 рзы ақырҭқәа ҧырхагада Аҟәа иалалан, ақалақь ааныркылеит. Арҳәра-аӷьычрақәа ирылагеит, милаҭеилыхла ауаа дырӡуан, еиҳараҩӡак – аҧсуаа.

Аҧсны анапхгара аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны Аҟәантә Гәдоуҭаҟа ииасит, аибашьра ааилгаанӡагьы уантә акәын аус шыруаз. Аҧсуаа зқәиҭыз Гәымсҭеи Бзыҧҭеи рыбжьара ишьҭаз Аԥсны аҵакырадгьыл акәын. Тҟәарчал аблокада иҭакын, иара убас иаркын Очамчыра араион ахь иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәак. Егьи иаанхаз Аҧсны аҵакырадгьыл зегьы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҵаҟа иҟан.
Аибашьра актәи амш. Ацҳа ҟаҧшь
© АГРТК
Аҧсуаа ҭоурыхла изқәыз рыҧсадгьыл ахьчараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәылантә аешьаратә ажәларқәа, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа уҳәа хатәгәаҧхарала иааны иҳавагылаз. Ҳар реизырҳара адагьы, ари адгылара хыҧхьаӡарала иаҳиааиуаз аӷа иҿаҧхьа ҳажәлар ргәашьҭыхраҿы иабзоурахаз рацәоуп.
Ҳазҭагылаз арыцҳара ахьынӡадууз еилаҳкаарц азы, аамҭа хьанҭа аныҟала ара шаҟа ҳарҭахыз ҳдырырц азы, Владислав Арӡынбеи ҳареи зныктәи ҳаиҧылара азхеит. Уи илакҭа ианаҳбаалеит зегьы: иҭахаз шихьаауаз, еибашьуа рзы агәҭынчымра шимаз, аха зегь акоуп аҵыхәтәанӡа дышхьамҵуа азы агәаӷьрагьы… Аибашьра аанҵәаанӡа иара дҳацын. Жәыларацыҧхьаӡа иаҳныруан уи.
Муҳаммед Кьылба
Аҧсны Афырхаҵа
Аҧсуаа Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа аргылара иалагеит, Мраҭашәаратәи афронт. Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭахьы хаз-хазы еибашьуаз аҧсуа партизантә гәыҧқәа рҽеидыркыло иалагеит, ус хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылеит Мрагыларатәи афронтгьы.

Убри аамҭазы, Москва, цәыббрамза 3, 1992 шықәсазы, «Президент Отель» ҳәа хьӡыс измаз асасааирҭаҿы имҩаҧысит Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара, официалла ус акәын хьӡыс иамаз. Егьыс, уи аиҧылара – агладиаторцәа реидыслара ҳәа азырҳәеит.

Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәеи, иара убас Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәыла аобластқәа рнапхгаҩцәеи злахәыз
аиҧылара амшхәаҧштә азҵаарас иқәгылан Аҧсны имҩаҧысуаз аибашьра аанкылара. Аха Аҧснытәи аделегациа даара иақәыӷәӷәон егьырҭ аиҧылара алахәцәа, урҭ ирӡаӡомызт қырҭтәылатәи аган иааныркыло апозициа ишадгылоу, иацхраарцгьы шырҭаху.
Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәа апресса рахь рцәырҵра, Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара ашьҭахь, Москва, «Президент Отель», цәыббра 3, 1992 шықәса
© АГРТК
Анцәа иҿаҧхьа исҳәоит, абра аиашамра шыҟоу.
Владислав Арӡынба
Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа Москватәи реиҧылара астенограмма аҟынтә
Бџьаршьҭыхла изқәылаз атәыла ахада иидырҟаҵар рҭахын ухаҿы иузаамго – хатәгәаҧхарала ҳахьчаразы иааз ирықәыӡбо ашәҟәы анапаҵаҩра. Зехьынџьарантә иҟаз ақәыӷәӷәара шыхьанҭаӡазгьы, Арӡынба илшеит аԥсуа жәлар ирыдгылаз аҵеицәа рыпату лазырҟәыр зҭахыз аҿагылара рыҭара.

Москватәи аиҧылараҿы напы зҵаҩыз ашәҟәы ҳадгьыл аҿы аҭынчра аанамгеит, избан акәзар ақырҭқәа ралҵра атәы аҳәаӡомызт, аҧсуа ган уи шхымҧадатәиу шазгәарҭозгьы. Аиҿагылара иацҵан.
Ара, Аҧсны аибашьцәа зегь хаҭала иудыруеит, иудыруеит урҭ рыхьӡқәа, рхы-рҿқәа, иудыруеит урҭ ранацәагьы! Зҧа дҭахаз ан ллакҭа уҭаҧшыроуп. Ари хлымӡаахроуп. Иуаӷоугьы иузиаҭәашьом.
Владислав Арӡынба
Аҧсны аибашьра цон инымҵәаӡо 413 мшы.
1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы ахақәиҭреи
ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аиааира мшы гылаанӡа,
Аҧсны жәлар акыр арыцҳара дуқәа рхыргеит.
«Аҧсра ҳазцон – аҧсҭазааразы» иҳәоит нас Владислав.
Иҭахаз аҵеицәа ранацәа
© Андреи Соловиов
Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт
© apsnyteka.ru
Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт
© apsnyteka.ru
Аблокада иҭакыз ақалақь Тҟәарчал
© Ибрагим Ҷкадуа
Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт, аӡын, 1993 шықәса
© apsnyteka.ru
Леон иорден занашьоу Алик Лазба
© apsnyteka.ru
Владислав Арӡынба иҭхаз аибашьҩы инышәаҭараҿы, Гәдоуҭа, ҧхынҷкәын, 1992 шықәса
© АГРТК
Владислав Арӡынба инапынҵа зну Аҧсны ахсаала дадгыланы
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Ҳарҭ аибашьра ҳадырҳәалеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьааит, зегьы ирыцку – Аҧсадгьыл ҳамызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа ианырхырц иашьҭаз рҿаҧхьа.
Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаешьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз аламыс уаа зегьы.
Владислав Арӡынба
Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа (данҭаха ихырҵеит)
Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа (данҭаха ихырҵеит)
© apsnyteka.ru
Владислав Арӡынба Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа дрыдгыланы
Владислав Арӡынба Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа дрыдгыланы
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Аиааира мышқәак шагу, Маҷара ақыҭа азааигәара, цәыббрамза, 1993 шықәса
Аиааира мышқәак шагу, Маҷара ақыҭа азааигәара, цәыббрамза, 1993 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Аиааира мышқәак шагу, цәыббрамза 1993 шықәса
Аиааира мышқәак шагу, цәыббрамза 1993 шықәса
© apsuara.ru
Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса
Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса
© apsnyteka.org
Гагра ахақәиҭтәра
Гагра ахақәиҭтәра
© news.milli.az
Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса
Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынба Ахьӡ-аҧша абаҳчаҿы
© АГРТК
Аибашьра анеилга ашьҭахь Арӡынба иҳәоит: «Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп». Аҭынч ҧсҭазаара аргылара иазкын арҭ иажәақәа, ҳажәлар зегь,
ҳҧызагьы аҧхьа днаргыланы, рымч-рылша зегь зҭаххаз, имариамыз аргылара, аиҭашьақәыргылара аус.

1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Владислав Арӡынба далырхит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадас, 1999 шықәса, жьҭаарамза 3 рзы ажәлар зегьы еицҿакны аҩынтә раан ахадас иҟалара иақәшаҳаҭхеит.
Аҧсны Раҧхьатәи Ахада имаҵурахьы инашьҭра ацеремониа (аинаугурациа), Аҟәа, абҵарамза 26, 1994 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынба аинтервиу аҭараан
© АГРТК
Арӡынба атәыла дахагыланаҵ Аҧсны имҩаҧган акрызҵазкуа аусқәа. Хаҭалагьы, 1925 шықәсазтәи Аҧсны Аконституциа аиҭашьақәыргылара,
аҧсуа ар аҧҵара, Атәылахьҷара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы уҳәа раҧҵара, иара убас аҧсуа ҭыҧхьыӡқәа рыргьежьра.

Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааҧхьара анапаҵаҩра; Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәааҿы (аиҿагылара ацәаҳәала) Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара; Аҧсныи егьырҭ аҳәаанырҵәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара; урҭ атәылақәа рҿы Аҧсны ахаҭарнакрақәа раартра; Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, Агерби, абираҟи, агимни рыдкылара; аҧсуа бызшәа Аҧсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵара; Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
аҧҵара.
1999 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысит ареферендум ауаажәлар атәылаҿы амчра змоу Аконституциа ишазыҟоу азы, иара убас «Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы» Акт адкыларазы.
Ҳара ҳконституциа, иагәылоу аидеиақәа рыла, ирываҟәылоит Урыстәыла, Еиду Америкатә Штатқәа, Голландиа, Австриа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа рконституциақәа. Уи иаанарҧшуа ахшыҩҵакқәа рықәныҟәоит Ауаҩ изинқәа зыхьчо Еицырзеиҧшу адекларациеи, убасгьы егьырҭ адунеиаҿ иазхарҵахьоу азинтә аспектқәа зегьы ирықәҿнаҭуеит.
Владислав Арӡынба
Ареферендум рхы аладырхәит 97 % ақырҭқәа, абжьыҭара азин змаз. Арӡынба еснагь иазгәеиҭон аҧсуаа иаҳҿагыланы имеибашьуаз ақырҭқәа ақәгәыӷыр шрылшо зинҿаҟәарада Аҧсны атәылауаҩра. Анаҩс уи азин рхы иадырхәеит 60 нызқьҩык ақырҭуаа, урҭ Аҧсныҟа ихынҳәит аибашьра анеилга ашьҭахь.
Сара сгәанала, Аҧсны еснагь иҟан иагьыҟазаауеит милаҭрацәа зқәынхо тәыланы. Ихадоу, дарбанзаалак атәылауаҩ, милаҭс дызҵазкуазаалак, Аконституциа инаҭо азинқәа зегьы ихы иаирхәо дыҟазароуп.
Владислав Арӡынба
Владислав Арӡынба еснагь инаҵшьны иазгәеиҭон, Аҧсны адәныҟатәи аполитика ахашьа Урыстәыла иамариашазароуп ҳәа, Урыстәыла ҧсабарала
Аҧсны адгылара анаҭоит ҳәа иҧхьаӡон.
Лассы-лассы ус иҟалалоит, ҳаизыҟазаашьақәа рҟны ахьшәашәара, ма аҧхарра Урыстәылантә иасуа аҧшақәа ирыхҟьо. Сара сақәгәыӷуеит Урыстәылантә аҧша ҟәандақәа аслоит ҳәа, усҟан Аҧсны аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ыҟазаауеит.
Владислав Арӡынба
Владислав Арӡынбеи аинрал Сергеи Коробкои, лаҵарамза 9, 1998 шықәса
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынбеи Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Николаи Кондратенкои, Адыгатәыла ахада Аслан Џьаримови
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Владислав Арӡынбеи Константин Затулини
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд
Left
Right
1997 шықәсазы Аҧсны делегациа ҳаракыла
раҧхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа аҭаара ҟарҵеит Ҭырқәтәыла, уаҟа Владислав Арӡынба дырҧылеит хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Арӡынба атәыла ахадас дыҟанаҵ даара игәцараикуан аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә
ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра апроцесс, урҭ арахь рхьарҧшра, 150 шықәса раахыс еиҟәыганы иҟоу жәларык рыбжьара аимадара арӷәӷәара.
Владислав Арӡынба ҧсыуала дкәашоит, Сҭамҧыл, 1999 шықәса
© АГРТК
2004 шықәсазы Владислав Арӡынба атәыла ахада имаҵура аанижьит ичымазара бааҧсы иахҟьаны.
Гарибальди аиталиаа рҭоурых аҟнеиҧш, Уоллес – ашотландаа рҟнеиҧш, Владислав Арӡынба еснагь дыҟан, дыҟоуп, дагьыҟазаауеит аҧсуа жәлар дырфырхаҵа иашаны – дҧызаны, жәлар ирылиаауа, иҟалап, знык, аха зегь реиҳа ианаҭаху аҭоурых аамҭазы.
Константин Затулин
Константин Затулин Владислав Арӡынба инышәаҭара аҽны, Аҟәа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса
© АГРТК
Иналукааша аҧсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба
иҧсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьииз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа ахьыҟаз.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба
© АГТРК

Атекст автор – Асҭанда Арӡынҧҳа, абильд-редактор – Наала Аҩӡыҧҳа, аредактор хада – Амина Лазҧҳа