Аҟәа, Черқьесск, Есқьишьеҳир, Амман ақалақьқәа рҟынтә зықьҩыла ауааԥсыра аинтернет еимадара иабзоураны ишиашоу ицо аефир ала иахәаԥшуан Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши Абаза жәлар ркультура амши разгәаҭара иазкны имҩаԥысуаз аныҳәа.

Саид Барганџьиа

Агәырӷьратә усмҩаԥгатәқәа рыла иацҵахеит Ахәбатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», уи иалахәын шәҩыла аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа, иҳәеит Черқьесск ақалақь аҿы хазы иҟоу аҟәша «Алашара» аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Расул Чуков.

Иара иазгәеиҭеит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа рзы ари ныҳәа дууп ҳәа.

«Акультуратә-спорттә фестиваль аиҿкаара ҳара ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит, избанзар иаҳдыруеит ауаа уи шаҟа иазыԥшу. Ас еиԥш аныҳәақәа аҵак ду рымоуп ҳкультуреи, ҳҵасқәеи, ҳқьабызқәеи рӡыргаразы», – ҳәа ациҵеит Чуков.

Акультуратә-спорттә фестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны уи асасцәеи алахәцәеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иалаларц рылшон. Уи азы ихарҭәаатәуп иҷыдоу анкета ҳәа еиҭеиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы ицхырааҩ Кан Ҭаниа. Иара иациҵеит, Аконгресс алахәхара иаанаго – Абаза жәлар ркультуратә хаҿра аиқәырхара иазықәԥо аҭаацәара ду алалара ауп ҳәа.

Афестиваль алахәцәеи асасцәеи рзы еиҿкаан ателемост. Аҟәа, Черқьесск, Есқьишьеҳир, Амман ақалақьқәа рҟынтә зықьҩыла ауааԥсыра аинтернет еимадара иабзоураны ишиашоу ицо аефир ала аныҳәа амҩаԥысшьа рбон.

Ателемост ахархәарала Аҟәантә ааԥхьаратә ажәа иманы дықәгылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

«Аԥсны ахьышьҭоу аҭыԥ амшала еснагь ирацәан аҳәынҭқаррақәа, атәылақәа, аимпериақәа ҳадгьыл ампыҵахалара иашьҭаз, ҳамшын аҟәара иеилаҳауаз, аха ҳабдуцәеи урҭ раԥхьагылаҩцәеи ирдыруан ажәлар ракзаара шеиқәырхатәыз, насгьы аӷа дзеиԥшразаалак ишиҿагылатәу», – иҳәеит Аԥсны ахада.

Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны аҭоурых ахаан ишанымҵуа политикатә хәыцшьа ҵаулала, дипломатиала зыԥсадгьыл ахьыԥшымра зыхьчоз афырхацәа рыхьыӡқәа, аха ус ианамуазгьы, «уаҳа даҽа ԥсыхәак аныҟамлоз, ажәлар шәгыл ҳәа рарҳәон, аԥсадгьыл ахьчаразы, иаӡәыкны игылаз ажәлар ириааиуа алегион ыҟаӡам» ҳәа.

Иахьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҟны 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы, Аҟәа, 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аԥыхны, 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа амчра аҭаразы аӡбамҭа анрыдыркыла ашьҭахь. 2005 шықәса инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш официалла иазгәарҭоит ныҳәак аҳасабала ԥхынгәы 23 рзы.