Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» еиқәдыршәеит иагьышьақәдырӷәӷәеит аԥсшәеи абаза бызшәеи реиқәырхареи рыҿиареи иазку апрограмма ҿыц.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси иккомерциатәым автономтә еиҿкаара «Алашареи» еицхырааны, ихарҭәааны ишьақәдырӷәӷәеит аԥсуа-абаза бызшәа аиқәырхареи аҿиареи апрограмма. Апрограмма адкылара жәабран 21 азы иазгәарҭо Ахатәы бызшәа жәларбжьаратәи амш иазынархан.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, «Алашара» ахада Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, ахатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи рганахьала ихандеиуа зегьы иахьынӡауа мҽхакыҭбааала аус еицырулароуп ҳәа.
«Ҳара зегь ҳзы ҳхатәы бызшәа – иреиҳаӡоу мазароуп, ҳтоурых еиҭазҳәо, адоуҳамч ҳазҭо, ажәлар аԥеиԥш лаша рыманы иҟазҵо. Ахатәы бызшәа аиқәырхара, уи адырра, ҳаҭырла азнеира – умилаҭтә хаҿра змырӡуа мҩоуп, егьырҭ ажәларқәагьы раҳаҭыр абашьа узырҵо акоуп», – иҳәеит Егзакь.
Иара агәра ганы дыҟоуп абаза жәлар рхатәы бызшәа иреиҳаӡоу малк еиԥш ҿыц игыло абиԥарақәа ирымардар шауа, абри аус иазааԥсо аӡәырҩы рымчқәа еибырҭар, рыбжьара аидгылара ҟалар.
Абаза жәлар рхатәы бызшәа аиқәырхара иазку ирҿыцу апрогрмма дазааҭгылеит апрограмма анапхгаҩы, апрофессор Сергеи Паз.
Апрограмм аф-шьаҿак
Абызшәадырҩы еиҭеиҳәеит ари апрограмма аԥҵара аԥшьызгаз Мусса Егзакь шиакәу, иара еиқәыршәан 2019 шықәсазаы.
Абызшәа аиқәырхареи аҿиареи рганахьала апрограмма злахарҭәаау аплан ф-шьаҿак рыла ишьақәгылоуп. Актәи – арҵаҩцәа разыҟаҵара, мамзаргьы реиҭазыҟаҵара.
«Арахь иаҵнакуеит ашкол аушьҭымҭацәа рыпрофориентациа аганахьала аусура, иара убас аушьҭымҭацәа ахатәы бызшәеи Урыстәыла иқәынхо ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рҵаразы иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалараан ацхыраара рыҭара», – иҳәеит апрофессор.
Аҩбатәи ашьаҿа – аҭҵаарадырратә, аҭҵаара-рҵаҩратә кадрқәа разыҟаҵара. Арахь иаҵанакуеит, иҳҳәап, иреиӷьу астудентцәа рҵара иацырҵартә еиԥш Урыстәыла аҭҵаарадырратә центрқәа рахь рышьҭра, иреиҳаӡоу аквалификациа змоу акадрқәа разыҟаҵаразы. Апрограмма ахԥтәи ахәҭа – арҵагатә литература аиқәыршәареи аҭыжьреи.
«Арахь иаҵанакуеит арҵагашәҟәқәеи, арҵага-методикатә цхыраагӡқәеи , ахрестоматиақәа, иара убас ашколқәранӡтәи аҵараиурҭақәеи, бжьаратә школи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи рзы аҵара процесс аан хархәара зуҭаша амтериалқәа реизгақәа. Аплан инақәыршәаны иазҳархио арҵагатә лтература аекспертцәа рыхәшьара анарҭалак ашьҭахь «Алашара» ахарџь ала иҭыжьхоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.
Уи адагьы апрограммаҿы иазыԥхьагәаҭоуп аԥсшәеи абаза бызшәеи рыҭҵаарақәа, араҟа зыӡбахә ҳамоу шьаҭанкылатәи аҭҵаарақәа роуп, абызшәақәа рырҵара аметодикақәа инадыркны, абаза жәлар рҭоурыхи ретнографиеи рыҭҵаара аҟынӡа, абжьаратә школи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҟны абызшәа азнагашьа методикақәа ихырҳаганы аус рулартә еиԥш аус шрыдулатәу агәаҭара, насгьы асоциологиатә ҟазшьа змоу аҭҵаарақәа рымҩаԥгара, анаҩс урҭ анализ рзуны абжьгарақәа рыҟаҵаразы.
Апрограмма ахәбатәи ашьаҿа – абаза бызшәеи алитературеи рганахьала адыррақәа раларҵәара. «Ари ахырхарҭала имҩаԥаҳгалоит еиуеиԥшым аҭҵаарадыратә-теориатә, аҭҵаарадырратә-практикатә конференциақәа, асеминарқәа, астол гьежьқәа, Аԥсныи Урыстәылеи рахьынтә аспециалистцәа алархәны, азҵаара аинтерес змоу адиаспора рхаҭарнакцәа адыԥхьаланы. Есышықәса аԥхынтәи арҵаратә-гәызҩыдаратә школқәа еиҿаҳкааларц ҳгәы иҭоуп аԥсшәеи абаза бызшәеи амаҭәарқәа рыла аолимпиадақәеи аицлабрақәеи рҟны зхы алызкааз аҵаҩцәа рзы», – иҳәеит Сергеи Паз.
Апрограмма аҵыхәтәантәи ахәҭа – аԥсшәеи абаза бызшәеи акирилл шьаҭала еицырзеиԥшу алфавит аԥҵароуп. Апрофессор Паз ижәақәа рыла, абри аҩыза алфавит аԥҵара акәша-мыкәша ацәажәарақәа цоижьҭеи акрааҵуеит, иахьазы иҟоуп иакымкәа-иҩбамкәа авариантқәа, аха аексперимент иахужьыртә иҟоуп ҳәа ззуҳәаша авариант макьаназы ишьақәыргылам.
«Алфавит ҿыц ашьақәыргылара иаанагаӡом иаарласны уи ахархәарахь ииастәуп ҳәа. Убр азоуп аексперименталтә ҳәагьы захьӡу, азныказы иара ԥышәатәуп, аус шауа гәаҭатәуп, Ҟарачы-Черқьестәыла, Аԥсны, Ҭырқәтәыла уҳәа реиԥш ҳдиаспора жәпаҩны иахьынхо атәылақәа рҟынгьы», – иҳәеит апрофессор.
Апрограмма аус шауа
Апрограмма анапхгаҩы еиҭеиҳәеит, уи анагӡара ишалагз 2020 шықәса инаркны, аха аусура ахацыркра иманшәаламыз акоронавирустә пандемиа аамҭа иақәшәеит. Ачымазара ҿкы алмырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа иалдмыршеит 2020 шықәсазы иазгәаҭны иҟаз аусмҩаԥгатәқәа ԥыҭк рынагӡара. Урҭ рыхәҭак аԥхьаҟа ииаган.
Убас зыҿҳәара инахаз иреиуоуп «Ҟлыч иаԥхьарақәа» (иналукааша алингвист, кавказҭҵааҩы Рауф Ҟлыч иаҳаҭыразы ихацыркыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа – аред.), «Ҭабулов иаԥхьарақәа» (абаза литература ашьаҭаркҩы Ҭаҭласҭан Ҭабулов изку аҭҵаарадырра-практикатә конференциа – аред.), «Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль» (есышықәсатәи афестиваль, 2014 шықәса раахыс иазгәрҭоит – аред.). Араҟа иҿыцны иалагалоуп «Екба иаԥхьарақәа» (апрофессора апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Назир Екба изку аҭҵаарадырра-практикатә конференциа - аред.), иара убас «Абаза ҩыра амш», уи амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аметодикатә, аилыркааратә материалқәеи ажәарқәеи жәпакы рҭыжьра инаваргыланы, ихадароу ахыдҵақәа ируакны Сергеи Паз дазааҭгылеит убасгьы аелектронтә база аԥҵара, раԥхьаӡа иргыланы, аԥсшәеи абаза бызшәеи релектронтә корпус хианы иҟазароуп.
«Аԥсышәала ма абаза бызшәала зелектронтә версиақәа ыҟоу атекстқәа зегьы еизыҳәҳәазароуп. Урҭ зегь џьарак реизгара, рҭагалара – шықәсык ала иҟауҵо усым. Убри аҟнытә апрограмма аҩнуҵҟа абри абаза ахаҭа аус адулара мҩаԥыслоит, акомпиутертә программа ахаҭа, атекстқәа рлексикатә анализ уҳәа. Раԥхьа инаргыланы, афольклортә текстқәа, анаҩс асахьаркыратә литература атекстқәагьы, ҳәарада», – ҳәа азгәеиҭеит апрофессор.
Апрограмма иалахәу
Апрограмм анапхгаҩы иажәақәа рыла, ари аус иадыԥхьалоуп, ԥхьаҟагьы иҵегь иадыԥхьалахоит абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рганахьала иреиӷьӡоу аспециалистцәа.
«2019 шықәсазы апрограмма хадаратәла ианҳадаҳкылоз, уи анагӡаразы иазгәаҭан 25-ҩык ауаа. Аха аусура ҳаналага иҵегь иаҳбаз ҟалеит, азҵаара ҿыцқәа цәырҵуа иалагеит, убри азыҳәан ари асиа аҽеиҭанакуеит. Ҳара иҳадҳаԥхьлоит аспециалист ҿыцқәа, аҭҵааҩцәа ҿарацәа», – ҳәа ациҵеит Паз.
Иара иазгәеиҭеит апрограмма аӷьырак «Алашара» ацхыраарала ишымҩаԥысуа.
«Шәахәаԥш шаҟа методикатә цхыраагӡа цәырҵыз аҵыхәтәантәи аамҭазы, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рзы. Еиуеԥшым аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит, анаҩс урҭ рылҵшәақәа зегьы ирбартә-ираҳартә еиԥш иҭыжьхоит. Иахьазы иҟаҵоугьы маҷым – иҭыжьуп, еиҭаҭыжьуп афольклортә текстқәа, асахьаркыратә литература, арҵага шәҟәқәа маҷымкәа. Ари зегьы ҳашьҭахь иааиуа ирзынхоит, ҳҭоурых, ҳкультура иазаанхоит. Акыр иеиқәуԥхьаӡаша ыҟоуп. Абарҭқәа зегьы «Алашара» еиуеиԥшым апрограммақәа рыла аусура имҩаԥнагоз иалҵшәоуп, - иҳәеит Сергеи Паз.
Абызшәа аҵара агәарԥхашьеи уи арҿиареи
Апрограмма анапхгаҩы игәаанагарала, абызшәа арҿиаразы аус улатәуп уи аҵара, ибзианы адырра амотивациа ашьҭыхра аганахьалагьы.
«Абызшәа ҿиаларц азы аԥсҭазаара аганқәа зегьы рҟны ахархәара амазароуп, иуҭахны иҟзароуп, аҩны мацара акәымкәа. Ари ахырхарҭала макьана иҳалшахьоу маҷзар ҟалап. Убри аҟнытә ирҿыцу апрограммаҿы ахатәы бызшәахьы аинтерес шьҭызхша аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп – арахь иаҵанакуеит еиуеиԥшым аконференциақәа, аԥхьарақәа, аицлабрақәа. Дара зегь ззынархоу иахьатәи ҳкультура иалоу абеиара
аиқәырхароуп. Насгьы егьырҭ ажәлар маҷқәа рбызшәақәа шеиқәдырхоз рԥышәа ҭаҳҵаалоит, ус иҟоу аҿырԥштәқәа маҷым», – иҳәеит апрофессор.
2020 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа рыҟаҵарарзы апрограмма аԥшьгаҩцәеи уи аус адызулои реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп хара имгакәа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.