Аԥсны ашколқәа рҟны «Аԥсуара» маҭәарк аҳасабала алагалара шаҭаху иазкны аилацәажәара мҩаԥысит Очамчыра, Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы.

Ҳажәлар рмилаҭ-уаҩышәаратә кодекс «Аԥсуара» аиқәырхареи аларҵәареи азҵаарақәа рылацәажәара иазку аиԥыларақәа хацлыркит АААК Аҳәса рхеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа Очамчыра ақалақьи араиони арҵаҩцәеи, аҵара ус ахылаԥшцәеи алархәны. Еиԥыларацыԥхьаӡа еизо ауаа идырбахоит атема иазку архивтә кадрқәа, ауаа хатәрақәа, арҿиаратә, аҭҵаарадырратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа Аԥсуара иахьалацәажәо. Апроект аԥхьатәи аетап аҟны аиԥш зеиԥшу аиԥыларақәа мҩаԥгахоит Очамчыра, Тҟәарчал, Гәдоуҭа.

Актәи аиԥылара иалахәын Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа, Очамчыра араион Абыргцәа рхеилак аиҳабы Иури Лагәлаа, ауаажәларратә усзуҩ Иван Какалиа. Арҭ ауаагьы, еизаз зегь реиԥш Аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашколтә программа алаҵара ишазыразу рҳәеит.

Аиԥылара иалахәыз архивтә видеонҵамҭақәа ддырбеит, Аԥсуара иалацәажәахьоу ауаа ргәаанагарақәа ахьырҳәо. Убас, ашколхәыҷқәа ирызнагатәуп ҳәа ицәажәоз дреиуан Кәтолтәи ашкол уаанӡатәи адиректор Пантик Тапаӷәуа; аԥсуаа раӡәыкра еиқәырхатәуп ҳәа дцәажәеит ашәҟәыҩҩы Борис Гәыргәылиа; аҵарауаҩ-археолог Игор Ҵнариа иакәзар, амилаҭ маҭәа аныҟәгара акультура далацәажәеит. 

Аԥхьажәа ҳәо лықәгылараҿы ари апроект автор Екатерина Бебиа иазгәалҭеит иааиуа ахәышықәса Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура «Аԥсуара» иаамҭаны ишалкаау. Лара иҭабуп ҳәа иалҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ари апроект аԥшьгареи анагӡареи аҿы иҟаиҵаз адгыларазы.

«Мусса Егзакь иоуп иахьатәи аамҭазы аԥсуаа-ашәуаа ҳмилаҭ хаҿра еиқәзырхаша апроектқәа, аусура аплан еиқәыршәатәуп ҳәа инаҵшьны иҳазҳәаз. Даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, иара ибзоуралоу Аконгресс аус бзиақәа зегьы алыршахартә излаҟало. Есыҽны илагала ду ҟаиҵоит уаҵәтәи ҳԥеиԥш, ҳкультура ҿиаларц азы. Иџьабаа ахә ашьара уадаҩуп», – ҳәа ацылҵеит лара.    

Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси хаҭала Екатерина Бебиаԥҳаи иҭабуп ҳәа реиҳәеит абас еиԥш хра злоу азҵаара ахьышьҭылхыз азы.

«Иахьа ҳара ҳмилаҭ дунеихәаԥшышьа аконкуренциа дуӡӡа иҭагылоуп, Аинтернет уахәо иҟам, ҵыхәаԥҵәарада аинформациа аауеит, уи аиҳарак ҳара ҳ-Аԥсуара иаҿагылоуп. Аха ҳара аиааира ҳгароуп ари аиндаҭлараҿы, уаҳа ԥсыхәагьы ҳамаӡам», – иҳәеит Думаа.

Аҿар реизҳазыӷьареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аиҳабы Валери Берзениа иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи аелектронтә хархәагақәагьы Аԥсуара арҵараҿы цхыраагӡас иҟаҵатәуп ҳәа, иахьатәи аԥсҭазаара ҳҽақәҳаршәалароуп ҳәа.

«Иахьа ԥхьаҟа ицо аамҭа ҳаҵахар ҟалаӡом. Ахәыҷқәа Аинтернет аҟынтә аинформациа роуазар, ҳара иаҳтәу адыррақәагьы уантә ироуа иҟаҳҵароуп, аԥсышәала – ҳхатәы бызшәала. Уи мультфильмзар ҟалоит, ма еиҭагоу фильмзар, еиуеиԥшым атемақәа ирызку иааркьаҿу авидеороликқәа уҳәа. Дара рацәазароуп, дасу игьама иақәшәо иԥшаарц», – ҳәа азгәеиҭеит Берзениа.

Џьгьардатәи абжьаратә школ арҵаҩы Милана Агәхаа илҳәеит ухатәы бызшәа узымдыркәан амилаҭ культура ашьаҭақәа реихаҳара даара иуадаҩуп ҳәа.

«Зегь раԥхьаӡа иӡбатәны иҳамоу ахатәы бызшәа азҵаароуп. Аԥсышәала изымцәажәо ахәыҷқәа аԥсыуа хәыцшьа зроуӡом», – ҳәа азгәалҭеит арҵаҩы.

АААК Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳагьы илҳәеит ашкол аҿы ахәыҷқәа Аԥсуара рызнагара даара иаҭахны ишыҟоу.

«Аԥсуара – ахымҩаԥгашьагьы аанагоит, ахьӡи-ахьымӡӷигьы аҵанакуеит. Аԥсны иҳамоуп ашколқәа Аԥсуара факультатив аҳасабала иахьахысуа. Аха сыхәҭаахьала, маҭәарк аҳасбала алаҵара ахәҭаны избоит, аҿар реиҵааӡара аус аҿы ицхыраагӡа духоит», – лҳәеит Ҳагԥҳа. 

Лара лажәақәа рыла, еиҵагыло абиԥарақәа рмилаҭ культура агәыбылра дырклатәуп ишыхәыҷу нахыс.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Екатерина Бебиа уи аихшьалақәа ҟалҵеит, ԥхьаҟатәи лыгәҭакқәагьы рыцеиҩылшеит еизаз.

«Иахьа абра акрызҵазкуа азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, дасу ҳгәы иҵхоз ҳҳәеит. Иахьа аглобализациа аамҭа ҳанҭагылоу аԥсуаа ҳмилаҭ хаҿра аиқәырхара есааира иуадаҩхоит. Аха ҳаидгыланы ари аус ҳнапы алаҳкыр, иаҳзымыӡбо иҟаӡам», – лҳәеит лара. 

Аԥсуара иазку аилацәажәарақәа хацыркуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси АААК аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳаи рымчала. Апроект хықәкыс иамоуп Аԥсуара ашьаҭақәа хәыҷгьы-дугьы неиҩымсрада ирбо, ираҳауа аҟаҵара.