Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәша ихацнаркит апроект ҿыц - ашколхәыҷқәа рзы аекологиа иазку атренингқәа.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәша, ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиа далархәны, ихацнаркит апроект ҿыц анагӡара. Уи иахьӡуп: “Ақалақьи ақыҭеи рҿы аекологиатә уадаҩрақәа: ӡбашьас иҳамоузеи?”

Атренингқәа хықәкыс ирымоуп ахәыҷқәа анаҩс ирыхәаша аеко-шьцыларақәеи аҧсабара аиҷаҳареи арылааӡара, аекологиа аҧырхага амҭакәа анхашьа аргәарҧхара.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи аусуратә ҭыҵра еиҿкаан Драндатәи ашкол аҿы. Алахәҩцәа ирылацәажәеит Аҧсны ақалақьтә екологиа ауадаҩрақәа: автотранспорти анаплакқәеи ирыхҟьаны аҳауа аҟьашьра, ацрыҵтә ӡқәа ишақәнагоу аиҧш рымрыцқьара, ацәынхақәа аус рыдулара, аиаҵәара ахшьаара, аекосистемақәа реилагара.

Иара убасгьы аиҧылараҿы ирылацәажәеит Аҧсны ақыҭақәа рҿы иуҧыло аекологиатә уадаҩрақәагьы: адгьыли аӡқәеи зҟьашьуа апестицидқәеи ахимиатә рҵәыгақәеи рхархәара, абнақәа рыхшьаара, абиохкырацәазаара ацәыӡра, аӡыхьчареи аӡыцҵырҭақәа мҟьашьырц азы ахылаҧшреи ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа.

Аҵареи, асоциалтә активреи, аҵарадырреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳа лажәақәа рыла ари аусмҩаҧгатә 2024-тәи ашықәсазы иазҧхьагәаҭоу 24 тренинг рыҟнытә раҧхьатәи ауп. Атренингқәа реиҳарак мҩаҧгахоит ақыҭа школқәа рҿы.

“Аекологиа иадҳәалоу атренингқәа рымҩаҧгаразы иҳадаҳкылаз аӡбамҭа зыдҳәалоу адунеи акәакьқәа зегьы еицырзеиҧшу азҵаароуп. Хаҭала иаҳҳәозар, атренингқәа рыбзоурала ҳхәыҷқәа ирызнагатәуп адунеитә екосистема иахәҭаку ҳтәыла аекологиеи иуникалтәу аҧсабареи реиқәырхаразы хаҭалатәи аҭакҧхықәра шҳаду. Атренингқәа ирылахәу ирбо-ираҳауа иаҳа иазҿлымҳахаразы, аусмҩаҧгатә аинтерактивтә ҟазшьа аиуразы дааҳаҧхьеит сингапуртәи асистемала ахәыҷқәа аҵара дзырҵо аспециалист. Уи абзоурала ахәыҷқәа адырра арыҭара адагьы, адискуссиеи, азхәыцреи, амшхәаҧштә азҵаарала ахатә гәаанагара ахьчареи рахь рааҧхьара ҳалшоит. Сгәы иаанагоит, арҭ адыррақәа зегьы аҧсҭазаараҿы изныкымкәа ирыхәоит ҳәа”, - лҳәеит Ҳагҧҳа.

Изольда Ҳагҧҳа лажәақәа рыла, атренингқәа ирымоу аҵак ду аспектқәа ируакуп аекологиатә дыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхрала ауаажәларратә еилазаара арӷәӷәареи, ахдырра аиқәыршәареи.

Драндатәи ашкол аҿы атренинг амҩаҧгара сааҭк инацны иадхалеит. Аҵаҩцәа активла апроцесс рҽаладырхәит. Атренинг амодератор имҩаҧылгеит Аҧсни уи анҭыҵи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы иуҧыло аекологиатә уадаҩрақәа ирызкыз апрезентациа. Алахәҩцәа алацәажәеит иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбашьеи аекошьцыларақәа ирыцу ахәарҭареи.

Анаҩс ашколхәыҷқәа ахысит аекологиатә хдырра аарҧшра иазку, “Срацәаӡытә шьҭа” зыхьӡу атест. Ашколхәыҷқәа атренинг амодератор еиҿылкааз адискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ргәаанагара иалацәажәеит.

ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиа иазгәалҭеит актәи атренинг шманшәалахаз, инаҵшьны илҳәеит аекологиатә рккара актуалра шацу.

“Аекологиатә рккара атема Аҧсны азы аҵак ду амоуп, избанзар ҳтәылаҿы аекологиатә дыррақәа рыҟәша ишақәнагоу аҿиара амаӡам. Урҭ адыррақәа ауаҩы ихәыҷра инаркны илааӡатәуп. Аекологиатә ҵарадырра атема арҿиареи аларҵәареи аҭахуп, избанзар адунеи аҿы иқәынхо ауаа зегьы рыҧсҭазаара иадҳәалоуп. Ҿырҧштәыс иааҳгозар, атәым бызшәақәа шаҳҵо аиҧш, аҧсабара абызшәагьы ҭаҳҵаауазароуп, ииашаны ишазныҟәатәу ҳдыруазароуп”, - лҳәеит Цыбулевскаиа.

Ахәыҷқәа даара иргәаҧхеит атренинг аҿы ирбаз-ираҳаз.

Аҵаҩы Валериа Мельникова иазгәалҭеит аусмҩаҧгатә аҿы ишеилылкааз ауаҩы есҽны дазымхәыцӡакәа аҧсабара иаҧырхагоу аекологиатә гхақәа шыҟаиҵо, уи ауаа зегьы рзы ашәарҭара аҧнаҵар шыҟало.

“Сара еилыскааит ҳтәыла аекологиа аиҷаҳара шаҭаху, ҳацҧхьаӡа хаҭалатәи аҭакҧхықәра шҳаду, ҳхымҩаҧгашьа ацклаҧшра шақәнагоу. Ҳара иаҳбоит ауаа иахьақәнагам агәам-сам шкарыжьуа, аҧсабара ишабалак ишазныҟәо, уҳәа иакәым ахымҩаҧгашьа шаадырҧшуа. Жәаҳәарада, аиҧш-зеиҧшу атренингқәа ашколқәа рҿы имҩаҧгалатәуп, избанзар аекологиатә хдырра иадҳәаланы шаҟа ҳаҳауа аҟара аилкаара ҳаулоит, ҳхымҩаҧгашьагьы ианырлоит”, - лҳәеит лара.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аспециалист Наур Хышба иазгәеиҭеит ақыҭа школқәа рзы аекологиатә тренингқәа шымҩаҧгалатәу.

“Аекологиатә зҵаарақәа ирыдҳәалоу амшхәаҧштә – ауаажәларратә ҧсҭазаараҿы иҿыцым, аха ҳгәы иаанагоит ақыҭа школқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа аҧсабара аиҷаҳара шақәнагоуи, аекологиа ишакәым азныҟәара шшәарҭоуи ирызку аинформациа лассы-лассы ироуам ҳәа. Аҧсны ақыҭа хәыҷқәа ақалақьуаа ирҿҳарҧшуазар ицқьоу, кьыс змам аҧсабара ахьыҟоу инхоит, аха ақыҭа аекологиатә ресурс ҳәаадоуп, ари аҩыза аҭагылазаашьа еснагь иҟазаауеит ҳәа агәаанагара иашам”.

Хышба иажәақәа рыла, ашколхәыҷы лассы-лассы иаҳауазар аҧсабара ишеиҷаҳатәу, анаҩстәи абиҧарақәа рзы аҧсабара аиқәырхара шаҭаху еилкааны, аекологиатә хымҩаҧгашьа иаша ааирҧшуеит.

Аекологиа иазку аинтерактивтә тренингқәа – 2024 шықәсазы ихацырку, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчаереи рзы АААК аҟәша апроект ҿыц ауп. Уи азынархоуп ахәыҷқәа рыбжьара аекологиатә дыррақәа рҳәаа арҭбаара, аҧсабара азҿлымҳахареи аиҷаҳареи арылааӡара иазку ахәдурақәа рсистемеи, адыррақәеи, ахымҩаҧгашьатә ҧышәеи рыҩаӡара ашьҭыхра.