2024 шықәсазы АААК имҩаҧнаго апроект ҿыцқәа ируакуп ақыҭа школқәа рҵаҩцәа асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа дырҵара.

Алиса Хәытаба

Ари апроект – алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз АААКи аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки  русеицура аҿырҧштәқәа рахь иаҵанакуеит. Аҧсны ашколқәа фба ирымазаауеит алшара ицәырырго апроектқәа руак анагӡаразы. Апроект ахацыркра, аиҿкаара, ахәыҷқәа апроектҟаҵара ашьаҭақәа дзырҵои афинанстә ҵара рылазааӡои аспикерцәа радыҧхьалара алыршан АААК амчқәа рыла, иақәырӡыз ахарџь акәзар, ахә ахишәааит Аконгресс Ахантәаҩы Мусса Хабал-иҧа Егзакь. Апроект алыршаразы агранттә цхыраара ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Атренингқәа рсистемахь иаҵанакуеит адыррақәеи урҭ рхархәаратә ҧышәеи рырҳара, насгьы рырцыхцыхра. Иахьатәи аамҭазы ари ахбыџтә гәыҧ рацәажәашьа аформақәа ируакуп. Ашколхәыҷқәа рсоциалтә активра зыдҳәалоу рықәратә ҷыдарақәеи аимадаразы ирымоу агәазыҳәареи роуп. Урҭ рыбзоурала ицәырҵуеит ашколхәыҷқәа рхаҧшьгареи рактивреи. 

Ҩымш имҩаҧысуа атренингқәа рсериа аҟнытә актәи аусмҩаҧгатә еиҿыркааит Аӡҩыбжьа ақыҭан 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа рзы. Апроект амодераторцәа - асоциалтә проектҟаҵара аспециалистцәа, азыҟаҵаҩцәа Лана Чкадуаҧҳаи Мате Цквитариаҧҳаи атренинг алахәҩцәа апроектҟаҵара ашьаҭақәа ирабадырдырит, ирзеиҭарҳәеит аиҧш зеиҧшу адыррақәа рырҳара аҵак ду шамоу. 

«Асоциалтә проектқәа рҩышьеи абиуџьет аиқәыршәашьеи рыдагьы, апроект иалахәу ашколқәа рҿы ахәыҷқәа ироуеит алшара урҭ руак алыршаразы.  Раҧхьатәи ҳусуратә мшы асоциалтә проектҟаҵара иазкын, хаҭала иаҳҳәозар, ахәыҷқәа иреилҳаркааит иҟоу апроблемақәа рыҟнытә хадара злоу алкаашьа, ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи рықәыргылашьа, иара убасгьы аҿырҧштәы ааганы идҳарбеит анаҩс ииашаны ихарҭәаатәу азыҳәанҵа апроекттә форма зеиҧшроу», - лҳәеит Лана Чкадуаҧҳа. 

Атренинг аҩбатәи амш азы атеориатә хәҭа аҟнытә, апрактикатә хәҭахьы ииасит. 

Ашколхәыҷқәа х-гәыҧкны рыҽшаны, акомиссиа аҿаҧхьа ицәырыргеит еиқәдыршәаз рхатәы проектқәа. Апроекттә гәҭакқәа ашәҟәы ранҵара, урҭ рыхьчара, насгьы руак агрант аиура - агәыҧқәа зегьы рҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтә ауп. 

Аспортзал иақәнагоу амаҭәахәқәа рыла аиқәыршәара, ашкол иазааигәоу аҵакырадгьыл аҭагылазаашьа аиӷьтәра, аҧсшьарҭа ҳасабла атәарҭақәа рыҟаҵара, аинтеллектуал-гәырҿыхаратә ҧсшьара аиҿкааразы астолтә хәмаррақәа раахәара - аспециалистцәеи аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи ҩымш имҩаҧыргоз аусура иалҵшәахеит абарҭ апроектқәа хҧа. Апроект авторцәа руаӡәк, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аспециалист Наур Хышба иазгәеиҭеит анаҩстәи:

«Атренингқәа рыбзоурала еиӷьхоит агәыҧтә усуреи,  есымшатәи аҧсҭазаараҿы изынио ауадаҩрақәа ралкаашьеи, урҭ рыӡбаразы иҟоу алшарақәа рыҧшаашьеи рзы ахәыҷқәа рҟазшьақәа. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки рхаҭарнакцәа злоу Аилак иалнахуеит аамҭанреи анагӡаразы алшареи рганахь ала иаҳа еиӷьу апроекттә гәҭакы. Аҵак ду амоуп ақыҭа хәыҷқәа иҟоу ауадаҩра аганахь ала еизаны, аӡбашьа иазхәыцыртә, иаҭаххозар аҳәынҭқарра ма ауаажәларратә еиҿкаара рҿы ацхыраара иаҳәартә аиҧш алшара рзаҧҵара», - иҳәеит иара.

Имҩаҧгаз адискуссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, акомиссиа алахәҩцәа иалырхит асоциалтә хырхарҭа змоу проектк. Ицәыргаз апроектқәа зегьы алыршаратә ҧеиҧш бзиа шрымазгьы, акомиссиа алахәҩцәа иалырхит ашкол ашҭаҿы аҧсшьарҭа ҭыҧ аиҿкааразы аҧшьгара ҟазҵаз агәыҧ апроект. Ари аҩыза аҧшьгара мзызс иамоуп зны-зынла ахәыҷқәа автобус кыраамҭа азҧшра ахьрықәшәо. Уи аамҭазы ашколхәыҷқәа зегьы ршьапы иқәгылоуп, мамзаргьы асаара итәоуп. Убри инамаданы, атәарҭақәа ҟаҵазар аҧшрагьы иаҳа иманшәалахоит. 

Апроект анапхгаҩы, аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша аиҳабы Есма Кәыҵниаҧҳа иазгәалҭеит ашкол аиҳабыреи арҵаҩратә еилазаареи апроект аиқәыршәара апроцесс рыҽшаларымгалоз.

«Аҵаҩцәа апроекттә усура ралагалара абзоурала еиӷьхоит урҭ рхәыцшьа, ирылоу арҿиаратә гәырцҟәыл, асоциум иадҳәалоу ауадаҩрақәа рыӡбашьа аҧышәа роуеит. Ицәыргаз апроектқәа рыхҧагьы аамҭатә зыҳәарақәа ирықәшәон, ауаа рзы ихәарҭан. Ҳара, Аконгресс агәыҧи аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки ҭакҧхықәрала ҳазнеит зымҽхак ҭбаау ари апроект аиҿкаара, избанзар аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа апроектҟаҵара ашьаҭақәа адырҵара адагьы, ахәыҷқәа ирынаҭоит алшара рхатә ҵакы аилкаареи, ауаа зегьы рзы ихәарҭоу азеиҧш ус ишадҳәалоуи адырбаразы. Ауаҩ қәыҧш хаҭалатәи иеизҳаразы алшара – еснагь ҳзыргәаҭеиуа, зҵакы дуу зҵаароуп. Уи еилкааны, ҳнапхгаҩы Мусса Хабал-иҧа Егзакь еснагь ацхыраара риҭоит амилаҭ азы аҵареи, аҿиареи, агәабзиарахьчареи хықәкыс измоу апроектқәа», - лҳәеит лара. 

Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿартә политика аҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглы иазгәеиҭеит ари апроект «иӷәӷәоу алагашьа» шаанарҧшыз. 

«Акомиссиа алахәҩцәа гәаҳәарала апроект иадгылеит, ҳара ҳакәзар – ҳхахьы иаҳгоит атәарҭақәа рыҟаҵареи ахыб змоу амчандыр аргылареи. Араҟа ахәыҷқәа аамҭа рхыргалоит, автобусгьы иазыҧшызаауеит. Хылаҧшрада иаанхом ашколхәыҷқәа ицәырыргаз егьырҭ апроектқәагьы», - иҳәеит иара. 

Ашкол анапхгареи атренинг алахәҩцәеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит АААК раҧхьа инаргыланы апроект аиҿкааҩцәа зегьы, избанзар апроект абзоурала иалыршахеит хаҭалатәи аизҳара, ақыҭеи ауаажәларреи рырҿиаразы ацхыраара роуит.