2022 шықәсазы Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа лаҧшьгарала иаҧҵан хаҭала напхгара зылҭо, анагӡаҩ ҿарацәа ралҧшаареи рӡыргареи иазку амузыкатә еицлабра. Анаҩстәи ашықәс азы аицлабра амҽхак арҭбааит, ҩ-ҳҭнықалақьк рҿы – Аҟәеи Москвеи имҩаҧысит. Иахьа аоператә шәаҳәаҩи, авокалистцәа рыла ишьақәгылоу лгәыҧи активла аконцертқәа мҩаҧыргоит. Алиса Гыцҧҳа АААК аинформациатә ҟәша еиҿнакааз аиҿцәажәараҿы еиҭалҳәеит аицлабра ашьҭахьтәи аҧсҭазаареи аҟазареи рзы лгәы иҭоу.

Аиҿцәажәара мҩаҧылгон Есма Гәаланӡиаҧҳа

— Алиса Шьалуа-иҧҳа, шәара уажәы активла аконцертқәа мҩаҧыжәгоит. Ишҧамҩаҧысуа урҭ ақәгыларақәа, насгьы ҭыҧс иабамҩаҧысуа?

— Жьҭаарамза имҩаҧысит аҩбатәи аицлабра, ирацәан ҳпартнерцәеи ажиури алахәҩцәеи иҳадыргалаз аҳамҭа ҷыдақәа. Абҵарамза инаркны ихацыркын аконцерттә ҭыҵра ду. Раҧхьаӡатәи аконцерт мҩаҧаҳгеит Черноголовка. «Гиндин-фест» зыхьӡыз ари афестиваль еиҿикааит ажиури алахәҩы, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Александр Гиндин. Уи мҩаҧысит қәҿиарала. Ари аусмҩаҧгатә ашьҭахь ажиури алахәҩы Виктор Абрамиан-Ешба иҟнытә аҳамҭа ҷыда аҳасаб ала Переславль-Залесск, анаҩс Москва Ушински ихьӡ зху абиблиотекаҿы имҩаҧысит ҳлауреатцәа рконцерт. Ажьырныҳәамза Воронеж ҳаҟан. Ҳақәгылара апрограмма даара иуадаҩын. Инарҵауланы иаҳҳәозар, ҳақәгыларақәа ҩымш ицон, хаз-хазы ҩ-программак рыла ишьақәгылан. Раҧхьатәи аконценрт Верди ирҿиара иазкын. Адырҩаҽны ауаажәлар рзы инаҳагӡеит адунеи аҿы еицырдыруа аоператә классика алҧшаахқәа рахь иаҵанакуа амузыкатә хкеилаҧса. Азыӡырҩцәа ргәырӷьара ҳәаа амамызт. Жәабранмза Остафиево имҩаҧаҳгеит ҳахкҳәаҩцәа ргала-концерт. Остафиево – Москвеи Москватәи аобласти рҿы зегь реиҳа иҧшӡоу аҭыҧқәа рахь иаҵанакуеит. Аброуп иахьыҟоу Пушкини усҟантәи Москва аинтеллегенциатә елита ахаҭарнакцәеи ахьаанҿаслоз аҭауадцәа Виаземскираа рынхарҭа. Ҵаны, уаатәи атмосфера даҽакы иалаҩашьом.

— Москвеи Санкт-Петербурги аконцертқәа шҧамҩаҧыс?

— Жәабранмза 29 «Москонцерт Холл» аҿы еиҿкаан «Московская камерата» зыхьӡу, акамертә оркестр злахәыз аконцерт. Зегьы мҩаҧысит қәҿиарала, аригьы ҳанагӡаҩцәа ргала-концерт акәын. Аабыкьа, Санкт-Петербург ҳаҟан. Ҳамҭа ҷыдак аҳасаб ала, ари аконцерт ҳзеиҿылкааит ҳпартнер, «Петербург-концерт» аиҳабы Екатерина Артиушкина. Лхаҭыҧан аконцерт ахь дааит Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Ольга Виктор-иҧҳа Ступнева. Ҳамҭа ҳасабла «Екатериненское собрание» зыхьӡу азал аҿы иаҳзеиҿкаан аконцерт. Излареиҧшми ари аконцерт егьырҭ имҩаҧысхьоу? Петербург инхоит актәи ҩ-еицлабрак рлауреатцәа. Убри ҳасаб азуны, урҭ еидаҳкыларц ҳаӡбеит. Актәи аицлабраҿы Гран-при зҽаҧсазтәыз ҳбаритон Алықьса Иурковски петербургтәиуп. Актәи аицлабра ахҧатәи апремиа – Елизавета Аксаговагьы петербургтәиуп ҳҳәар ҟалоит. Иара убасгьы аҩбатәи аицлабра аҩбатәи апремиа алауреат Екатерина Шпильмангьы Петербург дынхоит. Аихшьаалақәа ҟаҵо, иаҳҳәар ҟалоит актәи ҩ-еицлабрак ирылахәыз ааҧхьаны, узызҿлымҳахаша агәыҧ еизаҳгеит ҳәа. Аха рыцҳарас иҟалаз, Иурковски дычмазаҩхан, ихы изаламырхәит.

— Шәышҧарыдыркыла питертәи ахәаҧшцәа?

— Ҳрыдыркылеит ибзианы, гәыкала. Ҳгәы иаахәеит Петербург инхо ҳџьынџьуаа ахьҳадгылаз. Урҭ аконцерт ахь иааит, ҳамҭас иҳарҭеит зеиӷьыҟам ашәҭшьыҵәрақәа. Ҷыдала ҳгәы иақәшәаз ахь иаҵанакуеит даҽакгьы – аконцерт далахәын аҧеиҧши аҟыбаҩи злоу ахкҳәаҩы Софиа Сақаниаҧҳа. Софиа илхыҵуа 19 шықәса роуп, аха ирацәоуп иакымкәа лыҽзыҧсалтәхьоу аицлабра хатәрақәа ргран-приқәа. Анагӡаҩ леихьӡарақәа ирыцылҵап ҳәа лгәиҭоуп. Сынтәа Софиа аҵараиурҭа далгоит, илгәиҭоуп аконсерваториа аҭалара. Ажәакала, даара ҳгәы иаахәеит ҳконцерт ахьраҩрмыжьыз, иахьааиз, иаҳзыӡырҩны иахьҳадгылаз.

— Шәгәы иаанагозма имҩаҧыжәгоз амҽхак абас аҽарҭбаап ҳәа?

— Аицлабра алагамҭазы исыздыруамызт зегьы шыҟалоз. Аиашазы, ҳазҿыз даара сацәшәон, избанзар аменеџьртә усура рацәоуп. Ааҧсара ҟамҵакәа апартнерцәа урышьҭоуп, иудгыларазы агәра дургоит, асаламшәҟәқәа уҩуеит. Даҽакала иаҳҳәозар, аиҿкаара аамҭа рацәаны иагоит. Аменеџьрцәа ргәыҧ ду ахьсымам иахҟьаны, аусурақәа зегьы еиҿкаан хҩык ҳамчқәа рыла. Иҟан еиуеиҧшым ауадаҩрақәа, аха иҳалшеит ҳамчқәа еибыҭаны ҩ-еицлабрак рымҩаҧгара. Ауаҩы дызҿу аамҭа рацәа анақәирӡлак аҧышәа ирҳауеит, аусура акәамаҵамақәа иаҳа еиликаауеит, еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа раан ахымҩаҧгашьа иаша аарҧшшьа иҽақәиршәоит. Ҳәара аҭахума, зегь раҧхьа иргыланы аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы ихымҧадатәиуп асааҭ аиҧш еиҧҟьарада аусура иазыхиоу, дасу акы иазку ауаа рыла еиқәыршәоу, еидгылоу агәыҧ. Уи аныҟала – иҟалоит егьырҭ зегьы. Сара здаҧсыхәа ыҟам агәыҧ сымоуп. Ишыжәбо аиҧш, аус ҳуеит. 

— Аицлабрақәа еиҿҳарҧшуазар, аҩбатәи аан аҽалархәразы иалаҵаз азыҳәарақәа иаҳа ирацәан. Аҽаҧсахма апроект аформат?

— Ааи, азыҳәарақәа иаҳа ирацәан. Актәи аицлабра мҩаҧысуан ҭыҧк аҿы, Аҟәа мацара. Ҳара иҳамамызт авидео ала аилыҧшааратә тур, ауаа иаразнак иааиуан. Аӡәгьы дсыздыруамызт, уимоу исаҳахьоу ажәлақәагьы маҷын. Ирацәаҩуп Белоруссиантәи, Урыстәыла еиуеиҧшым атәылаҿацәқәеи ақалақьқәеи рыҟнытә – Сибрантәи, Воркутантәи, Читантәи иааз алахәҩцәагьы. Урҭ аҳәаақәа раркра иацәымшәакәа иаҳзааит, Аҟәа иқәгылеит. Иакымкәа аконцертқәа мҩаҧысит, аха абри аҟара аҳамҭа ҷыдақәа рхыҧхьаӡара уаанӡа иҟамлацызт. Аҩбатәи аицлабра ҩ-қалақьк – Аҟәеи Москвеи имҩаҧаҳгарц ҳаӡбеит. Уи аамҭазы иазгәаҳҭон Урыстәыла Аҧсны азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи, аиааира Амш 30 шықәса ахыҵреи. Убри инамаданы, исҭаххеит аицлабра аҳәаақәа ырҭбааны, иааннакыло аҵакы аҩаӡара ашьҭыхра. Аицлабра агеографиатә ҳәаақәа рҽеиҵырхит, еизҳаит аицлабра ахаҭеи ажиурии иалахәыз рхыҧхьаӡара, иацлеит «Искусство ансамбля» зыхьӡу аноминациа ҿыц. Актәи апроект - авокалистцәа жәларбжьаратәи реицлабра ахьӡын, аҩбатәи акәзар - амузыкатә ҟазшьа аанахәеит, авокалистцәа рнаҩсангьы, уи иалахәын аинструменталистцәагьы.

— Иарбан ҭыҧқәоу иҵегьы шәықәгылап ҳәа ахьшәгәиҭоу?

— Мшаҧымза 9 имҩаҧысраны иҟоуп актәи ҩ-еицлабрак рлауреатцәа рзы ахкытә концерт. Уахь иаҵанакуеит актәи апремиа занашьоу Владислав Бириукови, ахҧатәи апремиа занашьоу Кристина Поповеи. Урҭ аҳамҭа ҷыда аҳасаб ала «Геликон-Опера» асахьаркыратә напхгара аҟнытә рҽаҧсартәит уи атеатр аҿы ахкытә концерт амҩаҧгара. Уажәы ҳазхәыцуеит уи апрограмма хьӡыс иаҳҭаша, ауаа азҿлымҳахартә аиҧш арежиссертә усура шымҩаҧаҳгаша, ахәаҧшцәа ишрызнаҳгаша. Уи ашьҭахь, мшаҧымза 13 Клинҟа ҳцоит, Чаиковски инхарҭа – аҳәырҧсаррахь. Уаҟа имҩаҧысуеит ҳлауреатцәа ргала-концерт. Анаҩс, «Музыкальная чашка» «КЭС – Фонд» зыхьӡу ҳпартнерцәа рыҟнытә Москва Глазунов игалереиаҿы ицәыргахоит ҳлауреатцәеи ҳдипломистцәеи ҧыҭҩык.

— Излашәҳәо ала, аконцерт иалахәу алауреатцәа рымацара ракәӡам?

— Ааи, алауреатцәа рымацара азҳархом. Лассы-лассы аконцертқәа ирылахәуп адипломистцәеи аҧхьахәгаҩцәеи. Ҳаицлабраҿы хадара злоу – ҧхьаҟа ацареи, асценаҿы ақәгылареи рзы алшара аҧҵароуп. Абасала, азанааҭтә ҟазара аҩаӡара еизҳауеит, избанзар артист изы асцена аҳауа иаҩызоуп. Петербург имҩаҧысыз аконцерт аҿы алагажәа аҳасаб ала Ольга Виктор-иҧҳа Ступнева иазгәалҭеит еицлабрақәак рҿы апремиақәа аашаны, анаҩстәи аицлабрақәа реиҿкаара инашьҭалоит ҳәа. Алауреатцәа ракәзар – урҭ рразҟи анаҩстәи рыҧсҭазаареи аицлабра еиҿызкааз ргәы иалам. Ҳара ҳакәзар, абҵарамза инаркны аконцертқәа еиҿаҳкаауеит, ҭаацәак реиҧш ҳаҟоуп. «Гыцаа» рҭаацәа реиҧш ҳаизааигәахеит.

 — Шәара лассы-лассы асоциалтә ҳақәа рахь иҭажәгалоит имҩаҧыжәго ақәгыларақәеи аҽазыҟаҵарақәеи рыҟнытә афото-видео нҵамҭақәа. Иунырратә иҟоуп аус зцыжәуа ауааи Шәареи аҧхара шшәыбжьоу.

— Зегьы ҳаиҩызцәахеит, аус еицызуаз зегьы ҳаиҭынхацәоушәа ҳаизааигәахеит. Ҳәарада арҭ аконцертқәеи апроект ҿыцқәеи ҳаидыркылоит. Ҳгәыҧ иалоу зегьы аус ҿыц алагара рзымариоуп, изакәызаалак акы аҽалархәра мап ацәырымкӡацт дунеихаан.

— Ишәгәиҭоума ахҧатәи амузыкатә еицлабра амҩаҧгара?

— Ахҧатәи апроект уажәы аус адулара ҳаҿуп. Макьана амаӡақәа зегьы аасыртыр сҭахым. Игәаҳҭап сынтәа ҳусқәа шеиқәшәо, иҳадгыло. Еснагь иҳацхраауа рахь иаҵанакуеит Аҧсны Аиҳабыра. Урҭ ҳадгылеит актәи ҩ-еицлабрак раан, иақәшаҳаҭхеит ахҧатәигьы.

— Сынтәа имҩаҧысуама?

— Ааи, абҵарамзазы.

— Иуадаҩума аконцерттә усуреи атеатр аҿы аусуреи реилагӡара?

— Иуадаҩуп, аха иагьа ус акәзаргьы, зны-зынла зҵакы еиҳау акы уазҿлымҳахар азы ухы иагужьроуп. Аицлабра ацәырҵра ашьҭахь сыҧсҭазаара аҽеиҭанакит. Исҳәар сылшоит арҿиаратә атмосфера салаӡҭит ҳәа. Аиашазы, ари аҭагылазаашьа сеигәырӷьоит, избанзар ауаа ирыхәаша усуп сызҿу. Уи атәы арҵабыргуеит амца зху алахәҩцәа рыблақәа. Урҭ идырҵабыргуеит ааҧсарақәа зегьы шбашам.

— Шәгәыҧи шәареи ишәзеиӷьаҳшьоит арҿиаратә маншәалара!

— Иҭабуп! Сгәыӷуеит, абҵарамзазы Аҧсны ҳаибабап ҳәа.