И.С. Цеи ихьӡ зху Аедыгьтәыла Амилаҭтә театр аҟны еиҿкаау атеатртә хеидкыла еиҿнакааит ашықәс акультуратә цәырҵра ҳәа зыхә ршьаз ахҭыс.
Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» амотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Уаҧсҵәык анышә» — алитературатә ҧҵамҭа асценахь аиагара инамҩатәны, адунеи ианыӡааз ажәлар ргәалашәара аҧсы ҭанаҵеит.
Аспектакль аҧхьарбара мҩаҧысит мшаҧымза 23 (аедыгь бызшәала) 24 (урыс бызшәала). Ари ахҭыс аҵакы дууп, избанзар еицырдыруа ароман Аедыгьтәыла асценаҿы раҧхьаӡа акәны адаптациа азыруит. Уи мҩаҧган аматериал пату ақәҵаны, инарҵауланы.
Аспектакль арежиссер-ақәыргылаҩ Константин Мишин ақәыргыламҭа аконцепциа абас далацәажәоит:
«Ҳара хықәкыс иҳамаӡам аҭоурыхтә хҭысқәа ахәшьара рыҭара, ииашоуи ахара здуи рыҧшаара. Ҳара ҳзышьҭаз хазын - иаҳҭахын ажәытәра иагаз ауааи ҳаамҭазтәи ахәаҧшцәеи адоуҳатә еимадара рыбжьаҵара. Ари аспектакль - зыҧсадгьыл иқәҵны ицоз ауаа иргоз анышә уаҧсҵәы иаҩызоуп. Ҳаспектакль ахь иааиуа зегьы ихатәы «уаҧсҵәы» - аҭоурых ахәҭак иманы дцоит».
Ашәышықәсақәа иргәылагӡоу ажәабжь аҟны дфырхаҵа хадоуп зыжәлар ргәалашәара еиқәзырхаз ацынҵәарах Заурҟан Золак. Уи сасра диҭааит Заурҟан иҳәамҭақәа ашәҟәы ианызҵо абызшәадырҩы-аҵарауаҩ Шәарах Кәаӡба. Урҭ реицәажәара ажәытәи аҿатәи еимаздо ацҳа иаҩызоуп.
Шәышықәса ирҭысхьоу Заурҟан ироль наигӡоит Аедыгьтәыла Жәлар рартист Теучеж Такахо, Шәарах Кәаӡбеи иҿоу Заурҟани ррольқәа наигӡоит Аедыгьтәыла акультура Зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Русҭам Ачмиз.
Рустам Ачмиз аусура инаҭаз ацәаныррақәа дрылацәажәоит абас:
«Сара, сфырхаҵа еиҧш ари аҭоурых саанахәеит. Ҳҿаҧхьа дгылоуп убых бызшәала ицәажәо аҵыхәтәантәи ауаҩы, аҭоурыхтә хҭысқәа лабҿаба ирхаану ашаҳаҭ. Уи ибжьы агара иаҟәыҵыр - аепоха дуӡӡа ашәҟәы аҵыхәтәантәи адаҟьа аркроуп иаанаго. Актер изы ари ҭакҧхықәра ӷәӷәоуп.
Ахәаҧшцәа аспектакль гәыкала ирыдыркылеит, даара ибзианы иахцәажәеит.
РСФСР акультура Зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Аедыгьтәылеи Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы аҟазара Зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Амербии Кулов:
«Ари аспектакль ҟазарала иқәыргылоуп, ҳтеатр иналукааша қәыргыламҭала ибеиахеит. Аиҧш зеиҧшу асценаҿы исымбеижьҭеи крааҵуан. Арежиссер иусура ахәаҧшҩы даршанхоит, дҳаранакуеит».
Аедыгьтәыла Зҽаҧсазтәыз артист, Чечентәыла аҟазара Зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Саниаҭ Агержанокова:
«Ари аспектакль абзоурала ҳауаажәлар иргәалаҳаршәоит ҳбызшәеи ҳкультуреи рырӡра шыҟамло. Ари ақәыргыламҭа уанахәаҧшуа еилукаауеит абызшәа арӡра - амилаҭтә хаҿра арӡра ишаҩызоу».
Аедыгьтәыла Зҽаҧсазтәыз артист, Ҟабарда-Балкариа Зҽаҧсазтәыз артист, Ҟарачы-Черқьессиа Зҽаҧсазтәыз артист Астемир Апанасов: «Ари аспектакль абжьааҧны ҳшашьцылоу еиҧш иузеилыргом. Уи аҧсы ҭоуп, дарбанзаалак ауаҩы игәы ҿнакаауеит. Аспектакль уанахәаҧшуа, урҭ ахҭысқәа ухаҭа урылахәушәа угәы иабоит».
«Уаҧсҵәык анышә» цоит «Федерация» зыхьӡу афестиваль ахь
2025 шықәса цәыббрамзазы, Грозныи ақалақь имҩаҧысраны иҟоу VI Урыстәылазегьтәи амилаҭтә театрқәа рфестиваль «Федерация» аҿы зыӡбахә ҳәоу аспектакль ықәдыргылоит Аедыгьтәыла ахьӡала. Афиша иаҵанакит Урыстәыла ахы-аҵыхәа еимдааны, иреиӷьқәоу ҳәа аҟазацәа иалырҧшааз аспектакльқәа 12.
«Уаҧсҵәык анышә» - гәаартыла иҭәу қәыргыламҭоуп. Уи ҳархәыцуеит, иҳаилнаркаауеит ажәларқәа адунеи аныӡаара шырзымариоу, ахатәы культура аиқәырхара шаҭаху. Ари баша театртә қәыргыламҭам, ари аспектакль - зыдунеи зыҧсаххьоу ауаа рыбжьоуп.
Арежиссер Константин Мишин аспектакль дахцәажәеит абас:
«Иҳацәцахьоу ахьынӡаҳгәалашәо - рыҧсы ҭоуп ҳҳәар ҳалшоит».
Уи акәзар ҟалап аспектакль ахықәкы хадагьы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.