Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилаки Апрезидиуми реилатәара мҩаԥысит Ҟарачы-Черқьестәыла.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс» Иреиҳаӡоу ахеилаки Апрезидиуми реилатәара мҩаԥысит Ҟарачы -Черқьестәыла Архыз ақалақь аҟны ԥхынгәымза 25 рзы.

Ари аҭыԥ ахь инеиаанӡа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи, акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» иалахәыз Аԥснытәи аспортсменцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Ҟарачы –Черқьестәылатәи ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа амҵан.

Аилатәара мҩаԥигеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Иаԥхьажәаҿы иара иҳәеит ари аҩыза аилатәара раԥхьаӡа акәны Ҟарачы –Черқьестәыла ишымҩаԥысуа, насгьы акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари аусмҩаԥгатә абаза жәлар еидызкыло ныҳәаны иахьыҟоу адагьы, амилаҭ реиқәырхареи рыҿиареи аус иацхраауеит.

Аилатәара аԥкаанҵа мҩаԥигон АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Иара еизаз иреиҳәеит Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа зегь аилатәара ишалахәу. Мусса Егзакь, Инар Гыцба, Кан Ҭаниа, Вадим Ҳаразиа, Арда Ашәба, Армида Чагәа, Владимир Ԥшьеноҟәа,  Мураҭ Мыкәа, Ҭемыр Рекәаа хаҭала иалахәын. Авидеоеимадарала аилатәара иалахәын Нури Кәарҷиа, Инвер Алшәындба, Џьамбул Инџьгьиа, Виачеслав Чрыгба, Амина Лазԥҳа – Аԥснынтә, Беслан Кәабахьиеи Даур Барганџьиеи – Москвантә, Наталиа Лазԥҳа Баҭымынтә, Ануар Чкәуа - Иорданиантә, Ерқан Ҳаџьым – Германиантә, Мураҭ Гьечба, Ерџьан Башныхә, Меҳмеҭ Али Дохма, иара убас АААК Иреиҳаӡоу ахеилаки Апрезидиуми ирылоу, АААК Арегионалтә ҟәша аиҳабы Аҳмаҭ Ҳапат – Ҭырқәтәылантә.

Гыцба иҳәеит, аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны 22-ҩык рыла ишьақәгылоу акворум аилатәара амҩаԥгара алнаршоит ҳәа.

Х-зҵаарак рыла  ишьақәгылаз амшхәаԥштә ашьақәырӷәӷәаразы абжьыҭира анымҩаԥыс ашьҭахь, еизаз ажәахәқәа рзыӡырҩрахь ииасит.

Раԥхьа дықәгылеит Аконгресс Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа, иара еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аизара ду аиҿкаара аӡбахә, нас азеиԥш харџьқәа ртәы. Иара иажәақәа рыла, акоманда ҿыц ааижьҭеи хәышықәса ирылагӡаны аныхтәқәа зегьы рҟынтә 70 миллион мааҭ инареиҳаны Мусса Егзакь хатә гәаԥхарала иалаиҵаз иԥара шакәу, 10 миллионк мааҭ – АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба иԥароуп. 38 нызқь мааҭ Аконгресс алахәцәа рыхәҭалагалақәа роуп – 2018 инаркны 2022 шықәсанӡа еизаз, Ҭырқәтәыла иҟоу Арегионалтә ҟәша алахәцәа рыхәҭалагалақәеи хатәгәаԥхарала иаларҵаз аԥареи ааидкыланы 55 нызқь лира алҵуеит (300 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа) 2020 – 2021 шықәсақәа рзы.

Аҩбатәи азҵаара – «Аконгресс Аизара ду аделегатцәа ралхра аԥҟарақәа» рышьақәырӷәӷәареи, нас АААК Арегионалтә ҟәшақәа рҟынтә аделегатцәа рықәыргылара аԥҟарақәа рышьақәыргылареи рыла ажәахә ҟаиҵеит Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Сынтәа Аконгресс 30 шықәса ахыҵуеит, ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп уи Аизара ду, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аделегатцәа ааԥхьара рыҭахоит. Гыцба ишазгәеиҭаз ала, 2017 шықәсанӡа аиҿкаара аԥҟаԥҵәаҿы иарбамызт алахәцәа рсистемеи, аделегатцәа ралкаашьа аԥҟарақәеи. Убри аҟнытә Аконгресс аиуристцәа ари азҵаара аус адырулан, арегионалтә ҟәшақәа рахьтә аделегатцәа ралкаара аԥҟарақәа аԥырҵеит.

Анаҩс Инар Гыцба ажәалагала ҟаиҵеит.

«Делегатцәас иҟалар зылшо Аконгресс алахәцәа мацара роуп, арегионалтә ҟәшацыԥхьаӡа 10-процентк аделегатцәа аанашьҭыр алшоит уи алахәцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи. Абраҟа иҟоуп згәаҭа заҵәык, арегионлтә ҟәша аҟынтә иалырхуа аделегатцәа рхыԥхьаӡара 50-ҩык иреиҳахар ауӡом ҳәа», – иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.                                                      

Ари ажәалагала Иреиҳаӡоу ахеилаки Апрезидиуми ралахәцәа ирыдгалан, аматериалқәа заанаҵгьы ирзынарышьҭхьан. Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи Апрезидиум алахәцәеи еицҿакны иазыразхеит ирыдгалаз асистема. Абасала, ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс» иааиуа VIII аизара ду ахь иааԥхьахо аделегатцәа рсиақәа шьақәырӷәӷәахоит хыхь зыӡбахә ҳҳәаз апринцип ала.

Асхема ҿыц ала аделегатцәа рхыԥхьаӡара ашьақәырӷәӷәареи, аизара иалахәхаша атәылақәеи ралкаареи аамышьҭахь Мусса Егзакь иазгәеиҭеит алҵшәақәа ишаадырԥшуа арегионалтә ҟәшақәа активла аусура ишалахәым.

«Аделегатцәа рхыԥхьаӡара аҟәшақәа русура аеффективра ишиашоу иадҳәалоуп, убри аҟнытә даҽазнык ишәгәаласыршәоит ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа рҟны ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи, ҳбызшәеи реиқәхашьа шәареи ҳареи шҳакәу изҭакԥхықәроу», – ҳәа азгәеиҭеит АААК ИА ахантәаҩы.

Амшхәаԥштә ахԥатәи азҵаара «Еиуеиԥшым» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа адырра ҟаиҵеит Иреиҳаӡоу ахеилак ахьӡала ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» аҟынтә ԥхынгәы 20 рзы ааԥхьара шааиз.

Ҟарачы-Черқьестәыла иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» ахантәаҩы Умар Кончев ихьӡала иҟоу ааԥхьараҿы иара Иреиҳаӡоу ахеилак ахь аҳәара ҟаиҵоит иажәалагалақәа ирыхәаԥшырц. Дара зызкугьы Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операцииа ҷыда азнеишьа ауп, убри аганахьала иаашьҭыз авидео аҭагалара, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Ҟарачы-Черқьестәылатәи ахатәгәаԥхаҩцәа аибашьра аветеран ҳәа астатус рыҭараҿы ацхыраара.

«Ари ааԥхьара аҭакс иҟаҳҵеит, ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 3 рзы Мусса Егзакь ҩыратә формала аҳәамҭа шыҟаиҵаз Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Украина иахьаҵанакуа арратә операциа ҷыда амҩаԥгаразы иӡбамҭа зегь рыла дшадгыло. Авидео аганахьала Умар Кончев иаҳҳәеит Аконгресс апортал аинформациатә политика злаҟоу ала, аматериалқәа зегьы ф-бызшәак рыла ишаҳашьҭуа, убри аҟнытә аҳәара ҟаҳҵеит аинфопортал аҟны ахархәара заҳҭо аф-бызшәак рыла еиҭаганы иааишьҭырц, анаҩс уи акьыԥхьра азҵаара ҳахәаԥшыртә ҳҟаларц азы. Ахԥатәи апункт ала, ҳара иахьынӡаҳдыруа, ҞЧА аԥсуа хатәгәаԥхаҩцәа рхеилак аиҳабы Ҟарачы-Черқьестәыла апарламент ахантәаҩы дидҵаалахьан абри азҵаара аӡбараҿы ацхыраара ҟаиҵарц. Апарламент ахантәаҩы уи инарҭбаау аҭакгьы ииҭахьеит», – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Кан Ҭаниа.

Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь уи ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит ацашьа зеиԥшраз.

«Сгәанала ҳаилатәара шьахәла имҩаԥысит. Зегьы ргәалаҟара бзиан. Иахьа ҳара ҳалацәажәеит иааираны иҟоу ҳаизара ду аҽазыҟаҵара арегламент иадҳәалоу азҵаара хадақәа, уахь ааԥхьара зырҭо аделегатцәа ралԥшаара аԥкаанҵа шьақәҳарӷәӷәеит. Иахьа иаҳаӡбаз тәылацыԥхьаӡа аделегатцәа рхыԥхьаӡара алхшьас иаҳҭо аԥҟара дара ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, Аконгресс арегионалтә ҟәша шаҟаҩ алахәу аҟара аделегатцәагьы рхыԥхьаӡара иацлалоит. Активла аус ҳаулар ауаагьы еиҳа ирацәаҩхоит, ҳхаҭарнакцәа еиҳа ирацәаҩхоит, ус анакәха ражәалагалақәагьы еиҳахоит. Абри иҵегь аԥхьаҟагьы ҳалацәажәалап, ҳаиӷьхалап, иаҭаххозар аԥҟаԥҵәа аԥсахрақәеи ахарҭәаарақәеи алаҳгалалап ҳусура еиҳагьы ихырҳагахарц азы», – ҳәа иажәа хиркәшеит Егзакь.  

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилаки Апрезидиуми реилатәарақәа еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит шықәсык ахь ҩынтә.